Аԥсны АКХ урыстәылатәи рколлегацәа иҭабуп ҳәа рарҳәеит Москвеи Черқьесски алхрақәа реиҿкаараҟны иҟарҵаз ацхырааразы.
"Аиҿкаара-техникатә ган ала аԥснытәи акомиссиа аҭагылазаашьа ҳзаԥырҵеит ҳалхыҩцәа, Аԥсны атәылауаа, Москвеи Черқьесски иҟаз алхратә ҭыԥқәа рҿы рыбжьы арҭарц алшара рырҭаразы", — ҳәа азгәеиҭеит АКХ ахантәаҩы Дмитри Маршьан.
Аԥсны алхрақәа мҩаԥысуан алхырҭатә ҭыԥқәа 512 рҟны, иара убас Москвеи Черқьесски.
Заанаҵтәи адыррақәа рыла, Аԥсны ахада иалхрақәа аҩбатәи ртур ҟалоит хәажәкыра 1 азы. Уи иалахәхоит актәи атур аҟны еиҳа абжьқәа рацәа ны изауз Бадра Гәынбеи Адгәыр Арӡынбеи.