Путин: Ҟрымтәи ацҳа ажәлара ашьҭахь Урыстәылеи Киеви ҳаззеилацәажәаша ҳәа акгьы ҳамаӡам
16:02 19.11.2026 (ирҿыцуп: 16:08 19.11.2026)

© Sputnik / Сергей Бобылев
Анапаҵаҩра
АҞӘА, абҵара 19 — Sputnik. Ҟрымтәи ацҳа ажәлара ашьҭахь Урыстәылеи Киеви ҳаззеилацәажәаша ҳәа акгьы ҳамаӡам, абас аҳәамҭа ҟаиҵеит Владимир Путин.
Си Цзиньпини Дональд Трампи рԥылара аихшьаалақәа рзы имҩаԥысуаз апресс-конференциаҟны иара инаҵшьны иазгәеиҭеит ацҳа граждантә обиект мацараны ишыҟоу, иарала аџьаԥҳаны акәым анефҭаалыҵқәаҵәҟьагьы шымҩанырымго.
Путин иҳәеит уаанӡа Зеленски 40 мшы рыҩнуҵҟа урыстәылатәи аенергетика шьақәыргылашьа змам ааха аҭахоит ҳәа шиҳәахьаз. Украина Арбџьармчқәа Амшын еиқәаҿы атанкерқәа ааха рырҭо иалагеит, аха Урыстәыла аҭакқәа еиҳа хра рыман, уи азы аҭынчра арежим аиҭашьақәыргыларазы аҽазышәарақәа ирылагеит.
"Аиашаз, ашәарҭадаратә хеилак аҟынтәи сколлегацәеи сареи ари азҵаара ҳалацәажәон, зегьы срыҳәеит џьара аказы аиқәшаҳаҭхара алҳаршап ҳәа иазхәыцны ари азҵаара иазыхынҳәырц. Аха, Ҟрымтәи ацҳа ажәлара ашьҭахь ҳаззеилацәажәаша ҳәа акгьы ҳамаӡам", — иҳәеит Владимир Путин.