Сырма Ашәԥҳа, Sputnik
- Ҳаҭыр зқәу Сонер, уазааҭгыларц сҭахуп "Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны" анеиҿкааз, насгьы хықәкыс аҿаԥхьа иқәнаргыло?
- Ауаажәларратә еиҿкаара "Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны" еиҿкаан 2015 шықәса рзы, уи сынтәа иахыҵит ԥшьышықәса.
Зегь раԥхьа иргыланы афонд хықәкыс иамоуп аҳәынҭқарра анапы ахьымнаӡо ацхыраара аарԥшра, зсоциалтә ҭагылазаашьа хьысҳау ҳауаажәлар ахаҵгылара рыҭара, маҷк иадамхаргьы ирыԥгылоу ауадаҩрақәа рыӡбара.
Иара убас, афонд аҽазнашәоит ҳтәыла ахьыԥшымра азхаҵара анырра аҭара, уи астатус арӷәӷәара, аҳәаанырцә инхо ҳдиаспореи ҳареи ҳаимадара арҭбаара, иеизҳауа абиԥара ҿыц ҳаԥсуа доуҳатә культура абеиарақәа рылааӡара, ҳмилаҭтә хдырра аҿиара, ҳҭоурых амырӡра уҳәа ирацәоуп афонд зызхьаԥшуа азҵаарақәа.
- Иарбан проектқәоу "Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны" абри аамҭа иалагӡаны аус зыднаулахьоу?
- Иаҳҳәозар, апроект "Ани амаалықьи" аҳәаақәа ирҭагӡаны ҿыц ахшара зауз аԥсуа ҭаацәарақәа аҳамҭа рзаҳшоит. Уи ан лысаби иааӡараҿы лхы иалырхәаша амаҭәахәқәа еиднакылоит. Убас еиԥш ашәырақәа рзаҳшахьеит 3000-ҩык инарзынаԥшуа ахәыҷқәа.
Апроект "Агәыразра" акәзар, абжьаратә школ аҵаҩцәа, еиҳарак зҭагылазаашьа уадаҩу, ашколтә маҭәахәқәеи маҭәа-ҩыҭәалеи еиқәҳаршәоит. Апроект "Агәамч" аҳәаақәа ирҭагӡаны аспортә маҭәахәқәа рзааҳхәахьеит ҳҵаҩцәа, ашьапылампылтә команда "Самырзаҟан" аспорттә формақәа рыла еиқәҳаршәеит. Апроект "Аԥеиԥш" иабзоураны Аԥсны араионқәа рҿы инхо зыбзазаратә ҭагылазаашьа мариам аԥсуа ҭаацәарақәа анхара-анҵыраҿы рхы иадырхәаша амаҭәахәқәа рыла ацхыраара рзыҟаҳҵоит. Иааидкыланы 28 ҭаацәара убас еиԥш ҳрыцхраахьеит.
Апроект "Аԥеиԥш" аусура иацҵоуп
Апроект "Адырра ҿыц" азкуп атехнологиа ҿыцқәа рыла ҳашәҟәыԥхьарҭақәа, ҳреабилитациатә центрқәа, ҳҵараиурҭақәа реиқәыршәара. Иааидкыланы иааҳхәахьеит 35 компиутери апринтерқәа быжьбеи. Апроект "Атеатри ахәыҷқәеи" абзоурала 500-ҩык инарзынаԥшуа ашколхәыҷқәа атеатртә қәгыларақәа ирҭаахьеит, иара убас ҳтәыла аҭоурыхтә ҭыԥқәа рбартә еиԥш аҭагылазаашьа рзаԥаҳҵоит. Аԥсуаа ҳҿы еснагь абырг пату иқәуп. Ҳарҭгьы убри аԥҟара ҳақәныҟәауа, апроект "Ақәранҵыра" аҳәаақәа ирҭагӡаны, 100 шықәса зхыҵхьоу ҳрыдныҳәалоит, аҳамҭақәа рызҳархиоит.
Афонд "Аԥсны" аинвалидцәа Рхеилак хылаԥшра знаҭо ауаа ацхыраара рнаҭеит
Апроект "Агәабзиара" акәзар, ҳфонд аҿы зегьы иреиҳау проектуп. Ҳарҭ аматериалтә цхыраара раҳҭоит Аԥсны иҟоу ахәыҷтәы реабилитациатә центрқәа. Аус рыцаҳуеит Урыстәылеи Аԥсныи рҳақьымцәа, ДЦП ачымазара змоу ахәыҷқәа алшара рымоуп апрофессионалтә цхыраара рыҭара. Иаҳҳәозар, Аԥсныҟа иаҳзаауеит Ермантәылантәи аҳақьымцәа, урҭ хәыда-ԥсада ахәыҷқәа ргәаҭарақәа мҩаԥыргоит. 17-ҩык ДЦП ачымазара змаз ахәыҷқәа Ермантәыла аԥҟарақәа ирхысит, рхала иныҟәартә еиԥш алшарагьы роуит. Хымԥада, уи ҳара ҳзы игәадуроуп.
- Апроектқәа инарҷыданы, иарбан усмҩаԥгатәқәоу иеиҿышәкаауа?
- Ԥшьышықәса ирылагӡаны "Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны" имҩаԥнагахьеит аконференциақәа ааба, иара убас хра злоу азҵаарақәа рыла астолгьежьқәа, урҭ рызкуп жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа, ҳтәыла аекономика аҿиара, арепатриациа иадҳәалоу азҵаарақәа, ҳаԥсуара аҵасқәа-ақьабзқәа, иара убас ҳтәыла асоциал-политикатә ԥсҭазаараҿы иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәа иааныркыло аҭыԥ.
- Ҳара иаҳдыруеит шәара напхгара зышәҭо афонд аҭоурыхтә рыцхәқәа ишраҩымсуа. Убри аганахьала ишәҳәарц ишәылшои?
- Иналукааша аҭоурыхтә рыцхәқәеи ҳтәыла зыхьӡ нагоу ауаа риубилеиқәеи хымԥада ҳрывсуам.
"Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны" еиҿнакаауеит арҿиаратә хәылԥазқәа, иара убас егьырҭ аусбарҭақәа ацхыраара раҳҭоит ахәылԥазқәа реиҿкааразы. Афонд ахаҭарнакцәа активла рхы аладырхәуеит Аԥсны имҩаԥысуа ауаажәларратәи акультуратәи усмҩаԥгатәқәа. Афонд иаанарԥшуа афинанстә цхыраареи атехникатә дгылареи ирыбзоураны аус ауеит иҳәынҭқарратәым арҵаратә центр "Академиа". Уаҟа аҵара зҵо аҵаҩцәа алшара рымоуп аԥсуа, аурыс, англыз, аҭырқәа, аиспан, араб бызшәақәа, иара убас аменталтә арифметика захьӡу амаҭәар рахысра.
- "Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны" ахаҭарнакцәа тәым ҳәынҭқаррақәас изҭаахьоу арбан, насгьы ҳдиаспореи ҳареи ҳаимадара аус аҟны иарбан ҭыԥу иаанышәкыло?
- Аҳәаанырцә инхо ҳдиаспореи ҳареи ҳаимадара арӷәӷәаразы, ҳтәыла ахьӡ аӡыргаразы афонд ахаҭарнакцәа ҳџьынџьуаа ахьынхо атәылақәа жәпакы ирҭаахьеит. Афонд анапхгара ҳџьынџьуаа злахәыз аиԥыларақәа мҩаԥнагахьеит Миунхен, Аҩадатәи Кипр, Ҭырқәтәыла еиуеиԥшым ақалақьқәеи ақыҭақәеи рҟны. Изныкымкәа Урыстәыла, Иорданиа, Ермантәыла, Египет, Ҭырқәтәыла уҳәа ҳәынҭқаррақәа жәпакы ҳарҭаахьеит, атәылақәа рнапхареи, ҳдиаспореи, аусдкылаҩцәеи ҳареи ҳаиқәшәахьеит, еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыла азҵаарақәа рацәаны ҳрылацәажәахьеит.
- Афонд ахаҭарнакцәа тәылақәас иабашьақәшәырӷәӷәахьоу?
- "Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны" ахаҭарнакцәа шьақәырӷәӷәоуп Египет, Иорданиа, Великобританиа, Ҭырқәтәыла.
Аԥхьаҟа егьырҭ атәылақәа рҿгьы иҟалап ҳәа агәыӷра сымоуп. Иара убас, афонд аҳәаанырцәтәи аделегациақәа рыдкыларазы имаҷымкәа аус еиҿнакаахьеит. Ҳара ҳааԥхьарала Аԥсны иаҭаахьеит Урыстәыла, Ҭырқәтәыла, Китаи, Иорданиа уҳәа рҟынтәи аделегациақәа.
- Аусеицуразы аиқәшаҳаҭрақәа шәыбжьоума егьырҭ аиҿкаарақәеи шәареи?
- Хымԥада, арҭ ашықәсқәа ирылагӡаны ҳара аҩызцәа ҿыцқәа маҷымкәа иҳаухьеит, еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыла 19 еиҿкаареи ҳареи аусеицуреи аиҩызареи рзы аиқәшаҳаҭрақәа ҳабжьаҳҵахьеит. Уи иабзоураны ҳус еиҳагьы еихаҳҳаит, зсоциалтә ҭагылазаашьа хьысҳаз ауаа ахаҵгылара еиҳаны ираҳҭартә еиԥш иҟалеит.
Оқҭаи Ҷкотуа: аԥхьаҟагьы ашколқәа ацхыраара рыҭара ҳазыхиоуп
Иазгәасҭарц сҭахуп, ҳфонд аусура иалагӡаны ишыҭҳажьхьоу аԥсышәала аҭҵаарадырратә хырхарҭа змоу ажурнал "Аԥсынтәыла - сара стәыла" аномерқәа хԥа. Урҭ еиҭагоуп аурыс, аҭырқәа, англыз бызшәақәа рахь. Иара убас, Аԥсны ӡырызго авидеонҵамҭақәа, ашәҟәхәыҷқәа аурыс, аҭырқәа, араб бызшәақәа рыла.
- Абарҭ ашықәсқәа ирылагӡаны "Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны" ахарџь шаҟа артәои, имаӡамзар?
- Мап, имаӡаӡам. 2015 шықәса рзы инаҳхит 7 913 331 мааҭ, 2016 шықәса рзы - 24 201 294 мааҭ, 2017 шықәса рзы – 10 228 466 мааҭ, 2018 шықәса рзы - 7 689 676 мааҭ. Аҵыхәтәаны иазгәасҭарц сҭахуп "Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны" абарҭ ашықәсқәа ирылагӡаны имҩаԥнагаз аусура аҟны адгылара шыҟарҵаз ҳаспонсорцәа: аԥсыӡ шылеи аԥсыӡ хәшеи раалыҵ анаплакы "АбхазМорПром", иара убас аилак "Импро", урҭ иҭабуп ҳәа расҳәоит. Сгәы иаанагоит "Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны" аусура аԥхьаҟа иҵегьы амҽхак арҭбаап ҳәа.