Аԥсни Санкт-Петербурги аилахәаахәҭра аизырҳара аԥеиԥшқәа ирылацәажәеит
13:38 19.11.2026 (ирҿыцуп: 14:11 19.11.2026)

© telegram sputnik_apsny_info
Анапаҵаҩра
АҞӘА, абҵара 19 — Sputnik. Аԥсни Санкт-Петербурги аилахәаахәҭра аизырҳара аԥеиԥшқәа ирылацәажәеит.
Аиԥылара иалахәын апартиа "Аԥсны Жәлар рфронт" ахантәаҩы Лаша Сақаниа, Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Иракли Ҭыжәба, Апарламент адепутатцәа,
Гагра араион Аизара ахантәаҩы Борис Бениа, Санкт-Петербургтәи Ахәаахәҭра-Ааглыхратә Палата анапхгара ҳәа аанацҳауеит апартиа апресс-маҵзура.
Аганқәа иазгәарҭеит анаплакыҩцәа рыбжьара аусеицура аҵаки ишиашоу аусутә еимадарақәа рыҿиареи.
Уаанӡа Санкт-Петербург агубернатор Александр Беглов адырра ҟаиҵахьан 2025 шықәсазы Аԥсни Урыстәыла аҩадатәи аҳҭнықалақьи рыбжьара атауареикәыршара 15% рҟынӡа ишеизҳаз азы. Аԥеиԥш змоу ахырхарҭақәа иреиуоуп аԥсуа шәыр, ауҭраҭых, ашәҭқәа Санкт-Петербургҟа рнагара аизырҳара.