Апроект ҿыц "Аԥсуара — ахаҭарахьы амҩа" хацнаркит "Аԥсны Ҿа"
18:06 20.11.2026 (ирҿыцуп: 18:43 20.11.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
Апроект акризистә центр аус ацурала инагӡахоит апрофильтә специалистцәеи, арҵаҩцәеи, Аԥсны арҿиаратә еилазаара ахаҭарнакцәеи алархәны.
АҞӘА, абҵара 20 — Sputnik. Апроект ҿыц "Аԥсуара — ахаҭарахьы амҩа" хацнаркит "Аԥсны Ҿа".
Уи еиҵагыло абиԥара аԥсуаа рҭоурых, ркультура, ртрадициатә беиарақәа ралархәра хықәкыс иамоуп.
Ареспублика акризистә центр ааӡамҭацәа 50-ҩык назлоу ахәыҷқәа рзы ашықәс нҵәаанӡа еиҿкаахоит атематикатә лекциақәа, адырратә екскурсиақәа, акерамикеи, аҿыханҵеи, аграфикеи, аҩычага-хархәаратә ҟазареи рзы арҿиаратә мастер-классқәа.
Аҽазыҟаҵарақәеи аусмҩаԥгатәқәеи мчыбжьык ахь хынтә имҩаԥыслоит. Урҭ рҿы ахәыҷқәа аԥсуара аилкаара адагьы, арҿиаратә лшарақәа раарԥшра алшара роуеит, аҩычага-хархәаратә ҟазара ахырхарҭа ҿыцқәа рҿы рхы ԥыршәоит.