Аԥсны амҩақәа рҿы амашьынақәа рныҟәара ԥкхом атактика-ҷыдатә ҽазыҟаҵарақәа рымҩаԥгара аан
16:54 20.11.2026 (ирҿыцуп: 17:33 20.11.2026)

© Sputnik / Виталий Тимкив
Анапаҵаҩра
АҞӘА, абҵара 20 — Sputnik. Аԥсны амҩақәа рҿы амашьынақәа рныҟәара ԥкхом аԥсны-урыстәылатә тактика-ҷыдатә ҽазыҟаҵарақәа рымҩаԥгара амш аҽны ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аҳәынҭавтоинспекциа аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Аслан Базба.
Аҳәынҭавтоинспекциа аекипажқәа ацхыраара ласы амашьынақәа мҩаԥыргоит Аҟәатәи аҳаирбаӷәазаҟынтәи "ааха зауз" рыманы рцараан.
Аԥсны-урыстәылатәи атактика-ҷыдатә ҽазыҟаҵарақәа раԥхьаӡа акәны Аԥсны имҩаԥысраны иҟоуп абҵара 24 рзы. Ихадоу амҩаԥгаратә ҭыԥ — Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза. Уа асценари ала ареисқәа руак мҽыӷрала итәароуп.
Sputnik Аԥсны — атактика-ҷыдатә ҽазыҟаҵарақәа ринформациатә партниор.
Аҽазыҟаҵарақәа реиҿкааҩцәа: Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрра; Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистрра, Урыстәылатәи Афедерациа агәабзиарахьчара аминистрра амашәырқәа рмедицина Афедералтә центр, Краснодартәи атәылаҿацә агәабзиарахьчара аминистрра алархәны.