Сырма Ашәԥҳа, Sputnik
- Сонер, ишəыдысныҳəалоит "Жəларбжьаратəи афонд Аҧсны" хəышықəса ахыҵра. Абри аамҭа иалагӡаны ирацəоуп аус здыжəулаз агəыҳалалратə ҟазшьа змаз апроектқəа, шəуснагӡатəқəа шəырзааҭгыларц сҭахуп, иабанӡаҳəаақəышəҵахьоу?
- Иҭабуп, Сырма. Иҟаҳҵаз маҷӡам, аха иҟаҳҵараны иҟоу еиҳагьы ирацəоуп. Хəышықəса рыҩнуҵҟала "Жəларбжьаратəи афонд Аԥсны" аусура иаҳнарбааз рацəоуп еиҳа ахшыҩзышьҭра зҭатəу апроектқəа рганахьала. Ҳазҭагылоу аамҭазы иҳамоуп еснагь аус зуа апроектқəа ааба, Гагра араион инаркны Гал араион аҟынӡа. Аԥсны ахы-аҵыҳəа ҳауаажəлар ацхыраара ахьырҭаху излаҳалшо ала ҳрыдгылоуп.
- Иарбан хырхарҭақəоу иалкааны аус здыжəуло?
- Еиуеиԥшым ахырхарҭақəа аус рыдаҳулоит: аҵарадырра, агəабзиара, аспорт, акультура уҳəа. Статистикала ҳахəаԥшуазар, 5500-ҩык рҟынӡа ҳауаажəлар ацхыраара раҳҭахьеит хəышықəса рыҩнуҵҟала, сгəы иаанагоит уи маҷӡам ҳəа. Насгьы, излазгəаҳҭахьоу ала, 95 еиҿкаара ацхыраара раҳҭахьеит, уи аҩнуҵҟа иҟоуп аҳəынҭқарраатə еиҿкаарақəа, иара убас ауаажəларратə еиҿкаарақəа.
- Шəаԥхьаҟа апроектқəа рыцҵара, рымҽхак рырҭбаара шəгəы иҭоума?
- Хымԥада, ааи. Избанзар, ҳара ҳзы хəышықəса даараӡа иԥышəара дуун, иаҳнарбаз, иаҳнарҵаз рацəоуп. Зегь раԥхьа иргыланы ҳара иҳагыз, ҳажəлар еиҳа ацхыраара ахьырҭахыз, абарҭқəа зегьы гəылырҭəааны иаҳбарҭахеит, убри аҟынтə ҳаԥхьаҟа еиҳа еиӷьны аусура ҳҭахуп. Убас еиԥш аамҭа ҟалааит, ауаа ацхыраара рҭахымхо, аиҿкаарақəа убри аганахьала аусура аҭахымхо, аҳəынҭқарра амч азхо. Иахьа, Урыстəыла дуӡӡа абиуџьет аганахьала алшара иамоу жəдыруеит, Ҭырқəтəыла, иара убас егьырҭ аҳəынҭқаррақəа ҳанрыхəаԥшуа иаҳбарҭоуп зегьынџьара ишыҟоу иҳəынҭқарратəым агəыҳалалратə фондқəа. Ҳҳəынҭқарра аофициал ҳасабла апроблемақəа зегьы рыӡбара ацəыуадаҩуп, анапы ахьынамӡо ыҟоуп, убри аҟынтə ҳарҭгьы ҳаӡəыкны ацхыраара ааҳарԥшырц ҳҭаххеит.
- Зегь реиҳа ихадаратəу проблеманы шəызхəаԥшуа иарбану?
- Зегь раԥхьа иргыланы адемографиа азҵаара ауп. Ҳара интересс иҳамоуп Аԥсны инхо ахəыҷқəа агəабзиара рымазарц, уи анаҩс амилаҭтə хдырра рымазарц ҳҭахуп, иара убас, акультура, аҭоурых, аҵас-ақьабз рдыруазарц ҳҭахуп, насгьы финансла еиқəшəазарц ҳҭахуп. Абарҭ аусқəа рҿы ҳара хаз-хазы иҳамоу апроектқəа рыла аусура ҳаҿуп. Ҳара ҳхəыҷқəа, ҳара уаҵəтəи ҳԥеиԥш адгылара раҳҭарц агəаҳəара ҳамоуп, аԥхьаҟагьы ҳусура иацаҳҵоит.
- Аԥхьаҟа иазԥхьагəаҭаны ишəымоу, аус здыжəулараны иҟоу апроект ҿыцқəа шəырзааҭгылахьоума?
- Иҟоуп, ааи, ишԥаҟам. Уажəакəымкəа шықəсык аԥхьа ҳазлацəажəахьаз апроектгьы ыҟоуп, аха, ишыжəдыруа еиҧш, уи анагӡара афинанс иадҳəалоуп. Афинанстə ҭагылазаашьа шеиӷьхаз еиԥш, ихацҳаркыша апроектқəа ҳамоуп, усҟан рыӡбахə ҳазааҭгылоит, ишəаҳауеит хымԥада. Иахьа иҳамоу апроектқəагьы маҷӡам. Есымза, Аԥсны раионцыԥхьаӡа адгылара, ацхыраара рыҭара мариаӡам, аха иахьазы уи ҳалшеит, иахьанахысгьы иҳалшап ҳəа агəыӷра сымоуп.
- Апроектқəа зегьы дара рхатəы ҵакы рымоуп. Егьа ус иҟазаргьы, хəышықəса рыҩнуҵҟа еиҳа иалышəкаауа арбан, еиҳа шəхы-шəгəаҿы инхаз ахҭысқəа?
- Сара еснагь исҳəоит, апроект "Ани аамаалықьи" аӡбахə. Ҳаргьы даара иаҳгəаԥхоит, ҳауаажəларгьы иргəаԥхо проектуп. Уи раԥхьа ҳаналага, афинанстə ҭагылазаашьа гəаҭаны, аԥсуа ҭаацəарақəа мацара ираҳҭон, аха уажəшьҭа шықəсык инареиҳауп милаҭла иаԥсыуам Аԥсны инхо ҳауаажəлар ҽыц асаби дахьиз аҭаацəарақəа ацхыраара раҳҭо ҳалагеижьҭеи. Иахьа уажəраанӡа 3800 инарзынаԥшуа аҳамҭақəа раҳҭахьеит. Уи даара иаҳгəаԥхоит, амаалықь дахьиз аҭаацəа рзы, Аԥсны азы игəырӷьара дууп, насгьы ҳара еснагь адемографиатə ҭагылазаашьа ҳамҳəои, абас ахəыҷқəа рацəахар, аԥсуа ҭаацəарақəа еиҵыҵыр еиӷьу иарбан?! Убри аҵакы азгəаҭаны, ари апроект есышықəса аԥсахра ҽыцқəа, аиҭакрақəа алаҳгалоит. Мышкгьы мцац абри аҳамҭазы ҳара ҳахь имҩахымҵкəа.
- "Жəларбжьаратəи афонд Аԥсны" аиҿкаара анаԥшьыжəга инаркны ишəывагылаз, иахьа аус шəыцызуа зегьы ирзеиӷьашəшьарц ишəҭахузеи?
- Хымԥада, сара сымацара акгьы сзыҟаҵаӡомыт, сҩызцəа аханатə иаԥшьызгаз ахықəкы иадымгылазҭгьы. Ари аҩыза аус ду аҟны афинанс мацара акəӡам иҟоу, уи аиҿкаара аҭахуп, ауаа аҭахуп, раионцыԥхьаӡа аҭаара аҭахуп, ауаа ргəаанагара аилкаара аҭахуп, нас ауп аус амҩа иаша ақəҵара анзалыршахо. Хəышықəса рыҩнуҵҟа афонд аус адызулаз зегьы ҭабуп ҳəа расҳəоит, иахьагьы ԥсыуа ламысла ҳаицуп аԥсҭазаараҿы, убас ҳанеидгылалак иаҳзыҟамҵо акгьы ыҟаӡам. Аԥсны аибашьра анцоз иҟаз аҭагылазаашьа сахьӡеит, аибашьра ашьҭахь иҳамаз аҭагылазаашьа збахьеит, аха аԥсуа жəлар ҳгəы каҳажьуамызт, Аиааирагьы ҳгеит. Ҳара ԥсадгьылк ауп иҳамоу, ҳанеидгылалак иаҳзыҟамҵо акгьы ыҟаӡам.
- Иҭабуп, Сонер, ҳаиҿцəажəаразы. Аихьӡарақəа шəусураҿы!
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Гогәуа: амал сашьҭам, аибашьра аан иҳамаз акзаара ауп исҭаху
Гогәуа: Аԥсны адунеи атәылақәа рҿы аӡыргаразы аусура аҭахуп - иааԥмырҟьаӡакәа