Уанка Џьапуа: иахьала аԥсуаа рбызшәатә хдырра маҷ-маҷ агхара иаҿуп

© Foto / Нонна ҬхәазԥҳаУанка Џьапуа
Уанка Џьапуа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҳхатәы бызшәа - аԥсшәа иахьа ахархәара ахьмаҷхаз амзызқәа ртәы еилылкаауан Sputnik аналитик Нонна Ҭхәазԥԥҳа аԥсуа бызшәа арҵаҩыс аус зуаз, уажәтәи аамҭазы даара абызшәази аԥсуарази згәы былуа Уанка Џьапуа иҿы.

Машәыршәа акәӡам ажәларқәеи абызшәақәеи хаз-хазы изшоу. Урҭ хаз-хазтәи рыҿиара иаларсуп адунеитә маӡа ашьаҭа. Амилаҭқәа зегьы рхаҭарақәа рбызшәақәа ирыҵаҵәахуп. Ҳара аԥсуаа Анцәа иаҳзишаз ҳбызшәа мап ацәкны, атәым бызшәахь ииасуа рхыԥхьаӡара ахьеизҳауа – аҳәара гәаӷьыуацәазаргьы – маҷ-маҷ иаԥсахуа иалагахьеит ҳдунеихәаԥшышьа, ҳхаҭара.

Ари ҳаԥсҭазаара ианубаалоит. Тәым бызшәала ихәцуа ауаҩы иҭахы-иҭахым дызлахәыцуа абызшәа ныҟәызго ркультура дазааигәанатәуеит. Иахьа аԥсышәала имцәажәо аԥсуаа ахьыарцәаҩхаз адунеи ҳалазмырӡша, ҳхаҭара еиқәзырхаша амҩа аркроуп иаанаго.

Ари ҳапроблема дуқәа зегьы раԥхьа игылоуп. Аха рыцҳарас иҟалаз иара збарҭоу рхыԥхьаӡара уи аҟара ирацәам. Избо иааҟәымҵӡакәа иӷьаҵәы-ӷьаҵәуеит, аха аԥсышәала имцәажәо рхыԥхьаӡара макьана еиҳамхозар, еиҵахом.

Ахәыҷқәа ахәыҷбаҳчаҿы. Архивтә фото. - Sputnik Аҧсны
Ахәыҷбаҳчақәа рҿы аԥсуа бызшәа аҭагылазаашьа

Абри апроблема ахьӡала аԥсуаа ҩ-гәыԥкны ишоит. Актәи агәыԥ ҳбызшәа апроблема амаӡам рҳәоит. Убри иахьа ишьҭыхтәӡам рҳәеит. Уи амшын ахы арыцқьоит ҳәа иара ахала ахы арыцқьоит ианыӡаауазар уажәы аԥхьа ианыӡаауан рҳәеит.

Аҩбатәи агәыԥ иаҵанакуа убыс рҳәоит аӡы иаго данамырхуа еиԥш, аӡы иаго иаразнак дамухыр аӡы дашьуеит. Раԥхьатәи ҳапрезидент Владислав Арӡынба иқәҵарала аԥсуа бызшәа Аԥсны иаҳәынҭқарратә бызшәоуп. Аха аҳәынҭқарратә бызшәаҵас аус азымуӡеит. Амала иара ахьӡала акырқәа ирҿуп.

Акырқәагьы ҟарҵахьеит. Аха, анхаҩы аҽаҩра иадибалазгьы аҵакы шԥамам, аха инаҭаз ауп аҵакы змоу. Иаҳнаҭаз маҷуп. Иаҳҳәап, абри адгьыл ззымдыруа аӡә Ԥсоу даарыр ари адгьыл ашьагәыҭ жәлар иарбан ҳәа дҵаауеит. Ақалақь Аҟәа уажә еиԥш аԥсуаа мнеиӡац, убра днеиргьы ашьагәыҭ жәлар аурысцәа ракәзар ҟалап ҳәа ҳәаны дцоит. Ҳапроблема убра инеины иҟоуп. Жәынгьы ҿангьы ҳара ҳапроблема шыҟоу усоуп – амилаҭқәа рбызшәақәа ҳрыҵыԥсаауеит.

Иаҳҳәап, злахьынҵа маншәаламхакәа Ҭырқәтәыла иагаз ҳауаажәлар аҭырқәцәа рбызшәа иаҵԥсааит. Зынӡа имԥсыц, аха Анцәа ирҟәырхуп! Абызшәа аԥсра ишаҿу ари ззымдыруа дыҟаӡам.

Даҽа ҩажәижәаба, ҩынҩажәаҟа шықәса рышьҭахь уа аԥсшәа ҟалаӡом. Аброуп, аԥсуа ԥсуаҵасла деиқәхараны дахьыҟоу. Ибызшәамацаралагьы ҳаизибархаӡом ҳара. Ҳара абызшәа иацқәоу акәамаҵамақәа, ҳақә, ҳҵас еиқәхозароуп. Ауаҩытәыҩса икультура аҳаракыра злаадыруа ибызшәеи ихымҩаԥгашьеи, икрыфашьеи, икрыжәшьеи игылашьеи итәашьеи убри алоуп излаадыруа.

Архивтә фото. - Sputnik Аҧсны
Ҳалбад: ақәԥара аҭахуп арадиоҿы, ателедырраҭараҿы, ашкол аҿы

Убри заҟа иаԥсуатәны иззыҟаҵаз убриаҟара икультурагь ҳаракуп. Абри адгьыл ашьагәыҭ жәларны ҳҟазҵаз ҳара ҳбызшәоуп. Абызшәеи ҳаԥсуареи ҳаԥсадгьыли анык лоуп изхылҵыз. Абарҭ рахьынтә акы аныԥхасҭаха зегь ԥхасҭахеит. Ари даараӡа ишәарҭоу усуп.

Зегьы еицырдыруеит аԥсуаа рхәышҭаара ахьеиқәхаз ақыҭақәа рҿы шакәыз. Ақыҭакәын ҳбызшәа абаагәарагь. Ҳақалақьқәа рахь аамҭа-аамҭала атәы культурақәа мҩахнагон. Аха урҭ рымҽхак рзырҭбаауамызт. Избанзар ҳажәлар рхыхьчаратә программа ӷәӷәан, дара-дара рыбжьарагь аԥсышәала мацара иеицәажәон. Уи еиқәнархон. Аха иахьа аҭагылазаашьа даҽакуп. Аԥсышәала ихәыцуа, ицәажәо ауааи атәым бызшәала ицәажәо ауааи раҳаҭырқәа еиҟарамхо иалагеит. Жәаҳәарада ари иҽеим хырхарҭоуп.

Аԥсуа қыҭақәа рҿы акәын ҳара ҳхәышҭаара ахьыҟаз. Атәым милаҭ рылаӡамызт ҳара ҳаԥсуа қыҭақәа. Урҭ аԥсуа қыҭақәагь уашәшәырахеит. 70 бызшәала ицәажәон Аҟәа Диоскураа рхаан. Изеицәааӡозеи уаҟа аԥсуаа уиаҟара ирацәаӡамызт. Ари ахҵәара ду иахҟьаны аҿаҩа қыҭақәа рахь ицаны иҟан аԥсуаа. Абызшәа шәарҭоуп ҳәа аӡәы иҳәаргьы агәра ргаӡомызт.

Иара абызшәа ныҟәызгоз ахазынақәа ыҟан. Аинцеклопедиа иаҩызаз ауаа ыҟан. Иаҳҳәап ацәажәаҩцәа дуӡӡақәа Шамы Осман иеиԥш иҟаз абзыԥқәа рҿы. Арҭ абжьыуаа рахь ахазынақәа ыҟан Киут Кагәеи Киут Османи ҳәа иҟан, Ашәы Ҳабыџь, Џьапуа Џьагә ҳәа дыҟан ус еиԥш шаҟаҩы. Арҭ ҵарада идипломатцәан.

Уахыки ҽнаки ицәажәон, иагьааԥсаӡомызт. Урҭ рҩызцәа иахьа ԥсабарала иҳамаӡам. Урҭ ишааргазгьы усоуп – аҭарчеи еиԥш шьоукы ирымырдеит. Иахьа еимаҳдо маҷуп, даара ишәарҭоуп џьара маак арымҭар, мҩак азырмыӡбар ҳбызшәа.

Џьапуаԥҳа: ҳбызшәа ашьҭыхразы ацхыраара ҳазҭо - аус ицаҳуеит

Мап ацәызкуа ыҟазаргьы иахьала аԥсуаа рбызшәатә хдырра маҷ-маҷ агхара иаҿуп. Ари зегь раԥхьа иргылан ҳхыԥхьаӡара амаҷроуп изыхҟьо. Нас ҳара иҵаҳгеит даҽа ҟазшьакгьы – имарианы атәым ашьҭыхра ҳалагеит.

Абызшәаҿы еиларсу рацәоуп. Збызшәа зынӡа иззымдыруа ауаҩы егьа ҟаиҵаргьы ижәлар рдунеихәаԥшышьа аҵыхәанӡа изеилкааӡом, абызшәа доунажьӡом. Убри азоуп аԥсшәа ззымдыруа ахьырацәаҩхо – ари апроблема еилызкаауа ауаа гәалас изрымоугьы, ргәы изыҵхогьы.

Аԥсадгьылгьы ыҟоуп, апатриотгьы дыҟоуп, аҩызагь дыҟоуп зегьы ыҟоуп, аха иахьа иҟаҵәҟьоу амали амаҵуреи роуп. Уахь ииасыз, уахь амцхә иагаз иԥсы қымқымуа дҟалоит.

Апатриотра, абызшәа, акультура ақә-аҵас ҳәа зыӡбахә ҳҳәо аха имаӡам иара.

Убри азын аидиологиа ҳҭахуп. Ҳабацәа ҳабдуцәа ҳажәлар злааргоз ҳәа иҭҵааны макьана ҳҭоурыхҭҵааҩцәагь ирыздырӡом изеицәааӡои. Аконституциа рымаӡамызт, азакәан хада рымаӡамызт, аха усдук иҟоумҵар ада ԥсыхәа амауа ианыҟоу егьараан ҳақәшәахьеит, усҟан Ԥсоу инаркны ауаа ҟәыӷақәа, абыргцәа дуқәа рлабашьақәа кны аҳцәа арыӷьарахьы, арымарахь ирыдтәаланы убарҭ ргәаанагара еилкааны нас дара алкаа ҟарҵон.

Абарҭ зегьы аҵакы рымоуп. Иеиӷьрымтәыр, иахьа ҳбызшәа  зҭагылоу иахьакәым ҳкылнагоит.

Ҳагԥҳа: раԥхьа иргыланы ахдырра еизырҳатәуп

Аҳақьым бааԥс ахәшәқәа рацәаӡаны илиҩаауеит. Аҳақьым бзиа ачымазаҩ ихьуа еилкааны ачымазаҩ дихәышәтәуеит.

Абри иара зда ԥсыхәа амам азыԥшааны иҟаҵатәуп. Сара зыда ԥсыхәа амам ҳәа исыԥхьаӡо – абызшәа зымҳәо – ирымҳәар ада ԥсыхәа амамкәа, ирымҵар ада ԥсыхәа амамкәа маанала иҭаргылатәуп. Абри аныҟаҳамҵа ахьымӡӷ ҳгоит. Абызшәа  ҳцәыӡуеит. Ҳбызшәазоуп ҳаҷкәынцәа ари ҳадгьыл рхы зақәырҵаз. Уи еиқәҳархароуп ҳаԥсы-ҳанха.

Иахьа ҳазлацәажәо азҵаара акырынтә иалацәажәахьеит. Аха аус аҿы апроблема шыҟац иаанхоит. Уи аиӷьтәразы иҟаҵоу ашьаҿақәа макьана ирацәам. Угәы рҭынчны утәартә иҟам. Ахьаа змоу ауаҩы иахьихьуа имҳәакәа ахәышәтәра цәгьоуп. Ари апроблемагь ҳажәҩа еибыҭан, ахәшә ԥшааны иаҳхәышәтәыроуп жәларык раҳасабала ҳаиқәхарц ҳҭахызар.

Ҳара иҳамоуп ҳзыхьчо Аҳәынҭқарра. Иҳамоуп азакәан хада Аконституциа. Аха арҭ шьаҭас ирымоу ҳҳәынҭқарратә бызшәа аԥсуаа ишахәҭоу рхы иахьадмырхәо азын – иара ашәарҭара иҭагылоуп. Избанзар ажәлар рбызшәала ацәажәара, ахәыцра иаҟәыҵыр изхылҵыз абиԥарақәеи дареи реимадаратә цҳа ԥҵәоит.

Усҟан аҽыхьчара даара иуадаҩхоит. Убри аҟнытә иацгьы, иахьагьы, уаҵәгьы еимаздо ҳбызшәа ахьчаразын иахьа иҳалшо зегьы ҟаҳҵароуп иара еиқәхарц – ҳаргьы ҳхы  ҳақәгәыӷуа ҳаанхарц азын.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0