Аԥснытәи аҩыҟаҵаҩцәа Красноиарск аҵаратә курс иахысит
17:01 19.11.2026 (ирҿыцуп: 17:11 19.11.2026)

© telegram sputnik_apsny_info
Анапаҵаҩра
АҞӘА, абҵара 19 — Sputnik. Аԥснытәи аҩыҟаҵаҩцәа Красноиарск аҵаратә курс иахысит.
16-ҩык анаплак дуқәеи, ахатәы ҩыҟаҵарҭақәеи, аресторантә бизнеси рхаҭарнакцәа азанааҭтә дырра аизырҳара апрограмма "PROВИНО: ГЛАВНОЕ" иалахәын.
Акурс абҵара 20 рҟынӡа, Сибратәи афедералтә университет агастрономиа Аинститут аҿы имҩаԥысуеит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит апрограмма аҳәаақәҵаҩ Азамаҭ Багаҭелиа.
Алахәылацәа иҭырҵаауеит аҩыҟаҵара аҭоурых, агьамабара аҷыдарақәа, ахәԥсеиҿкаара, аагаҩцәа аус рыцура, аҩыхкқәа рсиа ашьақәыргылара. Апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны азыӡырҩцәа 40 инареиҳаны аҩқәа ргьама рбеит, рхаҭабзиареи, рыԥшшәи, рыфҩи, ргьамеи рыхәшьаразы аметодқәа рнапаҿы иааргеит.
Абҵара 23-27 рзы Красноиарск аҵара иахысуеит Аԥснынтәи даҽа гәыԥкгьы. Аресторантә усхк ахаҭарнакцәа акурс "Управляющий предприятием питания" иахысуеит.
Апрограмма нагӡахоит 2025 шықәса рашәарамзазтәи аиқәшаҳаҭра аҳәаақәа ирҭагӡаны. Уи аҳәаақәа ирҭагӡаны аҵара иахысхьеит 87-ҩык ареспублика атәылауаа. Аԥшьгамҭа адгылара аиҭеит Аԥсны ахада Бадра Гәынба. Иалыршахеит Сергеи Кириенкои Красноиарсктәи атәылаҿацә агубернатор Михаил Котиукови реиқәшаҳаҭрақәа ирыбзоураны.