Гәынба Женеватәи аиҿцәажәарақәа Аԥсны азы иаҵанакуа дазааҭгылеит
16:17 18.11.2026 (ирҿыцуп: 17:07 18.11.2026)

© Sputnik / Алексей Витвицкий
Анапаҵаҩра
АҞӘА, абҵара 18 — Sputnik. Аԥсны азы Женеватәи аиҿцәажәарақәа рылҵшәа еиҳа ихадоуп, урҭ ахьымҩаԥысуа аҭыԥ аасҭа иҳәеит Бадра Гәынба.
Аҳәынҭқарра ахада иажәақәа рыла, швеицариатәи амчрақәа рыӡбамҭақәа агәҭынчымра узцәырыргоит, избанзар атәыла уаанӡа ирылаҳәаз анеитралитет иацәхьаҵуа иалагеит. Аха ареспубликазы апринциптә ҵакы змоу аиҿцәажәаратә плошьадка агеографиа акәӡам, ашәарҭадара азҵаарақәа рыӡбара ауп.
Гәынба иазгәеиҭеит Женеватәи аиҿцәажәарақәа мҩаԥысуеижьҭеи ашықәсқәа ирылагӡаны аганқәа ишрылымшаз азҵаара хада — амч ахамырхәаразы аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра. Ақырҭуа ган ихадоу адокументқәа рнапаҵаҩра мап ацәкра иаҿуп иахьанӡагьы.
"Географиала еиҟәыҭхашьа ҳамам. Егьаумҳәан ҳаигәылацәоуп. Егьырҭ атәылақәа рпозициа зеиԥшразаалакгьы знымзар-зны ҳаицәажәар акәхоит",— азгәеиҭеит ахада,ТАСС аинтервиу аҭо.
Иара агәыӷра ааирԥшит амч ахамырхәаразы аиқәшаҳаҭра иааиуа ашықәсқәа рзы анапаҵаҩра алыршахап ҳәа. Гәынба игәаанагарала, уи Аԥсни, Қырҭтәылеи, Кавказ зегьи ршәарҭадара иацхраауеит.