Афонд "Аԥсны" хәышықәсатәи аиубилеи азгәанаҭеит

© SputnikФонд Апсны
Фонд Апсны  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Жәларбжьаратәи афонд "Аԥсны" хәышықәса рыҩныҵҟа агәыҳалалратә хықәкқәа ирзынанашьҭит 55 миллион мааҭ.

АҞӘА, жәабран 12 - Sputnik. Жәларбжьаратәи афонд "Аԥсны" ацхыраара рнаҭахьеит 5492–ҩыки 94 еиҿкаареи. Абри атәы лҳәеит афонд ахаҭарнак Сабина Быҭәԥҳа ажәахә ҟаҵо.

Лара иазгәалҭеит аиҿкаара шаԥҵаз жәабран 12 2015 шықәса рзы. Хықәкны иаман аԥсуа жәлар реидкылара, адемографиатә, асоциалтә, акультуратә зҵаарақәа рыӡбараз апроектқәа аус рыдулара.

Деньги - Sputnik Аҧсны
Арезервтә фонд аҟынтәи ахшара рацәа змоу ашәарақәа рзоужьхоит

"Афонд аусураҿ аҭыԥ ҷыда ааннакылоит агәыҳалалра. 2015 шықәса раахыс афонд аус рыднаулеит адемографиатә, асоциалтә, акультуратә зҵаарақәа рыӡбараз апроектқәа, апрограммақәа жәпакы", - лҳәеит Сабина Быҭәԥҳа.

Аиҿкаара еиԥымҟьаӡакәа аус зднауло апроектқәа ааба амоуп. Урҭ ирхаданы иҟоуп "Ани ахәыҷи".

"Фымз рҟынӡа зхыҵуа ахәыҷы дызмоу аҭаацәара афонд ирнаҭоит ҳамҭас ахәыҷқәа ирызку акосметикатә хархәагақәа", - лҳәеит лара.

Афонд аус ауеижьҭеи абри аҩыза апакет ҳамҭас ирырҭахьеит 3670 хәыҷы.

"Апроект "Агәыӷра" азырхоуп ахшара рацәа змоу, зылшара ԥку аҭаацәарақәа ацхыраара рыҭара. Урҭ рзы иаанахәоит абзазаратә техника, аҩнымаҭәа. Абри ахырхарҭала ацхыраара рыҭоуп 29 ҭаацәара", - лҳәоит Быҭәԥҳа.

Ашколхәыҷқәеи абыргцәеи рзы

Афонд "Аԥсны" имҩаԥнагоит абарҭ апроектқәагьы: "Ашколхәыҷ ицхыраара", "Аспорт", "Атехнологиа ҿыцқәа", "Ақәра ду", "Агәабзиара".

Сонер Гогуа - Sputnik Аҧсны
Арадио
Гогәуа Гагра ареабилитациатә центр аартразы: иааиуа ашықәс азы ҳгәы иҭоуп

"Жәларбжьаратәи афонд "Аԥсны" иааиԥмырҟьаӡакәа ирыцхраауеит Аԥсны ареабилитациатә центрқәа хәба. Абри аус иаднаԥхьалоит апартниорцәа (аилахәыра "Биофарм" – Ростов-на-Дону). Ацентрқәа рзы иаахәоуп: амедицинатә техника, аспорттә тренажиорқәа, аинвалидтә колиаскақәа ", -лҳәоит Сабина Быҭәԥҳа.

Убас, 2019 шықәсазы аилахәыра "Биофарми" афонд "Аԥсни" Аҟәатәи ахәыҷтәы хәышәтәырҭа аоперациатә зал иарҭеит зыхә дуу амыругақәа. Аԥсны агәыҳалалра рыхәҭаа дуны иалоуп аԥсу адиаспорагьы ҳәа азгәалҭеит лара.

Афонд "Аԥсны" ацхыраарала иаԥҵоуп еиуеиԥшым абызшәақәа ахьыддырҵо арҵаратә центр "Academia".

Ацхыраара, авагылара зҭаху ауаа

Афонд "Аԥсны" ахада Сенер Гогәуа иазгәеиҭеит Аԥсны ишырацәоу ацхыраара, авагылара зҭаху ауаа.

"Ҳусура ззырхоу уаҵәтәи абиԥара аԥсҭазаара лаша рзырхиароуп. Уи азы ҳара иаԥаҳҵоит аҵара, акультура, аспорт ирзырхоу апроектқәа. Есымза Гал инаркны Гагранӡа ацхыраара зҭаху ауаа ҳрыцхраауеит. Уи аҟны иҟоуп иҳадгылогьы", - иҳәоит Гогәуа.

Афонд "Аԥсны" аусура ду азгәаҭо адныҳәаларатә ажәақәа иҳәеит Аҵара аминистр Адгәыр Какоба.

"Исҭахуп гәык-ԥсык ала афонд аиубилеи адысныҳәаларц. Ҭабуп ҳәа сҳәарц. Афонд анаадыртыҵәҟьаз акәын. Кипр аҵара иҭаз ҳастудентцәа апроблема роуит аԥарашәаразы. Сенер абри шиаҳазҵәҟьа уахь ацара еиҿикааит, ауниверситет аректори аҵара аминистри ҳарԥылеит, азҵаарагьы аҭыԥ иқәаҳҵеит", - иҳәеит Какоба.

Сонер Гогуа - Sputnik Аҧсны
Арадио
Сенер Гогәуа афонд "Аԥсны" аусуразы: алҵшәақәа ҳгәы рыладууп

Аиԥылара ахыркәшамҭазы афонд "Аԥсны" анапхгаҩы аҳаҭыртә шәҟқәа риҭеит: Аминистрцәа реилазаара, Аҳазалхратә еилакы, Апарламент адепутатцәа Михаил Сангәлиа, Аслан Бжьаниа, аилахәырақәа "Биофарм", "Абхазморпром", "Импро", афонд "Ашана", арҵаратә центр "Academia" апроектқәа раларҵәаразы иҟарҵо ацхыраараз.

Иара убасгьы аҳамҭақәеи аҳаҭыртә шәҟәқәеи ранашьан афонд аусура аазырԥшуа АИХ ахаҭарнакцәа: Аԥсуа телехәаԥшра, ателеканал "Абаза-ТВ", аинформациатә маҵзура Sputnik, "Абхазия-Информ", "Апсныпресс", агазеҭ "Республика Абхазия", Галтәи агазеҭ.

Ажәабжьқәа зегьы
0