Аполитикатә ариа агыруа баритон ихаҿрала

CC0 / Pixabay / Ноты на клавишах фортепиано
Ноты на клавишах фортепиано - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Агыруа шәаҳәаҩы Гьаргь Ҭодуа Аԥсны иазкны "ихиртлаз" ариа политикатә хырхарҭоуп ҳәа агәаанагара лымоуп Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа.

Ҳазҭалаз ашықәс аполитикаҿ ҭынчрамызт, абар уажә иаацәырҵит аоператә шәаҳәаҩы Гьаргь Ҭодуа иполитикатә ариа. "Абга егьа аҿоуҵаргьы абнахь иԥшуеит" шырҳәо еиԥш, Гал араион иаланхо, мамзаргьы уа анкьа инхоз, иргьежьу ирыҵкару рӷьырак, зегь акоуп Аԥсны Қырҭтәыла иахәҭакноуп ишырбо. Абарҭқәа гәаҭаны, Аԥсны ашәарҭадартә мчқәа агырқәа, ақырҭқәа иреиуоу абрахь ианықәнагало, рус абырҵқал икылхны иахәаԥшлароуп.

Митинг у здания парламента по вопросу выдачи Лукава - Sputnik Аҧсны
Аӡынтәи аԥсуа политикатә кризис

Ажьырныҳәа 24 рзы Гал концерт мҩаԥигеит агыруа шәаҳәаҩы, Санкт-Петербургтәи Мариински атеатр аҿар ргәыԥ иахыԥхьаӡало Ҭодуа. Абри ахҭыс иазкны Аԥсны иқәынхо ажәлар ажәабжь раҳаит ақырҭуа информациатә хархәагақәа рҟынтәи, хықәкыла "Лаивпресс" аҿы ицәырҵит Урыстәыла еицырдыруа атеатр Мариински аҿы ашәқәа ззаадыртыз агыруа, Гал аконцерт шимаз.

Ҳара иҳамоу аинформациа ала, иара Аԥсныҟа даахьан уажәы адагьы, Урыстәыла атәылауаҩ иаҳасабала Аԥсни Урыстәылеи рҳәаа дахысны. Аконцерт имҩаԥигаз аофициалтә ҟазшьа амамызт, "Лаивпресс" ишазгәанаҭо ала, "окуппациа зызу атәылаҿы", ашәаҳәаҩ здунеи зыԥсаххьо иаб изикит иконцерт. "Саб идунеи иԥсахаанӡа ажәа исҭахьан, Гал аконцерт шымҩаԥызго азы. Ари аконцерт иара изыскит, асцена аҟынтәгьы исҳәеит, саб, сара сааит аҩныҟа ҳәа", — инаҵшьны иазгәаҭоуп Ҭодуа иинтервиу аҿы.

Агыруа шәаҳәаҩы Аԥсны иазкны "ихиртлаз" ариа политикатә хырхарҭоуп иамоу. Сгәанала ус иҟалеит, избанзар Қырҭтәыла иргәаԥхаӡом Урыстәыла аганахь ала дара ирыҵкару ҳара ҳҳәынҭқарра агәашәқәа ианырҭало, уи азы дара ирымоуп иҷыдоу аԥҟарақәа.

Иахьазы, официалла иҟаӡам аҳәамҭа иара Ҭодуа иҟынтәи "Лаивпресс" иану ҳтәыла азы аиакәымқәа ахьҳәо иашоу ииашаму шьақәзырӷәӷәо. Абаритон иофициалтә ҳәамҭа злаҟам ала, сгәы иаанагоит иҟалаз злаҵеирбаша дазхәыцуеит ҳәа макьана, избанзар аус ахьиуа иԥырхагахар ауеит, насгьы иаб иҳаҭгәын уаҳа дзықәымԥшыргьы алшоит. Ашәаҳәаҩ иинтервиу аҿы инаҵшьны иазгәаҭоуп иара изы "Гал Қырҭтәыла шакәу, аԥсуа напхгара хырҩа шриҭо, рацәажәарагьы шиаҭәеимшьо".

Елеонора Коӷониаԥҳа: аполитикатә ариа агыруа баритон ихаҿрала

Ажәакала, ари ахҭыс иаҳнарбоит ҳтәыла ашәарҭадара амҵзура амалыр шамоу, абарҭ рҩызцәа ауаа ирыӷроу гәамҭакәа Аԥсны иахьҭарыжьло азы. Абри ахҭыс инадҳәаланы Гал арион ахада Ҭемыр Надариа ажьырныҳәа 29 рзы "Арсмира" апресс-конференциа мҩаԥигеит, иагьазгәеиҭеит "Мариински ахкҳәаҩы иаара гәыҩбарак шаҵимбааз, аха иҟалаз ишҳаҵанаҳәо ала, аринахыс агәҽанызаара шаҭахыу", иара убас, Надараиа аҳәамҭа ҟаиҵеит: "Ҭодуа Аԥсныҟа иааразы имҩа шарку, даҽазны арахь аара иҭаххозар, Аԥсны агимн хыркны аҳәара иқәшәоит" ҳәа.

Надариа Мариински атеатр асолист иқәгылара баҩык алам ҳәа игәы ишаанагазгьы, агыруа баритон иара итәы ҟаиҵеит, Аԥсны Қырҭәыла иахәҭакуп иҳәан иҵыхәа наҳҿаҟьаны дцеит Санкт-Петербургҟа.

Маски - Sputnik Аҧсны
Атеатр ацәа зыҟәну аполитика

Иазгәаҭатәуп, Надараиа имӡакәа ишиҳәаз ари шыгха дуу, Ҭодуа Гал аконцерт мҩаԥигаанӡа Қырҭтәылатәи аинформациатә хархәагақәа оккупациа зызу Аԥсны дааны галаа рзы аконцерт амҩаԥгара игәы ишҭоу иҳәахьан.

Апресс-конференциа иалахәыз Гал араион акультура аҟәша ахада Вадим Евсаиа иҟалаз азы аҭамзаара шышьҭеиҵазгьы, иара иуалын Ҭодуа қырҭшәала иҟеиҵахьаз аинтервиуқәа рыхәаԥшра, насгьы араион ашәарҭадара амаҵзура уи иааразы агәаҭарақәа ҟарҵаратәы дныҟәар акәын.

Абри азы аҭыӡшәа аныҿиа ашьҭахь, Аԥсны акультура аминистрра аҳәамҭа ҟанаҵеит, дара рнапаҵаҟа ишыҟам араионқәа ркультуратә ханқәа, насгьы ишырзымдыруаз Ҭодуа Гал аконцерт мҩаԥигараны дшыҟаз. Иазгәаҭатәуп, иахьа Аԥсны арионқәа ркультуратә хәышҭаарақәа аҭыԥантәи анапхгара рнапаҿы ишыҟо, хыхьынтәи хылаԥшра рымам.

Хаҭала, Гал араион иҳабашьуаз рҳәааҿы излаҟоу ала, ас хылаԥшрада аусқәа цо иалагар, аринахысгьы ақырҭуа политика ҳара ҳаибазырфаша асценариақәа мҩаԥырго иалагашт. Убри аҟынтә, еиҭарыхәаԥштәуп иҳамо азакәанқәа, ҭыӡшәа дук аныҟалалак, ари ҳара иаҳхарам ҳәа уажәы акультура аминистрра аҳәамҭа шыҟанаҵаз еиԥш, ачынуаа дуқәа ҳауаажәлар  ахьаршшага ажәақәа рыдрымгаларц азы. Ахи ахәамци анеимадам, абас ҟалоит.

Автори аредакциеи ргәаанагарақәа еиқәымшәозар ҟалоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0