Арадио

Хра злоу ахҭысқәа: Ашәбеи Ҳагԥҳаи ақырҭцәа ирблыз Аԥсны аҳәынҭқарратә архив иазкны

Sputnik
Сынтәа 30 шықәса ҵит ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа Аԥснытәи аҭҵаарадырратә институти Аԥсны Аҳәынҭқарратә архиви рхыбрақәа амца ацраҵаны ирыближьҭеи. Аӷацәа хықәкыс ирыман аԥсуа жәлар рҭоурых атәы зҳәоз шьаҭанкыла зегьы ақәхра, иаҳа игыгшәыгроу, агеноцидтә цәгьоура рхы иаҭәаршьеит. Амца иалаблит зқьыла хәзмаӡамыз здаҟамыз адокументқәа. Адунеитә ҭоурых иахәҭаку Аԥсны, аԥсуа жәлар ркультура ааха ӷәӷәа аҭан.
Аԥсны аҳәынҭқарратә архиви Аԥснытәи аҭҵаарадырратә институти рбылра аԥсуаа рҭоурых иахьагьы аԥхьаҟагьы ишаныԥшуа атәы арадио Sputnik аефир аҟны ргәаанагара рҳәеит Аԥсуаҭҵааратә институт аиҳабы Арда Ашәбеи, аинститут абызшәа аҟәша аиҳабы, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, академик Лили Ҳагԥҳаи.
"Ԥхынҷкәын 14 рзы Лаҭа асабицәеи, имииц ахшареи, ахәыҷқәеи рбылра аԥсуа жәлар рзы ихьаа ӷәӷәааны ишыҟоу еиԥш, аԥсуа ҩыра, аԥсуа ҭҵаарадырраҟны ԥхьаҟа ихәыцуа ҳзы убри амш иаҳзаҩызахеит. Даара ихьаауп, харҭәаашьа змам акәхеит. Уи аинститут аҿы аус зуаз ргәы аԥхьа икаҳазаргьы, ауаҩ ҟәыш, хараԥшҩы Владислав Арӡынба дызхагылаз ргәышьҭыхра, еиҭах амҩақәҵашьа дақәшәеит. Аха архив аҿы ишьҭаз, ҳаԥсуа институ аҿы иҟаз, шьақәгылашьа змам иахьагьы, уаҵәгьы, ахааназы харҭәаашьа змам акәны иаанхоит. Аибашьраан ааха зауз, знапы-зшьапы ҿнахыз шьақәыргылашьа амоуаҳа, Аԥсуа институт азы ихьааны инхеит, уи идырны, ихәыцны иҟарҵаз акоуп", - иҳәеит Ашәба.
Афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, академик Лили Ҳагԥҳа иазгәалҭеит жьҭаара 22, 1992 шықәсазы Аԥсны агәыманитартә ҭҵаарақәа ринститути, Аҳәынҭқарратә архиви рбылра аҽны лакҩакрада ишеилкаахаз ақырҭцәа ииашацәҟьаны аԥсуа жәлар шьаҭанкыла рықәхра ишааз.
Арадиодырраҭара иалахәыз асасцәа рцәажәара инарҭбааны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.