Саим Аҩӡба: абызшәа мыӡырц аҳәынҭқарратә программақәа иҵегьы ирҭбаатәуп

© Фото : Из личного архива Саима АвидзбаСаим Авидзба
Саим Авидзба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аџьынџьтәылатәи еибашьра ианалага Ҭырқәтәылантәи Аԥсныҟа иааиз дреиуоуп Саим Аҩӡба.

Сырма Ашәԥҳа, Sputnik

- Саим, уабшьҭра аҭоурых уазааҭгыларц сҭахуп.

— Сара сабшьҭра Аԥснытәи Гәыма иҭыҵқәаз иреиуоуп. Ҭырқәтәыла иахьнеизгьы Гәыма ахьӡырҵеит. Сабдуцәа рыхьӡқәа еиқәысыԥхьаӡартә еиԥш издыруеит. Иаҳҳәозар: Мазыхәа, уи иԥа Мышә, Мышә иԥа Ҭхәаҷ, Ҭхәаҷ иԥа Ҳасан, Ҳасан иԥа Сиҭ, Сиҭ иҷкәын Ҳаџьараҭ, Ҳаџьараҭ иԥа Муҳаремм. Муҳаремм сара саб иоуп. Сԥацәа, иахьысҳәо саҭашәымҵан Аинари Аиҭари рыхьӡуп. Аиҭар дҭаацәароуп, илызҳауеит иԥҳа хәыҷы Рабиа. Сан Ебжьноуԥҳауп, Назақьеҭ лыхьӡын, дыԥсхьагәышьеит рыцҳа, лахраҭ бзиахааит.

- Шәара Ҭырқәтәыла шәанынхоз, шәҭаацәаратә ԥсҭазаара ҳаилшәыркаа.

Махмуд Кушьба - Sputnik Аҧсны
Маҳмуд Қәышьба: ажәыларақәа рахь ҳанцоз ҳалахь еиқәны амҩа ҳақәломызт

— Ҳара ҳҭаацәараҿы ԥшьҩык ахшара иҳазҳауан, хҩык аишьцәеи еҳәшьаки. Сан лбызшәала ҳлааӡеит. Сара издыруа аԥсшәа, сан илҿысҵааз ауп. Сан рыцҳа, аҭырқәшәа лхы иалырхәаӡомызт, избан акәзар, цқьа илыздырӡомызт. Аҭырқәцәа агәылацәа анаҳзааилак, уамашәа ианырбоз ыҟан. Лара аҵара лымаӡамызт, аклассгьы далымгаӡеит, аха лҵара еиҳан лаԥсуареи лаԥсшәеи. Уи сазгәыдуны исҳәарц сылшоит иахьа.

- Ҭырқәтәыла шәабанхоз?

— Сара схәыҷра ашықәсқәа сырзааҭгылозар, жәеиза шықәса схыҵуанаҵы, Диузџьа ақалақь аҿы сыҟан. Анаҩс, Анкараҟа ҩышықәса, хышықәса раҟара сынхеит. Уа сашьеиҳаб рҵаҩыс аус иуан, убри аҟынтә ҭаацәала уахь ҳцеит аамҭала нхара. Нас, Диузџьаҟа ҳааит нхара. Анкараҟа ҩаԥхьа нхара ҳаиҭахынҳәит. Ус, аррамаҵзурахьы саамҭа ааит, арра сахысит.

- Аԥсныҟа уанбааи?

— Сара, Аԥсныҟа 1992 шықәса рзы сааит, ара Аџьынџьтәылатә еибашьра ианалага. Уижьҭеи, сыԥсадгьыл аҿы сыҟоуп, џьаргьы сымцаӡац.

- Аԥсуареи, ахатәы бызшәеи ушԥарзыҟоу? Угәҭахәыцрақәа.

— Аԥсуара атәы сара хаҭала сазааҭгылозар, 20 шықәса раԥхьа иҟаз аԥсуареи, аԥсшәеи, ҳазҭагылоу аамҭазы, Аԥсны ианымыԥшуазшәа збоит. Аамҭа цацыԥхьаӡа, амч еиҳагьы имаҷхоит. Уи азы згәы былуа ауаа, аҵарауаа уҳәа, иахьынӡарылшо аус руеит, аха ауаажәларра ирныԥшуа иҟаҵатәуп. Аамҭеи, аҭагылазаашьеи ус еиԥш иаҳзаанагазар ҟалап. Абызшәа мыӡырц, иҿиарц азы еиҿкааны иҟоу аҳәынҭқарратә программақәа иҵегьы ирҭбаатәуп, азакуан ҿыцқәа, азакуан џьбарақәа алагалатәуп, иаԥҵалатәуп. Аԥсуа телехәаԥшреи арадиои рыла, хымԥада, аԥсышәала иҟоу адырраҭарақәа ирыцҵалатәуп. Аамҭа ахаҭа иаҳнарбоит, аинтернет иамоу аԥыжәара. Иахьа, асоциалтә ҳа аҿы ирацәаны аԥсышәала агәыԥқәа аԥырҵо иалагеит. Убри ҳхы иаҳархәар бзиоуп.

Ниджиза Арютаа - Sputnik Аҧсны
Арҩҭааԥҳа: ҳазшаз ҳразҟы иалеиҵеит ҳабдуцәа рыԥхыӡ иалаз Аԥсны ԥшӡа абара

- Саим, аинтернет аҿы иаԥҵоу агәыԥ "Аԥсышәала" захьӡу, активла уалахәуп. Уаҟа аинтерес зҵоу ахшыҩзцарақәа, ажәаԥҟақәа ааурԥшуеит.

— Убри агәыԥ мацара аԥсышәала ҳцәажәо, егьырҭ агәыԥқәа рҟны урысшәала ҳцәажәо, ус иауӡом. Аха, сара игәасҭоит егьырҭ агәыԥқәа рҟны, аԥсшәа хәыҷыхәыҷла аԥсы ҭало иалагеит. Аԥсны инхо, иҳаиуам амилаҭқәагьы абызшәа ахьыддырҵо аҭыԥқәа аарттәуп ҳәа сахәаԥшуеит. Ирмарианы, убра имнеир ҟамло, нас уи аҳәынҭқар иус ауп, иара идыруеит ишыҟаҵатәу. Иҟоуп аԥсҭазаара иунарҳәо,насгьы иҟоуп ҳара иаҳнаалоит ҳәа сазхәыцны еиҭазгақәогьы.

- Аҿырԥшқәа, иҟалозар.

— Аԥсуаа ҳахьыҟазаалакгьы, тәым бызшәала ҳусқәагьы ҳзыӡбаӡом, ҳагәҭыхақәагьы ҳзеибыҳәаӡом; Тәым бызшәала ҳбызшәеи, ҳаԥсуареи, ҳаԥсадгьыли ҳзеиқәырхаӡом; Ӡыгмацәазк змырҭәыша еимакы, ҵа змам атыша ҳҭанажьыр ҟалоит; Аҽада амцхә пату ақәуҵар, аҽыҩқәа иреиуоу џьнашьоит; Ҳазҭахым зыргәырӷьаша, ҳазҭаху ргәы иамыхәаша Анцәа ҳнапала иҳаумырҟаҵан; Аԥҭа еиқәаҵәақәа ажәҩан хнаҩаргьы, ажәҩан шыиаҵәоу ҳхамшҭааит; Аԥсуара, аԥсшәа-ари аԥсҭазаара аԥышәароуп, ажәлар зегьы ҳмал ауп.

- Аԥсуара- уара уеилкаараҿы.

— Аԥсуара анырҳәалак, даара ихьанҭоу, зымҩаԥгашьа уадаҩу акакәушәа ргәы иаанагоит. Уи иуадаҩу акакәӡам. Зегь раԥхьа иргыланы аиҳаби аиҵби реихаҵгылара ыҟазароуп, ауаа пату рықәеибаҵозар ауп. Аҩнтәи адунеи ҳәа акы ыҟоуп, адәныҟатәи адунеи ҳәа акы ыҟоуп. Аҩны аҩныҵҟатәи адунеи даҽакала иҟоуп. Аха, адәахьы уанындәылҵлак, даҽа дунеик ҟалоит. Убри адунеи ԥсыуала еиҿкаатәуп, уаҳа ԥсыхәа амам. Убри азы, иҳалшо зегьы ҟаҳҵароуп. Иахьа ҳазҭагылоу аамҭа зеиԥшроу жәбоит. Иарбан партиоу дызтәызаалак ауаҩы, еибашаҭаны, раԥсуареи, рбызшәеи аиқәырхара амҩақәа рыԥшаара иашьҭалароуп, ахшызыҩшьҭра арҭалароуп. Лассы-лассы арҭ азҵаарақәа рылацәажәаразы уеизалароуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0