Екатеринбургнтәи амедусзуҩцәа Гәдоуҭаҟа иааиит рколлегацәа рыцхырааразы

© Sputnik / Томас ТхайцукГудаутская ЦРБ
Гудаутская ЦРБ - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Екатеринбургнтәи иааз амедусзуҩцәа Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҿы иаанхоит абҵара 23 рҟынӡа.

АҞӘА, абҵара 4 – Sputnik, Бадри Есиава. Ԥшьҩык аҳақьымцәа Екатеринбургнтәи Аԥсныҟа иааит аковидтә центр аҿы Гәдоуҭа аусуразы ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Гәдоуҭа араион ахада Баграт Боџьгәуа.

Гудаутская ЦРБ - Sputnik Аҧсны
Урыстәылатәи аҳақьымцәа Гәдоуҭа ахәышәтәырҭаҿ ирыцхраауеит

"Урыстәылеи Аԥсни ргәабзиарахьчаратә усҳәарҭақәа уаанӡатәи реиқәшаҳаҭрақәа рыла иахьа "ацәаҳәа ҟаԥшь" аҿы аусуразы Екатеринбургнтә ԥшьҩык аҳақьымцәа ааны иҟоуп. Дара уажәы ақалақь асасааирҭақәа руак аҿы рыԥсы ршьоит. Нас ахәышәтәырҭа аҳақьым хадеи дареи еиԥылараны иҟоуп", - иҳәеит иара.

Екатеринбургнтәи иааз амедусзуҩцәа Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҿы иаанхоит абҵара 23 рҟынӡа.

Уаанӡа, жьҭаара 19 рзы, ара аусуразы иааит Москвеи Калинингради рҟынтәи абригада. Дара Башкириатәи рколлегацәа рыԥсахит. Москвеи Калинингради рҟынтәи абригада аилазаараҿы иҟан ԥшьҩык аҳақьымцәеи ԥшьҩык амедеиҳәшьцәеи.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

Ажәабжьқәа зегьы
0