Ахаҳә аԥсы ҭазҵо Саида Ԥлиаԥҳа

© Фото : предоставлено С. ПилияРабота Саиды Пилия
Работа Саиды Пилия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Абаҩхатәра злоу асахьаҭыхҩы қәыԥш Саида Ԥлиаԥҳа лҟазара аҷыдарақәа ртәы еиҭалҳәеит Sputnik акорреспондент Сырма Ашәԥҳаи лареи реиҿцәажәараҿы.

Сырма Ашәԥҳа, Sputnik

Ааигәа саб иаҳәшьа лахь сасра ҳәа сахьцаз, машәыршақә слықәшәеит ҭыԥҳа ссирк. Ҭеиҭыԥшлагьы, гәаҭалагьы акырӡа иԥшӡаз, убри аан акыр зцәажәара ҟәыӷаз. Иааигәаны ҳанеибадыр ашьҭахь еилкаахеит зыӡбахә сымоу аҭыԥҳа дызусҭоу. Лара Гагра ақалақь аҿы ииз, иааӡаз Саида Ԥлиаԥҳа лоуп. Аҭаацәара далоуп, дынхоит Аҟәа, Лагәлаа дырҭацоуп, изҳауеит лԥа хәыҷы Баграт.

Виталий Джения - Sputnik Аҧсны
Арадио
Витали Џьениа: арт-пленер асахьаҭыхҩы изы акыр аҵанакуеит

Саида ҳшеицәажәоз, ус лҭел аацәырганы ислырбеит ахаҳә аҿы иҭыхыз асахьаԥшӡақәа. "Арҭ зҭыхымҭақәада?" — ҳәа санлазҵаа, дааԥыәшәарччан, "Сара соуп",— лхәеит. Уи нахыс, хымԥада ирацәахеит сызҵаарақәа. Абасгьы ихацыркхеит ҳаиҿцәажәара.

"Асахьаҭыхра салагеит хәба-фба шықәса анысхыҵуаз инаркны. Раԥхьаӡа акәны сара исылаз аҟазара азгәалҭеит сан. Раԥхьа амультфильм иалоу ахаҿсахьақәа ԥшшәы рацәала исшәуан. Анаҩс, иацысҵо салагеит, арҿиара нап асыркит. Быжьбаҟа шықәса анысхыҵуаз аамҭазы сара сҟазара азгәалҭеит асахьаҭыхразы исымаз арҵаҩы. Лара исабжьылгеит асахьаҭыхратә школ ахь сныҟәаларц. Сара сақәшаҳаҭхеит. Ус ишнеиуаз? ашкол ашә адыркит, ахәыҷқәа ахьмаҷыз иахҟьаны. Аха сара сгәы касмыжьӡеит, схала иацысҵеит бзиа избоз асахьаҭыхра",— лҳәеит Саида Ԥлиаԥҳа.

Саида ашкол данҭаз, аспектакльқәа, аконцертқәа аныҟаз илыҳәон сахьала еиқәлыршәарц, убас аҭӡыгазеҭқәа, ажурналқәа аус рыдылулаларц. Уи даара гәахәала иҟалҵон, дақәшаҳаҭхон.

© Фото : предоставлено С. ПилияРабота Саиды Пилия
Ахаҳә аԥсы ҭазҵо Саида Ԥлиаԥҳа - Sputnik Аҧсны
Работа Саиды Пилия

"Ашкол саналга ашьҭахь, аамҭала иаанкылахеит снапы злакыз асахьаҭыхра. Сара сҭалеит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҭоурыхтә факультет, нас аҭаацәара аԥысҵеит, ахәыҷы дсоуит. Саамҭа згоз ахҭысқәа еиҳахеит. Сгәы иаанагон асахьаҭыхрахь уаҳа схынҳәӡом ҳәа", — азгәалҭеит Саида ҳаиҿцәажәараҿы.

Аҵыхәтәантәи аамҭазы, Саида аамҭак шаалоуз еиԥшҵәҟьа, бзиа илбо аҟазара дыхнамхырц залшом.

"Сыҷкәын хышықәса анихыҵ, ахәыҷбаҳчахь данца, еиҳа аамҭа соуа салагеит, арҿиара аганахь ала џьара акы снапы асыркырц сҭаххеит. Раԥхьа ашәырақәа рԥара салагарц сҭаххеит, уи иазкыз аҵарахьы сцарц аԥшьызгеит. Аха, ус исгәалашәеит схәыҷаахыс снапы злакыз асахьаҭыхра. Азныказы шәарак сызцәырҵит, акыр шықәса ҵуан ари аус аанкыланы исымеижьҭеи, исықәманшәаламхар ҳәа сгәы иаанагон. Зегь акоуп нап асыркит", — лгәырӷьара ҳәаак амамкәа дҳацәажәон Саида.

© Фото : предоставлено С. ПилияРабота Саиды Пилия
Ахаҳә аԥсы ҭазҵо Саида Ԥлиаԥҳа - Sputnik Аҧсны
Работа Саиды Пилия

Саида Ԥлиаԥҳа еснагь иҿыцроу акы дашьҭоуп, лхала лхы аус адылулоит, лҭаацәаратә ԥсҭазаареи биа илбо ауси еилалыгӡоит.

"Асахьақәа рҭыхразы иарбан шәыгақәоу иалысхра ҳәа сшазхәыцуаз, мышкы телехәаԥшрала избеит ахаҳәқәа рҿы ишҭыхуаз. Асахьақәа зегьы иҭырхуеит, зегьы иҟарымҵо иҿыцу акы саргьы аҟаҵара сҽазысшәап сҳәан хәыцрак сзааит", — лҿыц аԥшьгарақәа ҳзеиҭалҳәон Саида.

Саида лҟазара пату ақәырҵоит дызланагалаз лҭаацәа, лусмуҭақәа рцәыргақәҵара дшахьымӡацгьы избо акыр еилаҳауеит, ҳамҭас илшахьоугьы маҷым.

Выставка к 50-летию Сухумского художественного училища в ЦВЗ - Sputnik Аҧсны
Асахьаҭыхратә ҵараиурҭа астудентцәа рцәыргақәҵа аатит Аҟәа

"Аԥсны амшын аҿықә иқәыԥсоу ахаҳәқәа усгьы ирацәоуп, сыԥшәмеи сареи ҳцаны ирацәаны иҳаҟәшәоит, ҳаҷкәынгьы дҳацхраауеит. Ахәыҷбаҳча аҟынтә аҩныҟа данаалак ахаҳәқәа исҭоит, иара итәала инапаҟынтә иааиуа ала дҭыхуеит. Аиаша ҳҳәозар, иқәманшәалахозшәа збоит", — лҳәеит иҷкәын иҟазара деигәырӷьо ан.

Аӡаҿы имхәашьуа, қәак асыргьы зхыҿра змыԥсахуа, мрак ақәыԥхаргьы ихҩежьаамхо акрилтә шәыгақәа лхы иалырхәоит Саида лнапы злаку аус аҿы.

"Ас еиԥш иҟоу ашәыгақәа схы иархәаны ахаҳәқәа рҿы асахьақәа ҟасҵоит, анаҩс лакла исшәуеит. Зны-зынла аԥстәқәа ҭысхуеит, зны-зынла аԥсабара, ажәакала, еиуеиԥшым аҭыхымҭақәа ҟасҵоит. Уажәааигәоуп саналагаз аҭыхра, убри аҟынтә 40 цыра рҟынӡа ҟасҵахьеит. Аԥхьаҟа исымоу сыгәҭакқәа рацәоуп", — ҳәа азгәалҭеит Саида.

Ииашаҵәҟьаны, Саида даара бзиа ибаны даҿуп ахаҳәқәа рҿы асахьаҭыхра. Иҟоуп имарианы илзааиуа, иҟоуп иара убас еиҳа ихьанҭаны иҟалҵо аусумҭақәа. Лара урҭқәа зегьы лыҽрықәыршәашьа лдыруеит, илыцааиуеит.

© Фото : предоставлено С. ПилияРабота Саиды Пилия
Работа Саиды Пилия - Sputnik Аҧсны
1/5
Работа Саиды Пилия
© Фото : предоставлено С. ПилияРабота Саиды Пилия
Работа Саиды Пилия - Sputnik Аҧсны
2/5
Работа Саиды Пилия
© Фото : предоставлено С. ПилияРабота Саиды Пилия
Работа Саиды Пилия - Sputnik Аҧсны
3/5
Работа Саиды Пилия
© Фото : предоставлено С. ПилияРабота Саиды Пилия
Работа Саиды Пилия - Sputnik Аҧсны
4/5
Работа Саиды Пилия
© Фото : предоставлено С. ПилияРабота Саиды Пилия
Работа Саиды Пилия - Sputnik Аҧсны
5/5
Работа Саиды Пилия
1/5
Работа Саиды Пилия
2/5
Работа Саиды Пилия
3/5
Работа Саиды Пилия
4/5
Работа Саиды Пилия
5/5
Работа Саиды Пилия

"Есҽны иҿыцу аԥшьгарақәа сызцәырҵуеит, схы сзаҟәымҭхо сус саҿуп. Аинтернет аҿы иҿыцу ак гәасҭоит, сара схатәык аласҵоит, абас еиҿыскаауеит, ихасырҭәаауеит сусумҭақәа", — ҳәа азгәалҭоит Саида.

Саида лусумҭақәа макьана џьаргьы ицәырлымгац, аха аԥхьаҟа лгәы иҭоуп уи аус аиҿкаара.

"Сусумҭақәа ауаа иргәаԥханы ирыдыркылар даара агәахәа алысхуеит. Раԥхьатәи алагала агәыҳалалратә фонд "Ашана" ианасшьарц сҭахуп. Иҟоуп хаҳәк сааҭыбжак аус анадызуло, даҽа хаҳәк ҩб-хԥа сааҭ, мамзаргьы еиҳаны аамҭа анысцәаго, еиҳарак иуадаҩуп аԥстәқәа аус рыдулара", — лҟазара амаӡақәа ҳзаалыртуан Саида.

Саида лҭаацәараҿы асахьаҭыхра аӡәгьы инапы алакымызт, лаҳәшьеиҳаб ус хатәгәаԥхарала данҭыхуаз ыҟан умҳәозар.

© Фото : предоставлено С. АшубаСаида Пилия
Ахаҳә аԥсы ҭазҵо Саида Ԥлиаԥҳа - Sputnik Аҧсны
Саида Пилия

"Сара сзаанаҭҵәҟьа аҭоурыхдырроуп, даара бзиа избоит. Уи ахырхарҭалагьы аус зуан, аԥхьаҟагьы бзиа избо аусқәа еиласыгӡаларц сҭахуп. Ахәыҷы ашкол дҭалоит, актәи акласс ахь дцоит сынтәа, саргьы аамҭак ԥшааны сус иацысҵоит ҳәа агәыӷра сымоуп. Сыԥсҭазаара асахьаҭыхра ишадысҳәало азы гәыҩбаракгьы сымам", — лҳәеит Саида ҳаиҿцәажәара хыркәшауа.

Ажәабжьқәа зегьы
0