Алхас Канџьариа: ашәарыцара уанцо, уҿы уаԥшны уцәажәароуп

© Sputnik / Саида ЖибаАлхас Конджариа
Алхас Конджариа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Зегьы ҳашьцылахьеит, ҳжәытә бзазареи, ҳҵасқәеи, ҳқьабзқәеи абыргцәа аналацәажәо. Убри аҟнытә, иџьоушьаратәы иҟоуп, 35 шықәса зхыҵуа Алхас Канџьариа, ажәытәи аҿатәи еиҿырԥшуа ашәарацара аԥҟарақәа дахьрылацәажәуа.

Саида Жьиԥҳа, Sputnik

Алхас даныхәыҷыз инаркны ашәарыцара аинтерес изаҵан. Есқьынгьы, аҩны, иаб иҩызцәа, мамзаргьы џьара сасра дыҟанаҵ, аиҳабацәа уи атема ианалацәажәоз, ихы азышьҭны дырзыӡырҩуан. Абыргцәа дрыҿцәажәон, иҭиҵаауан абна аԥҟарақәа. Арԥыс 20 шықәса анихыҵ инаркны, аиҳабацәа дрыцны ашәарыцара дҭыҵуа далагеит.

"Сара ашәарыцара атемала сзыҿцәажәахьоу рацәаҩӡоуп, иҭысҵаахьоугьы маҷым. Аиҳабацәа исабжьаргаз алоуп, 15 шықәса раахижьҭеи машәырда ашьхеи абнеи еимданы, ашәарахи абнатәԥсаатәи рыла сбеианы сзаауа", — иҳәоит ашәарацаҩ қәыԥш.

Охота - Sputnik Аҧсны
Ажәеиԥшьаа рҭыԥҳа дшышәииз: ашәарыцара иазку жәлар рҳәамҭақәак

Ажәытәан, гәыԥ-гәыԥла, алақәа рыманы, мчыбжьык аҟынӡа ашьхарахь ианцоз ыҟан. Амҩа иқәлаанӡа, ашәарыцара анцәахәы Ажәеиԥшьаа иҳәон машәыр рыдимкыларц, иманшәалахарц, рхәы рыманы ихынҳәырц. Иара убас акәырбан рықәырҵон, еибга еизҩыда иаар, арбаӷь шыршьуа ҳәа.

Ажәытәан Ажәеиԥшьаа ианимҵаныҳәоз, игәра ргон, иқәгәыӷуан, аха иҟалалон, адоуҳатә мчы тәамбашақә изԥхьаӡоз, уи амашәыр дақәымшәар ауамызт.

"Гәыԥҩык аиҩызцәа шәарыцара ианцоз аламҭалазы, Ажәеиԥшьаа иашьаԥкит. Амашәыр алԥхеи, ақәнагеи ирықәшәарц. Руаӡәы, ус ҿааиҭит, ирҭахыу ашәарах рмоур, ишьапы кны алада дшылбааиго. Егьырҭ иҩызцәа иргәамԥхагәышьеит, аха иҟарҵарызеи, амҩа иқәлеит. Аха хара изымнеит, зҿы избалак азырҳәаз ишьапы ԥҵәеит. Даргьы дныжьны изымцеит, ихнымҳәыр амуит. Амашьына ианақәҭәа, еиҭа ахьаа шимазгьы, ибз иҿы иҭамгылеит, еиҭа дыцәҳаит. Аиҩызцәа аамҭакы ашьҭахь, рмашьына ааҳәит. Анцәа имчала рыԥсқәа еиқәхеит. Абас ала, Ажәеиԥшьаа адырга риҭеит, абна аԥҟарақәа реилагара шыҟамло, убз иубалак шарҳәатәым, иахәҭоу ахымҩаԥгашьа шаҭахыу", — иаҳахьаз ахҭыс еиҭеиҳәоит ашәарыцаҩ.

Абас еиԥш аҭагылазаашьақәа ирықәымшәарц азы, еишьцылахьоу, зыгәра еибагоу агәыԥқәа, иҿыцу аӡәы данрыднагало еиҳараӡак мап ицәыркуеит.

Алхас иажәақәа рыла, иара ихала данышәарыцо еиҳа еиӷьеишьоит, избанзар ихы мацара дақәгәыӷуеит, игәы ҭынчуп. Аха иҟалалоит иҩыза даницу, мамзар гәыԥҩык анеицу. Хымԥада, усҟан, ҷыдала аԥҟарақәа азгәарҭоит. Ицәҳаӡом, ажәа еимаркӡом.

"Аиҳабык изласаиҳәахьо ала, уҩыза ашәарыцара ааԥхьара уиҭар, иара иаԥхьа ашәарах убар, уимазҵаакәа ухысыр ҟалаӡом, уара дугазар, дымҵаакәа уаԥхьа дхысыр азин имам. Агәыԥ анеицу, раԥхьа ихысуа, ашәарах зылаԥш иҵашәаз иоуп", — еиҭеиҳәоит Алхас. Зны, ашьхараҟны ҩ-гәыԥк ҳаиқәшәеит. Сара сызлаз аҟны, руаӡәк илаԥш иҵашәаз ашәарах, егьы агәыԥынтә, дымҵаакәа деихсит. Аха иара мыцхәы дқәыԥшын, иҟаиҵаз изеилымкааит, убри аҟынтә ицыз аиҳабы ҳҿаԥхьа аҭамзаара шьҭеиҵеит".

Ашәарах ажьы анеиҩыршогьы, ахатәы ԥҟарақәа амоуп.

"Ашәарах зшьуа, иара илбааигаӡом. Ианеиҩыршогьы, аиҳабы иоуп ахәҭақәа зырмазеиуа. Изшьыз бӷала дгылоит. Анаҩс иазҵаауеит, абри ахәҭа зтәыда ҳәа. Иара, еицу рахьтә зыхьӡ иҳәо итәхоит. Иҟалоит ихазы иҳәаргьы. Агәыԥ алақәа рыцзар, абнатә ԥҟарақәа рыла, урҭгьы рыхәҭа ршароуп. Ашәарах ацәа, зинла изтәхоз изшьыз иакәын", — ҳәа азгәеиҭоит Алхас.

Алхас Канџьариа игәы иалоуп, иахьатәи ашәарыцаҩцәа, ашәарах пату ахьақәрымҵо.

"Ажәытәан, ашәарах ахы шалаз ирыцәцаргьы, зегь акоуп, ирулак иԥшааны аԥсы ахырхуан. Избанзар, ус инрыжьыр, уи ачымазара ахылҿиаар алшон, егьырҭ рахь азҩа ииасуан. Иара убас ианаақәшәо ишәарацомызт. Дара ирдыруан, аԥстәқәеи аԥсаатәқәеи анцәтәуаз, ианхылоз. Аамҭа рырҭон аҿиаразы, аизҳаразы", — ҳәа ҳаилиркааит ашәарыцаҩ қәыԥш.

Ашәарыцара азакәанқәа азгәалҭар акәын аҩнԥҳәысгьы. Лара лыԥшәма ашьхарахь дыҟанаҵ, ашҭа лыԥссаӡомызт, аҩны агәамсам дәылылгаӡомызт, иманшәалара цоит ҳәа иԥхьаӡан. Иара убас, аԥшәма аӡәы дидҵааларгьы, шәарыцара дшыҟоу лӡон, џьара дымҩахыҵит лҳәон.

Ашәарыцара - Sputnik Аҧсны
Ашәарыцара иазку ажәақәа бзианы ижәдыруама?

Ашәарыцаҩ амҩахь иҿаҳауазгьы, уабацои ҳәа диазҵаар иашаӡамызт. Ашәақь зку уилацәажәар ҵасымызт, амшьҭ иқәшәоит ҳәа ирԥхьаӡон. Зцәазтәымыз аԥҳәыс, лыԥшәма дшәарацомызт, ашьа каиҭәар, ииуа асаби ашәахсҭа иҿалоит рҳәон.

Алхас иҳаилиркааит, Аԥснытәи ашьхақәа абнаҳәақәеи, ақәасабқәеи, абнацәқәеи рыла ишбеиоу. Убас ирацәаӡоуп аԥсаатәқәагьы. Аха ҳара ҳабна пату ақәаҳҵароуп. Аԥҟарақәа ирықәыршәаны, ианаамҭоу, ишаамҭоу еилкааны ушәарыцароуп.

"Иахьа ашәарыцара аамҭа иатәым. Ак заҵәык амшә аҭыҩра иҭыҵит, ацәа иалҵит. Аха уи азышәарыцара цәгьоураны сахәаԥшуеит. Иара уажәааны ажьы ақәӡам, ашшеи ацәеи рзы мацара ақәхра ҟалом", — иҳәоит ашәарыцаҩ.

Алхас иазгәеиҭоит, ашәарыцара ушьа- уда иалазароуп ҳәа. Избанзар, аԥстәқәеи аԥсаатәқәеи ареихсра мариам, уи агәы умазароуп, уџьбаразароуп. Анкьа, ҳабдуцәа рхаан, ашәарыцаҩцәа, абна бызшәала еицәажәон. Иахьатәи аҿаргьы азҿлымҳара арҭоит, аха игәныркыло уи аҟара ирацәам.

"Абна бызшәала имаҷӡоуп ицәажәо. Сара ишыздыруа амшә-шьапҟьаҟьа ҳәа иашьҭоуп, ала – аҿышәа, агәаҷ – аиҵбы, ацәымш – аиҳабы, абнала-абга, алашарбагасса-аеҵәақәа, ауамш-ауаа рацәа, ахыбаҟә-аты, ацаԥшь-амра, уҳәа. Ари абызшәа ҷыда ахархәара аман, ашәарах мшәарц азы", — иҳәоит Алхас.

Ашәарыцараҟны, агәаҷ зынӡаск ацәымш ииҳәо дахыԥар ҟалаӡомызт. Уи иажәеи идҵақәеи иара изы изакәанын. Абнараҟны, аҭаҭын ахарагьы мап ацәкын. Избанзар анаҟә лаҟәын, аҭаҭын иахылҵоз алҩа адгьыли анаҟәи ирыбжьан, афҩы зԥынҵа иҭасуаз ашәарах арҭ аҭыԥқәа аанрыжьуан, ауаҩы дшааигәахоз еилыркаауан.

Ашәарыцараҟны, ахымҩаԥгашьа ароль ду нанагӡоит. Ашьхара уаршәар ҟалоит, уҭанархар алшоит. Убри аҟнытә, еицу пату еиқәҵаны, ражәа раӡаны, аиҳаби аиҵби еизыӡырҩны абна аԥҟарақәа еиларымгароуп.

Алхас Канџьариа, ашәарыцара абзиабаҩцәа рахь ихы нарханы аҳәара ҟаиҵоит, абнатә ԥстәылеи, ԥсаатәлеи ибеиоу Аԥснытәи ашьхақәа ҳаҭырла ирызнеиларц. Баша рхы ԥыршәоит ҳәа аԥсабара ааха арымҭаларц.

Ажәабжьқәа зегьы
0