Аԥсны

Аибашьра иаԥсахит агәҭакқәа: аветеран Артур Гәаланӡиа иҿцәажәара

Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраҿы иаҳгаз Аиааира 30 шықәса ахыҵра аҳаҭыраз Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа иаҳзеиҭалҳәоит усҟак иӡыргам аветеранцәа рҭоурыхқәа. Иахьатәи ланҵамҭа изкуп "Агәымшәараз" амедал занашьоу, I агәыԥ аинвалид Артур Гәаланӡиа.
Sputnik
Аибашьра ианалагоз Артур Гәаланӡиа иԥшәмаԥҳәыс Кәтол лабхәараа рҿы дыҟан адекреттә аамҭа лыманы, ҩышықәсеи бжаки зхыҵуаз лыҷкәын хәыҷы Алиас длааӡон. Артур ахәаша аусура ашьҭахь даауеит ҳәа дизыԥшын, аха аибашьра иаԥсахит аҭаацәа рыгәҭакқәа. Гагра анҭадырцәы ашьҭахьынӡа еибамбаӡеит Маринеи Артури.
Санҵамҭа зызку Артур Гәаланӡиа ҳара ҳаиқәшәарахь иԥшәмаԥҳәыс дицны дааит, ҭырџьманра ҳзылурц. Артур аибашьра аамаҭазы иоуз аахақәа ирыхҟьаны, илымҳа иаҳаӡом, ашьҭыбжьқәа еилыкка илымҳа иҭамсижьҭеи 30 шықәса иреиҳауп.
"Сара исҳәо ауп еиликаауа, егьырахь иҩны иуҭалароуп иуҳәарц иуҭаху", - лҳәеит Марина, ацхыраара сыҭо.
Ажәа ахы умҳәакәа, аҵыхәа узҳәом. Сызлацәажәо аветеран ҳара ҳқыҭа интеллигенциа ҳәа ззырҳәоз ирхылҵыз арԥысын. Sputnik асаит адаҟьаҿы аԥхьаҩцәа ирыдызгалахьеит, уи иан арҵаҩы Гәилиа Баџьга-иԥҳа Қәарсаииаԥҳа илызкыз анҵамҭа. Дара нхоит Тамшьи Кәтоли рҳәаа азааигәара. Даара иҿырԥшыгаз ҭаацәаран. Шьалодиа Гәаланӡиа ихшара ҩыџьа аԥҳацәа - Асидеи Ингеи, иара убас иԥазаҵә Артури сареи школк ҳаицҭан. Исҳәар ауеит еицҳазҳаит ҳәа. Аҭаацәа раби саби еиҩызцәан азы, аиҭанеиааирагьы ҳаман. Ажәакала, сқыҭа иалҵыз ҳсаит аԥхьаҩцәа амц сдырҳәарым, зегь рыла еиқәшәаз ҭаацәан сҳәар.
Амаӡажәа заҳҳәоз арҵаҩы: Гәилиа Қәарсаииаԥҳа лгәалашәаразы
Сызҿу аҭаацәа рыхшара зегьы аҵара бзиаӡаны ирҵон, ран дырҵаҩын, уи ҭакԥхықәра дуун дара рзын. Артур Гәаланӡиа иреиҳау аҵараиурҭа даналга, ашкол аҿы аус иуан аҟынтә, асовет арра ихимгаӡеит, убри азы, ихы дахлафаауа иҳәеит "арратә усқәа уаҩԥсҵасгьы исыздыруамызт" ҳәа. Арра аус изымдыруазаргьы, дара рҭаацәараҿы аԥсадгьыл абзиабара аҭыԥ ду аман, убри ауп аӷа ҳгәашә данаалагыла, хьаҳәаԥаҳәада абџьар зышьҭихызгьы. Марина Гьергьиа илҳәоит лара мҩашьарада ишылдыруаз лыԥшәма аибашьра дшацәыбнамлоз.
"Апатриотизм ззырҳәо сабхәараа ргәараҭаҿы аԥхьагылара аман еснагь, убри аҟынтә иагьџьасымшьаӡеит, дшеибашьуаз слымҳа ианҭас. Ҳара ҳанеибага инаркны аԥсуа-ақырҭуа еиҿагыларақәа цон. Иара Жәлар рфорум "Аидгылара" дадҳәалан еснагь", - лҳәоит лара.
Аибашьра раԥхьатәи амш игәаларшәо, Артур иҳәеит Аҟәа аҩы зауад аҿы аусураҿы дшыҟаз.
"Асааҭ жәаба шыҟаз азауад агәашә уахьҭалоз Кәыҵниа хаҵак аибашьра иалагеит ҳәа ҿиҭит. Гал, Очамчыра иалсны Аҟәа иазааигәахеит иҳәеит. Иарбан еибашьроу, уара, излагаз сҳәан, игәра сымгеит. Сара ахәыцра салагеит, абџьар ҳамам, ак ҳамам, ҳазлеибашьуеи ҳәа. Абас сышхәыцуаз ақалақь ахь сааит", - игәалаиршәоит Артур аибашьра ашьҭыбжь раԥхьаӡа ианиаҳаз амш.
"Аԥсны зыхьчоз срылагылан…": Вахтанг Цыгәба иҿцәажәара
Аҟәа "Ацҳа ҟаԥшь" аҿы дахьааиз иибаз аилаҭырра еиҭаҳәашьа изаҭом аветеран.
"Хацәеи ҳәсеи еилаҩеиласуа ахырзаман мҩаԥысуан. Снаԥшы-ааԥшын игәасҭеит абџьар ишашьҭаз ҳа ҳтәқәа. Нас, илықәыршәны Жәлар рфорум ахьыҟаз сцеит, издыруада абџьар ахьсоуа сзеилкаауазар ҳәа", - еиҭеиҳәоит Артур.
Иара иажәақәа рыла, уаҟа аҩныԥссаҩ лыда аӡәгьы дыҟамызт уи аамҭазы. Асааҭ акахьы ахы хан, Артур ишигәалашәо ала, ҷкәынцәақәак афорум аԥхьа "абџьар ҳашәҭ" ҳәа рыбжьы рдуны агәынамӡара шаадырԥшуаз ибеит. "Аха иабантәиаалгарыз аԥссаҩ абџьар?!" – ихы дазҵаауеит иара уажәгьы. Артур уи ашьҭахь дахьынхоз апочта азааигәара иҩныҟа дцеит. Уа дахьнеиз игәыла Венера захьӡыз гыруа ԥҳәыск дықәгыланы Владислав Арӡынба ишәира даҿызаарын.
"Ла лтәқәа анааи, лгәы ӷәӷәахазар акәхап, акәыкәыҳәа дықәгыланы ҳхадагьы, ҳарҭ аԥсуаа зегь ҳшеибаку ҳашәира даҿын", – игәалаиршәоит Артур урҭ ахҭысқәа.
Нас, дырҩагьых ақалақь далалны иҿанынеиха, иҭынха Гарри Ахвелидиани дибеит. Аиааира ашҭа ахьыҟоу машьына дук аангылт уи аамаҭазы. Иашьа Игор Сыҷынаа (дҭахеит) дибеит. Рызегьы абџьар иашьҭазаарын. Абас ԥшьҩык раҟара рҽеидыркылан, Гәдоуҭа арратә базахь рҿынархеит. Уи иазкны Артур еиҭеиҳәо акино аҿы иубо иаҩызоуп.
"Ауаа гылоуп. Абаза ахьчаҩцәа унарышьҭӡом. Сааҭк еиҳаны аибарххара цон. Гәдоуҭаа аҷкәынцәа Валера Аиба (идунеи иԥсаххьеит) дрылан ҳәа сыҟоуп. Ашә аадыртын, иҩналт. Нас ҳаргьы ҳаҩналт. 50-ҩык еиҳаны ҳаҩналт. Абџьар агаразы аилыхара ҟалеит. Аӡә хәба игоит, нас ашә аҿы днеиаанӡа имырхуеит. Ҩынтә сдәылҵит абџьар шьҭыхны, аха исымырхуан. Абџьар адәылгараз даҽа ԥышәак аныҟасҵа, исыжәлаз ҵаҟа скарыжьит. Схы санҩаха, Абзагә Гәыргәлиа дгылан (дҭахеит), суҳәоит срылга, сыршьуеит сҳәан, даасыцхрааит", - абас иҳәоит аветеран.
Згәы заԥысуаз: Абзагә Гәыргәлиа игәалашәаразы
Хынтә, ԥшьынтә иҟаиҵаз аԥышәарақәа рышьҭахь, иаӡеит автоматк Артур Гәаланӡиа. Еицыз рҟынтәи ԥшьҩык абџьар роуит. Нас Аҟәа иааит.
"Иахьа Апарламент ахьыҟоу ауаа еилагылоуп, аԥсуаа, ақырҭқәа, агырцәа. Саб иашьа Лаврикгьы уа дызбеит. Уа еилагылаз рыбжьара иҟан уаанӡа афорум аҿы зҽырхаҵаны еизалоз аԥсуа хацәа. Ҳаршьуеит, ҳақәырхуеит, абџьар ҳамам, ак ҳамам ҳәа иҳәҳәон. Ус, Нелли Маанԥҳаи Нелли Ҭарԥҳаи ҳбеит. Урҭ "Аҳаҳаи, шәеиҵамхан ҳаҷқәынцәа" ҳәа ҳгәы дырхаҵон….", - дырзыхынҳәуеит аибашьра раԥхьатәи амшқәа аветеран. Артур иажәақәа рыла, август 14 руха аиҿахысрақәа цон "Ацҳа ҟаԥшь" аҿы. Убра игылан атрофеи танк, уи Вианор Ашба иныҟәицон.
Артур ишиҳәо ала, атанк ааха аман - аӡҭаҭәарҭа кылжәаны иҟан. Ведрак рыԥшаан уи атанк аӡы ҭарҭәон, аха иаразнак икылыкәкәан ицон. Вианор ацҳа аганахь итанк дақәтәан дцон, дара ишьҭан аӡы ҭаҭәо.
"Ацҳа агәы днықәгыланы дхысит Вианор, нас данаақәгьежьаауаз, Гарик дыҳәҳәеит "уԥа" ҳәа. Сыԥеит. Атанк иақәтәаз сибаӡомызт ишьҭахь сгылан, дысхысыр илшон", - иҳәоит Артур.
Аԥсны
"Ԥақәашь ҳаӷа далаҳамҵеит": аветеран Гарри Џьынџьал игәалашәарақәа
Иашьцәа Игор Сыҷынаа, Гарри Ахвелидиани, Ҭемыр Џьапуа (дҭахеит), Беслан Қәычбериа уҳәа убра рҽеидыркылеит. Артур игәалаиршәеит ихамышҭуа даҽа хҭыск:
"Абри "Ацҳа ҟаԥшь" аҿы аицәажәарақәа ианрылагаз август 15 рзы ацҳа сықәгылоуп. Ус амашьына "Волга" аақәлеит. Амашьына аангылт. Аԥхьа иҭатәаз дкәымпылӡа ар рымаҭәа ишәуп. Сихәаԥшын, џьара дшызбахьаз здырит, аха дысзеилымкааит. Иара иҽырхықәымҵа даасыхәаԥшит, абарҭ роума иаҳҿагыло ҳәа иҳәозшәа. Вахтанг Цыгәба ҿиҭит "доужь" ҳәа. Асаркьа аҩахарагьы даалагеит, исгәалашәеит Џьабо Иоселиани иакәын...".
Арыцхә игәалашәом Артур, иҟалап ари аицәажәарақәа рышьҭахь акәзар, иҩызцәеи иареи Владислав Арӡынба иусурҭа ҭыԥ ахь инеит.

"70-ҩык раҟара ауаа гылан. Жәаҩык абџьар ркуп, еиҳарк шәақьуп ирку. Ус ҳашгылаз, ашә аатын Владислав Арӡынба, Сергеи Шамба, Станислав Лакоба, Сократ Аџьынџьал, нас ар рымаҭәа зшәыз аурыс еинрал аадәылҵит. Аинрал ирыцыз дааҳахәаԥшын, "абарҭ урықәгәыӷны уеибашьуама?" ҳәа Арӡынба ишҟа азҵаара аҿааирхеит. Арӡынба дааҳалаԥшын, "ҳаибашьуама" иҳәеит, ибжьы рдуны. "Ҳаибашьуеит" ҳәа аӷу ааилҳаргеит. Нас, аинрал днеиҿаԥшын, ҳаибашьуеит - иҳәеит Арӡынба..."

Август 16 руха Ачадара агвардиа ахьтәаз ицеит Артур иҩызцәеи иареи. Рафаель Амԥар ргәыԥ еиҳабыс дарҭеит. "Владислав Арӡынбеи Сергеи Дбари ҳаԥхьа инагылеит. "Смирно" рҳәан, ҳҽааҳариашеит. Шәыжәлақәа шәҳәа анырҳәа, сыхәмарны Гоголаӡе сҳәеит, нас Игор дахьгылаз Ахвелидиани иҳәеит – аҟырҟырҳәа иааибарччеит зегьы иаԥсыуамыз ажәлақәа анеишьҭагыла", - иччаԥшь аасҿаирԥхеит аветеран абри игәаларшәо.
Автобус инҭадыртәан фуникулиор аганахь ирышьҭит. Уи аамаҭазы ақырҭқәа уа хыхь ихаланы итәахьан. Автобус аҟәҟәаҳәа иагәыдырҵеит.
"Зегь ҭыҟьҟьеит, сара савтомат амаҟа акы иаҿаԥан сашьҭуамызт. Сабџьар касыжьыр сҭахымызт. Гарик дансыха, иҿжәаны самихит. Сыҽкасыжьт - иҿыцҳаҳараӡа иҟаз ҳавтобусгьы агәызҳәа иԥжәеит. Схы сааҩахазар автобус амца акын…", - абарҭ зегь аибашьра алагамҭа иадҳәалоу Артур игәалашәароуп.
Аԥсны
Митиа Хьиба: "Смашьына алыхәҭеиԥш икылыҵәҵәа иҟан…"
Валера Акәыциа, Рафик Амԥар, Адамыр Џьапуа уҳәа роуп, Гарик ишиҳәо ала, аҵыхәтәанӡа Аҟәа иаанханы иҟаз. Нас, Ешыра ианнеи, уа дыҟан Мушьни Хәарцкьиа, иара аҷкәынцәа гәыԥ-гәыԥла еихшаны адҵақәа риҭеит. Ҵкәуаа рнышәынҭрақәа ахьыҟоу убра идыртәеит аԥхьа. Артур иҩызцәеи иареи Мрагыларатәи афронт ахь ацара иазгәышьуан. Гиви Агрба иақәиргәыӷхьан. Гагра анҭадырцәы ашьҭахь ирымаз абџьар аашьҭырхын Артур, Игор Сыҷынаа, Нодари Рауфи Торчуаа, Рауль Ԥлиа, Леонид Какачиа уҳәа, авертолиот инҭалеит. Сигуткин иакәын аԥсҟы зкыз. Абџьар шҭарҵазгьы идыруан иара, аха имбазшәа ҟаиҵеит, аветеран ишиҳәо ала. Аҟәа ианахыԥраауаз, ҩ-ҳаирпланк рышьҭа ихылеит, аха иацәцеит. Аҟәарчаԥан итәеит, нас шьапыла Кәтол иааит.
Артур аҩны даннеи, аҭыԥантәи аибашьцәа ргәыԥ даналала, игәы рҭынчны деибашьларц азы, Маринеи лыҷқәын хәыҷи Гәдоуҭаҟа ишьҭит. Агәыԥ "Дельфин" ахьтәаз днанагеит Артур. 20-ҩык аибашьцәа инапы ианын Тамшьтәи ацәаҳәа ахьчаразы. Март 31 рзы Артур Гәаланӡиа ахәра ӷәӷәа иоуит. Абар уи ахҭыс шигәалашәо.
"Ауха хҩы-хҩы ҳаҽшаны ҳтәан иахьа амемориал ахьгылоу инамариашаны. Ус, миномиотла ақырҭқәа аҭахысра иалагеит. Сыҷкәынцәа уа иҭатәан. Ҿысҭит, ҿысҭит, аха уаҩы ибжьы мгеит. Абушлат исшәыз аасшәысхын, сдәықәлеит сыҩны сыҷкәынцәа рахь. Ақырҭқәа сгәарҭан, сыҩны сахьцоз исышьклахысуа иалагеит. Ус, ашәшәыҳәа абжьы аагеит, уаҳа акымзарак сгәалашәом. Нас, Гәдоуҭа сааԥшит…", - иҳәоит Артур.
Аԥсны
Ламара Ҵәыџьԥҳа: шьҭахьҟа игьежьуаз ԥҳәыскгьы дсымбеит
Марина Гьергьиа ишылгәалашәо ала, иара ӷәӷәала дхәын, иԥсы ҭаны деиқәхоит ҳәа иҟамызт. Абас, рҩыџьагьы Гәдоуҭа агоспиталь аҿы еиқәшәеит.
"Илымҳа иаҳаӡомызт, илақәа ирбаӡомызт, ахы ихы иаахаз, илымҳа ашьаҭа аҟынтәи иалҟьеит. Раԥхьа Даур Гәыргәлиа Џьгьарда ацхыраара ииҭеит. Нас, Тҟәарчалынтәи Гәдоуҭаҟа даарышьҭит. Гаграгьы ҩымз дышьҭан ареабилитациазы, ашьҭахь Москва Бурденко ихьӡ зху арратә госпиталь ахь дрышьҭит. Ас ааха зауз иԥсы ахьҭоу шәеигәырӷьа рҳәеит уаҟа аҳақьымцәа. Нас, маҷ-маҷ ила 30 процент рҟынӡа абара иалагеит, амала ииаҳаӡом. Ицәажәаратә органқәа ӷәӷәала ааха роуит", - еиҭалҳәоит Марина Артур ихигаз.
Артур Голанӡиа дынхоит Кәтол иаб иџьынџь аҿы. I агәыԥ аинвалид ҳәа дшьоуп. "Агәымшәараз" амедал ианашьоуп. Аиааира даԥылеит Гагра ахәшәтәырҭаҿы. Уи иара изын ԥсҭазааран, ӷәӷәала ааха шимазгьы. Аибашьра ашьҭахь Аиааира дасимволны диит иҷкәын аиҵбы Алхас. Аветеран Артур Гәаланӡиа ихы дахашшаауам. Иԥсадгьыл аҿаԥхьа иуал наигӡеит.
Аԥсны
"Ҳшьа иалоуп афырхаҵара, ҳаибашьцәоуп ҳара": Иури Дбар иҿцәажәара