Аԥсны

Sputnik амчыбжь: Агәалашәара амш, Решетников Аԥсны иҟазаара, акриминалтә жәабжьқәа

Аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны иазнархиеит нанҳәа 8-14 рзы иҟалаз еиҳа иналкуааша ахҭысқәа рыхҳәаа.
Sputnik
Ари амчыбжь азы Аԥсныҟа иааит Урыстәыла аекономикатә ҿиара аминистр Максим Решетников зхадараҿы дыҟаз аделегациа. Агәабзиарахьчара аминистрра амаҵзуратә усеилыргара мҩаԥнагоит ареспублика асанитартә ҳақьым хада Лиудмила Скорик лганахьала, ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Алхас Кәыҵниа иарзаҳал шьаҭас иҟаҵаны имаҵзураҟынтә ихы дақәиҭтәуп.
Sputnik

Агәалашәара Амш

Нанҳәа 14 аҽны иҵит 1992-1993 шықәсқәа раантәи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра иалагеижьҭеи 30 шықәса. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа иҭахаз рбаҟа амҵан ашәҭшьыҵәрақәа шьҭеиҵеит.
Аԥсны
Аслан Бжьаниа ашәҭқәа шьҭеиҵеит Ахьӡ-Аԥша апарк аҟны
Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра иалагеижьҭеи 30 шықәса аҵра инамаданы иҭахаз аибашьцәа ргәаларшәаразы Ахьӡ-Аԥша апарк ахь иара убас иааит ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, аԥыза-министр Александр Анқәаб, Жәлар Реизара аиҳабы Лаша Ашәба, Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, аҳәынҭқарратә усбарҭақәа рхаҭарнакцәа, аибашьра аветеранцәа, ауаажәларра, ашколхәыҷқәа.
Анаҩс дара Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба Ешыра анышә дахьамадоу ашәҭшьҭаҵара ицеит.
Аԥсны
Бжьаниа: Владислав иааԥхьара бираҟҵас ишьҭыхны ҳажәлар аӡәк иеиԥш Аԥсны ахьчаразы игылеит
Самсон Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр аҿы амҽыша нанҳәа 14 рзы имҩаԥган аконцерт "Аԥсуа реквием". Ахәаԥшцәа рҿаԥхьа иқәгылеит Нана Черқьезиа, Елена Анқәаб, Алиас Абыхәба, Алхас Ферзба, Аԥсны Аҳәынҭқарратә хортә капелла, Ахәыҷтәы хор.
Аскрипка алырҳәон Мариа-Емилиа Терзиан-Ҳагба, афлеита – Анастасиа Курочкина, аԥхьарца алырҳәон Радима Џьыкырԥҳа, аҿарпын – Софиа Кисекова.

Решетников Аԥсны иҟазаара

Нанҳәа 11 рзы Аԥсныҟа усутә ныҟәарыла иааз Урыстәыла Аекономикатә ҿиара аминистр Максим Решетников дырҭааит Урыстәыла иҟанаҵо афинанстә цхыраарала еиҭашьақәдыргыло обиектқәак: апринц Ольденбургски ипарк, Гагратәи аколоннада, Афон ҿыц ашкол, еиҭашьақәыргылоу астанциа маҷ "Гагра-1", иара убас Гагра араион ацрыҵрыцқьаратә ргыларақәа, Аԥсуа драматә театр.
Аԥсны
Максим Решетников дырҭааит урыстәылатәи ацхыраара иабзоураны идыргыло аобиектқәа
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниеи Урыстәыла Аекономикатә ҿиара аминистр Максим Решетникови еиԥылеит.
"Мҩашьарада исҳәоит, аԥсуа жәлари Аԥсны иаҭаауа Урыстәыла атәылауааи шәаара аус бзиақәеи алҵшәақәеи адырҳәалоит. Аиаша сҳәоит, избан акәзар, шәара напхгара зышәҭо аусбарҭеи шәусура азнеишьеи агәыӷра ҳарҭоит ҳҿаԥхьа иқәгылоу аусқәа нагӡахоит ҳәа", - иҳәеит атәыла ахада.
Решетников иазгәеиҭеит, Аинвестпрограммала инагӡоу апроектқәа зегьы ибзианы ишыҟаҵоу.
Аԥсны
Максим Решетников Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза аҵакыраҟны имҩаԥысуа аусурақәа дырҭааны ибеит

Акадртә еиҭакрақәа

Амчыбжь ажәабжь хадақәа иреиуахеит Алхас Кәыҵниа, Аԥсны ахада Иусбарҭа аиҳабыс ҩышықәса инарзынаԥшуа иҟаз имаҵура ааныжьра. Алхас Кәыҵниа Аԥсны ахада Иусбарҭа аиҳабы имаҵураҟынтә ихы дақәиҭтәуп хатәгәаԥхарала ииҩыз арзаҳал инақәыршәаны.
Аԥсны
Алхас Кәыҵниа Аԥсны ахада Иусбарҭа аиҳабы имаҵураҟынтә ихы дақәиҭтәуп
Аԥсны ахада Иусбарҭа аиҳабы инапынҵақәа наигӡалоит Џьансыхә Нанба.
Абри аамҭазы Ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистр инапынҵақәа неигӡалоит Нанба ихаҭыԥуаҩ Мераб Логәуа.
Аԥсны
Џьансыхә Нанба атәыла ахада Иусбарҭа анапхгаҩыс дҟаҵоуп

COVID-19

Аԥсны COVID-19 змоу рхыԥхьаӡара шьҭыҵуа иалагеит. . Хәымш рыла, нанҳәа 8 инаркны 12-нӡа Аԥсны иаадырԥшит 365 коронавирус хҭыс ҿыц.
Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭа иҭоуп 16 пациент. Нанҳәа 11-12 рзы Гәдоуҭатәи ахәшәтәырҭаҿы рыԥсҭазаара иалҵит 87 шықәсеи, 37 шықәсеи зхыҵуаз ҩыџьа ахацәа.
Апандемиа аамҭазы Аԥсны иаадырԥшхьеит 54 565 коронавирус хҭыс. Рыԥсҭазаара иалҵхьеит 693 –ҩык.
Аԥсны
Гәдоуҭатәи араионтә хәшәтәырҭаҿы акоронавирус змаз ҩыџьа рыԥсҭазаара иалҵит

Агәабзиарахьчара аминистрра аусҭҵаара

Агәабзиарахьчара аминистрра асанитартә ҳақьым хада Лиудмила Скорик лусураҿы дахьыҟам азы амаҵуратә гәаҭара мҩаԥыргоит.
Аусбарҭа аофициалтә ҳәамҭаҿ иазгәаҭоуп Скорик ԥхынгәы 25 раахыс аусурахь дшымнеиц.
Аԥсны
Агәабзиарахьчара аминистрра асанитартә ҳақьым Скорик лусураҿ лыҟамзаара зыхҟьаз гәанаҭоит
2021 шықәса хәажәкырамзазы асанитартә ҳақьым хада "Аџьынџь гәабзиарахьчараҿ алшамҭақәа рзы" амедал ланашьан акоронавирустә инфекциа активла аҿагыларазы.

Вольвач иинтервиу

Урыстәыла аекономикатә ҿиара аминистр ихаҭыԥуаҩ Дмитри Вольвач аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны аинтервиу аиҭеит.
Иара далацәажәеит Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара ацхырааразы Аинвестициатә программа аҷыдарақәа.
Аԥсны
Аинвестпрограмма аԥсуа бизнес иацхраауеит ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит Вольвач
Адокумент ҿыц аҿы иазԥхьагәаҭоуп аҭагылазашьақәа – аԥсуа економика еиҳа Урыстәыла ахьыԥшра армариара. Вольвач игәаанагарала ахы иархәатәуп ареспублика атуризмтә лшарақәа.
Аԥсны
Вольвач: Аԥсны аекономика, Урыстәыла ишахьыԥшугьы, иаҳа иӷәӷәахартә иҟоуп
Урыстәыла Аекономикатә ҿиара аминистр ихаҭыԥуаҩ Дмитри Вольвач Аԥсны афымцамчтә шәарҭадара аиҿкаашьа шибо атәы иҳәеит, иазгәеиҭеит аӡынра афымцамч азымхара азҵаара шыӡбахо.
Аԥсны
Вольвач иҳәеит Аԥсны афымцамчтә шәарҭадара аиҿкааразы иаҭаху
Аԥсны политикала агәаӷьреи анапхгараҭараҿы аҟәыӷареи аанарԥшыроуп афымцамчтә шәарҭадара аиҿкааразы, абас иҳәеит иара.
Вольвач иҳәеит ԥхьаҟагьы Урыстәыла ацхыраара шыҟанаҵало аулафахәы аицԥаразоужьразы. Иара иажәақәа рыла, 2025 шықәсанӡа абжьаратә уалафахәқәа ҩынтә ишьҭыҵроуп аҳәынҭқарратә сектор аҿы.

Акриминалтә жәабжьқәа

Иофициалтәым адыррақәа рыла, Аҟәа нанҳәа 10 асааҭ 21:40 сааҭ рзы "Амшынеиқәафымцамч" уаанӡатәи ахада Аслан Басариа имашьына иеихсит.
Заанаҵтәи адыррақәа рыла, аӡәгьы ааха имоуӡеит, амашьына ианеихсуаз аамҭазы аӡәгьы дҭатәамызт.
Аԥсны
"Амшынеиқәафымцамч" уаанӡатәи ахада имашьына иеихсит Аҟәа
Рамин Хмаил дишьит ҳәа агәызҩара ззыҟоу Вадим Воуба аусҭҵааратә усбарҭа дааннакылеит нанҳәа 11 азы. Уаанӡа Аҟәа ақалақь апрокуратура Воубеи зхаҭара шьақәыргылам даҽа хаҿыки рганахьала аусҭҵаара хацнаркхьан атәылауаҩ Хмаил ишьреи, атәылауаҩ Даур Џьумутиа игәабзиара ааха аҭареи, иара убасгьы абџьари аџьаԥҳани рныҟәгареи рзы.
Рамин Хмаил дыршьит ԥхынгәы 27 ауха. Асааҭ 23:25 рзы Ешба имҩаҿы игылоу аҩны №175 аҿаԥхьа, амашьына аанкыланы Хмаил амашьына дахьҭатәаз иқәкны ахысра иалагеит згәыцә 5,45 миллиметр иҟоу ахқәа рыла еиҵаҵаз Калашников иавтомат ала. Рамин Хмаил жәантә еиҵамкәа иеихсит.
Иара убасгьы ари амчыбжь азы Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа Анзор Ҭарба ишьра иалахәуп ҳәа иршьоз Аԥсны ААР аусзуҩцәа Бадри Џьыкырба, Аслан Ҷедиа, Адгәыр Аутлев, Витали Кулов рганахьала ариашаратә зыӡба иаднакылаз Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Ахашшааратә коллегиа аилатәара иаԥнахит, аус Апрокурор хада иахь иархынҳәит аиҭаҭҵааразы.
1969 шықәса рзы ииз Анзор Тарба, Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра амаҵзуратә уадаҿы 2019 шықәса ԥхынгәы 11 рзы иԥсҭазаара далҵит Омар Мерцхәылаа иӷьычра далахәуп ҳәа агәызҩара ззыҟаз.
Аԥсны
Анзор Ҭарба иус ахәаԥшразы Аҟәатәи аӡбарҭахь инашьҭуп
Аҟәатәи аӡбарҭа Асҭамыр Џьапуа амнистиа аиураз Аԥсны ААР азин ахьыҟанамҵаз азакәаншьаҭа амам ҳәа иазынаишьҭыз изыҳәа мап ацәнакит нанҳәа 9 азы.
Асҭамыр Џьапуа 2018 шықәса раахыс дҭакуп АА АЗ ахәҭаҷ 126 ахәҭа 3 апункт "в" (бысшьуеит ҳәа дыршәаны жәиԥшь шықәса зхымҵыц ахәыҷы лцәа аԥҽра), ахәҭаҷ 113 (ашьразы аршәара), ахәҭаҷ 217 ахәҭа 1 (закәаншьаҭада абџьар аныҟәгара, амазаара) рыла иазԥхьагәарҭо ацәгьоурақәа рзы.
Аԥсны
Аҟәатәи аӡбарҭа Асҭамыр Џьапуа амнистиаиураз изыҳәа мап ацәнакит

Ашәарыцаратә сезон иалагеит

Аԥсны официалла нанҳәа 13 рзы ашәарыцаратә сезон аадыртуеит.
Уажәазы изеишәарыцо ачақәа ракәхоит. Ашәарыцараан ачақәа ҩеижәа иреиҳамзароуп ҽнакала иушьуа.
Ашәарыцаратә сезон 2021 шықәса хәажәкыра 15 рҟынӡа иаартуп. Жьҭаара 1 инаркны агыгшәыг, аԥстәқәа рзышәарыцара алшоит.
Аԥсны
Аԥкрақәа зцу азинҟаҵара: ианбаадыртуеи Аԥсны ашәарыцаратә сезон
Акәатақәа рышьра цәыббра 14 инаркны хәажәкыра 15 аҟынӡа. Абынҳәа, ақәасаб рышьра ҟалоит жьҭаара 1 инаркны ажьырныҳәа 15 аҟынӡа.
Жьҭаара 5 инаркны ԥхынҷкәын 25 рҟынӡа ацыблыкь аишәарыцара ҟалоит.

Аԥсны АрМИ-2022 аҿы

Аԥснытәи акоманда "Атанктә биатлон" иалахәуп АрМИ-2022 аҳәаақәа ирҭагӡаны. Жәларбжьаратәи арратә хәмаррақәа АрМИ-2022 аԥснытәи акомандақәа быжьба рылахәуп: "Атанктә биатлон" - Алабино, "Ельбрустәи амацәаз" – Ҟабарда-Балкариа, "Аснаипертә рубеж" - Венесуела, "Иҷыдоу аҵҟьара" - Сергиев Посад, "Арра-медицинатә естафета" - Санкт-Петербург, "Ари акультуреи"; "Амилаҭтә чыс" - Алабино.
Аԥснытәи еизгоу акоманда шьақәгылоуп 80-ҩык аруаа рыла. Акоманда Аҟәатәи аҳаиртә баӷәазаҟынтәи иԥрит нанҳәа 3 рзы Москваҟа.
Аԥсуа танкистцәа амҽыша нанҳәа 14 рзы иқәгылеит "Атанктә биатлон" захьӡу аицлабраҿы АрМИ-2022 аҳәаақәа ирҭагӡаны Ҭаџьикисҭани Судани ркомандақәа ирывагыланы.
Аҩбатәи адивизион акомандақәа актәи рекипажқәа рылҵшәақәа рыла, Ҭаџьикисҭан иреиӷьыз аамҭа аанарԥшит - 33:28, Аԥсны аҩбатәи аҭыԥ - 44:11, Судан ахԥатәи – 58:30.
Актәи аицлабра иалахәын атанкистцәа: атанк адҵаҟаҵаҩ алеитенант Роберт Ҳашба, амеханик-арныҟәцаҩ алеитенант Иашар Ашәба, ақәкҩы-аоператор алеитенат еиҳабы Роман Лагәлаа.
Аԥсны
Аԥсны АрМИ-2022 аҳәаақәа ирҭагӡаны "Атанктә биатлон" аҿы актәи ақәгылара мҩаԥнагеит