Ахба: ҳара шәақьк кны ҵыск ҳшьхьан ауп, аибашьышьа аԥсҭазаара иаҳнарҵеит

© Фото : Личный архивВетеран ОВНА Заур Ахба
Ветеран ОВНА Заур Ахба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеран Заур Ахба, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ианалага иԥсадгьыл аҿы дыҟамызт. Аԥсны аибашьра иалагеит ҳәа шиаҳаз еиԥш, арахь дызлаара амҩа дашьҭалеит. Хаҭала иара аибашьратә мҩа гәымшәарыла данысит. Аԥсныҟа иаара шыҟалази, Гагра ахақәиҭтәраз имҩаԥгаз ажәылареи дрылацәажәоит ҳаиҿцәажәараҟны.

Аиҿцәажәара анылҵеит Сырма Ашәԥҳа

- Заур, уазааҭгыларц сҭахуп аибашьра аӡбахә шуаҳаз, насгьы Аԥсныҟа уаара шыҟалаз атәы?

— Аԥсны ибашьра ианалага, шьхала ҳхыҵны Грозныи ақалақь аҟынтә ҳаицааит ҳатәгәаԥхарала еибашьуаз ҳашьцәеи ҳареи, аԥсуаа рыҷкәынцәагьы ыҟан. Иааидкыланы иуҳәозар, быжьмашьынак раҟара ҳаҟан. Усҟантәи аамҭазы, сара Украина сыҟан. Асасааирҭаҿы ателевизор аҿакын, сшазыӡырҩуаз ауп ишсаҳаз, Аԥсны аибашьра иалагеит ҳәа. Сҩыза ҷкәынакгьы дсыцын. Аҟәа ақалақь, Ацҳа ҟаԥшь аҿы излагаз аидысларақәа зегьы акадрқәа рыла иаҳбеит. Ҟәрышьхәыҷкәакгьы ҳаман, иаразнак амҩа ҳақәлеит. Адлер ҳанааи аҳәаа адыркхьан, ацҳа абжаранӡагь ҳааӡеит. Нас иҳарҳәеит ицаз гәыԥк, Тҟәарчалаа рыҷкәынцәа Ганҭиади ишҭаркыз. Агәыԥ еицқәаз иҳаӡбеит Адлер авокзал аҿы ҳаиқәшәарц, уантә Грозныҟа амҩа ҳақәлеит. Ҩымш-хымш уа ҳаанхеит. Нас еилаҳкааит, ицақәоз зусҭцәаз. Ачеченцәа командаҟаҵаҩыс ирымаз дҳазҵааит "аибашьышьа жәдыруама?", ҳәа. Ҳара шәақьк кны ҵыск ҳшьхьан, ҳәа аибашьышьа иалаҳдыраауаз, аԥсҭазаара иузаанамго егьыҟам ҳәа.

Ветеран ОВНА Рита Ажиба - Sputnik Аҧсны
Рита Ажьиԥҳа: агәырӷьареи алаӷырӡи рыцуп арҭ амшқәа сара сзы

- Агәыԥ шаҟаҩ шәеиднакылодаз?

— Ҩышәҩык рҟынӡа еиднакылон агәыԥ. Грознынтәи Нальчик ҳааит. Ҳшыԥшуаз ҳаирпланк тәеит ҳахьыҟаз аҭыԥ азааигәара. Аҟабарда ҷкәынцәа ракәзаарын, иааҭыҵит, 30-ҩык раҟара ыҟан. Архыз ҳанааи, аԥсуаа арахь иаарц зҭахыз рацәаҩны иҳақәшәеит, абџьар рымамызт. Ҳарҭ абџьар ҳаман, иҳақәшәаз агәыԥгьы рыҽҳамардеит. Ҩымш амҩа ҳақәын, ҳаимаақәа ҵхааит ахаҳә ахьалакьакьоз. Ауадҳара ҳалбааит. Нанҳәамза 21 рзы, Гәдоуҭа ҳааит, асасааирҭа "Черноморец" ҳаҩнарҵеит. Сҭаацәа сшаазгьы рыздыруамызт, аҩныҟа анеиха сымамызт.

- Ара аибашьцәа рҽеидыркылахьан шәанааи, шәара шәызлаз агәыԥ ашьақәгылашьа шԥаҟалеи?

Аҭыԥантәи аҷкәынцәа хгәыԥ ахь иалаҳҵеит, ҳҽеидаҳкылеит ицәгьамкәа. Аибашьра еибашьроуп, иаҳнарҵаз рацәоуп, уи зегь узеиҭаҳәом. Ус, ус Гагра ахақәиҭтәразы ажәылара ҟалеит. Аиаша шәасҳәоит, абџьар змамыз рлабақәа кны акәын ишцоз. Издыруадаз, ас еиԥш арыцҳара ҟалоит ҳәа. Жьҭаарамза 6 рзы, Ԥсоу аҳәааҿы ҳбираҟ ахаҳаргылеит. Ҳарҭ шьхала ҳдәықәырҵеит, асопкақәа зегьы ҭарцәны, уантә Колхида ҳалбааит. Арымарахь, ацҳа анаҩс аҩнқәа ҩба гылан, аҳаирпланқәа анхыла, аҩнқәа ҳаҽрыҩнаҳажьит. Ачечен ҷкәын спулемиот аашьҭиԥаан, даадәылҵын аҳаирплан иагәыдиҵеит. Егьи ықәгьежьны ианааиуаз иааҭнарҟьаз аснариад иара даԥшааит. Аҳмеҭ ҳәа даҽа чечен ҷкәынак ҳахьҩалбааз дырхәит. Шамба ҷкәынак дыҟан, сара, даҽа ҩыџьа Ҭырқәтәылантәи иааз аҷкәынцәа дыхәнаҳгеит. Ауха ахысра атәыла бгеит, Аҳмеҭ агранат аанкыланы дтәоуп, сыҽԥызжәоит ҳәа. Аха, разҟны деиқәхеит. Ус ҳаиҳәеит: "Скажьны шәцар ҳәа сшәеит"-ҳәа. Уи ашьҭахь, иҽыхәышәтәны ҩаԥхьа дҳацеибашьуан.

Добровольцы с Северного Кавказа. 1993 год. - Sputnik Аҧсны
Ҩ-ҭоурыхк, ҩ-хьаак: хатәгәаԥхарала иааз аибашьцәа рфырхаҵара атәы

- Иуцәыуадаҩзаргьы аибашьра иадҳәалоу ҳтысқәаки ҳзеиҭауҳәарц ҳҭахуп?

Гагра ақалақь ахь ажәылара ҳалагеит. Авокзал инаркны ҳҿыҩаҳхеит гәыԥ-гәыԥла ҳҽеҩшаны. Гагра, Каланада ахьыҟоу аҟынӡа иҭаҳарцәит. Амилициа ахьыҟаз аҭыԥ аҿы даара рҽеибыҭаны итәан, аиҿахысра ӷәӷәа цон. Герзмаа Мазик рыцҳа убра дҭахеит. Каланада ҳаанкылеит, уаа анҿасырҭак ыҟоуп, ҳнаиааиуеит ҭынч, уажәшьҭа иҭаҳарцәхьеит ҳәа. Иҳацыз ҷкәынак џьара днавҵалеит. Ус, дыҩны ддәылҟьан даауеит. "Иҟалеи?"-ҳҳәан, "абра илатәоуп"- иҳәеит. Аанҿасырҭа азааигәара бнарашәа иҟан, ааҩык ақырҭқәа убра илатәазаарын. Урҭ рызегьы уа иаҳкит иаразнакала, Қарҭаа ракәын. Убас иалахан иҟаз ақырҭқәа ыҟан. Машьынак ала рҽырҩашьан иҳавсырцгьы иалагеит даҽа шьоукы, аха иаразнак еилаҳкааит дара шракәыз, Гагрыԥшь ишнеиуаз акәымкәа рмашьына аҵла иасит. Аха, ҳнеиаанӡа иҭыппны ицахьан. Ус ирацәоуп ахҭысқәа, ҳаҷкәынцәа агәымшәараҵәҟьа аадырԥшит, уи ауп Аиааирагьы ҳзыргаз.

- Шәзеиӷьашьарақәа аҿар рахь.

— Аҿар аԥеиԥш бзиа рымазааит. Ҳбызшәа ҳаԥсадгьыл иқәыҩлааит. Уаҳпа ҳадгьыл аҿы ашьа камҭәааит. Ҽааныбзиала шәнеиааит!

Ажәабжьқәа зегьы
0