Хҩык акандидатцәа ашәҟәы иҭагалоуп Гал араион Араионтә Еизара ахь адепутатцәа реиҭалхразы
17:50 18.11.2026 (ирҿыцуп: 18:07 18.11.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, абҵара 18 — Sputnik. Хҩык акандидатцәа ашәҟәы иҭагалоуп Гал араион Араионтә Еизара ахь адепутатцәа реиҭалхразы.
Асиа иаҵанакит: Аҩнуҵҟатәи аусқәа уаанӡатәи русзуҩ Альберт Заракуаа, Ԥчара ақыҭа уаанӡатәи ахада Алмас Қәаранӡиа, ареспубликатә хәышәтәырҭа аҳасабеилыргаҩ Диана Пертаиа, абри атәы иҳәеит араионтә алхратә комиссиа ахантәаҩы Џьон Гәылариа.
Ашәҟәҭагаларазы аӡбамҭа рыдыркылеит абҵара 16 рзы.
Аиҭалхрақәа мҩаԥгахоит ԥхынҷкәын 2 рзы, алхратә комиссиа ахьыҟоу араионтә Акультура аҩны ахыбраҿы.
Абжьыҭира мҩаԥгахоит адепутат Валета Сохаӡе иаалырҟьаны лыԥсҭазаара дахьалҵыз инамаданы.