АҞӘА, хәажәкыра 29 - Sputnik. Инар Гыцба Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза Конгресс анагӡаратә маӡаныҟәгаҩ инапынҵақәа шьҭеиҵарц аӡбара идикылеит.
Уаанӡа Гыцба Аԥсны Жәлар реизара адепутатс дахьыҟоу аҟынтә ихы дақәиҭтәызарц азы аҳәара ҟаиҵахьан.
Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза Конгресс (АААК) аԥҵан 1992 шықәсазы. Аиҿкаара иахықәкуп Аԥсны ажәлар иматериалтәым ркультуратә ҭынха аиқәырхара, Аԥсны аекономикатәии асоциалтәии ҿиара алахәхара.
Анагӡаратә маӡаныҟәгаҩ еиҿикаауеит ауснагӡатәқәа зегь рымҩаԥгара, хылаԥшра аиҭоит анапхгара рыӡбамҭақәа рынагӡашьа.