Аԥсны

Узбекисҭан атәылауаҩ ауаҩшьразы 16 шықәса иқәырҵеит Аԥсны

Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Џьамшьид Нарзуллаев ацәгьа иуит ҳәа ахара ихаранаҵеит.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 29 - Sputnik. Узбекисҭан атәылауаҩ Џьамшьид Нарзуллаев ауаҩшьразы 16 шықәса зрежим ӷәӷәоу аколониаҿы ихигарц иқәырҵеит ҳәа аанацҳауеит Апрокуратура хада апресс-маҵзура.
Аусҭҵаара адыррала, хәажәкыра 10, 2022 шықәсазы Цандрыԥшь ашьапылампыл асраан Турабек Абдукаххаров Нарзуллаев дисуеит ажәа имакны. Нарзуллаев аҩныҟа днеины аҳәызба иманы дхынҳәуеит ампыласырҭахь. Ара аибапҟара ҟалеит.
Нарзуллаев Авазбек Саифиддинов аҳәызбала игәышԥы иалеиҵоит. Саифиддинов хәажәкыра 11, 2022 шықәсазы Гагратәи ахәышәтәырҭаҿы иԥсҭазаара далҵуеит.
Нарзуллаев иара убасгьы ҳәызбала дихәит Хасанбои Холматов, аха уи иеиқәырхара алшеит.
Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Џьамшьид Нарзуллаев иакымкәа ацәгьа иуит ҳәа ахара ихаранаҵеит.