Сырма Ашәԥҳа, Sputnik
Амҳаџьырра ихнарҵәаз ҳауаажәлар рыхҭыс дууп. Уи зылахь еиқәнамҵада, иамырҵәыуада, иамыргәаҟда? Уахь иҟазгьы арахь иҟазгьы ҳаизхьааны аибабара ҳаргәаҟуан. Ҳаԥсуа шәҟәыҩҩцәа, ҳкомпозиторцәа рыԥҵамҭақәа урҭ ирзыркуан. Убас еиԥш, зыдунеи зыԥсаххьоу акомпозитор, Аԥсны Жәлар рартист Ражьден Џьгәаҭан-иԥа Гәымба, атәым тәылаҟа ихырҵәаз ҳауаажәлар рлахьынҵа еснагь хьаас иман, иаԥҵамҭақәа ирынирԥшуан. Абри атемала, сара хаҭала сиҿцәажәахьан Ражьден Гәымба, уи игәалашәарақәа шәыцеҩысшоит.
"Аҳәаанырцә инхо ҳауаажәлари ҳареи уарла-шәарла акәзаргьы аибабарақәа ҳабжьало ҳаналага, аибабара аныҟала, раԥхьатәи Аԥснынтә Ҭырқәтәылаҟа ицоз агәыԥ саргьы салан, еиҳабыс дҳацын Џьон Гәбаз. Уи агәыԥ композиторк иаҳасаб ала сацын", — абас иажәабжь ахы ыҵнахит акомпозитор.
Ражьден Гәымба излазгәаиҭоз ала, Ҭырқәтәыла дыҟанаҵы икарандашьи иқьаади еиқәихуамызт.
"Знык аҳәаа ҳнахыҵны, аҭырқәцәа рымшын аҟәара ҳаннавала нахыс, абри еиԥш агәаанагарақәа соуан: абни ахаҳә аҵаҟа джызар аӡәы, даҽаӡәы аҵла ашьапаҿы джызар, мамзаргьы абни аҵла игылоу ашьапаҿы дшадтәалаз амла дакны дыԥсызар, абри амҩа шаҟаҩ ықәӡыда ҳәа хәыцра шәкы сеимаркуан", — иҳәеит Гәымба.
Акомпозитор излаиҳәо ала, ашьаҭа икит хыхәҭа дукны иҟаз Ораториа, амҳаџьырқәа рышьҭрала. Уи ахоргьы ирҳәоит, асолистцәагьы ирҳәоит, асимфониа аоркестр иазкынгьы иҟоуп. Иара игәалаиршәоит усҟантәи аамҭазы Омар Беигәааи иареи реибабара атәы.
"Омар Беигәаа, ҳахрақәа дшырхылҵыз мҩашьо, иԥшра исахьа ухнахыртә дыҟан. Иара иаҳахьан иажәеинраалақәа ашәақәак шрылысххьаз. Излаиаҳаз уи ауп, Нелли Ҭарԥҳа, иара иҭоурых иазкны ашәҟәы ҭлыжьит. Убри ашәҟәы ахьыҭлыжьуаз аҿы иалырбоит: Омар Беигәа иажәеинраалақәа иаҳдыруеижьҭеи уамак шымҵуагьы, Ражьден Гәымба ашәак алихит ҳәа", — аҭоурых дагәыланахалан дцәажәон акомпозитор.
Иара игәалаиршәоит, анаҩс иашәаны зҳәара далагаз ажәақәа:
"Амшын Еиқәа сыҽԥынгылоуп есымша,
нырцә Аԥсныҟа сыԥшуа,
сгәи сгәаҵәеи нырцәҟа инхеит,
сара сгәы хәуп, схьаа цәгьа ртәашьак амаӡам.
Убас еиԥш ан илызкны иҩу ацәаҳәақәа ракәзар, угәы ҭнашьаауеит:
"Сан, сан абааԥсы, знапы неиҵых нырцә исзыԥшны игылоу, бгәы каҳаны бнапқәа камҳааит, бысзыԥшыз снеиуеит", — иҳәоит.
Арҭ ацәаҳәақәа, хымԥада, акомпозитор дҭынчны дартәомызт. Убри инаҿырԥшны, "Амшын аҿықә аҟны нырцәҟа"- ҳәа даҽа ашәакгьы имоуп.
"Дырмит Гәылиа "Сыԥсадгьыл" хәа ииҩыз, насгьы Омар Беигәааи иареи еиҿаргыланы ашәа еицырҳәо иҟасҵахьеит. Уи аформа ҷыда амоуп"- ихәоит Гәымба.
Акомпозитори сареи ҳаиҿцәажәара хыркәшахеит абас еиԥш иҟаз ахшыҩҵак ала:
"Аҟазара ауаҩы иԥсҭазаарагьы имнахуеит, аха иахьицнаҵоугьы рацәоуп. Аибашьра ҟалеит, аумақәа ҳрықәшәеит, санаагәаҟӡаҵәҟьо, ма Дырмит Гәылиа итәоума, ма Баграт Шьынқәба итәоума, ма Омар Беигәаа итәқәа роума, убарҭ рыла ианызыҩуа сгәы сҟычуеит", — иҳәеит акомпозитор.