Аибашьра аветеран: ақырҭцәа рыхқәа хҵәаны ампыл шәасуеит ҳәа ҳаҽԥнырҳәон

© Фото : Личный архивВетеран ОВНА Александр Кетия
Ветеран ОВНА Александр Кетия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Нанҳәа 14, 1992 шықәсазы бџьарла еиқәных иҳажәлаз ақырҭцәа, агәрагара рыман, "Аҳәа" захьӡыз рыплан аҵыхәанӡа ишынарыгӡоз. Дара ахаангьы рхахьы ирзаагомызт, хыԥхьаӡарала имаҷыз, уи моу ибџьардаз аԥсуаа аҿагылара рырҭоит ҳәа. Ҳиааира акәзар – зынӡа рыԥхыӡгьы иаларҵомызт.

Sputnik, Саида Жьиԥҳа

Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьра аҭоурых аҟны, ҳажәлар рзы раԥхьатәи иааирахеит Гагра араион аҭарцәра. Ари ажәыларатә аоперациа иалахәыз аибашьра аветеран Александр Кьетиа, 25 шықәса рышьҭахь игәалаиршәоит дызнысыз аамҭа хьанҭа.

"Нанҳәа 14, 1992 шықәсазы, ашьыжь схәыҷқәеи сареи амшын аҟнытә ҳшаауаз, сҩыза Андреи Туманиан ажәабжь еиқәаҵәақәа иманы дааҳԥылеит. Аиашазы агәрагара сцәыуадаҩхеит, аха аԥсуа гвардиа саламзи, уаанӡагьы ҳаҩнуҵҟа ацәажәарақәа цон, еибашьрада шҳеилымгоз ҳдыргәышьон, убри аҟнытә иарбан ихасымҵоз… Аҩны ҳаннеи, абарҵаҟны аԥсшьаҩцәа еизаны телевизорла Владислав Арӡынба иқәгылара иахәаԥшуан. Иаразнак сҽааиҭакны, араион Ахадара ахыбрахь сҿынасхеит. Усҟан Руслан Назим-иԥа Иазычба иакәын Гагра иахагылаз. Икабинеҭ аҟны аҭыԥантәи аԥсуа хацәа еизахьан", — аибашьра раԥхьатәи амш дазааҭгылоит аветеран.

Агвардиа иалаз аԥсуа хацәа рахьтә 18-ҩык ракәын автоматқәа змаз, егьырҭ ашәарыцага шәақьқәа, аха напҭацәыла аӷа иҿагыларц згәиҭаз еиҳан.

"Аибашьра аналага аҽныцәҟьа, Гагра иаланхоз ақырҭцәа рҽеидкыланы "мхьедриони" ҳәа изышьҭаз агәыԥ иалалеит. Хазы агәыԥ аԥырҵеит Гагратәи амилициаҿы аус зуоз ақырҭцәа", — иҳәоит аветеран.

Ветеран ОВНА Заур Бганба - Sputnik Аҧсны
Бганба Гагра араион аҭарцәра иазкны: аԥсҭазаара ҿыц ҳаузшәа ҳбеит

Адырҩаҽны, Владислав Арӡынба, Руслан Иазычба иахь адырра ҟаиҵеит Ԥоҭинтә Гаграҟа бџьарла еиқәных ақырҭуа амшынтә десант шдәықәлаз.

"Нанҳәа 15, ашьыжь, еизаз зегьы Цанрыԥшьҟа ҳаихеит. Ҳара иҳаздыруамызт, иарбан ҭыԥу иазԥхьагәаҭаны ирымаз. Анҩас еилкаахеит, адәыӷбаанҿасырҭа азааигәара 400-ҩык аруаа агәылӡтәы техникеи аџьаԥҳани рыманы ишӡхыҵыз. Хымԥада ҳамчқәа еиҟарамызт, ҳабжьара раԥхьатәи ахәрақәеи аԥсҭбареи ҟалеит. Ус, Бзыԥҭаҟа ҳхьаҵит", — игәалаиршәоит аибашьҩы.

Александр Кьетиа ихәыҷқәеи иԥшәмаԥҳәыси Гагра ралгара илшеит акәымзар, Аԥсуа гвардиа алахәцәа рҭаацәа нзырходаз.

ветеран ОВНА Иури Ториа - Sputnik Аҧсны
Иури Ҭориа: "Афырҭынаа" ҳҽеибаркны аибашьра ҳцеит

"Сҭаацәа рзы сгәы ансырҭынч, сеихеит Бзыԥҭатәи ахырӷәӷәарҭахь. Убраҟа сшыҟаз, еилкаахеит ақырҭцәа Мамзышьхала ишжәылаз. Нхыҵ-Кавказынтә иааз ахатәгәаԥхаҩцәеи ҳареи Мраҭашәаратәи афронт ацәаҳәа аанкыланы иҳаман, аӷацәа ԥхьаҟа шьаҿакгьы дҳмырҟаҵеит", — иҳәоит Александр.

Цәыббрамза анҵәамҭазы, Гагра аҭарцәразы ажәылара аиҿкаара иалагеит. Убасҟан, Витали Ажьиба икомандаҟаҵарала иаԥҵахеит, аӷа илаԥш ахырӷәӷәарҭа иаҟәыргарц Аӡиаҵәаҟнытә Мамзышьхаҟа, иршьҭшаз агәыԥ ҷыда.

"Мышқәак ирылагӡаны, 27-ҩык аибашьцәа, Пицунда, аԥсшьарҭа ҩны "Кәыдры" аҟны аҽазыҟаҵара ҳахысит. Жьҭаарамза раԥхьатәи амшқәа рзы, ҳкомандаҟаҵаҩ Витали Ажьиба Бзыԥҭатәи ахыхьчаратә цәаҳәа акомандаҟаҵаҩ Сергеи Дбар иҟнытә адҵа иоуит ҳаихарц. Пицунда абжьаларҭаҟны ҳанааи, абраҟа шәылбаа, уажәы шәаԥхьа атанк цоит, ианхыслак ажәыларахь шәдәықәлароуп рҳәеит. Зынӡа ҳгәы ҳҽанымызт, аха адҵа нагӡатәын. Атанкгьы абжьы геит, аха атехникатә ҭагылазаашьа иахырҟьаны ҩбаҟа сааҭ аԥшра ҳақәшәеит. Анаҩс ахысыбжь ашьҭахь, ԥхьаҟа ҳцеит", — раԥхьатәи ажәылара игәалаиршәоит Александр.

Витали Ажьиба игәыԥ Ԥсахара ақыҭа, аӡлагаранӡа инаӡеит.

"Ауха адҵа ҟалеит, убраҟа шьыжьынӡа ҳаангыларц. Адырҩаҽны, аихамҩала Гагратәи адәыӷбаанҿасырҭанӡа ҳааит. Гена Ҷанба адырра ҳаиҭахьан, агәабзиара чаԥарҭатә центр аҿаԥхьа аиҿахысра ӷәӷәа шыҟало. Аха уаанӡа ҳнаӡаанӡа аӷацәа рҭҟәахьан. Ус, аладатәи амашьынамҩала амилициа ахыбранӡа ҳааит. Абраҟа ақырҭцәеи ҳареи акырӡа ҳаиҿахысит. Иҟалеит иҭаҳархаз, иаанхаз еибарыҩуа аҳәаахьы рхы дырхеит. Абри аҭыԥ аҟны мацара ақырҭцәа икажьны ицеит еиуеиԥшым агәылӡтәы техникақәа 14", — ҳәа азгәеиҭоит аветеран.

Гагра аӷа даналцаха, аԥсуа еибашьцәа рымчқәа аизырҳара иалагеит аԥсшьарҭа ҩны "Украина" аҿаԥхьа. Жьҭаара 6 рзы, ашьыжь, ԥсҭбарада Витали Ажьиба игәыԥ Ԥсоунӡа инаӡеит.

"Гагратәи ажәыларатә аоперациа амацәыс иаҩызахеит. Ҳхаҿы ҳахшыҩ аиаанӡа, араион ҭаҳарцәхьан. Гагратәи аиааира иаҳнарбеит аӷа аҿагылара аиҭара шҳалшо, шьаҭанкыла Аԥсны шҭаҳарцәуагьы агәыӷра ҳауит", — иҳәоит Александр.

Ветеран ОВНА Арзаабеи Григолиа - Sputnik Аҧсны
Григолиа: абџьар сырҭарц азы, амшынтә флот салан ҳәа амц сҳәар акәхеит

Гагратәи аоперациа ашьҭахь ишьақәгыло иалагеит аԥсуа ар. Цандрыԥшь иаԥҵахеит а-1-тәи абаталион, Гагра-300-ҩык рҟынӡа ишьақәгылаз а-5-тәи абаталион.

Ҳаибашьцәа Гагра араион анҭадырцәы, ақырҭцәа ацәажәарақәа дәықәырҵеит, ачеченцәеи аԥсуааи, аҭҟәаҩцәа рыхқәа хҵәаны, астадион аҟны ампыл иасуеит ҳәа. Уи аҵыхәала, аҳәаанырцәтәи ажурналистцәа Гаграҟа иааит.

"Гагра анҭаҳарцәы мчыбжьқәак ааҵуаны, Руслан Иазычба ааԥхьара сиҭеит, аусураҟынӡа снеирц. Икабинеҭ санынаҩнашыл, 20-ҩык рҟынӡа Урыстәылеи, Америкеи, Франциеи, Германиеи рҟнытә ажурналистцәа иҿцәажәон. Изхааз анеилкааха, Руслан Назим-иԥа адҵа сиҭеит, агәрамгара змаз ажурналистцәа астадион аҟны изгарц. Минуҭқәак рышьҭахь, аԥсуаа ҳиааира ҳахызбааз ажурналистцәа астадион ахь исыманы сцеит. Аиашазы, араҟа избаз саргьы саршанхеит. Ашьапылампылтә дәы ахәыҷқәа рыла иҭәын, имҩаԥысуан аибашьра ашьҭахьтәи раԥхьатәи аҽазыҟаҵарақәа. Аха зегь акоуп, аҳәаанырцәтәи асасцәа ҳагәра ргомызт. Афранцыз журналист заҵәык иоуп, ақалақь ҭадырцәижьҭеи уамак ҵуам, аха ахәыҷқәа азыҟарҵо иалагахьеит, арҭ аӡәгьы дзыриааиуам зҳәаз. Егьырҭ ракәзар, рҽырцәгьаны, ақалақь ҳалаԥшроуп, агәра ҳгароуп ақырҭуа ҭҟәаҩцәа шышәмыргәаҟуа рҳәеит. Иҟасҵарызеи, ԥшьбаҟа сааҭ ажурналистцәа ақалақь иаласыргьежьит, рыблала ирбеит агыгшәыгра ҳхы ишақәҳнамыргоз" — игәалаиршәоит аибашьра аветеран.

Александр Кьетиа дызлахәыз Гагратәи ахәбатәи абаталион алахәын, Аԥсны аҭарцәразы имҩаԥысуаз анаҩстәи ажәыларатә аоперациақәа. Хаҭала иара иааирԥшыз ахаҵаразы ианашьоуп Леон иорден.

Ажәабжьқәа зегьы
0