Аԥсны

Sputnik амчыбжь: Хатәгәаԥхарала еибашьуаз рымш, абылтәы азымхара, COVID-19 аҭагылазаашьа

Ари амчыбжь азы Аԥсны иазгәарҭеит Хатәгәаԥхарала еибашьуаз рымш, Гәдоуҭа имҩаԥысуаз ауснагӡатә иалахәын ҩышәҩык рҟынӡа хатәгәаԥхарала еибашьуаз. Атәылаҿы еиҭахгьы акыр иҵарны иқәгылеит абылтәы азымхара азҵаара.
Sputnik
Аԥсны ахада Ауаажәларратә палата алахәылацәа дырԥылеит. Аиԥылараҿ итема хаданы иқәгылан Пицундатәи адача азҵаара. Амчыбжь ахҭысқәа иреиуоуп атуристтә обиект– глемпинг Аҟәа араион Ӡыгәҭа ақыҭан аартра.
Sputnik

Хатәгәаԥхарала еибашьуаз рымш

1992-1993 шықәсқәа рызтәи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан Хатәгәаԥхарала еибашьуаз рымш есышықәса иазгәарҭоит Аԥсны, нанҳәа 15 рзы. Сынтәа 30 шықәса ҵуеит Аԥсны ахьчараз аиашьара жәларқәа еицгылеижьҭеи.
Агәалашәаратә уснагӡатәқәа рӷьырак мҩаԥган Гәдоуҭа, иҭахаз ҳашьцәа рмемориал аԥхьа. Арахь иааит шәҩыла ауаа. Ақалақь адинамикқәа рыла иалыҩуан аибашьра аамҭазтәи ашәақәа.
Ауснагӡатә иалахәын Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа, аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ Беслан Џьопуа, аԥыза-министр Александр Анқәаб, Апарламент аиҳабы Лаша Ашәба, Гәдоуҭа араион ахада Баграт Боџьгәуа, Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, аибашьра аветеранцәа, атәыла ауааԥсыра, хатәгәаԥхарала еибашьуаз. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан Хатәгәаԥхарала еибашьуаз рымш азгәаҭаразы Гәдоуҭаҟа иааит 200-ҩык инареиҳаны ахатәгәаԥхаҩцәа.
Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра иалахәын 2000-ҩык инареиҳаны ахатәгәаԥхаҩцәа, урҭ рахьтә 299-ҩык ҭахеит.
Аԥсны ари амш азгәарҭо иалагеит 2012 шықәса раахижьҭеи.
Аԥсны
"Ҳхала ҳшыҟамыз аабеит": Бжьаниа хатәгәаԥхарала еибашьуаз иҭабуп ҳәа реиҳәеит

Абылтәы аҭагылазаашьа

Ари амчыбжь азы Аԥсны абылтәыҭаҭәарҭақәа рҿы агәаранқәа ҟалеит. "АЗиД" иатәу абылтәыҭаҭәарҭақәа рҿы аиурист хаҿқәа рымаҵ руан ахсаалагақәеи аталонқәеи рыла.
Аилахәыраҿы ирҳәеит аамҭалатәи аԥкрақәа зыдҳәалоу абылтәы Аԥсныҟа аагара аиԥҟьарақәа шракәу. Рашәарамзатәи аҿаҵақәа реиҳарак ареспубликахь иаагамызт. Аилахәыра арезервқәа ахы ианархәон.
Аԥсны
"АЗиД" абылтәы ахкқәак реиԥҟьара атәы иалацәажәеит
Абылтәы ара аҟамзаара егьырҭ абылтәҭаҭәарҭақәа ирықәыӷәӷәеит.
Абылтәы еилахәыра "Аԥсны-Оил" адиректор хада Олег Лакоба Sputnik иазеиҭеиҳәеит ареспубликахь абылтәы аагара апроблемақәа ртәы. Иара иҳәеит еиуеиԥшым абылтәхкқәа рыҭираҿ аиԥҟьарақәа шыҟоу.
Лакоба иажәақәа рыла, иара убасгьы аихамҩақәа ҭәуп, Урыстәыла аладатәи ахәҭахьы апассаџьыртә дәыӷбақәа рхыԥхьаӡара иахьацҵоу азы.
Аԥсны
"Аԥсны-Оил" адиректор хада абылтәы аагара апроблемақәа дрыхцәажәеит
Еихамҩала Аԥсныҟа аидарақәа раагара аамҭа иацлеит 10-15 мшы инаркны 1-1,5 мзанӡа. Урыстәыла аладатәи ахәҭахьы апассаџьыртә дәыӷбақәа рхыԥхьаӡара иахьацлаз иахҟьаны аидарақәа раагара аҿҳәарақәа еиҭашәеит рҳәеит Аекономика аминистрраҿы. Аекономика аминистрреи "Аԥсныеихамҩеи" аусурақәа мҩаԥыргоит Аԥсныҟа аидарамҩангага дәыӷбақәа раара аиҿкааразы. Аԥыжәара рырҭоит анефҭаалыҵ, афатәаалыҵ, ачашыла аазго.
Убри аан абылтәы заанаҵы аахәара аҭахны иҟаӡам иҳәеит аҳәынҭеилахәыра "Аԥснытәи аҳәынҭқарратә былтәы еилахәыра" адиректор хада Рамаз Џьопуа. Џьопуа иажәақәа рыла, аилахәыра ареспубликахь абылтәы аанагоит уаанӡатәи арежим ала - 1000 - 1500 тонна мызкы азы. Уажәы абылтәы ыҟоуп аилахәыра абылтәыҭаҭәарҭақәа 20 рҟны.
Аԥсны
Аԥснытәи абылтәы еилахәыра аиҳабы абылтәыҭаҭәарҭақәа рҿы аҭагылазаашьа далацәажәеит
Аилахәыра анапхгара аҭагылазаашьа аамҭалатәуп ҳәа азырҳәеит, мзызс иазыҟоу Урыстәыла аладатәи акалҭ аҿы аихамҩақәа ахьҭәу ауп. Аилахәыра адыррала, амчыбжь аҩнуҵҟа аҭагылазаашьа шьақәтәоит.
Нанҳәа 18 азы Аԥсныҟа иааит 2 000 тонн анефҭаалыҵ. Аекономика аминистрра ари аус хылаԥшра анаҭоит.
Аԥсны
Ҩ-нызқь тонна анефҭаалыҵ аагоуп Аԥсныҟа

COVID-19 алаҵәара

COVID-19 еиҭа аҽцәырнагеижьҭеи, Гәдоуҭатәи араионтә хәшәтәырҭа аҿкыратә ҟәшахьы раԥхьатәи ачымазаҩ днаргеит ԥхынгәы 15 рзы. Гәдоуҭатәи араионтә хәшәтәырҭа аҿкыратә ҟәшаҿы мызк аҩнуҵҟала акоронавирус змаз 110-ҩык ачымазцәа ацхыраара рырҭахьеит ҳәа арадио Sputnik иазеиҭалҳәеит аҳақьым-ареаниматолог Ангелина Калинина.
Лара лажәақәа рыла, макьаназ ачымазара аҽеиҵнахит ҳәа узҳәом, аха ишьҭызкаауа рхыԥхьаӡара еиҳа-еиҳа иацлоит. Мышкы ахы-аҵыхәала 50-ҩык рҟынӡа рыдҵаалоит.
Аԥсны
"Аилахара ду ыҟоуп": Гәдоуҭатәи ахәшәтәырҭа аҳақьым аепидҭагылазаашьа дахцәажәеит
Калинина илҳәеит уажәы акоронавирус аимҳәа ишеиԥшу. Ачымазцәа ршоура +40 градус рҟынӡа ихалоит, аларҟәрагьы уадаҩуп. Авирус уадаҩрак узцәырнагом, апациент астационар аҿы ҩымш-хымш дынхоит, ишоура тәаанӡа лҳәеит лара. Иҟоу астатистика ала, уахь инеиуа рҟынтәи 70 процент уаанӡа ачымазара рхыргахьан, 50 процент алаҵа ҟарҵахьеит.
Аслан Бжьаниа иҳаҩсыз амчыбжь азы Гәдоуҭатәи ахәшәтәырҭа хада даҭааит, иара уи стратегиатә обиектуп ҳәа ахиҳәааит, иазгәеиҭеит цәыббра акы аҟынӡа аӡымҩахгаратә система аиҭашьақәыргылараҿы ацхыраара шыҟаҵахо, акоронавирус апандемиа аан ақәыӷәӷәара ду змаз ахәшәтәырҭа аӡымҩахгаратә система акыр иахьажәхьоу азы.
Аԥсны
Бжьаниа Гәдоуҭатәи ахәшәтәырҭа хада стратегиатә обиектуп ҳәа ахиҳәааит

Афырхаҵа иԥҳәыс ауадақәа ланашьоуп

Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны Афырхаҵа Ҟабарда-Балкариантәи хатәгәаԥхарала еибашьра иааны иҭахаз Гена Карданов иԥшәмаԥҳәыс Асиат Карданова Гагра ауаҭах лиҭеит.
"Ҳамҭа хәыҷык шәзыҟасҵар сҭахуп. Гагра араион ахадара иҟарҵаз адгылареи ҳаргьы ишаҳаӡбази анхарҭаҭыԥ аиураҿы ацхыраара шәзыҟаҳҵар ҳҭаххеит. Аҭагылазаашьа схы иархәаны ҭабуп ҳәа шәасҳәарц сҭахуп, агәраганы шәыҟазааит еснагь адгылара шшәаҳҭо. Ааигәа Хатәгәаԥхарала еибашьуаз рымш азгәаҳҭон. Аԥсны аибашьраан хатәгәаԥхарала иааны иҳацеибашьуаз рлагала хәшьашьа амаӡам", - иҳәеит атәыла ахада.
Гена Карданов диит 1967 шықәсазы Аргудан, Ҟабарда-Балкариа Урвантәи араион аҿы. Иара уа абжьаратә школ далгеит. Анаҩс аҵара иҵон Старочеректәи СПТУ аҿы. Асовхоз "Красная нива" аҿы аус иуан.
1992-1993 шықәсқәа рызтәи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра ишалагаз Ҟабарда-Балкариатәи агәыԥ даланы Аԥсныҟа дааит. Аԥсны Афырхаҵа Гена Карданов дҭахеит мшаԥы 13, 1993шықәсазы. Анышә дамадоуп дахьиз Аргудан. Есышықәса Карданов игәалашәара ахьӡала Аԥсни Ҟабарда-Балкариеи рнапхгара имҩаԥыргоит зых иақәиҭу ақәԥаразы жәларбжьаратәи атурнир.
Аԥсны
Аслан Бжьаниа Аԥсны Афырхаҵа Гена Карданов иԥшәмаԥҳәыс Гагра ауаҭах лиҭеит

Ахада Ауаажәларратә палатаҿ

Нанҳәа 17 рзы имҩаԥысит Аԥсны ахадеи Ауаажәларратә палата алахәылацәеи реиԥылара. Аиҳарак аиԥылара азкын аҳәынҭдача "Пицунда" Урыстәыла аҭара азҵаара.
Ахада иҳәеит аиқәшаҳаҭра нап шаҵаҩу, аха аратификациа шазум, азинмчра шамам. Иара иҳәеит адокумент цәыҵаӡан ишрыдкыламыз, 2021 шықәса мшаԥымзазы Апарламент VI ааԥхьара адепутатцәа ишырзынашьҭыз алацәажәареи ариашарақәа ралагалареи рзы.

Бжьаниа иҳәеит Аԥсназы аиқәшаҳаҭра шәарҭара шаҵам, аиқәшаҳаҭраҿы инаҵшьны ишазгәаҭоу "адгьыл аҭира ҟалом" ҳәа.

Ацәгьауаҩы ибналара

Гәылрыԥшь араион апрокуратура ашьаус хацнаркит зус ӡбаны иҭакыз ахаҵа апсихиатриатә хәшәтәырҭаҟынтә ибналара аҵыхәала.
Аусбарҭа адыррақәа рыла, зықәра намӡац рымҵарсразы, мчыла амазара амхразы, ақәыларазы, изакәанымкәа абџьар аикәыршаразы 2018 шықәса рзы Иреиҳаӡоу аӡбарҭа 18 шықәса аҭакра зықәнаҵаз Даур Џьынџьал дыбналеит ахьчаҩцәа шыҟамыз ангәеиҭа. Ари ҟалеит нанҳәа 15 рзы ашьыжь асааҭ 6:00 - 7:00 рыбжьара.
Џьынџьал ԥхынгәы 6 инаркны дырхәышәтәуан Ареспубликатә иҷыдоу апсихиатриатә хәшәтәырҭа еилаԥсоу аӡбарҭа-психиатриатә експертизақәеи мчыла ахәшәтәреи рыҟәшаҿы.
Аԥсны
Ахәыҷқәа рымҵарсразы иҭакыз ахаҵа апсихиатриатә хәшәтәырҭаҟынтә дыбналеит

Аминистр ҿыц

Аԥсны ахада аусԥҟа инапы аҵеиҩит ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистрс Михаил Габелиа иҟаҵаразы.
Габелиа ари аҭыԥ дахагылеит ахада Иусбарҭа аиҳабыс ииаргаз Џьансыхә Нанба иҭыԥан.
Уаанӡа Михаил Габелиа напхгара аиҭон Ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистрра Ахазхаҿқәа ршәахтәқәҵара аусбарҭа.
Аԥсны
Аԥсны ашәахтәқәеи аизгақәеи рзы аминистр ҿыц даҭоуп

Ашкол азы автобус

Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа ихаҭа аҵара ахьиҵоз, иҭаацәагьы аус ахьыруаз Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Тамшьтәи абжьаратә школ автобус аиҭеит.
Ахада иазгәеиҭеит автобус аахәаны ҳамҭас ишриҭаз абизнесуаҩ, Аԥсны иалҵыз Роберт Татулиан. Атранспорт ацаԥха идыркит автобус арныҟәцаҩ Реваз Хвидиа. Иара иазгәеиҭеит автобус ҿыц ажәытә "пазик" аасҭа акыр ишыманшәалоу, 31 ҭыԥ шамоу, уаанӡатәи 23-ҩык ракәын иакуаз.
Тамшьтәи ашкол иҭоуп 80-ҩык аҵаҩцәа, арахь иаауеит Кындыӷ, Лабра, Лашькьындар рҟынтәи аҵаҩцәагьы. Иара убас автобус рхы иадырхәалоит аекскурсиақәеи еиуеиԥшым аусмҩаԥгатәқәеи рахь аныҟәарақәа рзы.

Аглемпинг аартра

Нанҳәа 16 рзы иаадыртит атуристтә усхк аҟны акрызҵазкуа аглемпинг "Garuda" урыстәылатәи атуроператорцәа "Интурист", "Fun & Sun" рыцхыраарала. Аобиект 75 миллион мааҭ ахҭынҵоуп.
"Интурист" аҩнуҵҟатәи атуризм аҟәша аиҳабы Сергеи Стрепков иазгәеиҭеит "Garuda" асервис ишаанарԥшуа Аԥсны арҭ рҩызцәа аобиектқәа ԥхьаҟагьы рыргылара шауа.
Стрепков игәаанагарала, Аԥсны есышықәса еиҳа-еиҳа ауаа аднаԥхьалоит, аха аинфраструктура ҭбаам, имаҷуп агәмырҿыџьгатә обиектқәа, аквапаркқәа, аҭаацәаратә комплексқәа.

Аԥхынтәа ашкол "Ашықәс арҵаҩы"

Раԥхьатәи жәларбжьаратәи аԥхынтәи ашкол "Ашықәс арҵаҩы" мҩаԥысуан Гагра ақалақь аҿы нанҳәа 15-18 азы. Иара иалахәын 120-ҩык арҵаҩцәа.

"Аԥхынтәи ашкол алахәразы Урыстәылантәи арҵаҩцәа 19-ҩык Аԥсныҟа иааит, дара еиуеиԥшым аамҭақәа рзы иреиӷьу ҳәа иалкаан. Аԥснытәи арҵаҩцәагьы рырҵаҩратә ԥышәа рҩызцәа ирымардоит. Ашкол еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыла аус аулоит", - иҳәеит Аԥсны аҵареи абызшәатә политикеи рминистрра ауаажәларра рымадаразы аҟәша аиҳабы Аслан Қәҭелиа.

Апроект хықәкыс иамоуп аԥышәа, арҵаратә методикақәа, атехнологиақәа, урҭ рхархәара алшарақәа реимадара. Аԥхынтәи ашкол иалахәуп арҵаҩцәа, ааӡаҩцәа, аметодистцәа.
Жәларбжьаратәи аԥхынтә школ "Ашықәс арҵаҩы" аусура ахырхарҭақәа иреиуоуп -ашколқәраҟынӡатәи аҵара, алагарҭатә школ, афилологиа, аматематика, абиологиа, ахимиа. Аиҿкааҩ - Аԥсны аҵареи абызшәатә политикеи рминистрра.
Аԥсны
Раԥхьатәи жәларбжьаратәи аԥхынтәи ашкол "Ашықәс арҵаҩы" аатит Аԥсны

Аҳәаа азҵаара

Азакәанԥҵараҿы аусеицуреи аимадарақәа рырҿиареи рырмариареи азы Аурыс-аԥсуа Апарламентбжьаратә усутә гәыԥ аилатәара мҩаԥысит Шәача нанҳәа 19 рзы.
Аурыс-аԥсуа Апарламентбжьаратә усутә гәыԥ иалацәажәеит аурыс-аԥсуа ҳәаа ахысра армариара азҵаарақәа.
Аԥснытәи аделегациа напхгара аиҭон адепутат Алхас Барцыц, урыстәылатәи аделегациа - Ихьыԥшым амилаҭқәа реидгыла аусқәеи, евразиатәи аинтеграциеи, аџьынџьуаа рымадареи рзы Аҳәынҭқарратә Дума ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Константин Затулин.
Аԥсны
Шәача аурыс-аԥсуа ҳәаа ахысра армариара азҵаарақәа ирылацәажәеит