Аицҵақәа рҭыԥ аԥсахра

© Sputnik / Томас ТхайцукЗаседание Кабмина об исполнении Республиканского бюджета
Заседание Кабмина об исполнении Республиканского бюджета - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аматематикаҿы иҟоуп атеориа-аицҵақәа рҭыԥ аԥсахра, аицҵалыҵ ианыԥшуам ҳәа. Аԥсуа политикахьгьы абри атеориа ҳархозар, аамҭа-аамҭала ачынуаа рамхреи раҭареи уамаӡак анырра ҟанаҵом, иагьаԥсахуам аматематикаҿы ишамԥсахуа еиԥш, ҳәа агәаанагара лымоуп Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа.

Аԥсны аибашьра ашьҭахьтәи анапхагаҩцәа рахьтә, ачынуаа рыԥсахразы, мамзаргьы реиҭныԥсахларазы иахьатәи атәыла ахада Рауль Ҳаџьымба дрекордсмензар ҟалап.

Маски - Sputnik Аҧсны
Атеатр ацәа зыҟәну аполитика

Ҿырԥштәыс иаагозар, аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрраҿы мацара ԥшьҩык аминистрцәа иԥсаххьеит 2014 шықәса раахыс, уажәы аус иуеит ахәбатәи. Аԥсны аԥыза- министцәа рахь ҳаиасуазар, абар уажәы мшаԥымза 24 рзы аԥшьбатәи Геннади Гагәылиа иаҭаразы ақәҵара ҭижьит ҳхада.

Аиашазы, ҳара ҳаԥсҭазаара шымҩасуа ҳаԥшны иаҳәозар, аҳәара уадаҩуп, уаанӡатәи аԥыза-министрцәа русушьа астиль еивгара дуқәак рыман ҳәа. Ҳарҭ ахархьуаа ҳаԥсҭазаара иагьеицәам иагьеиӷьым. Зегь реиҳа абарҭ ирлас-ырласны имҩаԥысуа аԥсахрақәа рҿы еилкаамкәа иаанхо, ирыԥсахуа дзырыԥсахуа, иарҭо хықәкыс изықәдыргыло ауп.

Атәыла ахада Аԥыза-министр ҿыц аминистрцәа реилазаара даныдирдыруа, еснагь еиԥш, жәа еизадала иҳәоит "Иҟаҵо маҷым, аха иҟаҵатәу рацәоуп". Ажәакала, аԥызацәа реиҭныԥсахлара маанас иаҵоу аилкаара мариамкәа иҟалеит аԥсуа политикатә, асоциалтә ԥсҭазаараҿы.

Елеонора Коӷониаԥҳа: Аицҵақәа рҭыԥ аԥсахра

Уажәы зусура аҟынтә Ҳаџьымба зхы иақәиҭитәыз Беслан Барцыц, ҳазҭо ашықәс алагамҭазы Жәлар реизараҿы, мзызс иамоу еилкааӡамкәа иԥсахра азҵаатәы ықәдыргылахьан. Уи хықәкыла иҿала иҳәеит адепутат Илиа Гәниа. Аха, усҟан, уи иамхра азҵаатәы адепутатцәа зегь агәырқьҳәа иадымгылеит. Знык рылаԥш иҵашәаз, хара дшырмышьҭуаз усгьы еилкаан, убри аҟынтә, ауаажәларраҿы "уаҵәы дамырхуеит, уаҵәашьҭахь дамырхуеит" ҳәа ажәабжь дәықәын. Барцыц ипресс-маҵзура хадас иамаз Ельза Ҷанба "Барцыц иԥсахра дезинформациоуп" ҳәа мшаԥымза 18 рзы асоциалтә ҳақәа рҿы адырра шыҟалҵахьазгьы, мчыбжьык инамгакәа апрезидент аԥыза-министр диԥсахит, Жәлар реизараҿы уи азҵаатәы даҽазнык ашьҭыхха рымҭакәа.

Парламент. - Sputnik Аҧсны
Апарламент "аныҳәатә" спектакль

Уажәы Аԥыза-министрс иҟарҵаз Гагәылиа иакәзар, алеишәа змоу, аиҿкаара аус аҿы акыр иманшәалоу уаҩны дыршьоит. Зыҿҳәара шықәсыки бжаки нхаз атәыла ахада ари аиҭныԥсахларақәа рыла хықәкыс имоу, иарбан "шахматтә политикатә партиоу" инеиагӡо уажәазы аҳәара уадаҩуп.

Зусура иамихыз Барцыц иакәзар, анкьа аус ахьиуаз, атәыла ахада иусбарҭа еиҳабыс деиҭеиҭеит, уа иамаз Даур Аршба иакәзар, ҭыԥда даунхахуаз, Аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩс дҟаиҵеит.

Ажәакала, аӡәгьы дгәаауа иҟам, зегь акака роуит, ииашоуп, уи ҳекономика, ҳсоциалтә ԥсҭазаара ишаныԥшыша азы аӡәгьы ахҳәаа ҟаимҵеит.

Анкьа зны, иахьа амчраҿ иҟоу апартиа "Жәлар Рфорум" ахаҭаранакцәа бираҟҵас ишьҭыхны ирыман, ачынуаа рхыԥхьаӡара шырмаҷтәу азы афилософиа. Аха уи рҳәон амчраҿ инеиаанӡа, уажәы, ишаҳбо еиԥш, авицецәа, урҭ рмаӡаныҟәгаҩцәа, рмашьынақәа уҳәа, аиҵыҵра амҩа иануп 10 шықәса инеиҳаны "ачынуаа рхыԥхьаӡара аркьаҿра" иазықәԥоз апартиа ахаҭарнакцәа.

Абарҭ ахҭысқәа ирыхцәажәо, асоциалтә ҳақәа рҭааҩцәа, иахлафаауа ирҳәоит: "аицҵақәа рҭыԥ уԥсахыр, аицҵалыҵ ианыԥшуам", ҳәа.

Автори аредакциеи ргәаанагарақәа еиқәымшәозар ҟалоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0