Здание репатриации - Sputnik Аҧсны
Арепатриациа
Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы аинформациала 11 нызқьҩык рҟынӡа ҳџьынџьуаа Аԥсны атәылауаҩра рымоуп. Рыԥсадгьыл ахь ихынҳәит хә-нызқьҩык рҟынӡа.

Ердынџь Аҭеиба: агәыбылра акәиц угәаҵа ианҭашәа, уԥсадгьыл ахь ухьамԥшырц залшом

© Фото : Аслан КокоскирЕрдынџь Аҭеиба
Ердынџь Аҭеиба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҭырқәтәыла, Сақариа ақалақь аҟны инхо, зыԥсадгьыл гәыбылрала иазыҟоу ҳџьынџьуаҩ Ердынџь Аҭеиба диҿцәажәеит ажурналист Сырма Ашәԥҳа.

Сырма Ашәԥҳа, Sputnik

Ҭырқәтәыла, Сақариа ақалақь иаҵанакуа Каиалар ақыҭаҿы дынхоит ҳџьынџьуаҩ Ердынџь Аҭеиба. Ердынџь изныкымкәа Аԥсныҟа даахьеит, ҳдиаспореи ҳареи иҳабжьоу аимадарақәа рырӷәӷәара аус аҿы акыр илша рацәоуп. Еснагь гәыла-ԥсыла, хшыҩла иԥсадгьыл дадҳәалоуп, ацәгьа-абзиа аусқәа рҿы ижәлар дрыдгылоуп.  Дызлацәажәо ихатәы бызшәа акәзар, акыр ухнамхырц залшом.

"Каиалар ақыҭа ажәытә Хәаԥ ҳәа иашьҭан. Хәаԥ иҭыҵны иахьнеиз акәӡам ахьӡ ус изахырҵаз, ԥсабарала Аԥснытәи Хәаԥ иахьеиԥшыз азоуп. Ааигәа иҟоу ақыҭа Лыхны ахьӡуп. Ҭырқәшәала ахьӡқәа рхызаргьы, ажәытә аԥсуа хьӡқәа ҳмырӡырц ҳҭахуп", — иҳәоит Ердынџь Аҭеиба.

Каиалар инхо аԥсуаа злацәажәо абызшәа абзыԥқәа рдиалект иаҵанакуеит.  Ақыҭанхацәа рхыԥхьаӡара 300-ҩык рҟынӡа инаӡоит, атәым милаҭ дрыланхаӡом.

Ердинч Аҭеиба - Sputnik Аҧсны
Ердынџь Аҭеиба: Аԥсныҟа шықәсык сымцар, сгәы сыхьуеит

"Ақыҭа ахадара иадҳәалоу шьоукгьы ыҟоуп, аха урҭ наскьаганы, иԥхьакны инхоит. Урҭ ҳацәгьа-ҳабзиа иалагылаӡам, ахсаалала ҳқыҭа иадҳәалоуп умҳәозар. Иахьа уажәраанӡа ҳқыҭа ахада даԥсыуоуп, иаԥсыуам уахь неишьа имаӡам", — ақыҭа аԥсҭазаара аиҿкаашьа ҳзеиҭеиҳәон Ердынџь Аҭеиба.

Ишдыру еиԥш, Ҭырқәтәыла ақалақьқәеи ақыҭақәеи рҿы еиҿкааны иҟоуп аԥсуаа рхеидкылақәа. Убас еиԥш, Каиалар ақыҭаҿы иҟоу аԥсуа дернеқь напхгара азиуеит зажәеи зуси еимадоу, аԥсуара акыр згәы азыбылуа Ердынџь Аҭеиба.

"Ҳҿар, еиҳаракгьы аԥхынра аамҭазы убра еизибагоит, ашәа рҳәоит, икәашоит, абызшәа аганахь ала ауадаҩрақәа ҳамоуп имаҷымкәа, аха аԥсуаҵас инеиқәлацәаны иҟоу аҿар реибабашьа, ргәыбылра иҵегьы ишьҭанхырц азы ҳаԥхныҩлоит", — иҳәоит ҳџьынџьуаҩ.

Муҳаммед Рауф Абазеи (Маан) уи иԥшәмаԥҳәыс Амани Салиеи - Sputnik Аҧсны
Муҳаммед Рауф Абаза: ҳаҧсадгьыл ахь амҩа ылаҳхит

Дыҟамзар ҟалап аԥсыуак Ҭырқәтәыла, мамзаргьы Аԥсны дынхоны зыжәла аҭоурых иазҿлымҳам, нырцәи-аарцәи ҳәа еиҟәшахаз аижәлантәқәа, аишьцәа реигәныҩра иашьҭам.

"Ҳара ҳқыҭаҿы инхо аԥсуа жәлақәа маҷым. Уажә схаҿы иааиуа, ақыҭа сыла аԥыхьа иааганы ишәзеиқәысыԥхьаӡап: Ебжьноуаа, Габниаа, Барцыцаа, Жьиаа, Аҭеибацәа,  Ҭаскәач-иԥацәа (Папбақәа), Қапаа, Аҭарбақәа, Хагәышьаа, Қацәаа, Чал-иԥацәа, Палаа, Ацәеибақәа, Агәымбақәа, Ҟаитанаа ҭӡык ыҟоуп, Ҳаразиаа, Аҷанбақәа уҳәа ҳқыҭа иаланхо аԥсуа жәлақәа рацәоуп", — ҳәа азгәеиҭоит Аҭеиба.

Аҭеибақәа рыжәла Аԥсны имаҷзаргьы, Ҭырқәтәыла ирацәоуп. Ердынџь  иԥсадгьыл ахь данаауа иашьцәеи иареи шамахамзар еибамбакәа иҟалом.

Рыдуан Ажәанба - Sputnik Аҧсны
Рыдуан Ажəанба: Аҧсназы иҟасҵазеи иахьа ҳəа ихəыцлар бзиоуп ҳауаажəлар

"Абра иҟоу сашьцәа идмырӡыз, ҳарҭ иҳарӡыз ажьира рымоуп. Џьырхәа, Блабырхәа ақыҭақәа рҿы инхоит Аҭеибақәа ара. Ҳара ҳабшьҭра аҭоурых иазкны аҭҵаарақәа ахьыҟаҳҵаз излаҳарҳәаз ала, Џьырхәа Хәаҭ иӡыхь ҳәа иҟоуп,  уи ҳара ҳабду иакәын. Ҳашьцәеи ҳареи ҳахьӡ-ҳахьымӡӷ акуп, зегь рыла ҳаилахәуп", — иашьцәа дрызгәыдууны дҳацәажәон Ердынџь Аҭеиба.

Аԥснынтә ахҵәара иақәшәаз ҳхылҵшьҭрақәа еизҳауа абиԥарақәа имырӡӡакәа ирымардоит ирдыруа аҭоурых.

"Сабду иаб иоуп Аԥснынтә Ҭырқәтәылаҟа инанагаз.  Саб Риза ихьӡын, уи иаб Гыҭ ихьӡын. Гыҭ, хаџьра иахьцо аибашьраҿы џьара дҭахеит. Ҭырқәтәылагьы шьала-дала ҳҽалаҳархәит, ушьа каҭәаны адгьыл сыхьчоит ҳәа уаналагалак аԥсадгьылрахь ахы рхоит. Гыҭ иаб Хәаҭ ихьӡын, уи иабгьы Ҭаашьықә ихьӡын. Ҭаашьықә иоуп арантә иқәҵыз, сабдугьы дхәыҷны арантә ауп уахь дышнанагаз ҳәа иаҳдыруа", — иҳәоит Ердынџь аҭоурых дазхьаԥшуа.

Ердынџь иаб иан д-Агәмааԥҳан, уи лан Цәышԥҳан, иан лан Жьиԥҳан, уи лан Ашәԥҳан. Иан Ҭаскәачԥҳан.

Нарҭ Ҭлыша - Sputnik Аҧсны
Нарҭ Ҭлыша: сара ҩ-бџьарк сымоуп, акы – абызшәа, аҩбатәи - ақьабз

Хаҭала, сара зыӡбахә сымоу Каиалар ақыҭа саҭаахьеит. Ииашаҵәҟьаны, Аԥсны уҟоушәа узааиуеит, уахьынаԥшааԥшлак зегьы аԥсуа цәа рыҟәнуп, иуаҳауа аԥсуа бызшәа акәзар угәы арҟәандоит,  аԥсуара зегь реиҳа ихадароу аҭыԥ аҿы игылоуп.  Иҟалап Аԥснынтә инеиз аԥсыуак ари ақытаҿы дымнеикәа дымхынҳәыцзар, аишьцәа Ердынџьи Иумиҭи рчеиџьыка агьама мбакәа  иҟамлацзарц. Исгәалашәоит Аԥснытәи аделегациа журналистк лаҳасаб ала срыцны Каиалар ақыҭа санаҭаа, Аҭеиаа рҭаацәараҿы ашьтәа кажьны ианаҳзыршь. Сгәы иҭынҵәом усҟан аишәа-чара иадыргалаз абыргцәа, исаҳаз ажәытә жәабжьқәа уҳәа схәыцраҿы аҭыԥ аанызкыло агәалашәара ԥхақәа.

© Фото : Аслан КокоскирЕрдынџь Аҭеиба
Ердынџь Аҭеиба - Sputnik Аҧсны
Ердынџь Аҭеиба

"Атәымуаҩ дрыладмырхаӡеит аԥсуаа, тәымуаҩык рқыҭаҿы днанагаргьы длаԥшықәҵаны далҵаанӡа ишьклаԥшуан.  Аԥсуаа рҵасқәа акы иаагмырхаӡакәа имҩаԥыргеит. "Ашәақь анаԥшьыҵ, аҳәа амч цеит" — ҳәа жәаԥҟак ыҟоуп. Амчымхарақәа аԥшьыҵит, анхара иаанагоз ала рхы рзымҩаԥымго ианыҟала адәахьы аусуразы ицаз дҟалеит, аҵаразы ицаз дҟалеит, иаԥшьыҵыз арадиои ателехәаԥшреи тәым жәларк рҿы уаныҟалалак иуԥырхагахоит. Аҭырқәшәала ухәыцны аԥсшәахь иурхо уаналагалак  ауадаҩрақәа аԥшьнагоит. Егьа ус акәзаргьы ҳаԥсуа қыҭақәа реиқәырхара, ҳаԥсуа бызшәа амырӡра ҳашьҭоуп", — иҳәеит Ердынџь Аҭеиба.

Ателехәаԥшра абзиараз ҳәа алҳәеит: Екатерина Бебиаԥҳа лиубилеит азгәарҭеит - Sputnik Аҧсны
Ателехәаԥшра абзиараз ҳәа алҳәеит: Екатерина Бебиаԥҳа лиубилеи азгәарҭеит

Ердынџь Аҭеиба аԥсышәала аҩышьа, аԥхьашьа идыруеит, уимоу ҳаԥсуа шәҟәыҩҩцәа раԥҵамҭақәа, ражәеинраалақәа ҿырҳәала исахьаркны даԥхьоит. Ердынџь, хҩык аиҳәшьцәеи иашьаки драшьеиҵбуп. Рхылҵ-ԥылҵ рацәоуп. Уажәтәи Аԥсныҟа иаара, ажурналист Екатерина Бебиаԥҳа лиубилеитә ныҳәа аҽалархәра иазкын. Иазгәаҭатәуп,  Екатеина Бебиаԥҳаи Ердынџь Аҭеибеи,  шықәсқәак раԥхьа еишьцәас ишыҟеибаҵаз. Уи аԥсуаа рҿы хымԥада аҳаҭыр ду амоуп, аешьара, аеҳәшьара аныҟәеибагара. Урҭ аԥҟарақәа зегьы ламысцқьала дрызнеиуеит Ердынџь Аҭеиба.

"Ус еиԥш анахьӡаҳтә нахыс ҳаибабара даҽакала аҽышьҭнахт. Ҭаацәала ҳаибабоит, аимадара ҳабжьоуп. Ишьамхнышланы, иҳәазаны иаатәызаргьы саауеит гәыла-ԥсыла. Агәырӷьара амш ауаҩы ианицеиҩушо, агәырӷьара аҽазнарҳауеит, ацәгьара Анцәа иаҳҟәикааит зегьы, ацәгьараҿгьы уеидгылар агәыхь еиқәнартәоит", — ҳәа ихәыцрақәа ҳацеиҩишеит Ердынџь Аҭеиба.

Рыдуан Агрба - Sputnik Аҧсны
Рыдуан Агрба: аԥсуа дахьыҟазаалакгьы ԥсадгьылк ауп имоу

Ердынџь игәазыҳәарақәа иреиҳауп атәым тәылаҿы инхо еизҳауа абиԥараҿа рхатәы бызшәа мырӡкәа иалацәажәаларц,  ишаԥсацәоу рдыруазарц, изланхо амилаҭ ирыламыӡҩарц, рыԥсадгыл Аԥсынтәыла иаԥшәымацәаны иазыхынҳәырц.

"Агәыбылра акәиц рыкәа аҭаршәразы аҳәынҭқаррагьы аус ауроуп, уи ауаажәларрагьы ҳацхраароуп. Ҳаԥсадгьыл иазкызааит еснагь ҳхәыцрақәа, уи аҩыза амч ҳазшаз иҳаҭәеишьааит", — иҳәоит Ердынџь Аҭеиба.

Акыраамҭа имҩасуан Ердынџьи сареи ҳаиҿцәажәара, ишырҳәо еиԥш имфа-имжә сизыӡырҩландаз уҳәап. Избанзар, убас ицқьоуп иаԥсуа бызшәа, убас иҟәыӷоуп иажәа. Ажәытә аԥсуаа рыбзазаратә маҭәахәқәа ирызкны Ердынџь  Аҭеиба исзеиҭеиҳәаз аҭоурых, хымԥада аԥхьаҟа ишәаҩсыжьуам.

Ажәабжьқәа зегьы
0