Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аслан Бжьаниа Аԥсны Афырхаҵа Гена Карданов иԥшәмаԥҳәыс Гагра ауаҭах лиҭеит

© Sputnik / Марианна Кубрава Аслан Бжания подарил вдове Героя Абхазии Гены Карданова квартиру
Аслан Бжания подарил вдове Героя Абхазии Гены Карданова квартиру - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.08.2022
Анапаҵаҩра
Аԥсны Афырхаҵа Гена Карданов дҭахеит мшаԥы 13, 1993 шықәсазы. Анышә дамадоуп дахьиз Аргудан. Есышықәса Карданов игәалашәара ахьӡала Аԥсни Ҟабарда-Балкариеи рнапхгара имҩаԥыргоит зых иақәиҭу ақәԥаразы жәларбжьаратәи атурнир.
АҞӘА, нанҳәа 17 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны Афырхаҵа Ҟабарда-Балкариантәи хатәгәаԥхарала еибашьра иааны иҭахаз Гена Карданов иԥшәмаԥҳәыс Асиат Карданова Гагра ауаҭах лиҭеит.
"Ҳамҭа хәыҷык шәзыҟасҵар сҭахуп. Гагра араион ахадара иҟарҵаз адгылареи ҳаргьы ишаҳаӡбази анхарҭаҭыԥ аиураҿы ацхыраара шәзыҟаҳҵар ҳҭаххеит. Аҭагылазаашьа схы иархәаны ҭабуп ҳәа шәасҳәарц сҭахуп, агәраганы шәыҟазааит еснагь адгылара шшәаҳҭо. Ааигәа Хатәгәаԥхарала еибашьуаз рымш азгәаҳҭон. Аԥсны аибашьраан хатәгәаԥхарала иааны иҳацеибашьуаз рлагала хәшьашьа амаӡам", - иҳәеит атәыла ахада.
Гена Карданов диит 1967 шықәсазы Аргудан, Ҟабарда-Балкариа Урвантәи араион аҿы. Иара уа абжьаратә школ далгеит. Анаҩс аҵара иҵон Старочеректәи СПТУ аҿы. Асовхоз "Красная нива" аҿы аус иуан. 1992-1993 шықәсқәа рызтәи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра ишалагаз Ҟабарда-Балкариатәи агәыԥ даланы Аԥсныҟа дааит.
Гагра ахақәиҭтәра ашьҭахь хатәгәаԥхарала еибашьуаз ирыӡбеит "Ҟабарда" ахьыӡҵаны рхатә гәыԥ еиҿыркаарц. Дҵаҟаҵаҩыс еицҿакрыла далхын Гена Карданов.
1992 шықәсазы агәыԥ "Ҟабарда" Шроматәи ажәылара иалахәын. Аоперациа анеихәлаха ашьҭахь агәыԥ Мрагыларатәи афронт ахь ииаган. Абҵара 30 рзы Маркәыла ақыҭан Гена Карданов ахәра иоуит. Ажьырныҳәатәи ажәылара аламҭалаз Гәымсҭатәи афронт ахь ихынҳәит.
Аԥсны Афырхаҵа Гена Карданов дҭахеит мшаԥы 13, 1993шықәсазы. Анышә дамадоуп дахьиз Аргудан. Есышықәса Карданов игәалашәара ахьӡала Аԥсни Ҟабарда-Балкариеи рнапхгара имҩаԥыргоит зых иақәиҭу ақәԥаразы жәларбжьаратәи атурнир.
Ажәабжьқәа зегьы
0