Аԥсны АҶА аԥсуа-аурыс тактика-ҷыдатә ҽазыҟаҵарақәа ирылахәхоит
18:36 20.11.2026 (ирҿыцуп: 19:03 20.11.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, абҵара 20 — Sputnik. Аԥсны АҶА аԥсуа-аурыс тактика-ҷыдатә ҽазыҟаҵарақәа ирылахәхоит.
Урҭ азырхоуп иҷыдоу амаҵзурақәа разырхиара, имҩаԥысраны иҟоуп абҵара 24 асааҭ 10:00 инаркны.
Аспециалистцәа иҷыдоу аҭагылазаашьақәа раан аусбарҭабжьаратә еинырра аԥҟарақәа аус рыдырулоит, амедицинатә евакуациеи ааха зауз агәаҭара-аушьҭратә пункт "Ԥсоу" ала аҳәаа рахыгара аиҿкаауеит ҳәа аанацҳауеит "Аԥсныпресс".
Аҽазыҟаҵарақәа иара убас ирылахәхоит Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра, Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура, Аҳәынҭавтоинспекциа аусзуҩцәа, аҳәаахьчаратәи аҳазалхратәи маҵзура, апрокуратура.
Sputnik Аԥсны — атактика-ҷыдатә ҽазыҟаҵарақәа ринформациатә партниор.
Аҽазыҟаҵарақәа реиҿкааҩцәа: Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрра; Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистрра, Урыстәылатәи Афедерациа агәабзиарахьчара аминистрра амашәырқәа рмедицина Афедералтә центр, Краснодартәи атәылаҿацә агәабзиарахьчара аминистрра алархәны.