Амаӡажәа заҳҳәоз арҵаҩы: Гәилиа Қәарсаииаԥҳа лгәалашәаразы

Гәилиа Қәарсаииаԥҳа
Гәилиа Қәарсаииаԥҳа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Арҵаҩы хаҭа амаҭәар узырҵо мацара иакәӡам, уи аҵаҩы иуадаҩрақәа рҿы ивагыло, маӡа имазар, изызҵәахуа, абжьгарақәа изҭо иоуп. Кәтолтәи абжьаратәи ашкол аҟны 50 шықәса рҵаҩыс иҟаз, Аԥсны зҽаԥсазтәыз арҵаҩы Гәилиа Қәарсаииаԥҳа лгәалашәара иазкуп анаҩсантәи анҵамҭа.

Арҵаҩы хаҭа амаҭәар узырҵо мацара иакәӡам, уи аҵаҩы иуадаҩрақәа рҿы ивагыло, маӡа имазар изызҵәахуа, абжьгарақәа изҭо иоуп са сгәанала. И. Коӷониа ихьӡ зху Кәтолтәи абжьаратә школ аабыкьа алыԥсаа даиуит - лдунеи лыԥсахит 50 ш. арҵаҩра иазызкыз, Аԥсны зҽаԥсазтәыз арҵаҩы Гәилиа Қәарсаииаԥҳа.

© Гвиля Корсая50 шықәса арҵаҩра иазызкыз Гәилиа Қәарсаииаԥҳа
Амаӡажәа заҳҳәоз арҵаҩы: Гәилиа Қәарсаииаԥҳа лгәалашәаразы - Sputnik Аҧсны
50 шықәса арҵаҩра иазызкыз Гәилиа Қәарсаииаԥҳа

Асовет аамҭазтәи ашколтә ԥсҭазаара ҳазыхынҳәуазар, Кәтолтәи ашкол ззанааҭ бзианы издыруаз арҵаҩцәа рыла акыр ибеиан, аха урҭ зегьы ҟазшьала еиԥшымызт, иҟан амаҭәар арҵара еиҳа аԥыжәара азҭоз, иҟан иара убас, арҵареи аиҩызареи еилазыгӡоз. Абарҭ аҵыхәтәантәиқәа дреиуан иахьа зыӡбахә салацәажәарц сҭаху Гәилиа Баџьга–иԥҳа Қәарсаииа-Гәаланӡиа. Сгәы иалоуп лыԥсы анҭаз анҵамҭа аҟаҵара сахьахьымӡаз, аха ус акәзаргьы, исуалны исыԥхьаӡеит агәыразра иасимволыз арҵаҩы илызку ажәа аҳәара, избанзар, лара леиԥш инагӡаны аҵаҩцәа аԥхарра рзызшоз шамаха сылнымиацызт.

© Гвиля КорсаяГәилиа Қәарсаииаԥҳа лҵаҩцәа рыгәҭа
Амаӡажәа заҳҳәоз арҵаҩы: Гәилиа Қәарсаииаԥҳа лгәалашәаразы - Sputnik Аҧсны
Гәилиа Қәарсаииаԥҳа лҵаҩцәа рыгәҭа

Гәилиа Қәарсаииаԥҳа диит генетикала аҵара иахьазҟазаз аҭаацәараҿы, лашьа Вианор ақыҭа амаӡаныҟәгаҩыс дыҟан, лаҳәшьа Ҭина джурналистын, егьи лаҳәшьа Лилиа ашколтә библиотекаҿы аус луан, иара убас лаҳәшьа Елена Тҟәарчал рҵаҩыс аус луан, убри адагьы лашьа Вианор иԥшәмаԥҳәыс Мери Надараиаԥҳа аиҵбыратәи аклассқәа рырҵаҩыс дыҟан, рыҩны иалҵыз анаҩстәи абиԥарагьы ҳарзааҭгылозар, иахьынеибаку аҵара зхы азцоз уааны иҟалеит. Аҽы жәлала иҩуеит шырҳәо еиԥш, рҭаацәара ахьынеибеиԥшу ақыҭа ахьӡ ҭызгоз уаа нагақәан.

Назырбей Габния - Sputnik Аҧсны
Иажәа ажәан, ииҳәаз ҳәан: арҵаҩы Назырбеи Габниа игәаларшәаразы

Гәилиа Баџьга-иԥҳа лнысымҩа ҳазааҭгылозар, лыҩагыламҭа Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду иақәшәеит. 1941 ш. лара илхыҵуан 14 шықәса. Лашьеиҳаб арра данырга, аҩны аиҳабра ныҟәылгар акәхеит, аҵареи аҭаацәа рныҟәгареи еиваргыланы имҩаԥылгон, избан акәзар, лара егьырҭ дреиҳабын. Гәилиа Қәарсаиа дрылгеит Аҟәатәи апедагогикатә ҵараиурҭеи,анаҩсан Горки ихьӡ зхыз апедагогикатә институти. Рыҩбагьы рҿы диплом ҟаԥшьыла лҵара хлыркәшеит. 1952 ш. қәҿиарала аинститут иалгаз Қәарсаиаԥҳа Аԥсны анҭыҵ аспирантура аҭалара лабжьыргеит лырҵаҩцәа, аха иуадаҩыз аҭаацәаратә зҵаарақәа ирыхҟьаны, уахь ацара аҭыԥан, аусура далагоит лқыҭа школ аҿы рҵаҩыс.

Гәилиа Баџьга-иԥха Кәтолтәи абжьаратә школ аҿы идлырҵон аурыс бызшәеи алитературеи, иара убри аамҭазы, хҩык ахшара лааӡон, иара убас, ақыҭа ус, аҩныԥҳәысра уҳәа иахьакәзаалак лҽахьылыгӡон. Сара схаҿы лара дынхеит еснагь илашоз, аҵаҩцәа рахь абзиабара иакны иагоз ԥҳәысны.

Иџьашәшьаргьы, Гәилиа Баџьга-иԥҳа сара хаҭала амаҭәар дысзаԥхьомызт, аха ҳара ҳакласс аҿы итәаз лыԥха Инга лыбзоурала аимадара ҳаман. Гәилиа Қәарсаииаԥҳа лахь аперемена ҳәа изышьҭоу аԥсшьара анҳамаз ҳарҭ ахәыҷқәа маӡажәаҳәара ҳцон.

Ишыжәдыруа еиԥш, ашкол аҿы аҵаҩы иоур алшоит ауадаҩрақәа, аҵараҿы, мамзаргьы алеишәа иахҟьаны, иара убас, иҟан зааӡатәи абзиабарақәа зызцәырҵны, абзиабаратә романқәа рыԥхьара аҵыхәала, амаҭәарқәа рҵара иагзырхоз. Усҟан ашкол аҿы алеишәа џьбаран, иалшон аҭцара азҵаара ықәдыргыларгьы. Абас ианыҟалоз, бзиа дыздыруаз аҵаҩцәа, дышрыцхраауаз дырны, Гәилиа Баџьга-иԥҳа илыдҵаалон. Лара лакәзар, аҵаҩы егьа гха имазарагьы ддукатха дааизықәгылон.

Исгәалашәоит иахьа здунеи зыԥсаххьоу, уарала исзааигәаз ҷкәынак маҭәарк азы дахьхьысҳахаз дахырҟьаны иҭаацәа ирыԥхьаны иҭцара ада ԥсыхәа шыҟам анырҳәа, уи апроцесс ԥзыргаз Гәилиа Қәарсаииаԥҳа шлакәу. Лара уи аизараҿы дықәгыланы илҳәеит "аҷкәын алитература дазҟазоуп, игуманитартәым амаҭәар ашьҭкаара ицәыуадаҩзаргьы" ҳәа. Аамҭа цеит, уи аҷқәын ашкол далган арра дыргеит.

© Foto / Гвиля КорсаяГәилиа Қәарсаииаԥҳа аус зцылуаз лколлектив ахаҭарнакцәа
Амаӡажәа заҳҳәоз арҵаҩы: Гәилиа Қәарсаииаԥҳа лгәалашәаразы - Sputnik Аҧсны
Гәилиа Қәарсаииаԥҳа аус зцылуаз лколлектив ахаҭарнакцәа

Ҽнак зны Гәилиа Баџьга-иԥҳа "ара бааи" лҳәан, лкабинет сныҩналгалеит. Иаалыртит Перьмынтәи иаашьҭыз аконверт иҭаз салам шәҟәык. "Ибгәалашәома ари аҷқәын данҭырцоз? Усҟан деиқәсырхеит. Уажәы исзиҩыз ббома?", - лҳәан илкыз асалам шәҟәыбӷьыц аҟынтә урысшәала иҩыз цәаҳәак даасзаԥхьеит: "Моя вторая мать, моя дорогая Гвиля Баджговна…" - абас иҟәымшәышәыз ахазырхала иалагон уи ашәҟы. Ашәҟәы автор иҭабуп ҳәа леиҳәон данҵаҩыз дахьеиқәлырхаз, ашкол далгаратәы ацхыраара ахьилҭаз азы. "Арҭ ирзеилкааӡом, - лҳәеит лара, ашкол аҿы ахәыҷқәа рыҭцара азҵаара ықәзыргылоз рзы, - "ахәыҷы данхәыҷу дласызаргьы, ауаҩра илҵыр ауеит, убри азыҳәан акыр абзиабара идҵаны аҵара иурҵароуп, уигәҭасыр ҟалаӡом".

Валентина Кәыта-иԥҳа Ашәԥҳа - Sputnik Аҧсны
Валентина Ашәԥҳа: насыԥс исшьоит сҵаҩцәа реихьӡарақәа

Лара уи ашәҟәы данысзаԥхьоз, лхы-лҿы лашон, аҳәынҭқарратә ҳамҭа ду занаршьаз иаҵкысгьы лгәы наӡаны. Аиашазы, игәныскылеит исалҳәаз, ашьҭахь аибашьра аԥхьа ашкол аҿы аус анызуаз, аҵараҿы ихьысҳаз, ма злеишәа цәгьаз рганахь лара лметодика схы иасырхәон. Гәилиа Баџьга-иԥҳа исалҳәаз шьақәнарӷәӷәеит ҳара ҳаибашьра аамҭазы еиҩцаны аҵара ззымҵоз 16 шықәса зхыҵуаз сҵаҩцәа руаӡәы аибашьра адәаҿы дахьысԥылаз.

Гәилиа Қәарсаииаԥҳа ашкол аҿы имҩаԥылгон иаартыз аурокқәа, лара цәгьа дрызҟазан исахьаркны ажәеинраалақәа рыԥхьара, иара убас, илҟазшьаҷыдан аҵаҩы аҩымҭа ахцәажәараҿы ахақәиҭра иҭара. Аҵаҩцәа рыгәшәымшә ҳәаны, аҵара дырҵара лҽазылшәон еснагь Гәилиа Баџьга-иԥҳа, убри иабзоураны, лара лмаҭәар ззышьҭымхуаз дмаҷын, даара злеишәа џьбараз аҵаҩцәа налаҵаны.

Наҭела Иуан-иԥҳа Смыр - Sputnik Аҧсны
Наҭела Смырԥҳа: ҩнуҵҟала ҳбылуан, аха ҳҵаҩцәа идҳарбомызт

Гәилиа Баџьга-иԥҳа хаҭала аҩызара ахьышьҭылхуаз аҵаҩцәа рыбжьара хәба ҳәа аҵара зҵоз ракәмызт иҟаз, исҳәарц сылшоит лара илҩызцәаз абжьаратәи аҵаратә рбагақәа змаз ракәын ҳәа. Абри аҩыза лҟазшьала ихьысҳаз аҵаҩцәа шьҭылхуан лара, илцәыԥхашьангьы аҵара еиҳа рҽадырцалон.

Абас имааназ, аха хшыҩзышьҭра зуҭаша ааӡаратә методика змаз лара аӡәзаҵәык лакәноуп сара ишысгәалашәо сышколтә ԥсҭазаара саназхәыцуа. Сызлацәажәо арҵаҩы, лырҵаҩра анаҩсан, хҩык лыхшара иҿырԥшыганы рааӡарагьы дахьӡон. Лара илдыруан, уара урҵаҩызар, ухшарагьы набыцрак злам ахымҩаԥгашьа рымазарц шахәҭоу. Артур, Асида, Инга захьӡыз лхәыҷқәа ашкол аҿы иреиӷьӡаны аҵара зҵоз ирхыԥхьаӡалан, исгәалашәом убарҭ рахьтә аӡәы вбак иманы.

© Гвиля КорсаяГәилиа Қәарсаииаԥҳа лҭаацәа рыгәҭа
Амаӡажәа заҳҳәоз арҵаҩы: Гәилиа Қәарсаииаԥҳа лгәалашәаразы - Sputnik Аҧсны
Гәилиа Қәарсаииаԥҳа лҭаацәа рыгәҭа

Гәилиа Баџьга-иԥҳа хатә ҩызас длыман ақыҭаҿы ҳаҭыр ду зқәыз Шьалодиа Гәаланӡиа. Аиашазы, урҭ реиԥш аҭаацәа еиқәшәа шамаха иуԥыломызт. Ашколтә ԥсҭазаара аамҭа рацәаны ишлымнахуазгьы, зегь акоуп, лара зегьы дрыхьӡон. Сара сырҵаҩуп ҳәа ақыҭанхамҩа зхы ацәызгоз дреиуамызт. Луҭра, лсыҭра, лымхы уҳәа, аус зымуаз ақыҭаҳәсақәа даарыдҩыло анхамҩа ныҟәылгон.

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ианалага, Гәилиа Баџьга-иԥҳа 60 ш. дырҭысхьан, аха аус луан ашкол аҿы. Илзааигәаз ишеиҭарҳәо ала, аибашьра иалахәыз лԥа заҵәы Артур данырхә, Гәдоуҭаҟа дандәықәырҵоз иара дицны дымцеит, иаанылмыжьит лқыҭа, аибашьра нҵәаанӡа аибашьцәа рхәы ҟалҵон, ргәы лырӷәӷәон ахы иаҿагылаз лҵаҩцәа, дара ахьынхоз аҭыԥ аӷа ихырӷәӷәарҭақәа ишырцәыхарамызгьы.

Аибашьра анеилга, ашколтә ԥсҭазаара аиҭашьақәыргылара далахәын Гәилиа Қәарсаииаԥҳа, имаҷымкәангьы аус луит лгәабзиара илнаҭонаҵы. Ҳара ҳамаӡақәа змаҳдоз арҵаҩы ақәра бзиа нылҵит, лара лдунеи анылыԥсахуаз 92 шықәса лхыҵуан, дыҟанаҵы лгәы дуун лыхшара рзгьы, илааӡаз лҵаҩцәа рзгьы. Лахраҭ бзиахааит, нҵәара зқәым аԥхарра ҳзынзыжьыз, ҳамаӡақәа заҳҳәоз ҳарҵаҩы…

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0