Здание репатриации - Sputnik Аҧсны
Арепатриациа
Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы аинформациала 11 нызқьҩык рҟынӡа ҳџьынџьуаа Аԥсны атәылауаҩра рымоуп. Рыԥсадгьыл ахь ихынҳәит хә-нызқьҩык рҟынӡа.

Инџьгьиа: Мураҭ Иаган иҩныҵҟатəи адоуҳа еснагь аҧсы ҭан, уи ахақəиҭра изыннажьит

© Foto / из личного архива Мурата Яган Мураҭ Иаган
Мураҭ Иаган - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҧсадгьыл ахь архынҳəразы аминистр ихаҭыҧуаҩ, аҭоурыхҭҵааҩ Џьамбул Инџьгьиа дазааҭгылоит Канада инхоз ҳџьынџьуаҩ, аҵарауаҩ, афилософ ду Мураҭ Иаган иҧсҭазаареи ирҿиаратə мҩеи рҟынтə лкаақəак. Иахьа иара диижьҭеи 101 шықәса ҵуеит.

Сырма Ашәԥҳа, Sputnik

Ахьӡ-Аҧша аорден актəи аҩаӡара занашьоу, Ҭырқəтəыла ииз, Канада инхоз ҳџьынџьуаҩ Мураҭ Иаган (Маан) ихьӡ-иҧша адунеи иалаҵəахьеит философ дук иаҳасаб ала. Иара иавтобиографиаатə ҟазшьа зныҧшуа ашəҟəы "Сара сааит Кавказ шьханхыҵынтə" аҟны ус иҩуеит: "Сара сҭаацəа Кавказ нрыжьит, избанзар ииашамыз рыхшыҩҵак ус днарҟаҵеит. Сабду Саҭ хҩык аишьцəа иман: Гəыҭ, Тет, Ашер. Аишьцəа руаӡəк — Тет Египетҟа диасит, уа Миҭҳад Пашьа ҳəа деицырдыруа дҟалеит. Иҧа Адлеи Ҧашьа Иаган, Египет ҩынтə аҧыза-министрс дҟалахьан. Каир иҟоу амҩадуқəа руак иахьа уажəраанӡа иара ихьӡ ахуп".

Мураҭ Иаган (Маан). Архивтә фото. - Sputnik Аҧсны
Кавказ шьханхыҵынтә иааз: аҵарауаҩ Мураҭ Иаган (Маан) 105 шықәса ихыҵра иазкны

Мураҭ Иаган даамсҭахылҵшьҭроуп. 1923 шықәса рзы Ҭырқəтəылатəи Ареспублика анышьақəгыла ашьҭахь, Мураҭ иаб Меҭ, Румели апровинциа аҟынтə раҧхьатəи Ҭырқəтəылатəи апарламент аҿы депутатс далырхит. 1926 шықәса рзы Ҭырқəтəылатəи анационализм аганахь ала аҳəынҭқарратə политика дахьаҿагылаз ҧхьатəара дцар акəхеит. 1927 шықәса рзы маӡала дҭархан. Меҭ иан убых хылҵшьҭран, еицырдыруаз аубых ҧхьагыла Ҳаџьы Берзеқь Кьарантыхə иҭаацəа дыртəышьҭран. Мураҭ Иаган доуҳала иааӡараҿы анырра ҕəҕəа ҟарҵеит аҧсуа-черқьес быргцəа.

"Ахьӡ-Аҧша" аорден актəи аҩаӡара раҧхьаӡа акəны ианцəырҵ, ҧшьҩык изауз рахьтə дыҟоуп Мураҭ Иаган. Уи машəырны иҟаимҵазар акəхап Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Григори-иҧа, избанзар ауаҩы иҳəынҭқарразы уи аҩыза алшамҭа имамзар, уи аҩыза ахьӡ даҧсахартə изыҟалаӡом", — ҳəа азгəеиҭоит аҭоурхҭҵааҩ Џьамбул Инџьгьиа.

Мураҭ Иаган ихы-игəаҿы Аҧсынтəыла иҷыдаз аҭыҧ ааннакылон еснагь. Иакымкəа, иҩбамкəа ашəҟəқəа ҭижьхьеит, иҟоуп макьанагьы акьыҧхь зымбац. Аҭоурыхҭҵааҩ Џьамбул Инџьгьиа, Мураҭ Иаган иусумҭақəа акыр дрызҿлымҳауп, имаҷым дзыҧхьахьоу.

© Foto / из личного архива Мурата Ягана Мурат Яган в своем кабинете.
Мурат Яган в своем кабинете. - Sputnik Аҧсны
Мурат Яган в своем кабинете.

"Сара сааит Кавказ шьханхыҵынтəи" санаҧхьа, еиҿагылаз агəаанагарақəа сызцəырҵуан. Иҟоуп дызлацəажəо ахҭысқəа рахьтə аҧсуа ихы-игəаҿы изаамго, аҧсуара аҵас иаҵанамкуа. Иҵарадырра ҳахəаҧшуазар, даара адин дазҿлымҳан, амсылман дин, ақьырсиан дин аганахь ала аҭиҵааз рацəоуп. Иара 17 шықәса анихыҵуаз иҳəахьан Анцəа дыҟаӡам ҳəа. Ауаҩы дшəыцыҧхьаӡа идунеихəаҧшышьа аҽаҧсахуеит аҟынтə, ирҿиаратə мҩа, иҩныҵҟатəи идоуҳа уахəаҧшуазар, дыззааиуа алкаақəа иудырбоит маҷк уи агəаанагара дшацəхьаҵыз", — иҳəоит Инџьгиа.

Мураҭ Иаган игәалашәаратә хәылҧазы Аҟәа имҩаҧысит

Мураҭ Иаган данқəыҧшыз инаркны абыргцəа, ауаа ҟəыҕақəа дрыҿцəажəон. Аинтерес иман адунеи шеибарку, ауаҩи ауаҩи реизыҟазаашьа, Анцəа дыҟоу дыҟаму, хаҿыс имаз уҳəа имаҷмызт дзызҿлымҳаз азҵаарақəа, иман иара ихатəы лкаақəа.

"Заатəи антикатəи аамҭазы афилософцəа ирҳəон: "Ауаҩы ицəеижьы акəу дымҩақəызҵо, мамзаргьы иҧсы акəу ицəеижь мҩақəызҵо?" — ҳəа. Иусумҭақəа рҟынгьы абри азҵаара ыҟоуп. Ажəа иалаҵаны иаҳҳəоит: "Ҳаит, амарџьа, абааҧсы" ҳəа. Мураҭ убас иҳəоит: "Анцəа дыҟаӡам, нцəас иҟоу ауаҩы иоуп, аҩныҵҟатəи аҧсы, аҧсабара. Уи ауп Анцəагьы дзырҿиаз" ҳəа. Иахьагьы аимак-аиҿак амоуп ари азҵаара", — ҳəа азгəеиҭоит аҭоурыхҭҵааҩы.

Дарбанзаалакгьы иара ихатə хырхарҭа имоуп. Мураҭ Иаган ирҿиара, ихаҭара акыр шықəсала аартра, аҭҵаара аҭахуп. Ихəыцшьа, аҧсҭазаарахь имаз азнеишьа хазын. Аамсҭа қьабыз ахшыҩҵак иара зынӡа даҽакала еиликаауан.

"Аамсҭа қьабыз-ҳара социалтə ҭагылазаашьак ала ҳахəаҧшуеит. Аамсҭа иара дшахəаҧшуа убас ауп — ауаҩы доуҳала дҳаракны. Убри данаҳаракхалак ауп, аамсҭарагьы ҵакыс иамоу, иара иҵараҿы "Аамсҭа қьабза" захьӡугьы убри ауп", — иҳəоит Џьамбул Инџьгьиа.

Ауаҩытəыҩса идунеихəаҧшышьа ашьақəгылараҿы, мамзаргьы аҭбаахараҿы аҵак ду амоуп дзыҿцəажəо ауаа. Убас еиҧш, Мураҭ Иагани, Ҭырқəтəыла инхоз ҳџьынџьуаҩ Омар Беигəааи хаҭала еибабахьан, акыр еицəажəахьан.

"Мураҭ Иагани Омар Беигəааи еибабахьан 1927шықәса рзы. Реибабара анаҩсан, еиқəхеит Мураҭ игəалашəарақəа. Цəаҳəазаҵəык ауп, аха убраҟа зегь ҭаигӡазшәа збоит: "Сара ахааназы саҧсуара сацəыӡуан Омар Беигəаа иакəымзар" ҳəа. Даныҩеидасгьы уи ҭабуп ҳəа ахиҳəаауан. Омар Беигəаа дызҿызгьы иаҳдыруа ауп: абызшəа, аҵас, ақьабз, аҭоурых, амифологиа, аетнологиа зҳəазеиҧш комплекстə ҟазшьала дазнеиуан", — ихəыцрақəа ҳацеиҩишон аҭоурыхҭҵааҩ.

Мураҭ Иаган ирҿиаратə мҩа акырӡа иҭбаауп. Иара аҩра далагеит дшыхəыҷыз. Аха, рыцҳарас иҟалаз, иажəеинраалақəа зныз еиқəымхеит, Сҭампыл иаанхеит, иан лыҧсҭазаара даналҵ, хабарда ибжьаӡит. Арҿиара инаҷыданы, Мураҭ Иаган аҟазарагьы илан, Уи Кавказаа рҟазшьақəа иузырҟəымҭхо иадҳəалоуп.

"Иара даныхəыҷыз инаркны аҽқəа бзиа ибон, иааӡон, дҽыбҕаҟазан. 1937 шықәса рзы дчемпионхахьан, Адунеизегьтəи арекорд шьақəиргылахьан. Акызаҵəык ианармыжьыз, Ҭырқəтəылантəи ҧшьҩык алахəын Вена имҩаҧысуаз олимпиада, иара убри аҟынӡа иҩаӡара ҳаркхеит, "саҭырқəоуп" ҳəа абираҟ шьҭых рҳəеит, аха мап ацəикит. "Сара снационалиступ, убри аҟынтə сара сшаҧсыуоу, Кавказ сшеиуоу ахааназгьы сацəхьаҵран сыҟаӡам. Уи иара испорттə ҧсҭазаара иаҧырхагахеит", — ҳəа азгəеиҭоит Инџьгьиа.

Аԥсуа шәҟәыҩҩы аҭоурыхҭҵааҩ Омар Беигәаа 10-тәи ашкол аҿы. - Sputnik Аҧсны
Абаҩхатәра ду злаз аҵеи лаша - Омар Беигәаа

Мураҭ Иаган идоуҳа акыр иҳаракын, атəитəых ҧсихологиа имамызт ҳəа дахəаҧшуеит аҭоурыхҭҵааҩ.

"Атəитəых ҧсихологиа змоу ауаҩы здоуҳа ладырҟəыз иоуп. Иҭацəу аҵəца иҭауҭəалаҟ ҟалоит. Аха, иузҭарцəуама уи аҵəца, зегь раасҭа ихадароу убри ауп. Ауаҩы, Анцəа даниша нахыс, ихатəы дунеихəаҧшышьа имоуп, дыррақəак имоуп, еиҳа игəынхəҵысҭа аус ауеит. Ихшыҩ шəуа даналагалак, ихшыҩи игəынхəҵысҭеи, иҩныҵҟатəи идунеи еиҿыбааны ауаҩы дшьақəдыргылоит. Мураҭ иҿы избо, дышқəыҧшыз иааигоз иҩныҵҟатəи идоуҳа рызҧымҽӡеит, уи ахақəиҭра инаҭеит. Канада иҟоу иҵаҩцəагьы маҷҩым", — иҳəеит аҭоурыхҭҵааҩ.

Мураҭ Иаган 1963 шықəсанӡа Ҭырқəтəыла дыҟан. Анаҩс, тəанчара данца ашьҭахь,Канадаҟа дыиасит. Ҧшьҩык ахшара драбхеит, иҧшəмаҧҳəыс Гогəуаҧҳауп, Меизи лыхьӡын. Аҧсныҟагьы ҩынтə иаахьан.

"Ауаҩытəыҩса дарбанзаалак ихатəы шьҭа нижьуеит. Убри аҩыза анасыҧ иоуит Мураҭ Иагангьы, Владислав Григори-иҧа "Ахьӡ-Аҧша" актəи аҩаӡара баша иимҭаӡеит. Илшамҭақəа азгəеиҭеит, иҧсадгьыл аҿы дшыҟамызгьы, аҧсуара, аамсҭа қьабыз уҳəа, аҧсуа жəлар рдунеихəаҧшышьа апропоганда азура иацхраауан. Иҟаиҵоз иусқəа Аҧсны акырӡа иахəон", — иҳəеит аҭоурыхҭҵааҩ Џьамбул Инџьгьиа.

© Foto / из семейного архива Мурата ЯганаМурат Яган.
Мурат Яган. - Sputnik Аҧсны
Мурат Яган.

Сара хаҭала исгəалашəоит Мураҭ Иаган иҧшəмаҧҳəыси иареи Аҧсны иааны ианыҟаз амш. Аҧсуа радиоҿы ҿыц аусура саналагаз аамҭазоуп. Адҵа соуит дара ирызкны анҵамҭа ҟасҵарц. Аҧснытəи Аҳəынҭқарратə драматə театр аҿы ҳаиқəшəеит. Уажəоуп еиҳагьы ианеилыскаауа усҟантəи амш исзыннажьыз аҵакы, иахьагьы сыблақəа ирыхгылоуп зжакьа ҟəашӡа иҟаз, зыблақəа аҟəышра рхыубаалоз, аҭоурых иаҿахəҳəагахаз ҳџьынџьуаҩ Мураҭ Иаган ихаҿсахьа.

Ажәабжьқәа зегьы
0