https://sputnik-abkhazia.info/20261120/1067086485.html
Ацәыргақәҵа "Иџьашьахәу ҭагалан" мҩаԥысит акультура-усуратә платформа "Гәыма ахыбраҿы
Ацәыргақәҵа "Иџьашьахәу ҭагалан" мҩаԥысит акультура-усуратә платформа "Гәыма ахыбраҿы
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, абҵара 20 — Sputnik. Аԥсны аинтернатқәа рааӡамҭацәа рцәыргақәҵа "Иџьашьахәу ҭагалан" мҩаԥысит акультура-усуратә платформа "Гәыма ахыбраҿы.Аекспозициа... 20.11.2026, Sputnik Аҧсны
2026-11-20T14:11+0300
2026-11-20T14:11+0300
2026-11-20T14:46+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аԥсны
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/0b/14/1067079960_0:100:1920:1180_1920x0_80_0_0_f3f6065f42c13b84d8e6a29d017aee3d.jpg
АҞӘА, абҵара 20 — Sputnik. Аԥсны аинтернатқәа рааӡамҭацәа рцәыргақәҵа "Иџьашьахәу ҭагалан" мҩаԥысит акультура-усуратә платформа "Гәыма ахыбраҿы.Аекспозициа шьақәгылан ԥшь-ҵараиурҭак рҵаҩцәа инарыгӡаз 30 усумҭа рыла.Аҵара аминистр Хана Гәынԥҳа ацәыргақәҵа иалахәыз асахьаҭыхыҩцәа қәыԥшцәа дрыдныҳәалеит, иагьазгәалҭеит ари аҟазара ахырхарҭала раԥхьатәи ашьаҿақәа ҟазҵо рзы асеиԥш иҟоу аусмҩаԥгатәқәа аҵак ду шрымоу."Ԥштәы рацәала адунеи збо ауаҩы, зегьы ирызгәамҭо аԥсабара аԥшӡара збо ауаҩы — разҟы змоу уаҩуп. Ари ацәыргақәҵа алахәхараз иаашәрыԥшыз агәаӷьра убарҭоуп. Ишәыдысныҳәалоит зегьы", — лҳәеит Аҵара аминистр.Ицәыргаз асахьақәа рҟынтәи иазгәаҭан ф-усумҭак, урҭ равторцәа агәаларшәагатә ҳамҭақәа роуит Аҵара аминистрреи ареспублика Акультура аминистрреи рҟынтәи.Ацәыргақәҵа алахәылацәа иара убасгьы ирыдныҳәалеит Аԥсны акультура министр Даур Ақаҩбеи АЗХ адирекор Ельвира Арсалиаԥҳаи.Аусмҩаԥгатә аиҿкааҩ — Аԥсны аҵара аминистрра Акультура аминистрреи Асахьаҭыхыҩцәа реидгылеи рыцхыраарала.
https://sputnik-abkhazia.info/20261113/1066937167.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2026
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/0b/14/1067079960_107:0:1814:1280_1920x0_80_0_0_c4b1a4c692400404b530b94c806d1d0f.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аԥсны
Ацәыргақәҵа "Иџьашьахәу ҭагалан" мҩаԥысит акультура-усуратә платформа "Гәыма ахыбраҿы
14:11 20.11.2026 (ирҿыцуп: 14:46 20.11.2026) АҞӘА, абҵара 20 — Sputnik. Аԥсны аинтернатқәа рааӡамҭацәа рцәыргақәҵа "Иџьашьахәу ҭагалан" мҩаԥысит акультура-усуратә платформа "Гәыма ахыбраҿы.
Аекспозициа шьақәгылан ԥшь-ҵараиурҭак рҵаҩцәа инарыгӡаз 30 усумҭа рыла.
Аҵара аминистр Хана Гәынԥҳа ацәыргақәҵа иалахәыз асахьаҭыхыҩцәа қәыԥшцәа дрыдныҳәалеит, иагьазгәалҭеит ари аҟазара ахырхарҭала раԥхьатәи ашьаҿақәа ҟазҵо рзы асеиԥш иҟоу аусмҩаԥгатәқәа аҵак ду шрымоу.
"Ԥштәы рацәала адунеи збо ауаҩы, зегьы ирызгәамҭо аԥсабара аԥшӡара збо ауаҩы — разҟы змоу уаҩуп. Ари ацәыргақәҵа алахәхараз иаашәрыԥшыз агәаӷьра убарҭоуп. Ишәыдысныҳәалоит зегьы", — лҳәеит Аҵара аминистр.
Ицәыргаз асахьақәа рҟынтәи иазгәаҭан ф-усумҭак, урҭ равторцәа агәаларшәагатә ҳамҭақәа роуит Аҵара аминистрреи ареспублика Акультура аминистрреи рҟынтәи.
Ацәыргақәҵа алахәылацәа иара убасгьы ирыдныҳәалеит Аԥсны акультура министр Даур Ақаҩбеи АЗХ адирекор Ельвира Арсалиаԥҳаи.
Аусмҩаԥгатә аиҿкааҩ — Аԥсны аҵара аминистрра Акультура аминистрреи Асахьаҭыхыҩцәа реидгылеи рыцхыраарала.