Маврик Лагәлаа: ашәарыцараҿы аизыӡырҩрра аҭахуп

© Foto / Сырма АшубаМаврик Лагәлаа
Маврик Лагәлаа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Џьгьарда ақыҭа инхо, хҩык ахшара раб, ҩыџьа амаҭацәа рабду, занааҭла економисту Маврик Лагәлаа ашәарыцараҿы ихадаратәу аԥҟарақәа ртәы лзеиҭеиҳәеит ажурналист Сырма Ашәԥҳа.

Сырма Ашәԥҳа, Sputnik

Џьгьарда ақыҭа инхо, хҩык ахшара раб, ҩыџьа амаҭацәа рабду, занааҭла економисту Маврик Лагәлаа, жәашықәса анихыҵуаз инаркны иаб Уанка ашьха диманы дцалон. Иара убрантә ауп ашәарыцарахь имоу агәыбылра ахы ахьакызгьы.

© Foto / Сырма АшубаМаврик Лагәлаа
Маврик Лагвилава - Sputnik Аҧсны
Маврик Лагәлаа

"15-16 шықәса анысхыҵуаз инаркны шәарыцара сынҭыҵуа салагеит. Џьгьардаа ирышьханы иҧхьаӡоу Гәандра шьха дууп. Уи иамоуп амахәҭақәа, ашьха ссақәа маҷымкәа. Ҳара, Намхәыр ашьхахь акәын ҳахьцалоз. Ахсаалала уахәаҧшуазар, иара шьҭоуп Нхыҵ-Кавказ, Ҟарачи ҳареи ҳҳәааҿы, ҳахьцоз ашьхеи иареи шарас ирымоуп акаҵәара ду. Ҳазҭагылоу аамҭазы, аурысқәеи ҳареи ҳҳәаа акәны иҧхьаӡоуп", — абас ҳаиҿцәажәара хацҳаркит Маврики сареи.

Ашәарыцаҩ Заур Ратиа - Sputnik Аҧсны
Шәарыцара идәықәлаз ауаҩы

Усҟантәи аамҭазы, аҧхынразы, аҧсуа нхацәа рырахә-рышәахә, рыҧсаса, ршьамаҟа ашьхаҳәырахь ихарцалон. Нанҳәамза нҵәаанӡа ашьха иҟан, анаҩс ахьҭа ҟалон, асы леиуан, узықәгыломызт.

"Уатәи ашьхақәа рҟны шәарахс иҟоу хкык ауп: аби, абӷаџьмеи. Атәыҩа дуқәа зхагылоу аб-аҷкәын акәын, абӷаџьма ӡӷабын. Ахра, ашьха ҳаракыроуп, крыфарҭас, хныҟәгагас ирымаз абас еиҧш иҟаз аҭыҧ акәын", — иҳәеит ашәарыцаҩ.

Изларҳәо ала, ашәарах иамоу ақәра еилукаарц улшоит иара иахагылоу атәыҩақәа рыла.

Ашьханыҟәа: ашьхеи аԥсуеи — агәи агәаҵәеи узеидыхра аиҳа иузеидыхӡом

"Иаҳҳәап, аб атәыҩа сахьала уахәаҧшуазар, ашьҭахьҟа иазырхәоуп. Атәыҩа ахьазырхәо аҵаҟала ипаны, иҵаӷаны ацәаҳәақәа алдоуп. Шаҟа цәаҳәа амоу аҟара, убриаҟара ақәра амоуп ҳәа иазгәарҭоит. Ашьабысҭа атәыҩа акәзар, еимҿаҧоу амахәҭа хәыҷқәа амоуп. Шаҟа махәҭа амоу азгәаҭаны ашықәс рыҧхьаӡоит", — иҳәеит Маврик Лагәлаа.

Ашәарыцара иамоуп иара ахатәы кәамаҵамарақәа, ашәарыцаҩ дзықәныҟәо аҧҟарақәа. Урҭ реилагара иашам ҳәа азыҧхьаӡоуп.

"Ашәарыцаҩ аҭыҧ дандәылҵуаз, ишәақь ашьхәа ахәышҭаараҿы хынтә ахәа илаирсуан. Уи аманшәалара иатәын, иадырган. Сара сырхаануп ашәарыцаҩцәа дуқәа: саб, Ҳақыбеи Амыҷба, Нури Делба, Славик Амыҷба. Ишырҳәо еиҧш, урҭ рхымҭа кашәаӡомызт", — дҳацәажәон ашәарыцаҩ.

Маврик излаиҳәо ала, иаб шәарыцара дишьҭӡомыӡт ҽеила дашьцылаанӡа. Избанзар, ахра-ҿҟьара цәгьан, ишәарҭан.

"Шәарыцара ианцо амҩаныфа ҳәа акәацлых ргаӡомызт. Цхала икәаҳаны амгьал рӡуан, избанзар лассы икьакьахомызт, убас еиҧш ачаҿаақәа уҳәа. Ашьхараҿ ашыла иалхны акәын зегь шаҳӡуаз", — ҳәа игәалаиршәоит Маврик Лагәлаа.

Иара убас, ашәарыцаҩ дыздәылҵуаз аҭыҧ рыҧссаӡомызт, иҵасым ҳәа иҧхьаӡан.

Ашәарыцара - Sputnik Аҧсны
Удырҩатә еиӷьхааит! Ашәарыцареи Ажәеиԥшьааи ирыдҳәалоу згәаҭақәак

"Шәарыцара ицаз ихьӡ рҳәаӡомызт, данбаауеи ҳәа идәылҵны иҧшӡомызт, ажәа еимаркӡомызт, ахәыҷқәа амаца иадырсӡомызт рыгәқәа нибархар ҟалоит", — ҳәа азгәеиҭоит ашәарыцаҩ.

Ашәарыцаҩ ашәарах анишьлак, адырра ҟаиҵон, аҭыҧахь ишәақь аҧынҵа рханы дхысуан. Уи иаанагоз: "Шәысҧыл, ацхыраара сҭахуп акәын". Аҭыҧаҿы иҟаз ахацәа иишьыз ашәарах аагаразы аҽқәа, агәыжьқәа рыла уҳәа ицхраауан.

"Ашьха иара ахатәы нцәахәы дамоуп, "Анана-Гәында", "Ажәеиҧшьаа". Аимасаба ҳәа изырҳәоит ашәарыцара еицу реиҳабы, абчараҳ — зегь иреиҵбу. Анана-Гәында ус лҳәоит: "Изуҭац иҭ!". Ажәеиҧшьаа — "Измауц иҭ", — ашәарыцаратә бызшәала дҳацәажәон ажәабжьҳәаҩ.

Алхас Канџьариа: ашәарыцара уанцо, уҿы уаԥшны уцәажәароуп

Ииашаҵәҟьаны, ашәарыцара иара ахатәы бызшәа амоуп, изықәныҟәо ахатә ҧҟарақәа шамоу еиҧш.

"Гәдоуҭа араион аҿы ирҳәо саҳахьеит, шәарыцара иҟоу даҽа шәарыцаҩык даниқәшәо: "Аура уқәуп!"-ҳәа. Очамчыра араион абжьыуаа рҿы:"Зыҧсы аахьоу узыҧшуп!"-рҳәоит. Нас, "Еицаҳзыҧшуп"-ҳәа аҭак ныҟарҵоит", — ҳәа азгәеиҭоит Маврик.

Ашәарыцараҿы, хымҧада аизыӡырҩрра аҭахуп. Убасҟан ауп, Ажәеиҧшьаагьы уандырманшәало.

"Еицу рахьтә ашәарыцара атәы здыруа, аҧышәа змоу изыӡырҩуеит. Ашәарыцараҿы амашәырқәа рацәаны иҟалахьеит. Еиҳарак изыхҟьо аццакреи, амеизыӡырҩреи, аҧҟарақәа реилагареи роуп. Абџьар ииашаны ахархәара аҭахуп. Узеихсуа умбакәа, бӷьык ҵысит ҳәа умхысроуп. Иудырроуп, уара уеиҧш даҽа шәарыцаҩкгьы абна дылазар шыҟало уаҧхьаҟа", — абас, ашәарыцара аҧҟарақәа азгәаҭо дҳацәажәон ашәарыцаҩ.

Маврик Лагәлаа излаиҳәо ала, ашьхацәҳәыраҿы ашәарыцара нап аиркит ақәасабқәа рыла, нас ашьабысҭақәа, амшәқәа, абнаҳәақәа, ажәакала ҳабна илоу ашәархқәа рҟны ихымҭа кашәом.

80-тәи ашықәсқәа инадыркны иахьа уажәраанӡа ашәарыцара знапы алаку, ҳаҭырла иныҟәызго Маврик Лагәлаа, иабацәа иабдуцәа рхаан аахыс ари аус ҧшьа инеимда-ааимдо пату ақәҵаны иааргоит. Иара иҧа Ролан иакәзар, иабдуи иаби ирҿиҵаахьеит ашәарыцара иамоу аҟазшьа аҷыдарақәа. Бзиа ибаны амаҵ иуеит, егьицааиуеит.

Гәынба ашәарыцара иазкны: агәыцқьара ацзароуп

"Шәарыцара инҭыҵыз зегьы, аҧҟарақәа азгәашәҭала. Ажәеиҧшьаа дышәхылаҧшааит! Ажәеиҧшьаа шәдырманшәалааит!" — абас, ашәарыцаҩ Маврик Лагәлаа, ашәарыцара абзиабаҩцәа азеиӷьашьара рзыҟаиҵоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0