Ашьханыҟәа: ашьхеи аԥсуеи — агәи агәаҵәеи узеидыхра аиҳа иузеидыхӡом

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсны ашьхақәа
Аԥсны ашьхақәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Баслахә ақыҭан инхо Рауль Бганба 80 шықәса дшырҭагылоугьы есышықәса ашьха дхалоит. Иара еиҭеиҳәеит раԥхьаӡа ашьха ицара шыҟалаз, насгьы ихало дарбанызаалак ихымҩаԥгашьа зеиԥшразар акәу. Аиҿцәажәара мҩаԥигеит Аинар Ҷыҭанаа.

— Рауль Мелтон-иԥа, раԥхьаӡакәны ашьха шәцара шыҟалаз еиҭашәҳәар сҭахын.

Левард Барцыц. - Sputnik Аҧсны
Барцыц: Аԥсны ашьхара анхаразы ихазынахәуп

— Сара Урыстәыла аҵара сҵон. Ус аҩбатәи акурс анасыркуаз аамҭазы сгәабзиара хьысҳахо иалагеит. Аҳақьымцәа санрыдҵаала, иалкааны акгьы ухьӡом, аҳауа унымаалеит аҟара ауп, уҩныҟа уцаны угәабзиара рӷәӷәа ҳәа сарҳәеит. Аԥсныҟа саныхынҳә исыуаз ҳақьымк иҟны сцан, сҭагылазаашьа зеиԥшраз иеилсыркааит. Иара иаразнак идырит сгәы зҽеимхаз амзызқәа. Излаиҳәаз ала, сара аҵара сахьҭаз аҵара мыцхәы сҽадысцалацәеит, сааԥсара ауп сгәабзиарагьы ԥсыҽызтәыз. Уи иагьиашан, избанзар уатәи аҵаратә процесс сҽахьысыгӡаларц азы уахи-ҽни ашәҟәқәа кны стәазар акәын. Убасҟан ари ауаҩ исабжьигеит мҩаныфа хәыҷык аашьҭыхны ашьха схаларц. Сара ашьха сыҟан жәиԥшь мшы. Аныҟәараҵәҟьа зцәыбаргәыз ауаҩы ари аамҭа иалагӡаны сымч ааит, сызшьапык ала ҩынҩажәантә стәо-сгыло сҟалеит. Ашьҭахь сара сҵара сазыхынҳәын, сманшәаланы иагьыхсыркәшеит.

— Иарбан аамҭоу ашьха ацаразы еиҳа иманшәалоу, насгьы амҩа иқәло ауаҩы хымԥада ишьҭихырц ихәҭои?

— Ашьхацаразы зегь раасҭа иманшәалоу аамҭоуп рашәарамза анҵәамҭа, иара убас нанҳәа алагамҭа. Ашьхарахь ауаҩы еиҳарак дызцогьы игәабзиара ичаԥарцаз ауп, избанзар ашьха ԥсабарала ауаҩы дызхәышәтәуа ҭыԥуп. Дахьнеиуа ахьшьцәа ыҟамзар ишьҭихроуп ашыла, ахрыӷ, ашьақар, ахаа-мыхаа уҳәа, досу игәы иаҭаху. Аидара рацәак зцым ауаҩы Арасаӡыхь аҿаҩа инаркны шаанӡа ддәықәлар, асааҭ ԥшьба-хәба реиԥш Соиԥсара ҳәа иахьашьҭоу дылбаауеит. Аха дахьнеиуа ахьшьцәа изыԥшызар, усҟан рацәак афатәгьы аҵалара аҭаххаӡом, амаҷ-саҷқәа рыда. Иаҳҳәап ҩыџьа-хҩык еицны арахә харгалозар, усҟан амҩан ачырасҭрақәа рҟны иԥхьарыларгьы ҟалоит. Зегьынџьара акәымзаргьы зны-зынла арҭ аҭыԥқәа рҟны ахыбра хәыҷқәагьы уԥылоит, уныҵатәаны уԥсы ахьааиҭаукша.

Ауасҭа Кәасҭа Аҩӡба еиҭеиҳәеит ахьчацәа ашьхаҿы рыбзазашьа шеиҿкааз

— Ауаҩы знык аҭыԥ аҿы данынаӡа ашьҭахь зегь раԥхьаӡа инапы злеикуа арбану?

— Ашьха уанхалалакь апалатка умазар иургылоит, мамзаргьы ҟауарла ихыбны қьала хәыҷык ҟауҵоит. Анаҩс, уаха ухчы уҵаҵаны уахьыцәаша аԥсаҵла иалхны цәарҭаӷәык ҟаҵатәуп. Иара убригьы аҿа ԥуҟар ҵасым, аҵла дуқәа ҵаҟа-ҵаҟа амахәқәа акы-ҩба ԥҟаны ухы иаурхәоит. Анаҩс, уԥхьарҭа ҭыԥ анурмазеилакь ашьҭахь мышкы уԥсы ушьаргьы, ҳәарас иаҭахузеи, есымша аныҟәара бзиоуп. Избанзар уанныҟәо ушьа еиҳа ибзианы аус ауеит, умахәҿақәа ӷәӷәахоит, уҳауа лагаҩагара еиӷьхоит. Ашьха ауаҩы изыҳәа аумаӡа аҵанакуеит, игәабзиарагьы цәгьалаҵәҟьа иаҵгәоит. Шәышықәса ирҭысхьоу аԥсуаагьы ҳнаразҵаақәар, шамахамзар лассы-лассы ашьха ицо-иаауа роуп. Рхаԥыцқәаҵәҟьагьы еилшәаны иубаӡом.

— Изеиԥшразар ахәҭои ашьхараҿы ауаҩы ихымҩаԥгашьа, ҷыдалагьы данышәарыцо?

— Ашьхараҿы аԥсуаа иаԥҵаны ирымоу ахымҩаԥгашьақәа санрызхәыцуа, даҽа зныкгьы агәра згоит урҭқәа зегьы ҷыдала аԥсабара ахьчара ишазку. Зхы пату ақәызҵо аԥсуа иақәнагам аҵла ԥиҟаӡом, иахьахәҭам амца еиқәиҵаӡом, иакәымла дцәажәаӡо, ицәа хтны ашьхараҿ аӡы дҭалаӡом. Ажәакала, ирацәаӡоуп ашьхар зҽамаздо ауаҩы дызхымԥаша аԥҟарақәа.

Барцыц: аԥсуа иԥсҭазаашьаҟны ашьхақәа рҵакы ҳаракуп, иԥшьоуп>>

Ашьхатә шәарыцара акәзаргьы ахатә ҵасқәа амоуп. Аԥсуаа жәытәнатә аахыс абнеи ашәарахи рыхьчоит. Абнақәа зҵакны измоу ауаа ишабалакь аҵла шԥырымҟо еиԥш ашьхараҿгьы ишабалакь ашәарах ршьӡом. Ирацәаны ианеицугьы зхы пату ақәызҵо ашәарыцаҩ акы-ҩба шьны ихы иаирхәоит акәымзар, иргәыдҵаны зегьы нирҵәарц даламгар ихәҭоуп. Ажәакала, ари аиԥш иҟоу ахымҩаԥгашьа ԥшӡақәа кыршықәса раԥхьа аԥсуаа рморалтә кодекс иаднакылеит, ашьха ицо дарбанызаалакгьы арҭ аԥҟарақәа дрықәныҟәозароуп.

Савелий Читанава - Sputnik Аҧсны
Арадио
Ҷыҭанаа: ашьхара абнақәа рҿы аҵлақәа алԥшааны иԥҟалатәуп

Иара убасгьы ирацәоуп ашьха иадҳәалоу аныҳәарақәа. Аԥсуаа Анцәа игәрагара роуаанӡагьы аныҳәарақәа рыман. Иаҳҳәап ауаҩы ашьха данхалоз рбаӷьума, ӡысума, досу ишилшоз аҿаҭахьа иқәиҵон, деибга-дызҩыда дылбаар ишишьуа ала. Иара аԥсуа иԥсҭазаара ахаҭагьы иԥшьоуп аҟнытә ишабалакь ахымҩаԥгара азин инаҭаӡом. Иаҳҳәап, иара акрыфара акәзаргьы. Аԥсуа ахаангьы имгәа рҭәны аишәа дахыҵӡомызт, иԥхашьаран. Абарҭқәа зегьы ирыцклаԥшуан азы акәын ажәытәан рӡарақәа кала-калаӡа изныҟәоз. Ахымҩаԥгашьа ԥшӡа ҳалааӡан аҟнытә жәпаҩык амилаҭқәа кавказтәи афранцызцәа ҳәа ҳзырҳәон, иҳаҵашьыцуан. Иахьа аамҭақәа маҷк рҽырыԥсахит. Уи, ҳәара аҭахума, ҳхымҩаԥгашьагьы ҳцәажәашьагьы ирныԥшит, аха еицакра зқәым аҵасқәагьы ҳзынхеит. Урҭ рахь иаҵанакуеит ашьха аҽамадара. Ашьха амчра аԥсуа инаҭоит, аха аԥсуагьы убри азыҳәа ашьха ихьчоит. Ашьхеи аԥсуеи реизыҟазаашьа аҟазшьа зеиԥшроу ала аҭацеи абхәеи реизыҟазаашьақәа ирзааигәоуп ҳҳәаргьы алшоит. Ашьхеи аԥсуеи — агәи агәаҵәеи узеидыхра аиҳа иузеидыхӡом, убри аҟынӡа гәыла-ԥсыла еиларсоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0