Аҩны бызшәеи адәахьтәи абызшәеи – ахәыҷы ишьклаҧшра аҟынтәи

© Sputnik / Владимир Астапкович / Амедиаҵәахырҭахь аиасраРабота детского сада. Архивное фото.
Работа детского сада. Архивное фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иахьатәи ҳаамҭазы ахәыҷы хатәы бызшәала ацәажәара даналаго иԥыло ауадаҩрақәа ртәы дазааҭгылоит Sputnik аколумнист Есма Ҭодуаԥҳа.

Есма Ҭодуаԥҳа, Sputnik

Абызшәа аҵарадырраҿы

Азқьышықәсақәа ирықәлоу ҳхатәы бызшәа – аҧсуа ибызшәа аҧшӡареи аҵаулареи ирызкны иалацәажәахьеит аӡәырҩы аҵарауаа аҧсуаа реиҧш, аҳәаанхыҵынтәигьы, иахьагьы уи амаӡақәа реилкаара иаҿуп.

Есма Ҭодуаԥҳа: аҩны бызшәеи адәахьтәи абызшәеи – ахәыҷы ишьклаҧшра аҟынтәи

Уи инаваргыланы ес-шәышықәса иҟамлацызт ирымҳәо уи ашәарҭара иҭагылоуп, аӡра амҩа иануп ҳәа. Аҧхьаӡакәны акьыҧхьтә ҩыра хацзыркыз Дырмит Гәлиа иҭижьуаз агазеҭ "Аҧсны" аанукылар, номерцыҧхьаӡа аҧсшәеи аҵарадырреи ирымоу ауадаҩрақәа рыӡбахә ауп иану.

Саим Авидзба - Sputnik Аҧсны
Саим Аҩӡба: абызшәа мыӡырц аҳәынҭқарратә программақәа иҵегьы ирҭбаатәуп

Иара ажәлар рҵадырра ашьҭыхра дашьҭан, рбызшәа литературатә, сахьаркыратә бызшәаны аҟаҵара даҿын. Аха аҧсуаа аҵарадырра рылаҵәацыҧхьаӡа рбызшәа иаҳа-иаҳа ирхашҭуа иалагазшәа збоит. Избанзар аҵарадырра ахырхаҭақәа зегьы ҧсышәала аҧсуа иоуртә изыҟамлеит, уи зыҟамлац иахьагьы. Маҷк инҩыҵыҳәҳәоз аҵаралашарахь еихоз, уи иоурц азы Аҧсны анҭыҵ дцон. Иаанхоз рбызшәа дара рыбзазаратә бызшәа ада аҩаӡара еиҳамхаӡеит. (Иазгәаҭатәуп, реиҳа аҵара змоу ауаа, аинтеллигенциа рхаҭарнакцәа роума рхәыҷқәа аҵара дырҵара ишашьҭаз аҧсшәа шырцәыбжьахаз!) Абызшәа аларҵәара амоуӡеит афизика, аматематика, абиологиа, ахимиа, аекономика уҳәа реиҧш иҟаз аҧсуаа есааира ирзацлоз иҿыцыз адыррақәа рыҟны. Уи инамаданы иахьа амедицина аусзуҩцәа, аекономистцәа, апрограммистцәа урацәажәарц уалагар, "атерминқәа ҳазхаӡом, иаҳҭаху ҳазҳәаӡом аҟнытә урысшәала иаҳҳәар еиӷьуп" ҳәа уахь иниаргоит. Гәыбӷан узрыҭаӡом, рмаҭәар иазкны ироуз адыррақәа рҟны ҧсышәа ажәакгьы ыҟамызт (ара зыӡбахә сымоу еиҳау аҵара акәым). Абасала аамҭа наскьацыҧхьаӡа ҳбызшәа иҭшәоу акәакьқәа ирыкҿарцало иалагеит, иззаанхазгьы иҭшәоу агәыҧқәа роуп.

Ус ишааиуаз, абызшәа аҭаацәа рҟынтәи иалагароуп, аҭаацәа иддырҵароуп ҳәа аҭаацәа рымацара аидара зегь рықәырҵарц иалагеит. Аха ус еиҧш абызшәа азҵаара азнеишьа акгьы шзалнамыршо гәаҭо ҳаауеит. Хымҧада, аҭаацәа рҟынтәи иалагалароуп абызшәа аҵара. Аха уи мацара азхо иҟоума? Иахьатәи ахәыҷқәа рҭаацәагьы аҧсуа бызшәеи алитературеи ада даҽа маҭәарк ҧсышәала ирмоуӡеит. Рҵарадырра еиҳахацыҧхьаӡагьы ҧсышәала ахәыцра иаҳа-иаҳа ирыцәмаҷхон. Иаҳҳәап, сара иахьа срықәшәалоит ауаа ҧсышәала ицәажәо, аха ҧсышәала имхәыцуа: ирҳәарц ирҭаху рҳәаанӡа аԥхьа ҽа бызшәак ала иазхәыцны, нас аҧсшәахь ииазго. Исҳәо згәамҧхогьы ҟалоит, аха сара схатә ҿырҧштәоуп иаазго. Ҽаӡәы иҿырҧштәы ҽакызар ҟалоит – еиҳау, ма еиҵоу адырразгьы иахәҭоу аусурақәа мҩагазар ҟалоит ауаа ргәаанагара еизызго асоциалтә анкетақәа рыла. Иҟалап уи аҩыза мҩаҧыргахьазргьы, аха уи иалҵшәахази азҵаара шырыӡбои атәы аӡбахә рҳәо иаҳбаратәы иҟамлац.

Аблоҭиа: абызшәа аҵаразы иреиҳау мчуп аекран

Аҩнытә бызшәа

Сара сыҩнаҭаҿы ҧсышәа мацаралоуп ҳашцәажәо. Зны-зынла иаҿаҳкуа ателербага ҽа бызшәак ааҳаланарҩҩуеит умҳәозар. Схәыҷгьы (4 шықәса зхыҵуа) иидыруаз ҧсышәа мацароуп. Адәахьгьы ҳдәылҵуан, ҽа бызшәакгьы ҳаҳауан, аха иҳәо исмаҳаит, амала агәынкылара даҿын. Хҧа анихыҵ ахәыҷқәа зегь реиҧш дцеит ахәыҷбаҳчахь. 39-ҩык ахәыҷқәа рҟынтәи 4-5-ҩык заҵәык ракәхеит аҧсуа гәыҧ аҟны аҧсшәа зҳәо. Есышьыбжьон ахәыҷқәа аҩныҟа иааҳгацыҧхьаӡа "Иҭабуп, шәхәыҷы аҧсшәа бзианы иахьидыруа" ҳәа урҭ аҧшьҩык рҭаацәеи сареи иҳарҳәон. (Шәазхәыц, аҧсшәа здыруа дахьынӡаџьаҳшьо ҳалагаз!) Аха абызшәатә бариер ахәыҷы аҧынгыла инаҭо далагеит. Аҩнытә бызшәа анҭыҵ аус амуӡеит. Ахәыҷы ииҭахыз иҩызцәа израмҳәо, иара дырзеилымкаауа, дара изеилымкаауа иҟалеит. Ацәажәара агәыҧ аҟны зынӡаск даҟәыҵит, рыцыхәмаррагьы иара убас. Игәасҭо салагеит шьҭа адәахьы ҳандәылҵуазгьы иацәажәоз ирҳәо анизеилмыргалак игәы ҧжәаны ибжьы ҭиго дшыҟалаз. Данеиҵаз зегьы изеиҧшын, аха узҳацыҧхьаӡа уеилкаарагьы аҽамҧсахуеи. Аха иҟоуп ахәыҷқәа исоциалтәым, шәымшәан, аамҭа цар, дашьцылоит, зегь бзиахоит ҳәа сарҳәон ааӡаҩцәа санрацәажәоз. Иҟалап уи акәзаргьы, аха сара ишьклаҧшра аҟынтәи абызшәатә бариер акәушәоуп ишызбаз.

Ҭали Џьапуаԥҳа - Sputnik Аҧсны
Ҭали Џьапуаԥҳа: ипроблема дуны иҳамоуп аԥсуа бызшәа ззымдыруа дырҵара

Агха

Шықәсык ҳҩызцәа ҳзырмацәажәо иниасит. Убри аан ааӡаҩцәа идырҵоз зегьы рҭакқәа аҷҷаҳәа иҟаиҵон, урҭ драцәажәон. Сара ари хьаас ишьҭысхуа салаган схәыҷы аурысшәа ирҵара сҽазыскт ҩызада даанхеит, дзацәажәо димамкәа ҳәа. Аҧхын ҳаушьҭнаҵгьы адәахьы лассы дызго салагеит, ҽа бызшәак зҳәо дрылазгало, аҩнгьы хаҭала иара саниацәажәоз урысшәала сиацәажәо салагеит (акалашәа схы шызбозгьы, еснагь ишысзалымҵуазгьы уи). Сынтәатәи аҵарашықәс ҿыц ҳанҭала инаркны мчыбжьык ааҵаанӡа, сара слазҵаанӡагьы, ааӡаҩ дгәырӷьаҵәа ажәабжь салҳәеит шәхәыҷы дыбзиахеит, иҩызцәагь дрыцыхәмаруеит, шьҭа ихьаажәымгар ауеит ҳәа. Аха ҽа хьаак цәырҵит…

Адәахьтәи абызшәа

Шьҭа нахыс игәасҭеит ахәыҷы ицәыригаз ҽа ҟазшьак: адәахьы ҳандәылҵлак ибжьы нҭыганы урысшәала дсацәажәо далагеит схаҭа (ишыздыруа ббо аанарго). Ҳәарада, егьырҭ ахәыҷқәагьы аҧсшәа здыруа ракәзаргьы урысшәа мацароуп дызларацәажәо, иашьеи иаҳәшьеи еиҵбацәа налаҵаны (урҭ шьҭа абызшәатә бариер шырмоуа здыруеит ахәыҷбаҳчахь ианцалак). Аҧсшәа акәзар, маӡа бызшәан иҟаиҵеит. Иҩызак имырдыркәа ак ҟаиҵарц аниҭаху ҧсышәала аҳәара далагоит: хәмаргак имихырц иҭахума, ма даҽакума. Ихы хәыҷы иаӡбаз уара идыр, адәахьы аӡәгьы аҧсшәа издырӡом ҳәа игәы иаанагарашәа збоит. Иара уахьынҭыҵуагь аҧсшәа ахьуаҳауа маҷуп, ус зхаиӡбоз уҳәаратәы иҟам. Амала аҩны аҧсшәа шаҧсышәоу иаанхоит.

апрофессор Лили Ҳагԥҳа - Sputnik Аҧсны
Лили Ҳагԥҳа: абызшәа аԥсы ҭоуп – ахархәара анамоу, – мамзар иаангылоит

Иҟаҵатәузеи?

Зегь раасҭа ихадароу зҵаароуп: иҟаҵатәузеи? Аҭаацәа ҿарацәа ракәым, аиҳабацәа лассы ирҳәо саҳауеит "иалыихи аҧсшәа, аҵара ҳәа анҭыҵ дсышьҭуазар, иҭахаӡам, уахь акәым, ҳа ҳҟны дҭалозаргьы, уи изанааҭ иаҭахӡам, еиликааратәы сара дҟасҵоит, изхоит". Ас еиҧш ахәыцрагьы гхоуп, аха ас еиҧш ахәыцра иазааиртә иахьатәи аҧсҭазаара иҭанаргылт. Ари ахәыцра аҧсахразы аҳәынҭқарра иарбан ҳәынҭқарроу иаргыларц аҭаху еилкааны абызшәатә политика шьаҭанкыла иаарҳәтәуп…

Автори аредакциеи ргәаанагарақәа еиқәымшәозар ҟалоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0