Аԥсны

Sputnik амчыбжь: лыхнашҭатәи ахҭыс, Женеватәи аиҿцәажәарақәа, ахада иирамш

Аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны атәылаҿ амчыбжь аҩнуҵҟа аҭыԥ змаз иналукааша ахҭысқәа рыхҳәаа ҟанаҵоит. Аҵыхәтәантәи амчыбжь ахҭысқәа ҳматериал аҿы.
Sputnik
Sputnik

Аҭыԥ ԥшьаҿы ацәгьоура

Ииасыз амчыбжь ахҭысқәа инарылукаартә атәыла ауааԥсыра агәҭынчымра рызцәырнагеит Лыхнашҭаҿы аҭәаҵла аԥҟара. Ацәгьоура ҟалеит мшаԥы 5 рзы, иҟалаз шыҟалаз рбеит адырҩаҽны.
Асоциалтә ҳақәа рҿы иаразнакы ирылаҵәеит иҟалаз арыцҳара. Шәҩыла ауаа арахь рымҩа дырхеит. Лыхнашҭаҟа инеит атәыла ахада Аслан Бжьаниа, аԥыза-министр Алксандр Анқәаб, араион, Аԥсны АшәМ, Аԥсны ААР рхадара.
Ихырҳагоу амаҭәашьарқәа аиурц: Лыхнашҭатәи аҭәаҵла шеиқәдырхо
Лыхнашҭа ааигәара инхоз ауааԥсыра ирҳәеит афымцахьархь аус шауаз абжьы шраҳауаз 40 минуҭ рҟынӡа, аха асеиԥш иахьазԥшымыз азы хырҩа шарымҭаз.
Аԥсны атәылауаа Лыхнашҭа еизеит мшаԥы 7 рзгьы. Арахь инеит Аԥсны ахы-аҵыхәа инхо ауааԥсыра.
Еизгоуп аоперативтә материал, ааигәа инхо ауааԥсыра зегьы иразҵаауп. Аԥсны ААР, Аԥсны АШәМ, апрокуратура аусурақәа еицымҩаԥыргоит, аха Лыхнашҭа ацәгьа зуз ҳәа макьаназ аӡәгьы иганахь ала гәызҩара ыҟам.
Аҭәаҵла 15 - 20 сантиметра иагәылакны иԥҟоуп. Аҭыԥантәи ауааԥсыра аихеидкылақәа рыла аԥҟарсҭаҭыԥ дырххеит.
Аԥсны
Ргәы камыжькәа: Лыхнытәи аҭәаҵла ду шеиқәдырхо

Аахыҵ Уаԥстәыла имҩаԥысит Аԥсны акультура машқәа

Аԥсны акультура амшқәа ирылагеит Аахыҵ Уаԥстәыла, Цхинвал мшаԥы 5 рзы. Ауснагӡатә алахәхаразы Аԥснынтәи Цхинвалҟа инеит Аԥсуа ҳәынҭқарратә аҿар ртеатр актиорцәеи Аҳәынҭқарратә ансамбль акәашаҩцәеи злахәу аделегациа. Аделегациа напхгара аиҭон акультура аминистр Даур Ақаҩба. Аԥсны акультура амшқәа аартхеит Коста Хетагуров ихьӡ зху Адраматә театр аҿы аспектакль "Аибашьра ахԥатәи амш" ала.
Аԥснытәи аделегациа идикылеит Аахыҵ Уаԥстәыла ахада Алан Гаглоев.
Аԥсны
Аахыҵ Уаԥстәыла ахада аԥснытәи аделегациа идикылеит
Аахыҵ Уаԥстәыла ахада иусԥҟа инақәыршәаны "Аахыҵ Уаԥстәыла Зҽаԥсазтәыз артист" ҳәа ахьӡ ҳаракқәа рыхҵоуп: Аԥсуа ҳәынҭқарратә аҿар ртеатр актиорцәа – Аслан Еныкь, Фрида Леиԥҳа, Аԥснытәи ахәынҭқарратә ашәаҳәаратә акәашаратә ансамбль артистцәа – Илона Зыхәԥҳа, Илларион Герхелиа, аԥсуа естрада ашәаҳәаҩцәа - Хьыбла Мықәԥҳа, Артур Лакрба.
Иара убас, Алан Гаглоев Аԥсны акультура аминистр Даур Ақаҩба ианеишьеит Аҳаҭыртә орден.
Аԥсны акультура амшқәа хыркәшахеит мшаԥы 6 рзы.
Аԥсны
Ашәаҳәареи акәашареи: Аахыҵ Уаԥстәыла Аԥсны акультура амшқәа шымҩаԥысыз атәы

Аԥсны ахада иирамш

Аԥсны аҳәынҭқарра ахәбатәи ахада Аслан Бжьаниа мшаԥы 6 рзы иазгәеиҭеит 60 шықәса ихыҵра.
Аслан Бжьаниа диит мшаԥы 6 1963 шықәсазы, Очамчыра араион Тамшь ақыҭан. Иқыҭантәи ашкол даналга дҭалеит Фрунзетәи аполитехникатә институт, анаҩс диасуеит Москватәи автомашьына-амҩатә институт ахь, дагьалгоит 1985 шықәсазы.
1991 шықәсазы Аслан Бжьаниа далгоит СССР КГБ иреиҳаӡоу акурсқәа, 1991-1992 шықәсқәа рзы аус иуан Аԥсны КГБ аҟны. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ашықәсқәа рзы атәыла ахада Гәдоуҭа ашәарҭадаратә маҵзура аҟны аус иуан.
Аԥсны
Ахәбатәи ахада иирамш азы: Аслан Бжьаниа 60 шықәса ихыҵит
1999 шықәсазы Аслан Бжьаниа далгеит Урыстәыла Аиҳабыра рыҟны иҟоу жәлар рынхамҩа Академиа. 1999-2008 шықәсқәа рзы Урыстәыла анаплакытә усқәа дырҿын, 2010 шықәсазы Урыстәыла иҟоу Аԥсны ахаҭарнак аекономикатә зҵаарақәа рзы иабжьгаҩс дҟарҵоит.
2010 шықәса жәабранмза инаркны Аԥсны аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура напхгара аиҭон, инапынҵақәа аанижьит 2014 шықәсазы.
Аслан Бжьаниа еиуеиԥшым аамҭақәа рзы напхгара аиҭон асоциал-економикатә усҭҵаара Афонд "Аԥра", аоппозициатә мчқәа Рыблок ацхантәаҩыс дыҟан, Жәлар Реизара депутатс далхын.
Аслан Бжьаниа Атәыла ахада инапынҵақәа рынагӡара далагеит мшаԥы 23 2020 шықәсазы. Дҭаацәароуп, ҩыџьа ахшара драбуп.
Аԥсны
Владимир Путин Аслан Бжьаниа ииубилеи идиныҳәалеит

Кремль еиҿкаан аҳаҭыртә шәҟәқәа рыҭараз аусмҩаԥгатә

Мшаԥымза 5 рзы Урыстәыла аҳҭнықалақь Москва, Кремль Александр изал ду аҟны азинмчнагӡеи аҷыдалкаамчреи змоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Алхас Кәыҵниа Урыстәылатәи Афедерациа ахада Владимир Путин агәраргагатә шәҟәқәа иҭара аусмҩаԥгатә далахәын.
Аԥсны
Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Москва Агәраргагатә шәҟәқәа рыҭара ацеремониа далахәын
Иара убасс уи иалахәын: ЕЕ, ЕАА, Даниа, Парагваи, Норвегиа, Аекваториалтә Гвинеиа, Оман, Шьамтәыла, Аҩадатәи Македониа, Брунеиа-Даруссалама, Мексика, Гондурас, Зимбабве, Ирак, Камбоџьа, Гвинеиа рҟынтәи ацҳаражәҳәаҩцәа.
Аусмҩаԥгатә аан Владимир Путин дықәгыланы актуалра зҵоу жәларбжьаратәи апроблемақәа ирызкыз ажәахә ҟаиҵеит, иара убас агәраргагатә шәҟәқәа зыхьӡала ирҭоз атәылақәеи Урыстәылеи реизыҟазаашьақәа ахҳәаа рзыҟаиҵеит.

"Аԥсны Аҳәынҭқарра – иаҳгәылоу стратегиатә ҩызоуп. Сынтәа иазгәаҳҭоит хра змоу арыцхәқәа: Аԥсны ахьыԥшымра азхаҵара 15 шықәса ахыҵра, адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рышьақәыргылара, аиҩызареи, аусеицуреи, аицхыраареи рзы аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра. Урыстәыла Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара ацхырааразы ахыдҵақәа ԥхьаҟагьы инанагӡоит", - иҳәеит аусмҩаԥгатә аҟны Владимир Путин.

Алхас Кәыҵниа аусмҩаԥгатә далахәын Аԥсны ААР аус зыднаулаз итрадициатәу амилаҭтә стиль зныԥшуа, адипломатиатә чын зныԥшуа адипломатиатә цәамаҭәа ишәны.

Инарҭбаау аҽазыҟаҵарақәа

Аԥсны Арбџьармчқәа мҽхакы ҭбаала аҽазыҟаҵарақәа ирылагеит.
Арратә напхгара аусбарҭақәеи архәҭақәеи аибашьра иахьынӡазхиоу гәарҭеит ахысрадәқәеи ирзымдыруа аҭыԥқәеи рҟны.
Аҽазыҟаҵарақәа хықәкы хадас ирымоуп аштабқәеи архәҭақәеи разхиазаареи ицәырҵуа анагӡатәқәа рыӡбараан ҳәоуеиқәшәала русеицуреи реиӷьтәраз.
Аԥсны
Аԥсны Арбџьармчқәа мҽхакы ҭбаала аҽазыҟаҵарақәа ирылагеит
Ҷыдала азҿлымҳара арҭоит ҳаамҭазтәи амчқәеи ахархәагақәеи рыла аӷа инырҵәареи Арбџьармчқәа хкыс иҟоу зегьы русеицура аиҿкаареи.
Аҽазыҟаҵарақәа еиуеиԥшым рыхәҭақәа ирылахәхоит Аԥсны амчратә усбарҭақәа рымчқәеи рхархәагақәеи.

Аҳәаа ахысразы аԥкрақәа

Аԥсны Қырҭтәылеи иареи рҳәаа ахысраҿы аԥкрақәа аланагалеит, абри атәы иҳәеит Sputnik аинтервиу азҭаз Аԥсны АШәМ аҳәаахьчаратә гәыԥ аиҳабы Русҭам Латипов.
"Аԥсны ауааԥсыра аҳәаа рахыжьразы аԥкрақәа аларгалеит Қырҭтәыла иҟоу аҭагылазаашьа инамаданы. Агуманитартә ҟазшьа змоу аҭагылазаашьақәа раан ада аҳәаа ахысра аанкылоуп", - иҳәеит иара.
Аԥкрақәа ЕгрыГЕС аусзуҩцәа аҵанакуам. Аԥкрақәа рыҿҳәара азгәаҭам, уи Қырҭтәыла ауаажәларра-политикатә ҭагылазаашьа иадҳәалоуп, иҳәеит Латипов.
Аԥсны
Аԥсны АШәМ: ақырҭуа оппозициа Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи ырхынҳәтәуп ҳәа ааԥхьарақәа рыгәҭакуп

Женеватәи аиҿцәажәарақәа ирыцҵоуп

Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аделегациа алахәын Аахыҵ Кавказ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа 57-тәи рраунд.
Иазгәаҭоуп ақырҭуа ган еиҭах мап шацәнакыз амш аусхәаԥштә азҵаара хада - амч ахамырхәаразы жәларбжьаратәи ахәдықәҵарақәа рзы аҭакԥхықәра рыдызҵо адокумент анапаҵарҩырц Аԥсны иҟанаҵо адҵа.
Уи адагьы, Аԥсни Қырҭтәылеи рхаҭарнакцәа рнаҩс иалахәыз Аахыҵ Уаԥстәылеи, Урыстәылеи, Еиду Америкатәи аштатқәеи, Евроеидгылеи, Евроеидгыла Ашәарҭадартә хеилаки рҟынтәи аделегациақәеи алацәажәеит арегион аҿы ашәарҭадара азҵаара.
Аԥсны
Аԥсны алахәын Женеватәи аиҿцәажәарақәа изаамҭанытәиу рраунд
Убас, алахәылацәа реиҳараҩык, аԥсуа гангьы налаҵаны, ишьақәдырӷәӷәеит Гал ишеиҭахацырктәу Аидысларақәа раԥырҟәҟәаареи иахәҭоу аҭак рзыҟаҵареи иазку амеханизм (МПРИ) аусура. Аԥсны иҟанаҵаз ажәалагалақәак Қырҭтәыла мап рыцәнакит.
Аиԥылараҿы иара убас иалацәажәеит Қырҭтәыла аҩнуҵҟа имҩаԥысуа аҩнуҵҟаполитикатә процессқәа, аиҿцәажәарақәа рылахәылаҩцәақәа ргәаанагарала, урҭ ахҭысқәа арегион аҿы аҭагылазаашьа аибарххарахь икылнагар алшоит, иара убас иазааҭгылеит аԥсуа тәылауаҩшәҟәқәа рыла адунеи атәылақәа рахь ацара-аара алыршара азҵаара.
Аԥсны
Иракли Ҭыжәба: Женеватәи аиҿцәажәарақәа уаанӡатәи рритм иахьынӡазыхынҳәуа еилкаам

Иԥсҭазаара далҵит археолог Игор Ҵнариа

Мшаԥы 4 рзы 85 шықәса дшырҭагылаз иԥсҭазаара далҵит аҵарауаҩ-археолог, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, Аԥсуаҭҵааратә институт археологиа аҟәша аиҳабы Игор Ҵнариа.
Аԥсны
Иԥсҭазаара далҵит археолог, аҵарауаҩ Игор Ҵнариа
Игор Ҵнариа Кәтолтәи абжьаратә школ доушьҭымҭоуп. Далгеит А.М. Горьки ихьӡ зху Аҟәатәи арҵаҩратә институт абиолого-географиатә факультет. 1968 шықәса раахыс Дырмит Гәлиа ихьӡ зху агуманитартә ҭҵаарақәа Аԥснытәи абызшәеи, алитературеи, аҭоурыхи ринститут археологиа аҟәша аусзуҩыс, анаҩс аҟәша аиҳабыс дыҟан. 1982 шықәсазы ихьчеит адиссертациа "Аԥсны аенолити заанаҵтәи аџьазаамҭеи ркультурақәа реизыҟазаашьа" атемала. Аиҳарактәи иҭҵаарадырратә хырхарҭақәа абри аамҭа иазкын. Напхгара риҭон Гәандра (Афон Ҿыц) аенеолити еиланхарҭаҿтәи ажрақәа, Хәаԥи Оҭҳареи рмегалиттә ргыларатә комплексқәа рҿы ажрақәа.
Игор Ҵнариа иара убасгьы имҩаԥигон ихаҭа иааирԥшыз Афон Ҿыц, Аԥсар аҿыгҳарацәатә еиланхарҭатә баҟа аҟны ажрақәа. Раԥхьаӡа акәны ишьақәиргылеит ажәытә аԥсуа нхарҭақәа рҟазшьа, иааирԥшит адольмен акромлех, ҳера ҟалаанӡа IV ашәышықәсазтәи ан-ашьаҭаркҩы ахаҳә иалху лыскульптура.
Арадио
Џьопуа аҵарауаҩ Игор Ҵнариа изы: ибжьы хаан, иуаҩышьа бзиан, илаф ыҟан

Гагра ауаҩшьра ҟалеит

Гагра ақалақь аҿы мшаԥы 5 рзы ауаҩшьра ҟалеит .
36-шықәса зхыҵуаз, Гагра инхоз Гәдоуҭа ииз Раџьаб Анқәаб ихы иеихсит иҩны дандәылҵуаз.
Арыцҳара ҟалеит асааҭ 21:00 рзы. Ашьаус хацыркуп. Аусҭҵаара мҩаԥысуеит.
Аԥсны
Гагра ақалақь аҟны ахаҵа дыршьит