00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:02
2 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
2 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:30
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Новости
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Новости
21:31
3 мин
08:30
30 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:02
2 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Новости
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Новости
21:31
3 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7
Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аӡбарҭаҿы рҿахәы рҿырхит Габриела Лахина лышьра аус азы ашаҳаҭцәа

© Sputnik / Томас ТхайцукСудебный молоток
Судебный молоток - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.11.2026
Анапаҵаҩра
АҞӘА, абҵара 18 — Sputnik. Аӡбарҭаҿы рҿахәы рҿырхит Габриела Лахина лышьра аус азы ашаҳаҭцәа.

Абҵара 18 рзы имҩаԥысыз аилатәараҿы иҿахәы иҿыхын ахара здырҵо лгәылаԥҳәыси Кристина Лахина илыцынхоз лхаҵа Алиас Ҳаџьымбеи.

Ахара здырҵо лгәылаԥҳәыс еиҭалҳәеит ахҭыс аҽны илбаз, иара убас ахәыҷы ахәшәтәырҭахь лгаразы ргәыла Ҳаџьымба ацхыраара даҳәо ибжьы шлаҳауаз атәы.

Ҳаџьымбеи Лахинеи АҬАР аҟны рҭаацәа ашәҟәы иҭамгалакәа хаҵеи ԥҳәыси ҳәа еицынхон 11 шықәса. Ахаҵа аӡбарҭаҿы еиҭеиҳәеит Кристина лаҳәшьаԥҳа ааӡара дылгарц шылыӡбаз, избанзар ахәыҷы иахәҭоу ахылаԥшра лымамызт.

Ашаҳаҭ иазгәеиҭеит иаргьы Лахинагьы ахәыҷқәа цәала-жьыла рықәымчра рхы ишадмырхәоз. Иара иажәақәа рыла, хаҵеи-ԥҳәыси аҵыхәтәантәи аамҭазы абзазаратә хҟьаԥҟьақәа ирыхҟьаны иааиԥмырҟьаӡакәа аимак-аиҿак рыман. Аимак рыман ауаҩшьра амш аҽынгьы.

Габриела акы шлыхьыз Ҳаџьымба ҭелла идырит. Иара иажәақәа рыла, аҩны данааи, ахәыҷы лыԥсы ҭан. Аӡбарҭаҿы аҳәынҭқарратә харадҵа аган азыҳәа ҟанаҵеит уаанӡа Ҳаџьымба иҟаиҵахьаз адыррақәа аиҿагыларақәа ирымаз инадҳәалан урҭ рылаҳәазарц.

Ирылаҳәаз аҩымҭақәа рҿы Лахина лыԥшәма ахара идылҵон иара имшала анаркотикқәа лхы иалырхәо дахьалагаз азы. Ашаҳаҭ иҳәеит, арҭ адырраҭарақәа шигәаламшәо, мап шырцәикуа иара иганахьала иҟаҵоу ахарадҵарақәа.

Абриала ихыркәшахеит аӡбаратә еилатәара, анаҩстәи азыӡырҩра мҩаԥгахоит абҵара 25 асааҭ 14:00 рзы.

Лахина ахара лыдырҵоит гәҭакыла, ҷыдалатәи гәымбылџьбарала ахәыҷы длыргәаҟауан, дагьылшьит ҳәа. Ацәгьоура ҟалеит мшаԥымза 7, 2026 шықәсазы Маҷара ақыҭан. Ахарадҵа аверсиала лара анаркотикқәа рнырра адагьы ижәны дыҟан, лаҳәшьаԥҳа дылыпҟеит аҳәатәхамҵаразы. Ахәыҷы ахәышәтәырҭаҿы лыԥсҭазаара далҵит. Лахина 8-15 шықәса аҭакра лықәшәоит. Аусҭҵаара цонаҵы дырбаандаҩуп.
Ажәабжьқәа зегьы
0