Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Ԥақәашь ҳаӷа далаҳамҵеит": аветеран Гарри Џьынџьал игәалашәарақәа

© Foto / Эльза Чанба Гарри Аджинджал
Гарри Аджинджал - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.04.2023
Анапаҵаҩра
Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа диҿцәажәеит "Агәымшәаразы" амедал занашьоу Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аветеран, Аԥсуа театр актиор, аҽыбӷаҟаза Гарри Џьынџьал. Иара илзеиҭеиҳәеит игәалашәараҿы реиҳа инхаз аибашьраантәи ахҭысқәа.
Аибашьра атемала ҳзацәажәо зегьы, шамаха змаршәа акра уадаҩу уаауп. Аветеранцәа уамак ирҭахым ацәажәара. Иахьа зыӡбахә сымоу ауаҩы сара дсеиҵбуп, ашкол данҭаз аахыс дыздыруеит. Гарри Џьынџьал дактиоруп, аус иуеит С. Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа драматә театр аҿы, аха ҳара ҳаицәажәара аҟазара иазкым, аибашьра адәаҿтәи аԥсҭазаара ҳазхәыцуеит. "Исҭахӡам убри агәаларшәара. Аибашьра атәы аҳәара сцәымӷуп. Сыла иабаз зегь сызҳәом. Иаҭахым уи аҳәара… Аха, мап сызбыцәкуам, избанзар ҳаибадыруеижьҭеи акыр ҵуеит", - иҳәеит Гарри, сиацәажәарц иусурахь саннеи.
© Foto / Элеонора Когониа

Гарри Џьынџьал

Гарри Џьынџьал - Sputnik Аҧсны
1/4

Гарри Џьынџьал

© Foto / Эльза Чанба

Гарри Џьынџьал

Гарри Џьынџьал - Sputnik Аҧсны
2/4

Гарри Џьынџьал

© Foto / Эльза Чанба

Гарри Џьынџьал

Гарри Џьынџьал - Sputnik Аҧсны
3/4

Гарри Џьынџьал

© Foto / Эльза Чанба

Гарри Џьынџьал

Гарри Џьынџьал - Sputnik Аҧсны
4/4

Гарри Џьынџьал

1/4

Гарри Џьынџьал

2/4

Гарри Џьынџьал

3/4

Гарри Џьынџьал

4/4

Гарри Џьынџьал

Аибашьра ианалагоз Гарри 24 шықәса ихыҵуан. Қарҭтәи атеатртә институт даналга ашьҭахь арра дыргеит, нас данааи, Ақәыԥшцәа ртеатр аҿы аусура далагеит, "Диоген" захьӡыз аспектакль ақәыргылара ишаҿыз актиор қәыԥш иԥсҭазаара ашәхымс аибашьра аалагылеит….
"Ԥақәашьынтәи машьынала арепетициахь саауан, Очамчыреи Тҟәарчали рымҩеихдаҿы ақырҭуа гвардиауаа срылаҳаит. Ртанкқәеи дареи убра еилагылан. Аԥхьа иҟалаз сзеилымкааит. Гена ҳәа Шьынқәбак дсыцын. Усҟан ҿыц Қарҭ аҵара салганы сыҟамзи, ирҳәозгьы еилсыргаратәы сыҟан. Қырҭшәа ҟыжәбыжәк здыруан салацәажәошәа ҟасҵан, иаанаскьеит. Уи аамҭазы саақәгьежьаан, Ԥақәашьҟа сдәықәлеит сышьҭхысаа. Амҩан исԥылоз зегь ирасҳәеит аибашьра иалагеит, абааԥсы, наҟ шәхынҳәы ҳәа. Аӡәгьы ихеиҵаӡомызт. Сара иаразнак еилыскааит, избанзар Қарҭ ҳаныҟазгьы иалагахьан, апрель 9 ҳәа акциа имҩаԥыргоз збахьан. Сара издырит, издырҵәҟьеит аибашьра ишалагаз. Ақыҭахь сгьежьны саннеи, зегьы ирасҳәеит. Саб хазы дынхон, уахьгьы сыбжьаланы сдәықәлеит", - абас игәалашәоит Гарри Џьынџьал аибашьра раԥхьатәи амш…
Митиа Хьиба - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.03.2023
Аԥсны
Митиа Хьиба: "Смашьына алыхәҭеиԥш икылыҵәҵәа иҟан…"

Нурико иҭоурых

Гарри акыр дазааҭгыланы исзеиҭеиҳәеит ихамышҭуа аибашьҩы иҭоурых. Аибашьра иалагарц мышқәак шагыз, Баҭымтәи хаҵак рқыҭаҿ дааит. Уи иашьа иҭаацәеи иареи Ԥақәашь инхон. Ауха Гарри иаб Џьафар иҩны агәылацәеи азлацәеи анааилатәа, асас иреиҳәеит, аибашьра иалагар шыҟало, убас алымҳаҭасқәа шимоу.
Гарри уи ахаҵа иажәақәа гәникылеит, иҟалап, уи акәзаргьы зегь раԥхьа изидырыз аибашьра ишалагаҵәҟьаз. Иааз ахаҵа иашьа Нурико ҳәа иарҳәон. Милаҭла даҭырқәан, аха Ԥақәашь дынхон, иԥшәмаԥҳәыс даԥсыуан, Ԥачлиаа дрымаҳәын.
"Аҩны аишәа дырхиан ҳанааидтәла, "Аибашьра иалагоит уаҵәы" иҳәеит иара. Иашьа иҭаацәеи иареи алигарц иҭахын, аха ицымцаӡеит. Нурико дымцаӡеит џьаргьы. Деибашьуан ахы инаркны аҵыхәанӡа ҳара ҳганахь. Асланоӷлы ауп ҳәа сыҟоуп ижәлаз- милаҭла даҭырқәан, Баҭымтәин шьҭрала. Урҭ ара Ԥақәашь иалахәын, инхон. Нурико Аԥсны игәы азыбылуан - ақырҭшәагьы, аҭырқәшәагьы идыруан, аха аԥсшәагьы аҷҷаҳәа иҳәон. Абри Нурико иашьа Баҭымынтәи иааз ииҳәоз харымҵеит изаҳаз. Нурико иангьы ара дыҟан. Ԥақәашьи Охәыреи рыбжьра инхон дара. Убра иҩны ааигәара Аҟәа аныргоз аламҭалаз, Салиаа рхәы дара ақырҭқәа ажәылара ҟарҵеит. Ишырҳәо ала, ирацәаҩын дара. Охәыреи аӡы иҭаршәны Тҟәарчалынӡа амҩа хырҵәарц рҭахын. Убри аамҭазы ҳаҩфронтк еиԥылахьан Кәыдры. Убасҟан дыршьит Нурико. Ахысбыжьқәа ирӷәӷәаны ианиаҳа, иԥыхьашәаз аикәаӷа аашьҭԥаан ҳхырӷәӷәарҭа аганахь дышнеиуаз, имҩа кны итәан, дырҳәынҷеит. Саби ҳажәлантәики рыҩнқәа рблит усҟан. Нурико даныршьызгьы убасҟан ауп. Саб иоуп Нурико дышьны дахьышьҭаз збаз. Нурико ихәы рҳәоит уажәгьы Ԥақәашь дахьынхоз", - иҳәоит Гарри, аибашьҩы иҭахара хьааго.
Геннади Каҷабаа - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.09.2022
Аԥсны
Аибашьра адаҟьақәа: Пазана данырхәыз

Арӡынба телевизорла данықәгыла…

Гарри аибашьра раԥхьатәи амш деиҭазыхынҳәуа иҳәоит, ақыҭауаа азныказ агәра рымгазаргьы, аҽны асааҭ 12 шыҟаз Владислав Арӡынба телевизорла дықәгыланы агрессорцәа шҳақәлаз аниҳәа, иҟалаз шеилыркааз.
"Рекааи Ԥақәашьаи ҳҳәааҿы ашәанцәа нхон. Убра аҭабиақәа ҟаҵаны ҳҭатәеит. Салиаа рхәи Нурико дахьынхози зынӡа еизааигәан, ҳара раԥхьа урҭ уа иахаҳцеит. Нурико ихәы астратегиатә ҵакы аман аибашьра аамҭазы. Агәыԥ ҳәа ахьӡқәа рыҭаны иҳамамызт ҳара. Нас, ишыжәдыруа еиԥш, иҟан зҽыԥхьазкыз, иҟан аибашьра иазыхиазгьы. Иазыхиаз еиҳа еиҳан, ҳәарада. Аиаша басҳәоит, Ԥақәашь ақыҭан раԥхьа абџьар шьҭыхны игылаз – абахҭа зхызгахьаз роуп. Аибашьра ҟалаанӡа еиуеиԥшым аусқәа рзы иҭакны иоурыжьхьаз. Анатоли Џьынџьал (Колобок) автомат хәыҷык иман. Абри иманы дцәырҵит. Нас Кац иҳаблантәи Қыма Чачхалиа, Бесик Чачхалиа (ус зыхьӡыз рацәаҩын азы, Шьақьырович ҳәа иаҳҳәон), Беслан (Кәынта-иԥа) Ҳашба. Нас, сашьеиҳаб Амзик (Нодар) – уҳәа гәыԥҩык рҽеибырҭеит. Анаҩс аԥшыхәрагьы ҟалеит, ажәыларақәагьы, ажәакала ақыҭа зегь еигәныҩит. Кац иҳаблеи Охәыреи ҳареи ҳҳәааҿы аҭабиақәа ҟаҵаны ҳҭыԥ аанаҳкылеит. Аха, иаҳкуаз, абџьар ҳамаӡамызт. Автоматк зкыз быжьҩык, ааҩык ҳаицрыԥсса ҳицын. Агико цәырызгаз дубап, централка ҳәа изышьҭоу - гәыцәк змаз, ҩ-гәыцәк змаз цәырҵит. Саб Џьафар хәба згоз иман (пятизарядка - Е.К.). Саб охәыреиаа дырзааигәан хазы дынхон, иабџьар иара икыр акәхеит - Валериан Ԥачлиа, Иона Џьынџьал уҳәа иқәлацәа ицын. Ашьҭахь автоматқәа жәаба Тҟәарчалынтәи иаҳзааргеит, урҭ Гәдоуҭантәи ироуан. Аха ҳара ҳрацәаҩын, иҳазхомызт абџьар. Нас, аԥсуа гвардиа иалаз аҷкәынцәа гылеит - Руслан Чачхалиа, Ԥаӷь Ҵәыџьба. Нас, ҳаҷкәынцәа Охәыреи апост аҿы иҟаз ақырҭуа еибашьцәа тҟәаны ирымырхит абџьар. Абас ҳҽеибаҳҭеит. Рауль Кәартаа ҳәа дыҟан, уи Маиҟәаԥынтәи дааит, аҭакрақәа ихигахьан уигьы. Нас, Омар Ҳашба дҳаман. Уи агвардиа далан уаанӡа. Ҩнык аҿы аштаб ҳәа ҭыԥк алаҳхит Кац иҳаблаҿы, нас иаҳцәырблит ақырҭқәа. Ашьҭахь тҟәарчалаа абџьар змаз аауа иалагеит, агранатақәа, аманалқәа ҳарҭеит. Аҵәыҵәри балон ҳәа иҟоуп (кислородный балон) убри азна артҟәацгақәа рҭәны даҷк ҩызӡа иацраҳәаны иҵаҳҵеит. Ақырҭәқәа Ԥақәашь иацәшәон, избанзар ԥақәашьаа есымша "ҳаит" анырҳәалагьы игылоз ракәын. Ареволиуциақәа ирылан азы, ҳхыԥша иацәшәон. Зехьынџьара амҩақәа ҳкит аӷа ақыҭа дзаламло", - еиҭеиҳәоит Гарри аибашьра ианалага рқыҭауаа рыҽшеибырҭоз.
Гарри саниацәажәоз исҭахын, ихатә еибашьратә ҭоурыхқәак сзеиҭеиҳәарц, аха егьа зундазгьы акгьы сызимырҳәеит. Акыр ицәыуадаҩын аибашьра адаҟьақәа рзыхынҳәра, аха, ус акәзаргьы, исеиҳәақәазгьы маҷӡам.
Гарри Џьынџьал арра дахысуан Владимир, нас Ковров, Брианск иҟаз архәҭақәа рҿы. Аибашьра аамҭазы уи аԥышәа шихәазгьы, иара ишиҳәо ала, дхәыҷаахыс абџьар ахархәашьа идыруан, ашәарыцара дазҟазан.
Руслан Таниа - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.09.2022
Аԥсны
"Изаҭәаумшьо аҳәак иҟәнуп": аветеран Руслан Ҭаниа иҿцәажәара

Салиаа рхәы

Аветеран ишигәалашәо ала, декабр 26 рҟынӡа, ақырҭқәа ақыҭахь ажәыларазы аҽазышәарақәа рымамызт. Аҟәеи Гали еимаздоз амҩаду аанкыланы ирыман.
"Уахь ҳныҟәон аԥшыхәразы. Колобокгьы Раульгьы ус ишабалакгьы ургаӡомызт. Ҳара еимаҳкуан, ҳцарц ҳҭахын. Абџьаргьы маҷмыз, уахь еиҳарак ицоз адуцәа ракәын. Бесик Ҳашба (идунеи иԥсаххьеит) иеиԥш иҟаз ракәын ирышьҭуаз. Аӡы ҳарны Баслахә ҳцон, абарҭ аԥацхақәа ахьгылаз иаалон ақырҭқәа. Иалалахьан изныкымкәа. Декабр 26 рзы иҳақәлеит. Ԥақәашь амацара акәым, зехьынџьра рҿаархеит. Аха усҟан ҳҽеибаҳҭахьан маҷк – агранатомиот, апулемиот уҳәа иҳамақәаз ыҟан. Ақырҭқәа жәылон уажәы-уажә. Абни Салиаа рхәы ргар рҭахын. Нурико дахьынхоз акәын ҳара иҳаҵанакуаз, Салиаа рхәы Охәыреи иаҵанакуан. Убри ҳара иҳамки. Ирызгар убри, Тҟәарчал иалахысуан ишырҭахыз. Уахь инаҳмышьҭӡеит. Ҳара хықәкысгьы иҳамаз ҳқыҭа раламҵара акәын. Наҟ ҳцаны ҳқәыланы инырҵәаны аҭыԥ аанаҳкылап ҳәа усҟан адҵагьы ыҟамызт. Ҳпартизанцәан ҳара, абна ҳалан. Аҭабиақәа ҟаҳҵаанӡа аҵлақәа ҳрыватәан, аҭырас ҳалаиан. Аԥхьа еиҳа иԥхарран, нас аӡын ӷьеҩ ааит. Нас аҭабиақәа анаҳзыҟаҵа, уа ҳанхон. Аӡын зегь ҳахьтәаз ҳкаххаа ҳарбон. Даргьы наҟ ахәы иаҿатәан", - ажәала асахьа иҭихуеит Гарри апартизанцәа рыԥсҭазаара.
Афатә ажәтә акәзар, ақыҭауаа ирызнаргон ҳпартизанцәа. Адҵа рызҭоз иззыӡырҩуаз Колобок ҳәа зарҳәоз Анатоли Џьынџьал иакәын (идунеи иԥсаххьеит). Анаҩс, Гарри иажәақәа рыла, иажәа акралнадон Рауль Кәартаа (иԥсҭазаара далҵхьеит). Ашьҭахь апартизанцәа дрыхьӡеит амилициа аусзуҩ, акадртә офицер Сергеи Зыхәба.
Олег Чмель - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.02.2023
Аԥсны
Аибашьра адаҟьақәа: аветеран Олег Чмель игәалашәарақәа

Ианвартәи ахҭысқәа

Гарри ишигәалашәо ала, ақырҭқәа хкыс иаауҭаху абџьар рыман. "Росҭ иԥарҭа" ҳәа аҭыԥ ыҟан, убрантәи аӷа Баслахә икаххаа ибарҭан. Убрантәи ирылахысуан ааигәа иҟаз егьырҭ ақыҭақәагьы. Гарри иҳәоит уи ауха Охәыреи аганахь ажәылара мҩаԥыргоит ҳәа апартизанцәа заа акгьы шырзымдыруаз.
"Ианвар 10, асааҭ хԥа шыҟаз аиҿагылара ӷәӷәа ҟалеит. Иҭахаз быжьҩык ԥақәашьаа мацара Охәыреи асы илан иаҳзаамгакәа. Бесик Џьынџьал Колобок иашьа гәакьа заҵәык иԥсыбаҩ ҳауит. Мчыбжьык ҵит, нас иааҳгеит ҳаҷкәынцәа рыԥсыбаҩқәа. Иӷәӷәан ажәылара. Ҳара ҳтәқәа роуп ижәылаз. Мышкы шыбжьаз Бесик Наҷҟьебиа дааит Гәдоуҭантәи абџьар иманы. Уахьынтә иаауаз зегь абџьар рыман. Уа еиҳа имариан аԥшаара. Ҳара ҳгәы архаҵон уи. Ауха уи ажәылара зламаӡаз ала, еиҳарак иақәшәаны ицаз роуп еибашьыз. Аоперациа амҩаԥгара ҳәа аплан ҳәа ҳара заа акгьы ҳамамызт. Қыма Чачхалиа уи ауха дыршьит. Ажәылара ҟалеит анырҳәа, Салиаа рхәаҿы абри апулемиот иҳамаз ала, асааҭ 3 рзы иааҳартыр акәхеит ахысра. Гена Гындиа дсыцын уи ахәаҿы. Арҭ ҵаҟала ицеит ажәылара – Мераб, Бесик, Сурам Џьынџьалаа, Гарик Ԥачлиа, Қыма Чачхалиа, Пеп, Рома Кәартаа ҭахеит Охәыреитәи ажәылараҿы. Асы кажьын маҟҿаҳәара усҟан. Ианвар 13 рзын Лакәыт Зарандиа дааит, аурысқәагьы ицын. Усҟангьы ажәылара ҟалеит, аха аԥсыҭбара ыҟамызт, зшьапы амина ихнаҵәаз Даур Бжьаниа итәы ҳамҳәозар", - аӡын ӷьеҩ иннамкылоз ҳаибашьцәа рҭоурыхқәа сирҳаит Гарри.
Аветеран Гарри Џьынџьал ирцәажәара шыуадаҩызгьы, имаршәа кны исырҳәақәаз рыла еилыскааит, уи ажәылара ашьҭахь ахырӷәаӷәарҭақәа рҿы аҭагылазаашьа шеиӷьхаз. Аӷа иааишьҭуаз ахқәа ҵҩа шрымамызгьы, аԥсуа еибашьцәа урҭ рыхәҭаа рырҭон.
"Аибашьра ахаҭа иунарҵо рацәоуп. БМП, аоптикатә прицелқәа уҳәа зегь рыман дара. Ҳара ахәы ҳаҿыкәшаны ҳтәон ианхысуаз. Афгантәи аибашьра иалаз Омар Ԥачлиа дҳацын, иара убас, аԥхьа уамашәа дыҟазшәа ҳбон, даҳзеилкааӡомызт, аха нас ҳзышьцылаз Туту Ԥачлиа. Дфизикын иара. Дҟәышын. Нас убри аҟара ҳилаҵәеит, ида ҳҳәарҭамкәа. Атактика атәы идыруан. Акы дацәшәаӡомызт.
Анзор Гугуипа и собака Дамсик - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.01.2023
Аԥсны
"Ҳаблақәа, ҳлымҳа, нас абинокльқәа ҩба": ианвартәи ажәыларазы аветеранцәа ргәалашәарақәа

Аӷа Ԥақәашь дзаламлеит

"Аӡәы ус иҳәоит, сара еиҳа ҟасҵеит, егьы еиҵаны иҟаиҵеит ҳәа. Досу иахьилшоз, ишилшоз дахьақәшәаз аӡәгьы ихы аҵеимырхаӡеит ԥақәашьаа ртәы сҳәозар. Аӡәык, ҩыџьак Тҟәарчалҟа, Гәдоуҭаҟа ицақәаз ыҟоуп, аха аӷьыраҩык зегьы уа иҟан. Ҳаӷа Ԥақәашь далаҳмыжьлеит. Заза Занҭариа, Баҭал Џьапуа збалон лбаа Тҟәарчалтәи ахырхарҭаҿ. Аслан Камкьиагьы днеиуан ҳара ҳахь, аҟанҭаруаз ихәда ихшьны, абга даҩызан иара. "Уара шәара актиорцәа ара иҟашәҵои, ишәусхәи?" иҳәон длафуа. Арежиссиорцәа, шәара, ишәусхәи ҳәа аҭак исҭон сара. Алаф ҳҳәон, еибашьран аха... Ԥақәашь аӷа ианига, Тҟәарчал дымнеиуаз. Аҳәаақәа еидуп, ус иҟалар, Река нхомызт, Баслахә нхомызт. Ҳара абџьар азы ҳмаџьанан азы, аҩсҭаарақәа ҳхәыцуан. Атруба хҵәаны иганы хыхь ахәаҿы иқәҳаргылон дара ирбартә еиԥш. Абарбзан ҳамазшәа, егьизшәа иаҳжьон аԥхьа. Нас аведра "емалированное" ҳәа изышьҭоу - аҵа кылҵәаны уанҭахыслакгьы абжьы каамеҭхон, бџьар дук ҳамазшәа дҳарбон. Нас тҟәарчалаа иҟарҵоз агранатақәа абнахь ҳцаны иԥаҳжәон иалаҳаршәарц. Уахынла еиқәҿаҳҭуан дареи ҳареи. Ҳаицәҳауан. Ҳабжьқәа еиныҩуан", - иҳәоит Гарри Ԥақәашь аӷа иаламҵара астратегиатә ҵакы дазааҭгыло.
Лариса Хаџьымбеи Марина Бжьаниеи - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.03.2023
Аԥсны
Аџьар зныз абираҟ шкәакәа: аветеранцәа Марина Бжьаниеи Лариса Ҳаџьымбеи рҭоурых

Иҷыдоу ажәабжьқәа

"Салиаа рхәы ҳахьықәтәаз аблиндаж ҩныс иҳаман. Каруаҭ ажәқәак цәыҵагылан. Уа акраҳфон. Ма иаҳзааргон, ма ҳхала асмена ашьҭахь иааҳгон. Ҽнак шьыбжьон ҳаштәаз иҳалахысит. Агранатаршәга иаанашьҭыз ахы ижжаӡа иаан, ҳахьтәаз аблиндаж акәакь иадԥжәалеит, уа аҩнуҵҟа ҳаснариадқәа шьҭан. Итҟәацит ӷәӷәала. Аԥҽыхақәа ҳаахеит зегьы. Иҳалаҳаит ажәакала. Адәахьы асы шьҭан. Аӡын ӷьеҩын усҟан. Февраль мзазы акәын ҳәа сыҟоуп. Ари Афганистан еибашьуаз Омар Ԥачлиа акамбашь харҵәы бзиа ибон. Изааргон аҩнынтәи. Ахарҵәы шифоз, артҟәацга анҳалаҳа, зегь адәахьы ҳдәылбӷьыжәааит. Ҳандәылҵ, иара исаан ахарҵәы шаныз икны ддәылҵзаап. Иара аԥҽыха иаахан дыҟан, аҟәада иҿыҵкьаса, икамбашьхарҵә зныз ичанах ианҭәалон. Ари ҳара ианаҳба, аччара ҳалагеит. Гена Гындиа, "о, уара, иуку закәи" иҳәан. "Ҟоҳ", - иҳәан ичанах иршәит. "О, уара, уажәшьҭа ҳаиқәхеит, изуршәуеи", ҳҳәеит, "иуҭахымзар, ҳара иҳамфо", ҳҳәеит. Ус саныҩнаԥшы, саарак ҳаман, агранатаршәга ахқәа зныз, абни иҩнаԥжәаз аболванка ҳәа изышьҭоу ижжаӡа ҳсаара иануп. Абри ԥжәар, ҳусқәа цәгьахоит, иану ахқәа зегь ықәнагоит сҳәан, асаара аашьҭысԥаан, ируааны асы иныласыжьит. Инеиқәыԥсы ицеит ижжаӡа иҟаз. Аҷқәынцәа уеилагама, иԥжәар уашьуан рҳәеит, аха ианыҟасҵоз уи сазымхәыцӡеит. Ани ҳфизик Туту "уара абарҭ ԥжәазҭгьы, ҳанурҵәон", иҳәеит, "ахарҵәы зныз асаан зкыз иҟаиҵаз аҵкыс еицәаз ҟауҵеит", иҳәеит. Саргьы иаасхыччеит. Туту аҭаҭынгьы дахомызт, арыжәтәгьы ижәуамызт. Аҩны ашьхымза иман. Амаионез аҭра ала данхалоз, ацха хеигалон. Ашьақар абаҟахыз, уи аҭыԥан ацха акәын иҳамаз. Ҳаԥсы анеиқәха, убри ахьӡала иаҳзыхуртлароуп ҳәа дыхҭахкит. "Зегь шәынҵәаргьы ихсыртлаӡом" иҳәеит. Нас, ианыхәла, аблинадаж аҿы ҳанааилатәа, ҳрыцҳаишьан иаацәыригеит ицха аԥсеиқәхара иасимволны. Агитара ҳаман, ашәа анаҳҳәоз ыҟан, алафгьы ҳҳәон. Амаца ҳаман, аибашьра аԥсҭазаара иаҩызахеит. Убра ҳанхон, убра иаҳхаагон ҳаԥсҭазаара", - абас иҟан Гарри иҷыдоу иажәабжь. Усҟан аҟырҟырҳәа иҩызцәеи иареи ирыхьыз ишарччоз еиԥш, ианысзеиҭеиҳәозгьы дыччон ибжьы ныхҵаны.
Светлана Альмешева - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.09.2022
Аԥсны
Светлана Альмешева: аибашьра ианналага инаркны, сара издыруан иҟасҵашаз

Аиааира

Сентиабртәи ажәылара аԥхьа аамҭалатәи ҭынчрак ыҟамзи. Аибашьра еилгазшәа згәы изнарбазгьы ҟалеит, аамҭалатәи аинышәара аныбжьала. Аха сажәабжь афырхаҵа уи агәра игомызт, игәы азҩон ажәылара ду шыҟалоз.
"Аҟәа рымгакәа аиааира шыҟамлозгьы здыруан сара. Кәыдры ҳа ҳтәқәа анеиԥыла, сентиабр 29 рзы дара жәылеит ҳа ҳахь. 300-ҩык еиҵамызт иҳәоит Баҭал Џьапуа усҟан Салиаа рхәы аганахь ижәылаз рзы. Ҳара ҳтәқәа 7-ҩык раҟара ракәын уи аамҭазы уи нкыланы измаз. Аџьаԥҳангьы рацәамызт, аха усҟан иҳарҭахьаз ҳпулемиот азхара ихысит ауха. Ҳгәыԥ акәӡамызт усҟан иҷаԥшьоз. Абас инҵәеит аибашьра. Зегь цон, ҳаргьы ҳцеит нас Галынӡа. Аибашьра ашьҭахь, Аиааира анаҳга, иҵегьы еиӷьны ҳҟалоит ҳәа сақәгәыӷуан. Иҵегь аӡәыкны ҳҟалоз џьысшьон. Аха, еицәоу умбакәа еиӷьу уздыруам ҳәа, ҳаицәамхааит", - абра инҵәоит Гарри аибашьра адаҟьақәа ирызкны исеиҳәаз.

Аибашьра атема асценаҿ анагӡара…

Гарри Џьынџьал Аԥсуа театр иатәу арепертуар аҿы иихәмаруа арольқәа маҷым, аха сара сызҵаара абас иҟан – аибашьра атема анагӡара аветеран изымариоума? Мадина Аргәынԥҳа лықәыргыламҭа "Гәымсҭатәи абаллада" (А. Мықәба) аҿы Гарри инаигӡоит акомандаҟаҵаҩ Ахра ироль.
"Аԥсуа театраҿ имаҷымкәа арольқәа насыгӡахьеит. Зегь раҵкыс исцәыцәгьоуп абри Ахра ироль. Аибашьҩы ихаҿсахьа ҟауҵарц азы иулурсыроуп. Даара исцәыцәгьоуп. Сара арежиссиор иласҳәоит сыԥсах ҳәа. "Уара уи уахысхьеит, иудыруеит аибашьра атәы", - ҳәа илымуит. Аспектакль ҳаныхәмарлакгьы, сҟәиҭӡа уамашәа сҟалоит. Исцәыцәгьоуп даара, исцәыцәгьоуп. Аиаша бҭахызар, исҭахӡам уи ахәмарра. Таиф Аџьба имшынҵа иалху "Ԥшӡала иаҳзырша" аҿы, Мадина Аргәынԥҳа аиааира агәра зымгоз ироль слырхәмарит. Убригьы сҭахӡамызт. Дшәыргәындашәа дыҟан. Ихеиҵошәа ихеимҵошәа. Уи еиҳагьы исцәыуадаҩын", - абас иҳәоит актиор, аветеран.
© Foto / из архива Мадины Аргун

Гарри Џьынџьал аспектакль "Гәымсҭатәи абаллада" аҿы

Гарри Џьынџьал аспектакль "Гәымсҭатәи абаллада" аҿы - Sputnik Аҧсны
1/5

Гарри Џьынџьал аспектакль "Гәымсҭатәи абаллада" аҿы

© Foto / из архива Мадины Аргун

Гарри Џьынџьал аспектакль "Гәымсҭатәи абаллада" аҿы

Гарри Џьынџьал аспектакль "Гәымсҭатәи абаллада" аҿы - Sputnik Аҧсны
2/5

Гарри Џьынџьал аспектакль "Гәымсҭатәи абаллада" аҿы

© Foto / из архива Мадины Аргун

Гарри Џьынџьал Таиф Аџьба имшынҵа иалху аспектакль "Ԥшӡала иаҳзырша" аҿы

Гарри Џьынџьал Таиф Аџьба имшынҵа иалху аспектакль "Ԥшӡала иаҳзырша" аҿы - Sputnik Аҧсны
3/5

Гарри Џьынџьал Таиф Аџьба имшынҵа иалху аспектакль "Ԥшӡала иаҳзырша" аҿы

© Foto / Эльза Чанба

Гарри Џьынџьал

Гарри Џьынџьал  - Sputnik Аҧсны
4/5

Гарри Џьынџьал

© Foto / Алхаса Чолокуа

Гарри Џьынџьали Аԥсуа театр аҟны аус ицызуа иколлегацәеи иареи

Гарри Џьынџьали Аԥсуа театр аҟны аус ицызуа иколлегацәеи иареи - Sputnik Аҧсны
5/5

Гарри Џьынџьали Аԥсуа театр аҟны аус ицызуа иколлегацәеи иареи

1/5

Гарри Џьынџьал аспектакль "Гәымсҭатәи абаллада" аҿы

2/5

Гарри Џьынџьал аспектакль "Гәымсҭатәи абаллада" аҿы

3/5

Гарри Џьынџьал Таиф Аџьба имшынҵа иалху аспектакль "Ԥшӡала иаҳзырша" аҿы

4/5

Гарри Џьынџьал

5/5

Гарри Џьынџьали Аԥсуа театр аҟны аус ицызуа иколлегацәеи иареи

Гарри Џьынџьал иахьа 56 шықәса ихыҵуеит. Дҽыбӷаҟазоуп. Ԥақәашьтәи акомандазы дықәгылоит. Аҽқәа иааӡоит. Уажәы аҵәи ампыли аршәра ауп дызлахәу, аҽырыҩра уажәшьҭа ицәыуадаҩуп аҟынтә. Маҷара ақыҭаҿы аҽҭра имоуп, аҽыжәла бзиақәа иааӡоит. Гарри дҭааацәароуп хҩы ԥҳацәеи ԥаки драбуп. Иԥҳацәа руаӡәы лҟынтәи хҩык амаҭацәа имоуп. Иҷкәын Асҭан иакәзар, иаб ишьҭра дықәланы Москваҟа атеатртә ҵараиурҭахь дцеит аҵара иҵаразы. Анцәа ишиҳәара уҟоуп ҳҳәар ауама ҳәа аҵыхәтәантәи сызҵаара анисҭа, "хар сымам" ҳәа ԥсыуаҵас аҭак сиҭеит аветеран.
Иара ианашьоуп "Агәымшәараз амедал". Ари анҵамҭа аныҟасҵоз арепетициақәа рыбжьара ауп. Уажәы Гарри апремиера дазыԥшуп, атеатр аҿы арежиссиор Алхас Шамба иқәиргылоит "Аҭаацәа рпортрет атәымуаҩ далархәны" захьӡу Степан Лобозиоров икомедиа. Араҟа Гарри ахҭысқәа ахьымҩаԥысуа аҩны аԥшәма Тимофеи ироль наигӡоит.
Постановка Махаджиры по одноименной пьесе С.Чанба - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.03.2023
Аԥсны
"Акритика здызымкыло актиор, уа дахьыҟоу даанхоит, уаҳа изҳаӡом": Даур Арухаа иҿцәажәара
Ажәабжьқәа зегьы
0