Аԥснытәи ахәыҷқәа Кремльтәи аԥсаӡи Устиуг Ду иҟоу Аҵаа Бабаду иаҳҭынреи рахь ицар рылшоит
16:14 18.11.2026 (ирҿыцуп: 17:06 18.11.2026)

© Sputnik / Ramil Sitdikov
Анапаҵаҩра
АҞӘА, абҵара 18 — Sputnik. Аԥснытәи ахәыҷқәа Кремльтәи аԥсаӡи Устиуг Ду иҟоу Аҵаа Бабаду иаҳҭынреи рахь ицар рылшоит.
Ареспубликаҿы иҟоу Адунеизегьтәи афестиваль ахаҭарнакра адирекциа аицлабра "Аиҭакра ду. Ашықәсҿыцазтәи аџьашьахәы" алахәхаразы азыҳәақәа рыдыркылоит. Уи рхы аладырхәыр рылшоит 1-4 аклассқәа рҵаҩцәа.
Аицлабра еиуеиԥшым ахәҭақәа рыла ишьақәгылоуп. Алахәылацәа:
▪ ашәҟәаарт ҟаҵаны амҩақәҵаҩцәа, ааӡаҩцәа, арҵаҩцәа аӡәы ҳамҭас иҭара;
▪ ашықәсҿыцазтәи алакә хәыцны уи иазку авидеовизитка анҵара;
▪ иҳалалу, асоциалтә ҵакы змоу аус аҟаҵара;
▪ҭаацәанылатәи ашықәсҿыцазтәи авидеоаартшәҟәы аҭаҩра, агәҭакқәа рылацәажәара, азыӡырҩцәа рзы азеиӷьашьарақәа рылаҳәара ҟарҵароуп.
Аусқәа зегьы афотои авидеои рҿы иазгәаҭатәуп, аицлабра аԥошьҭахь инашьҭтәуп. Иара убасгьы аелектронтә ныҟәгага ала аматериал Афестиваль ахаҭарнакра аофис ахь иноугар ҟалоит.
Азыҳәақәа рыдкылара мҩаԥысуеит ԥхынҷкәын 5 асааҭ 16:00 рҟынӡа. Аихшьаалақәа ҟарҵоит ԥхынҷкәын 12 рзы: иалырхуеит 30-ҩык аиааира згаз, даҽа хәҩык ашколхәыҷқәа арезервтә сиа иаларҵоит аиааира згаз аӡәы дзымцакәа иҟалозар.
Афиналистцәа рыхәҭак рҭаацәа ирыцны Кремльтәи аԥсаӡ ахь ицоит, егьи ахәҭа Устиуг Ду иҟоу Аҵаа Бабаду иаҳҭынрахьы амҩа иқәлоит.
"Аицлабра ҵакыс иамоу аҭаацәаратә еимадарақәа реидкылареи рырӷәӷәареи роуп, аицлабра аетапқәа зегьы ахәыҷи иара изы аҵакы зманы иҟоу адуи иареи иеицахысларц ауп. Урҭ ани аби, ма андуцәа, абдуцәа, аб иаҳәшьцәа-иашьцәа, ан лашьцәа-лаҳәшьцәа, аишьцәа, аиҳәшьцәа ракәзар ҟалоит", — лҳәеит Аԥсны иҟоу Адунеизегьтәи аҿар Рфестиваль адирекциа ахаҭарнакра анапхгаҩы Иулиа Красцова.
Аицлабра "Аиҭакра Ду. Ашықәсҿыцазтәи аџьашьахәы" мҩаԥысуеит "Движение Первыхи" Аԥсны Аҵара аминистрреи рыцхыраарала.