Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Анзор Ҭарба иус ахәаԥшразы Аҟәатәи аӡбарҭахь инашьҭуп

© Sputnik Сухумский Городской суд
Сухумский Городской суд  - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.08.2022
Анапаҵаҩра
Уаанӡа Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Ахашшааратә коллегиа аилатәара иаԥнахит 2020 шықәса абҵара 10 азы ирыдкылаз ариашаратә зыӡба. Ашьаус апрокурор иахь ирхынҳәын Аԥсны ААР аусзуҩцәа Бадри Џьыкырбеи Аслан Ҷедиеи румҭа еиҳа ихьанҭоу ахь аиҭеиҭакраз.
АҞӘА, нанҳәа 10 - Sputnik. Аԥсны Апрокуратура хада ААР аусзуҩцәа рзинмч рахыҳәҳәараз ашьаус Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭахь аиҭахәаԥшразы инанашьҭит. Абри атәы аанацҳауеит Апрокуратура хада асаит.
Аус иалахәыланы ахара рыдҵаны иԥхьаӡан Аԥсны ААР аусзуҩцәа: Аԥсны ААР ашьаусԥшаара Аусбарҭа уаанӡатәи аиҳабы Бадри Џьыкырбеи иара ихаҭыԥуаҩ Аслан Ҷедиеи, аусбарҭа аусзуҩцәа Адгәыр Аутлеви, Витали Кулови Анзор Ҭарба иганахь ала рмаҵзуратә мчрақәа инархырҳәҳәаны рхы иадырхәеит ҳәа иазыԥхьаӡаны.
Уаанӡа Аԥсны ААР ашьаусԥшаара Аусбарҭа аиҳабы Бадри Џьыкырбеи иара ихаҭыԥуаҩ Аслан Ҷедиеи ахара рыдҵан АА АЗ ахәҭаҷ 32 ахәҭа 3ап. "А", ахәҭаҷ 288, ахәҭа 3 ап. "Б" рыла иаанкылаз Нугзар Папааи Анзор Ҭарбеи (зыԥсҭазаара иалҵыз) рганахь ала рмаҵзуратә мчрақәа инархырҳәҳәаны рхы иадырхәеит ҳәа иазыԥхьаӡаны.
Амилициа амаиор Адгәыр Аутлеви Аусбарҭа аҟәша аусзуҩ Витали Кулови ахара рхараҵан Аԥсны АЗ ахәҭаҷ 288 ахәҭа 3 алеи ахәҭаҷ 105 ахәҭа 4 алеи.
1969 шықәса рзы ииз Анзор Ҭарба, Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра амаҵзуратә уадаҿы 2019 шықәса ԥхынгәы 11 рзы иԥсҭазаара далҵит.
Верховный суд - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.03.2021
Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Анзор Ҭарба иус азы Аԥсны ААР аусзуҩцәа зыриашоз аӡбамҭа аԥнахит
2020 шықәса абҵара 10 рзы аӡбаҩ Инар Кәарҷиа иӡбрала Аԥсны ААР ашьаусԥшаара Аусбарҭа уаанӡатәи аиҳабы Бадри Џьыкырбеи иара ихаҭыԥуаҩ Аслан Ҷедиеи, аусбарҭа аусзуҩцәа Адгәыр Аутлеви, Витали Кулови Анзор Ҭарба иԥсразы хара рыдым ҳәа иԥхьаӡан, урҭ ацәгьоура ишалаҟьышьу азы ҵаҵӷәык ыҟам ҳәа ахьазырыԥхьаӡаз азы. Иара убас аӡбарҭа ишьақәнаргылеит Апрокуратура хада аусзуҩцәа аус аҭҵаараан аҵакы змаз аршаҳаҭга-маҭәарқәа дырӡит ҳәа.
Абҵара 13 рзы Апрокуратура хада аҳәамҭа ҟанаҵеит Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа азыӡба ҵаҵӷәыдоуп ҳәа, Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Ахашшааратә коллегиахь аӡбарҭа азыӡба иахашшааит.
Ажәабжьқәа зегьы
0