Сырма Ашәԥҳа, Sputnik
Ҭырқәтәыла, Каиалар ақыҭаҿы инхо Ердынџь Аҭеиба, аԥсуа жәлар рҭоурых, ркультура, рҵас-рқьабз акыр дрызҿлымҳауп. Атәым дгьыл аҿы ибла ҷыц еиԥш дрыхӡыӡаауа имоуп иабдуцәа Аԥснынтә ихҵәаны Ҭырқәтәылаҟа ианнанагоз иргаз рҟәых, аԥсуа жәлар рмилаҭ-базазаратә маҭәахәқәа. Урҭ иахьа музеик аҳасабала дахьынхо аҭыԥ рзалхны имоуп.
Сырҿиаратә усура аҳәаақәа ирҭагӡаны, изныкымкәа сырҭаахьеит Ердынџь Аҭеиба иҭаацәа, иԥшәмаԥҳәыс Мелеқь д-Ашәԥҳауп, сара дсыжәлантәуп, уи еиҳагьы агәахәара снаҭеит. Ердынџь Аҭеиба ҩыџьа ахшара драбуп, ирызҳауеит арԥызбаки, ԥхәызбаки. Иԥҳа Аканда лакәзар, шықәсқәак раԥхьа Ҭырқәтәылантәи Аԥсныҟа ԥсшьара ҳәа иаауаз ахәыҷқәа ргәыԥ даланы даахьеит. Уижьҭеи лыԥсадгьыл ахь илымоу агәыбылра азнеишьа еиҳагьы иҵаулахеит. Ари аҭаацәараҿы аҳра ауеит аԥсуара, уи ҩашьарак ақәымкәа еилыкка иубоит ахәыҷы инаиркны аду ихымҩаԥгара аҟынӡа. Рхы-рыԥсы Аԥсныҟа икыдуп, рҭоурыхтә ԥсадгьыл аҿы имҩаԥысуа ахҭысқәа рыгәҭа игылоуп.
"Аԥсҭазаараҿы шәарак сымоуп, атәым дгьыл ҳалаӡыр ҳәа сшәоит зыԥсадгьыл иқәнымхо аԥсуаа. Уи сара сахаанхарым аха, ҳцашьала сахәаԥшуазар, абахә ҳталаны ҳцошәа ауп ишызбо. Аԥсҭазаара иамоу абзиарақәа анубалак урыманы ԥшьаала рҿынархоит, иумбаӡакәа уаманы ицоит, аха нас узымхынҳәуагьы уҟанаҵоит. Уи аамҭа аура ахьынӡанаӡо сара егьсыздыруам", — ҳәа азгәеиҭеит Ердынџь Аҭеиба ҳаиҿцәажәараҟны.
Ахәаанырцә инхо ҳџьынџьуаа рҭоурыхтә ԥсадгьыл радыԥхьалара, иҳабжьоу аимадара арӷәӷәара, ҳҳәынҭқарреи ҳажәлари рҿаԥхьа иӡбатәны иқәгылоу азҵаарақәа рынагӡараҿы ҳахшыҩи, ҳамчи, ҳалшареи еилаҳҵароуп ҳәа дахәаԥшуеит атәым дгьыл аҿы зыԥсадгьыл иазгәышьуа инхо Ердынџь Аҭеиба. Ҳџьынџьуаҩ, Ҭырқәтәыла иара дахьынхо аԥсуа қыҭаҿы еиҿкаау аԥсуаа ркультуратә хеидкыла напхгара аиҭоит. Еизҳауа аҿар рмилаҭтә хдырра амырӡразы илшо аиҿкааратә усқәа зегьы мҩаԥигоит. Ишазгәасҭахьоу еиԥш, иҩны унеир, аԥсуаа ажәытә рхы иадырхәоз анхара-бзазаратә маҭәахәқәа зегьы еиқәырханы, улаԥш иахьыҵашәаша ицәыргақәҵаны имоуп. Ус баша унахәаԥшны уавсны узцашам, зегьы рхаҭә ҭоурых рымоуп, зегьы ажәытәтәи аԥсуа цәа рыҟәнуп, ҳҭоурых иаҿахәҳәагоуп.
"Сара саб дхәыҷын, фышықәса ракәын ихыҵуаз, сабду аибашьраҿы дышҭахаз ала ахабар анроу. "Игагоуп исгәалашәо" иҳәалон саб, сабду изы, дигәалашәаӡомызт ҽеила. Ҳажәлар рхы иадырхәоз, сара сҿынӡа дара ирымҭаны исоуз ажәытәтәи аԥсуа маҭәахәқәа даара ҳаҭыр рықәҵаны иҵәахны исымоуп", — иҳәоит Ердынџь Аҭеиба.
Ердынџь дзыхӡыӡаауа имоу амаҭәахәқәа рахьтә, аҭоурых аиҭаҳәара хациркит иабду иаб иитәыз акәадыр ала. Иара иабду иаб икәадыр, Аԥснынтә Ҭырқәтәылаҟа инанагеит 1851 шықәса рзы.
"Аԥсуа кәадыр ҳәа иара хаз ҟаҵашьак, формак амоуп. Сабду иашьагьы аибашьраҿы дҭахеит. Хҩы аишьцәа ыҟан урҭ, реиҳабы Мамсыр ихьӡын, уи дынхеит, иашьцәа аибашьра ду аҿы иҭахеит. Сабду иашьа Қәача иԥа Аадиль ихьӡын, арра дахьыҟазгьы дҽыуаҩын. Арра дцаанӡагьы ауахьад иман. Уаҟагьы аинрал иҽыуаҩ иакәын. Аинралгьы ари иуаҩышьа ицқьашьа аниба, иҩны дынирхон", — ҳәа аҭоурых дагәыланагаланы дцәажәон Ердынџь.
Ердынџь аҵара аниҵоз шықәсқәак Аадиль иҿы дынхон, излаиҳәо ала ихарҭа (иџьабаа) рацәаны идуп. Ҷыдала бзиа дибон, ишырҳәо еиԥш игәы, дадкыланы диман.
"Зыӡбахә сымоу саб иашьеиԥа, аҽқәа ртәы идыруан ҳәа, акәадыр иара иҿы инанаганы иҟан. Данҭаҳмадаха, иԥҳа Сҭампылҟа илгеит, ирԥшӡаны ҭыԥк аҟны икҿаҵаны илыман. Иԥҳа, ус зны длазҵааит:"скәадыр абаҟоу?" ҳәа. "Сара изгеит саб, сара сҿы иҟоуп" лҳәеит. "Уи арахь иаага, сара саныԥслак, иара атәы, иара ашьҭра здыруа Ердынџь изынхааит" ҳәа. Абас, иахьа сара снапаҿы иҟоуп жәларык рлахьынҵа, рҭоурых иаҿахәҳәагоу аԥсуа кәадыр", — иҳәеит Ердынџь Аҭеиба.
Ажәытә маҭәахәқәа рыхьӡқәа зегьы бзианы игәалашәоит Ердынџь. Иҟоуп, урҭ рахьтә сара исзымдыруаны раԥхьаӡа акәны исаҳақәазгьы.
"Ауаса зладырҟәыдуаз аԥсард ахьӡуп. Аԥсард захьӡу ауаҩы изымдырыр ҟалоит, аха ула ианабо ахьӡгьы ыӡӡом. "Ари закәузеи?" ҳәа дҵаар, ахьӡгьы иауҳәоит. Ацә уардын иамаҭәахәқәоу: ауӷә, аҵрыжь, алыга уҳәа урҭқәа аӡра иаҿуп. Имыӡырц азы иныҟәугароуп, аԥсуа литератураҿы иҟазароуп, аҿар ирдыруазароуп. Аҵла акылҵәага апарпанта, ахәархь, ацәыгақәа уҳәа ирацәоуп исымоу. Саб даара дуасҭан, абарҭқәа зегьы ихы иаирхәон, сара исырӡыр ҟалома?!" — ҳәа азгәеиҭоит, заԥсуа бызшәа ажәар акырӡа ибеиуоу Ердынџь Аҭеиба.
Ердынџь Аҭеиба, аԥсуара аҵасқәа ирҿахәҳәагоу даҽа ҟазшьа ссиркгьы ныҟәигоит. "Уи иарбану?" ҳәа саниазҵаа, абас иҳәеит:
"Сара снапала амҳаԥ (амҳабысҭа) ҟасҵоит. Ҭацаны ҳқыҭахь иааҭалаз, мамзаргьы ҭацара ицарц згәы иҭоу аҭыԥҳацәа зегьы ирысҭоит акака мҳаԥ. Уи аҿахәы, аҵакы иара амацара иаҳәоит, сара ақәҿысҭӡом", — иҳәеит заԥсуара заԥхьа изыргыло Ердынџь Аҭеиба.
Аԥснынтә ахҵәара иақәшәаны Ҭырқәтәылаҟа инанагаз Аҭеииа рахьтә зегь иреиҳабӡаз Хәаҭ ихьӡын. Уи хҩы аԥацәа иман. Мамсыр, Гыд, Қәача. Гыд, Ердынџь иабду иакәын, ԥазаҵәык диман, иара иаб иакәын. Ердынџь иаб хәҩык ахшара ихылҵит, хҩык аԥхацәеи, ҩыџьа аԥацәеи. Урҭ ирхылҵыз Аҭеииаа ракәзар, иахьа рабиԥара хадырҭәаауеит.