Удырҩатә еиӷьхааит! Ашәарыцареи Ажәеиԥшьааи ирыдҳәалоу згәаҭақәак

© Sputnik / Томас ТхайцукАшәарыцара
Ашәарыцара - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ашәарыцара асезон аартра инамаданы ишәыдаагалоит аԥсуаа рҿы ашәарыцара иадҳәалоу аԥҟарақәеи ақьабзқәеи ирызку Cусанна Ҭаниаԥҳа лматериал.

Cусанна Ҭаниаԥҳа, Sputnik

Аҳауатә ҭагылазаашьеи аԥсабара абеиареи ирыбзоураны Аԥсынтәыла ашьхақәеи, аԥсҭақәеи, абнарақәеи рҿы еиуеиԥшым ашәарахқәа еснагь ирацәан. Адгьылқәаарыхреи арахәааӡареи ауаа мҽхакыла рнапы аларкаанӡа, ауаа хныҟәгагас ирымаз ашәарыцара акәын. Ашәарыцара иазҟазаз ауаҩы иуаажәлар рҿы лымкаала ҳаҭыр иқәын.

Аԥсуа мифологиаҿы абнеи, абна илоу ашәарахи, ашәарыцареи дрынцәахәуп Ажәеиԥшьаа. "Ажәеиԥшьаа дҭаацәароуп, иԥҳәыс дыҟоуп, иԥшӡоу иблахкыгоу хҩык аԥҳацәагьы имоуп, аԥагьы димоуп. Хыԥхьаӡара рацәала ирахә зыхьчо ахьшьцәа имоуп. Иҭаацәагьы, иаргьы, ихьшьцәагьы ашәарах ржьала ианагь ичоит. Акәац ржәуеит, ирӡуеит, ирфоит, нас урҭ рыбаҩқәа рцәақәа ирҭаԥсаны ҟамчыла ианрыслак, рыԥсы ҭалоит", – азгәаиҭоит аетнограф Чурсин Г. Ф. Ажәеиԥшь ашәарах дырхылаԥшхәуп, иара иимфаз, иуимҭаз уреихсны иузшьуам. Убри азоуп аԥсуаа "Ажәеиԥшьаа иуфахьо, иугахьо ҳаҭ!" ҳәа зырҳәо.

Алхас Конджариа - Sputnik Аҧсны
Алхас Канџьариа: ашәарыцара уанцо, уҿы уаԥшны уцәажәароуп

Аҵарауаҩ Шь. Д. Инал – иԥа ишәҟәы "Абхазы" аҟны ашәарыцара аамҭақәа хԥа аликаауеит: аԥхынтәи (абџьар ахархәарала ашьха иҟоу ашәарах реишәарыцара), ҭагалан – аӡынтәи (ашәарыцаҩцәа ргәыԥ ашьацҳәақәеи, абџьари, ала шәарыцақәа рылеи ианышәарыцо), иара убас абназара (охота в лесу). Инал-иԥа излаиҩуа ала, ажәытәан ашәарыцаҩ ашәарыцара ҳәа иҿаныҩеихоз иҭаацәара иалахәыз рҟәых (дара иртәыз акы) рымихуан, нас урҭ иахьырымбаша ҭыԥк аҿы ибылуан, уи былуанаҵы "Саныҟам сҭаацәара аҩнуҵҟа еимакык ма гәынхарак ҟалар, уи сахьцо исԥырхагамхааит!" ҳәа дматанеины имҩа дықәлон. Ашәарыцаҩ шәарыцара дахьцаз, дышцаз рҳәомызт. Акыраамҭа даанхеит ҳәагьы иахашшаауамызт.

"Аԥсны ашәарыцара еиҳа иаамҭоуп ҳәа иԥхьаӡоуп ҽаҩраҭагаланшьҭахь, ажь анҿырхлак. Уи ашықәс ҿыц ианазааигәахо ауп. Шәарыцара ианцо аламҭалаз гәыԥҩык ашәарыцаҩцәа ахә еилаԥсаны аџьма шьтәа, ма ауаса шьтәа рыхәҳауан, уи ршьуан Ажәеиԥшьаа рыхьӡала абнараҿы ҭыԥ цқьак алԥшааны убра иныҳәаны убасоуп ашәарыцара ишцоз", – иҩуан аҵарауаҩ Ажәанба.

© Sputnik Леон Гәниаашәарыцара асезон
ашәарыцара асезон - Sputnik Аҧсны
ашәарыцара асезон

Ашәарыцара иазҟазоу ашәарыцаҩцәа нагақәа ирымоуп изықәныҟәо рхатә ԥҟаррақәа:

• Ашәарыцаҩцәа ирызхаша, знык ирзышьҭыхша аиҳа ршьыр ауам.

• Зцәа зтәымкәа иҟоу, ма аԥацәа зҵоу ашәарах ршьыр ауам.

• Зыԥшшәахәы шкәакәоу ашәарах ушьыр ауам, избанзар, урҭ Ажәеиԥшьаа ирахә зыхьчо ахьшьцәа роуп ҳәа ирыԥхьаӡоит.

Хыхь ишаҳҳәаз еиԥш, ашәарыцаҩцәа шәарыцара ҳәа ашьха ианцо ыҟоуп. Ашьха ашәарыцара ахатәы хымҩаԥгашьа амоуп:

Ашәарыцара - Sputnik Аҧсны
Ашәарыцаратә бызшәа амаӡақәа

• Ашьхараҿы уааҟәымҵӡакәа аҟәҟәаҳәа ухыслар ауам, узеишәарыцо цқьа уазкылԥшны иақәуршәароуп.

• Убжьы рдуны, ҿҭыӡәӡәала ацәажәара, аимак-аиҿак ашьха бзиа иабом, иаҵасым.

• Убжьы ҭыган уҵәыуар, ма алаӷырӡ кауҭәар ауам.

• Ашьха мыцхә уцәа хутыр, ма уцәа хтны аӡы уҭалар ҟалом.

Аԥсуа шәарыцара ицо ашәарыцаҩ диԥылар "Зыԥсра аахьоу узыԥшуп!" – иҳәоит. Ашәарыцаҩ ҭакс: "Еицаҳзыԥшуп!" – иҳәоит.

Ашәарыцаҩ дшәарыцаны аԥсаатә, ма ашәарах шьны ианааиго дуԥылар "Удырҩатә еиӷьхааит!" – рҳәоит. Ашәарыцаҩ ҭакс иҳәоит: "Бзиа убеит!", ма "Еиӷьу ала ҳдырчааит".

Иазгәаҭатәуп, Кавказ иқәынхо ҳашьцәа адыгақәа рҟынгьы абнеи ашәарыцареи рынцәахәы дшыҟоу, уи Мезиҭх ихьӡуп. Иара шәарыцацәа маншәалахаразы имҵаныҳәон, иара абынҳәа дақәтәоуп ҳәа агәаанагара рыман.

Ауаԥсаа рҟны акәзар, ашәарахи ашәарыцареи анцәахәы Афсаҭ (Афсати) ихьӡуп. Ауаԥсаа рмифологиаҿы Афсаҭ дбыргуп, ашьха акәцә дықәтәоуп ижакьа шкәакәа асаара ишьҭасуа. Уаантә ҭынч ашәарах дырхылаԥшуеит, азин уимҭакәангьы ашәарах узшьӡом.

Ажәабжьқәа зегьы
0