Арадио

Џьынџьалԥҳа "Иқьиоу акартош" захьӡу акциазы: ауаа ҟамлар, алҵшәагьы аиуӡом

Sputnik
Есышықәса Ахәыҷқәа рыхьчара амш – рашәара 1 аҽны акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашана" имҩаԥнагоит "Иқьиоу акартош" захьӡу акциа. Традициала ари акциа иадрыԥхьалоит Аԥсны еицырдыруа артистцәа, аекранқәа рҟны лассы-ласс ицәырҵуа ауаа, ауаажәларратә усзуҩцәа, афонд апартниорцәа. Урҭ акассаҿы игыланы ихәаахәҭуеит. Уи аиҿкаашьа иацу аҽазыҟаҵарақәа ртәы арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит Акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашана" аиҳабы Мактина Џьынџьалԥҳа.
"Иқьиоу акартош" захьӡу акциа сынтәа бжьышықәса ахыҵуеит. Сынтәа уи рхы аладырхәуеит 20-ҩык. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп аҳақьымцәа, артистцәа, ауаажәларратә усзуҩцәа, Апарламент аусзуҩцәа, Ашана ахаҭарнакцәа.
"Акциа апрограмма хада мҩаԥгахоит Леон имҩаду аҿы иҟоу акрыфарҭаҿы асааҭ 4 инаркны 9-нӡа. Ахәыҷқәа рзы еиуеиԥшым амастер-классқәа еиҿкаахоит. Аҭаацәеи ахәыҷқәеи аҩны имтәакәа инеирц аҳәара ҟаҳҵоит. Сынтәа саргьы салахәхоит", - лҳәеит Џьынџьалԥҳа.
Џьынџьалԥҳа лажәақәа рыла, бжьышықәсатәи рахьынтә ҵыԥхтәи арбагақәа зегь раасҭа иаарылукаартә ишыҟоу, усҟан еизган 120 нызықь мааҭ аԥара.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.