Урыстәыла

Путин адунеи аҿы аҭышәынтәалара еиҳа-еиҳа еизҳауеит ҳәа азгәеиҭеит

Адунеи аҿы аҭышәынтәалара арӷәӷәаразы аусеицуреи аҳаҭыреиқәҵареи аҭахәуп ҳәа иҳәеит Урыстәыла ахада Владимир Путин авидеоҳәамҭаҿы.
Sputnik
АҞӘА, лаҵара 24 - Sputnik. Жәларбжьаратәи аҭагылазаашьа аҭышәынтәалара еиҳа-еиҳа еизҳауеит, уи ҳәынҭқаррақәак ахадаратә ҭыԥ аанкылара рҽахьазыршәо иадҳәалоуп, дара егьырҭ атәылақәа рхьыԥшымреи ринтересқәеи зынӡа хьаас иркым, абри азы аҳәамҭа ҟаиҵеит Урыстәыла ахада Владимир Путин.
"Еиуеиԥшым арегионқәа рҿы аибарххарақәа рыҽдырҭбаауеит ма иҿыцқәоу рыҽцәырыргоит. Аимакқәа рыхьанҭарагьы еиҳа-еиҳа иҭбаахоит. Атәылақәа жәпакы руааԥсыра анҭыҵынтәи аилаҩеиласрақәа рыхҟьаԥҟьақәа ирыҵоуп", - иҳәеит Путин, УА Ашәарҭадаратә хеилак анапхгарала Москва амҵан имҩаԥысуа аиԥылара алахәылацәа рахь аҳәамҭа аныҟаиҵоз.
Урыстәыла ахада иажәақәа рыла, ари аҭагылазаашьа мҩанызаны ишазыҟоу арратә лшарақәа реизырҳара, атәыла аҩнуҵҟатәи аусқәа ламысдарыла аҽалырхәра..