Анзор Ажьиба: Марттәи ажәылараан Аҟәа ҳаиқәшәоит ҳәа еиқәҿаҳҭуан

© Sputnik / Саида ЖибаВетеран ОВНА Анзор Ажиба
Ветеран ОВНА Анзор Ажиба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
25 шықәса раԥхьа, хәажәкыра 15-16-тәи амш еиқәаҵәақәа, иахьагьы лахьеиқәҵарала игәалашәоит, ишьаарҵәыраз ажәылара иалахәыз Пицундатәи абаталион аибашьҩы, Гәымсҭа аӡиас ианыр ԥшьыџьара ахәрақәа зауз, "Агәымшәаразы" амедал занашьоу Анзор Григори-иԥа Ажьиба.

Саида Жьиԥҳа, Sputnik

Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьра аналага, Анзор Ажьиба имаҳә Валикәа Бебиеи иареи Маиҟәаԥ ақалақь иҟан. Убраҟоуп иахьраҳаз ажәабжь хлымӡаах.

"Ажәабжь иҳаҳаз ҳаршанхеит, ҳхахьы иаҳзаагомызт. Аҽныцәҟьа ҳҽеидаҳкылан аҩныҟа амҩа ҳақәлеит. Ашьыжь шаанӡа Ԥсоу аҳәаа ҳахысит. Азнык-азы ақырҭцәа ҳаурыжьуам ҳәа иалагеит. Абџьар шҳамамыз агәра анырга, амҩа ҳарҭеит", — игәалаиршәоит Анзор Ажьиба.

Гагра араион аԥсуа еибашьцәа аӷа хәымга далырцаанӡа, Анзор Ажьиба иқыҭаҷкәынцәа Мгәыӡырхәаа дрыцын. Гәыԥ-гәыԥла Нхыҵ-Кавказынтәи ахатәгәаԥхаҩцәа злаауаз амҩақәа рыхьчон.

"Ҟарачы-Черқьессктәи ареспублика иатәыз ашьхаҭыԥқәа рҟны арахә ихьчон аԥсуа бырг Оҭанбеи Агәхаа, иара ихыҵакырҭа ҳаҩнаҵаны ҳиман. Убас ҳҽыҳаԥсахуан акраамҭа" — иҳәоит Анзор Григори-иԥа.

Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьра аналага, Гәдоуҭа иҟаз Урыстәылатәи архәҭа иақәланы аԥсуаа абџьар аныргоз, Анзор иашьа Оҭар илшеит автоматк агара. Убри неимда-ааимдо ауп аишьцәа Гагратәи ажәыларатә аоперациа шырхыргаз. Жьҭаарамза, 1992 шықәсазы, аԥсуа ар ашьақәгылара ианалага, Анзор Ажьиба далалоит Ныгәзар Долбаиа командаҟаҵаҩс дызмаз Пицундатәи абаталион. Гагра араион ахы ианақәиҭха, ахырӷәӷәарҭатә цәаҳәа шьақәгылеит Гәымсҭа аӡиас ахықәан. Абраҟа аибашьцәа рыҽшаны иҷаԥшьон. 1993 шықәса, хәажәкыра 8 рзы, Пицундатәи абаталион Чингьиз Бигәаа командаҟаҵаҩс дызмаз аҩбатәи авзвод жәамш ҳәа Гәымсҭатәи ахыхьчаратә цәаҳәахьы ишьҭын.

"Хәажәкыратәи ажәылара ҳалахәхаанӡагьы, Чингьиз Бигәаа Бзыԥ аӡиас ахь ҳиманы дцон, аҽазыҟаҵарақәа рымҩаԥгаразы. Изныкымкәа, аӡын агәҭаны аӡы ҳархьан, ҳҽаҳаршьцыларц. Ус, хәажәкыра 8 рзы, ашьыжь шаанӡа, 23-ҩык аибашьцәа рыла ишьақәгылаз ҳавзвод, Аладатәи Ешыра ҳаршьҭит, агранатаршәгаки, ахыԥсаҟьагаки, ҳацԥхьаӡа автоматқәеи ҳаҭаны. Убра ҳшыҟаз ауп ажәылара ҳашдәықәлаз", — еиҭеиҳәоит Анзор Ажьиба.

Хәажәкыратәи ажәылара аламҭалаз, Гагреи, Цандрыԥшьи, Бзыԥҭеи, Пицундеи рҟнытә аҷаԥшьара иҟаз аибашьцәа баталионк аҟны иааидкыланы, Сергеи Матосиан командаҟаҵаҩс дазалхны, аҳҭнықалақь Аҟәа агаразы ажәыларатә аоперациа амҩаԥгара рҽазыршәеит.

"Аҵх агәы анеиҩнаша, адырра ҳауит ажәылара ҳаихароуп ҳәа. Маҟҿаҳәара аҵааршә иаҩызаз аӡы ҳарны, ақырҭцәа ирымҽхакыз ацәаҳәахьы ҳкылсит. Ҳара ҳаԥхьаҟа ицахьан Руслан Зарданиа иқәыларатә гәыԥ. Ҳаӷацәа ҳанрылашәа, ҳамчқәа шеиҟарамыз агәра ҳгеит. Дара ацхыраара шрырҭоз еилкаахеит украинатәи ахатәгәаԥхаҩцәа. Аӷацәа зехьынџьара иҵарҵахьаз арҭҟәацгақәа ҳаҷкәынцәа ахаԥжәо иалагеит, уи моу ахымца аарышьҭуан. Абраҟа снапи суаҭәеи ахы рықәшәеит. Ҳгәыԥ иалаз хатәгәаԥхарала Ҭырқәтәылантәи иааны иеибашьуаз ҳџьынџьуаҩ Альпер Бганба амцашыра салеигоит ҳәа даналага, арҭҟәацга аԥҽыхақәа ҩаԥхьа сыхәдаџьали сыцламҳәеи ирықәшәеит, Альпер дзымгыло, ӷәӷәала ишьапы ахәит. Еицқәаз ҳахьтә иара убас ахәрақәа роуит Чингьиз Бигәааи, Беслан Кәарҷелиеи" — игәалаиршәоит аибашьҩы.

Ветеран ОВНА Вахтанг Дбар - Sputnik Аҧсны
Вахтанг Дбар: аибашьра алагеит анырҳәа, агәра сзымгеит

Анзор Ажьиба иазгәеиҭеит рҩызцәа Беслан Сақаниеи, Едуард Рудомиотови, Мака Хәытабеи, рыԥсҭазаара ашәарҭара иҭаргыланы, Гәымсҭа ирны, аԥсуа ган ахь ахәцәа шиаргаз.

"Аӡиас ҳаниарга, ҳхьаа зыртәоз ахәшәқәа ҳаларҵан, Афонтәи агоспиталь ахь ҳаргеит. Адырҩаҽны, Альпергьы саргьы Гәдоуҭаҟа ҳдәықәырҵеит. Убасҟан Чингьиз Бигәаа аҳәара ҟаиҵеит, иабхәанда Альпер дкасмыжьырц, сахьцалак иаргьы дсыцзарц. Убас Гәдоуҭантәи Гаграҟа сиаргеит, хымԥада снапы ианыз Альпергьы дызгеит. Ахәшәтәырҭаҿы палатак аҟны ҳаицышьҭарҵарц азгьы аҳақьымцәа аҳәара рысҭеит", — еиҭеиҳәоит аибашьҩы.

Анзор Ажьиба мызкы ашьҭахь ишьапы данықәгыла, Пицундатәи абаталион дацны егьырҭ ажәыларатә аоперациақәагьы ихы рылаирхәит.

Ус абаталион Шрома ишыҟаз, Анзор ихәрақәа руак аҟнытә ашьацара иалагеит, ахәшәтәырҭа дышьҭамлар амуа аҟынӡа. Уи нахыс акраамҭа дшьақәгылон. Анзор иахьагьы ихәдаџьал ахы шалаз иаанхеит, аԥҟара шәарҭоуп аҟнытә. Аибашьра аветеран, хәажәкыратәи ажәылара дазааҭгыло иазгәеиҭоит, мҽхакы ҭбаала, агәыԥқәа еизакны ԥхьаҟа еицдәықәлазтгьы, рҿаԥхьа иқәгылаз адҵа шынарыгӡоз, аха иҟалаз аиԥҟьара уи алнамыршеит.

Ветеран ОВНА Геннадий Гицба - Sputnik Аҧсны
Геннади Гыцба: аибашьрагьы шьцылароуп

"Аибашьцәа, ԥхьаҟа ажәылара акәын ирҭахыз, аӡәы заҵәыкгьы игәы меиҭасит. Аҟәа ҳаиқәшәоит ҳәа еиқәҿырҭон. Убасҟан ҳшыманшәаламхазгьы, аоперациа лҵшәадан ҳәа азгәаҭара ииашам, уи ԥхьаҟатәи ҳаибашьратә мҩа иуасхырны иазышьҭалеит, ҳазегьы ҳагхақәа еилнаргеит", — иҳәоит аветеран.

Анзор Ажьиба аибашьра ҟалаанӡа аус иуан Пицундатәи акурорттә хәҳаахәҭраҟны. Аибашьра ашьҭахь, 1994 шықәса инаркны 2015 шықәсанӡа еиуеиԥшым амаҵурақәа рҟны аус иуит аҩнуҵҟатәи аусқәа Гагратәи араионтә усбарҭаҟны. Алеитенант еиҳабы иҟнытә аполковник ичын аҟынӡа днаӡеит. Иахьа аибашьра аветеран тәанчара дыҟоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0