Ииасыз амчыбжь азы Аԥсныҟа цхыраара ҳәа иааит Екатеринбургнтәи аҳақьымцәа, Очамчыратәи ахәышәтәырҭаҿы акоронавирус змоу рзы апалатақәа ҩнымаҭәа ҿыцла идырхиеит, Аҟәа иалацәажәеит аҳәаанырцә бизнесуаа рзы апартаментқәа рыҭира.
Sputnik
Ишԥацо COVID-19 аҿагыларатә усқәа?
Аԥсны акоронавирустә инфекциа иаҿагыланы иқәԥоит. Аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла COVID-19 иахырҟьаны рыԥсҭазаара иалҵхьеит 51-ҩык, зынӡа ачымазара рыдырбалахьеит 4720-ҩык. Гәоуҭатәи аковидтә госпиталь иҿы ишьҭоуп 127-ҩык, 107-ҩык COVID-19 рзышьақәырӷәӷәоуп.
Аҟәатәи аҿкчымазаратә хәышәтәырҭа иҭоуп 32 пациент COVID-19 змоу.
- Гәниа: аҿкчымазаратә хәышәтәырҭаҿы амедицина усзуҩцәа азхом
Аԥсны Асанепидемстанциа алабораториа еиԥҟьарада афымцалашара аиулоит
Жәаҩаҩык апациентцәа нагоуп Гагратәи ахәышәтәырҭа аковид-ҟәшахьы
Амобилтә госпиталь аҿы ахәышәтәра иахысуеит 46 пациент. 43 пациент рҭагылазаашьа бжьаратәуп, хҩык рҭагылазаашьа хьанҭоуп.
Акоронавирус иаҿагыланы иқәԥоит аҭыԥантәи аҳақьымцәа реиԥш Урыстәылатәи аҟазауаагьы. Иахьазы Екатеринбургнтәи ԥшьҩык аҳақьымцәа аус руеит Гәдоуҭатәи агоспиталь аҿы.
Уаанӡа ара ацхыраара руан Москвеи Калинингради рҟынтәи 12-ҩык злахәыз агәыԥ. Дара усҟан ирыԥсахит Башкириатәи рколлегацәа. Москвеи Калинингради ргәыԥ аҿы ааҩык аҳақьымцәеи ԥшьҩык амедиеҳәшьцәеи ыҟан.
Амчыбжь ахҭыс бзиақәа ируакхеит Адыгатәыла уаанӡатәи ахада, анаплакҩы, амеценат Хазрет Совмен Аԥсны COVID-19 аҿагыларазы 50 миллион мааҭ ааишьҭит ҳәа ажәабжь.
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Москва иҟазаараан Адыгатәыла уаанӡатәи ахада Хазрет Совмен иареи аицәажәарақәа рыбжьан, усҟан Аслан Бжьаниа дрылацәажәеит апандемиа инадҳәаланы ареспубликаҿы иҟоу апроблемақәа.
- Адыгатәыла уаанӡатәи ахада Аԥсны COVID-19 аҿагыларазы 50 миллион мааҭ ааишьҭит
Аусурақәа шымҩаԥысыц имҩаԥысуеит Аҟәа иаарту амобилтә госпиталь аҿгьы. Абҵара 6 инаркны жьҭаара 20 рҟынӡа арахь иааган 100 пациентк. Урҭ рҟынтәи 17-ҩык қәҿиарала ихышәтәны ахәышәтәырҭа илҩаауп.
Агоспиталь аус ауеижьҭеи 1,5 нызқь ПЦР-диагностика мҩаԥнагахьеит. Анализқәа нарышьҭуеит Аԥсны алабараториақәа рҟынтәи, аҭҵаарақәа рҭак уахь идырхынҳәуеит.
Абҵара ҩба рзы Очамчыратәи араионтә хәышәтәырҭа апалатақәа медицинатә ҩнымаҭәала еиқәдыршәеит.
Атәыла аиҳабыра ахәышәтәырҭазы иаархәеит 20 медицинатә каруаҭ, 20 адақә хәыҷқәа (тумбочки), 50 иарамаҭәа, 20 гәабан, акапельницақәа рзы 20 штатив. Иара убасгьы иахәҭоу зегьы аахәоуп ахәышәтәырҭа акрыфарҭазы.
Ахәышәтәырҭа аҳақьым хада Мадонна Кьышьмариаԥҳа ишылҳәо ала ацхыраара амедперсонал рџьабаа армариоит, апациентцәа рыхәышәтәра еиҳа иҭышәынтәалоит.
Инахырҟьоу асасдкылара
Гәдоуҭа араион ахада ихаҭыԥуаҩ Ҭемыр Возба Гәдоуҭатәи агоспиталь ахь цхыраара ҳәа иааз аҳақьым лцәа аԥҽра иҽазишәеит ҳәа аинформациа рылаҵәеит асоциалтә ҳақәа рҿы абҵара 4 рзы.
Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭаҿы адырра ҟарҵеит аинформациа агәаҭара шымҩаԥысуа.
Гәдоуҭа аҳақьым лцәа аԥҽра аҽазышәара аҭыԥ аман ҳәа азинхьчаратә усбарҭақәа рахь арзаҳал ыҟам ҳәа аарыцҳаит Апрокуратура хада.
- Апрокуратура хада: аҳақьым лцәа аԥҽра аҽазышәаразы арзаҳал ыҟам
Адырҩаҽны Sputnik апресс-центр аҿы абрифинг мҩаԥго Алексеи Двинианин ажурналистцәа рахь аҳәара ҟаиҵеит Telegram-каналқәа ражәабжь ԥаршеиқәа иаразнакы агәра ганы еимпыҵрымԥааларц.
Двинианин ажурналистцәа дрыҳәеит асоциалтә ҳақәа ирыладырҵәо зегь рыгәра шырымгаша.
"Урыстәылантәи Аԥсныҟа, акоронавирус ауааԥсыра рацәыхьчараан ацхыраара аҟаҵаразы иааз аҳақьым лцәа аԥҽра афакт аиԥш аҽазышәарагьы аҭыԥ амамызт. Ари ас шакәу шьақәдырӷәӷәоит Ацҳаражәҳәарҭа, ахада Иусбарҭа, Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра", - азгәеиҭеит Двинианин.
Двинианин иҳәеит абҵара 4 - 5 рзы Гәдоуҭа аҭыԥ зманы иҟаз "Гәдоуҭа ахадара имҩаԥнагаз ихарҟьаны итрадициатәу аԥсуа сасдкылароуп" ҳәа.
"Ахҭыс аҭыԥ иқәҵоуп Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа, Аԥсны ахада Иусбарҭа, Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра, Агәабзиарахьчара аминистрра рыбжьаҟазарала", - иҳәеит иара, иагьазгәеиҭеит аҳақьымцәа иаабац арежим ала русура шымҩаԥысуа.
Ажурналистцәа ирҭаз азҵаара: урыстәылатәи аҳақьымцәеи Ацҳаражәҳәарҭа ахаҭарнакцәеи еиқәшәахьоума? – аҭакс "ааи" иҳәеит Двинианин, иагьазгәеиҭеит аицәажәара арзара игәы ишҭам.
Иара убасгьы иҳәеит: Ацҳаражәҳәарҭа апресс-маӡаныҟәгаҩ "Асоциалтә ҳақәа рыла ирыларҵәаз аинформациа аҭҵаара ҳаҿуп. Макьаназы еиҳа инарҭбаау аинформациа ҳамам. Уи адагьы лара аҳақьым лхаҭа дашшу дмашшу атәы аилкаара ҳаҿуп" ҳәа мацара шакәу ииҳәаз .
Ацҳаражәҳәаҩ дақәыӡбеит ари ахҳәаа дасу ишиҭаху иахьеиликааз, Sputnik Аԥсны аганахьгьы аҽыԥныҳәа ҟаиҵеит.
"Ацҳаражәҳәарҭа мап ацәнакуеит Telegram-каналқәа, Facebook уҳәа реиԥш иҟоу игәарарҵо ажәабыжьқәа ахархәара рызҭо ажурналистцәеи аҭыжьымҭақәеи аус рыцура. Аиҳаракгьы Урыстәыла имҩаԥнаго агуманитартә цхыраараан. Сара апресса ахақәиҭра садгылаҩуп аха саҿагылоит уи ухатәы хықәкқәа рзы ухы ианауырхәо", - иҳәеит Алексеи Двинианин.
Ашыц ааӡарҭа
Амчыбжь ажәабжь бзиақәа иреиуоуп ашыц ааӡарҭа Очамчыра Аԥснытәи аҭҵаарадырратә абнатә ԥышәаратә станциаҿ иахьаадыртыз.
Ааӡарҭа аԥҵоуп ООН ақыҭанхамҩеи афатәааглыхреи реиҿкаара ацхыраарала, Аԥсны 2012 шықәсазы Шәачантәи иқәнагалаз амцаԥшьхәаҷа зԥырхагахаз ашыц аиҭашьақәыргыларазы. Усҟан Урыстәыла аолимпиатә комплексқәа рзы Италиа иаанахәаз ашыц еиҭаҳатә Китаитәын, амцаԥшь хәаҷа иаҟьышьны иҟан.
"ООН ақыҭанхамҩеи афатәааглыхреи реиҿкаара ацхыраарала иахьа ашыц ааӡарҭа апитомникааҳартуеит иара иахьахәҭаҵәҟьоу аҭыԥ аҿы – Очамчыра Аԥснытәи аҭҵаарадырратә абнатә ԥышәаратә станциаҿ." ҳәа иҳәеит ареспублика аекологиатә Институт адиректор Роман Дбар.
АбНИЛОС адиректор Витали Леиба иажәақәа рыла Аԥсны амцаԥшь хәаҷа анцәырҵ ашьҭахь иаанхаз ашыц ԥшь-процент заҵәык роуп.
Колхидатәи мамзаргьы кавказтәи ашыц — реликттә ҵлажәлоуп. Иара ахьҭақәа ачҳауеит −10 °C рҟынӡа, 600 шықәса ннаҵуеит. Аизҳара ашьшьа-шьшьыҳәоуп ишымҩаԥысуа – шықәсык ала сантиметрақәак иазҳауеит.
Аҳәаанырцә бизнесуаа рзы аппартаментқәа
Абҵара 2 рзы Аҟәа, Аҳәынҭқарратә маҵзура "Аԥсныпресс" аҿы имҩаԥгаз астол гьыжь аҿы атәым ҳәынҭқаррақәа рҟнытә анаплакҩцәа апартаментқәа раархәаразы алшара аҟаҵара азҵаара иалацәажәон.
Ари азҵаара жьҭаарамзазы ишьҭылххьан Аԥсны аҳәсақәа рассоциациа ахантәаҩы, аконституциатә реформақәа рзы ахада иҿы иаԥҵоу Акомиссиа анапхгаҩы Наҭелла Акаԥҳа. Лара илҳәеит аԥыжәаратә ҿиара аҵакыра аԥҵареи апартаментқәа рыргылареи аусурҭатә ҭыԥқәа шаԥырҵо, аекономикатә еизҳара ишацхраауа. Убри аан апартаментқәа рыҭира атәылауаҩра аиура ишадҳәалам. Аԥсны азин шамам амилаҭтә паспортқәа ршара ауааԥсыра рхыԥхьаӡара амаҷра инадҳәаланы, уи адемографиатә дисбаланс ахь ишкылнаго.
Аԥхьа ажәа игеит анаплакҩы, ауаажәларратә палата алахәыла Абессалом Кәарҷиа. Иара иазгәеиҭеит аҳәынҭқарра аҿиара амҩа ианылар шакәу, уи азы апрограмма ыҟазарц шахәҭоу.
Абесалом Кәарҷиа ишьҭахь ажәа игеит Ауаажәларратә палата алахәыла Рисмаг Аџьынџьал. Иара апартаментқәа раахәареи ареспублика адепрессиатә регионқәа реиҭашьақәыргылара апрограммақәеи реидҳәалара ахәҭаны иԥхьаӡом.
Иара игәаанагарала Тҟәарчал араион арҿиаразы аҳәынҭқарра абизнесуааи аинвесторцәеи ашәахтә льготақәа рнаҭароуп.
"Иҟоуп Владислав Арӡынба иаԥиҵахьаз асхема: ауаҩы Аԥсны абизнес ааиртырц иҭахызар аицнаплакы аԥҵатәуп. Ауаҩы илагала дузар, атәылауаҩра азҵаарагьы иалацәажәахоит", - иҳәеит иара.
Ареспублика еиҭаҵуа амазарақәа рыҭира аҽа формақәак Ауаажәларратә палата алахәыла алацәажәара ахәҭаны иԥхьаӡом. Ииҳәо шьақәзырӷәӷәо ҿырԥштәны иааигеит палестинаа массала рыҩнқәа израильаа ираадырхәо ианалагаз иахькылнагаз.
Ауаажәларратә усзуҩ Кадыр Аргәын Рисмага Аџьынџьал ииҳәаз дақәшаҳаҭхеит. Иара игәаанагарала апартаментқәа аҳәаанырцә бизнесуаа раархәара республиказ лҵшәак аманы иҟам. Иара агәра ганы дыҟоуп атәыла араионқәа рекономикатә лшара ашьақәыргыларазы иҟоу аресурсқәа: аӡы, абна, ақыҭанхамҩа уҳәа ахрарахәара шаҭаху.
Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа аекономикеи азини Ринститут адиректор, аекономикатә наукақәа рдоктор Заур Шьалашьаа ареспубликаҿ урыстәылатәии аԥснытәии бизнесуаа реицусура иҵоуроуи иҵоурами аҿырԥштәқәа шыҟоу. Ҿырԥштәны иааигеит ареспубликаҿ акыршықәса аус зуа аилахәырақәа.
Лгәаанагара лҳәеит азиндырыҩ Фрида Лазԥҳа, лара иазгәалҭеит анхарҭатә ресурсқәа рыҭира ауааԥсыра реиҳараҩык цәшәарҭан ишрымоу.
"Апартаментқәа рыҭира аидеиа иахықәкуп анхарҭа ҭыԥ аиура атәылауаҩра аиура иадҳәаламхарц. Ҳара ҳҟны ирацәаҩуп аԥсуаа рыхьӡала еиҿкааны аҳәаанырцәаа иаархәо анхарҭаҭыԥқәа. Аҳәынҭқарра уи аҟынтә феидак амам. Атәылауаагьы иара убас. Ари аус ыраргаматәуп", - лҳәеит Лазԥҳа.
Лгәаанагара лҳәеит ажурналист, Ауаажәларратә палата алахәыла Надежда Венедиктова. Лара агәра ганы дыҟоуп араионқәа рекономика арҿиаразы аҭыԥантәи ауаа рнаплакратә усура шырцыхцыхтәу азы.
Ацитрусқәа рекспорт
700 тонна инареиҳаны амандарина Аԥснынтә Урыстәылаҟа иргахьеит цәыббрамза абжараахыс.
Жьҭаара аихшамҭазы аҳәаа иахыргахьан 250 тонн ацитрусқәеи 50 тонн афеихои. 2019 шықәса абри аамҭазы аҳәаа иахыган 20 тонн ацитрусқәеи 30 тонн афеихои.
Ацитрусқәа лассы иԥхасҭахо аалыҵуп азы урҭ рҳазалхратә еиҿкаарақәа аԥыжәара рыманы имҩаԥысуеит.
2019 шықәсазтәи асезон, жьҭаара-жәабран амзақәа рзы аҳәааҿ ашәҟәы иҭагалан 14 000 тонн ацитрусқәа. 2018 шықәса рзы – 37 000 тонн ацитрусқәа.
Ашьаусқәа
Абҵара 3 рзы Гәылрыԥшь араион апрокуратура ашьаус хацнаркит Аԥсны Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра иатәу Драндатәи абахҭа аиҳабы ихаҭыԥуаҩ, амилициа амаиор Дмитри Амқәаб иганахь ала ҳәа аанацҳауеит Апрокуратура хада асаит.
Амқәаб имаҵзуратә напынҵақәа инархырҳәҳәаны ихы иаирхәеит ҳәа иԥхьаӡоуп. Аусҭҵаара адыррақәа рыла Амқәаб азакәан инақәыршәаны азин иман, иҭакыз иуа-иҭахы, ма егьырҭ ахаҿқәа х-сааҭк рыҩныҵҟа рыцыҟазааразы азин ииҭар, уигьы ашьаус знапаҿы иҟоу ахаҿы, ма аусбарҭа аҩыратә қәшаҳаҭра аҟазаараан.
Аха Амқәаб, жьҭаара 25 рзы аҭакзыԥхықәу иҷаԥшьара аамҭаан аӡбарҭа азин имамкәа Сыҷынааԥҳаи абахҭа иҭакыз Зыхәбеи иаашаанӡа реицыҟазаара азин ҟаиҵеит.
Заанаҵтәи адыррақәа рыла Аԥсны Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра иатәу абахҭа аиԥыларатә уадаҟны Аԥсны атәылауаҩ Сичинааԥҳаа А.Т., 2001 шықәса рзы ииз, Аҟәа ақалақь аҿы инхоз лыԥсҭазаара далҵит жьҭаара 26 рзы. Лара уахь днеит жьҭаара 25 рзы, уа иҭаку Зыхәба А.А., 1987 шықәса рзы ииз ибаразы.
Аԥсны апрокуратура хада ихнаркәшеит Гәдоуҭа араион аҩнуҵҟатәи аусқәа рыҟәша иатәу Аҳәынҭавтоинспекциа аусзуҩцәа Саид Гарцкьиеи Сасрыҟәа Ҷедиеи рганахь ала заанаҵтәи аусҭҵаара, аус нашьҭуп Гәдоуҭатәи араионтә ӡбарҭахь.
Уаанӡа Саид Гарцкьиеи Сасрыҟәа Ҷедиеи, аҵарҭыша ргеит ҳәа гәҩарас иҟаҵаны мызкы иҭакын Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа аӡбамҭала.
Аԥсны Аҳәынҭавтоинспекциа аусзуҩцәа аҵарҭыша шыргоз иаанкылан Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура имҩаԥнагоз аоперативтә експеримент аҳәаақәа ирҭагӡаны.
Апрокуратура хада адыррақәа рыла, цәыббра 11 рзы амилициа алеитенант Саид Гарцкьиеи амилициа алеитенант еиҳабы Сасрыҟәа Ҷедиеи рмаҵуратә уалԥшьақәа рынагӡараан Гәдоуҭа араион, ААИ астационартә пост "Бамбора" иахьгылаз быжь-нызқь мааҭ аԥара ҵарҭышас иргеит.
Дара амҩатә ԥҟара шеилагаз шьақәдырӷәӷәеит, аха аԥара ганы административтә зинеилагара шыҟалаз азы аԥкаанҵа хадмырҭәааит, "убри алагьы закәанла ихьчоу аҳәынҭқрра аинтересқәа ӷәӷәала еиларгеит".
Амаҵуратә уалԥшьақәа реилагаразы 10 - 20 нызқь ахараԥса артәоит ма рмаҵураныжьра, ма хәышықәса рыҩныҵҟа усхкқәак рымҩаԥгара азин рымаӡам, мамзаргьы 1-4 шықәса аҭакра. Аҩбатәи ахәҭаҷ иазыԥхьагәанаҭоит 7-12 шықәса аҭакра, амазара амхрагьы нацҵаны.
Раԥхьатәи асы
Абҵара 2 рзы Аԥсны илеит раԥхьатәи асы.
"Арҭ аамҭақәа рзы асы рацәак амуит. 5-8 сантиметра роуп. Иара абриаҟароуп ҵыԥх Ауадҳара иҳазлеиз асгьы заҟараз. Сынтәа хә-мчыбжьа рыла инаскьаны асы ҳзауит", ҳәа иҳәеит апансионат "Ауадҳара" адиректор Асҭан Арсҭаа.
"Амҩақәа цқьоуп, уи азы апроблема ыҟаӡам. Аҵаагьы ыҟам. Жьҭаара 28 раахыс апансионат ҭәуп. Аҭыхыҩцәа ргәыԥ ҳҭоуп. Абҵара 4 рҟынӡа аангылара ргәы ишҭазгьы асы анлеи ицеит. Аҭыхрақәа рзымҩаԥгомызт", – иҳәеит иара.
Аҵыхәтәантәи амшқәа рзы иааунырыртә ахьҭа аҿалеит.
Агидрометеорологиа аҟәша аиҳабы Диана Ҭраԥшьԥҳа Sputnik иазеиҭалҳәеит абҵара актәи ахәҭазы ареспубликаҿ ишыхьҭахо.
Ус шакәугьы макьаназы аԥхарра ҳцәыӡуеит ҳәа узҳәом. Аҳауа аԥхарра 20 - 25 °С иҩеир ҟалоит аамҭақәак рзы. Амшынӡы аҟәандара –18 - 20 °С.