Чагьамтәи алыԥшаахқәа

Анапаҵаҩра
Фазиль Искандер аурыс литература иалаигалаз асахьаркыратә лексикеи, ашәҟәыҩҩы ирҿиара зегь аԥсуа ԥсабара адунеи аларҵәара ишазкызи, хаҭалатәи реибадырра шыҟалази ртәы дазааҭгылоит ажурналист Елеонора Коӷониаԥҳа.

Аҵара ахьысҵоз Кәтолтәи абжьаратә школаҿ, иҟан ашәҟәқәа ахьырҭиуаз ҽхышә хәыҷык. Усҟан ашәҟәыԥхьара гәцаракны измаз рацәаҩын убри аҟынтә, иҿыцу ҭыжьымҭак аанагар, ахьышәҭҳәа иааимырҵәон. Абас иҟан аамҭа.

Выпускной - Sputnik Аҧсны
Сара схаан имодан ибзианы аҵара аҵара

Ҽнак зны март 8 аламҭалазы, саншьа иԥа иара уи ашкол аҿы аҵара зҵоз, абри ашәҟәыҭирҭаҿы ҳамҭас исзааихәеит зыӡбахә смаҳацыз авторк ишәҟәы. Фазиль Искандер "Начало" абас ахьӡын саншьа иԥа исиркыз аҳамҭа. Бжьаратәла аабатәи класс рҿы стәан усҟан. Аҩны саннеи иаартны аԥхьара салагеит, умашәагьы избеит жәлала иаԥсыуамшәа иҟоу автор абас аԥсуа хәыцра иманы иссиру адунеи ахьааирԥшуаз. Зегь реиҳа схаҿы инхеит "Иҵасхәым ачыс", "Ремзик" захьӡыз ажәабжьқәа.

Ишысгәалашәо ала, ажәабжьқәа зегьы рыԥхьара уадаҩмызт, насгьы, ҵакыла, еиҭаҳәашьала акыр иаԥсыуан. Ари ашәҟәы иахьа уажәраанӡа сбиблиотека иазынханы иҟоуп, ашәҟәыҩҩи сареи ҳаибадырра иасимволны, хаҭала усҟан иара дшысзымдыруазгьы, "Начало" абзоурала ргьама скит илыԥшааху Чагьамтәи ажәабжьқәа адунеи иалазырҵәаз Фазиль Искандер ирҿиамҭақәа.

Фазиль Искандер ииубилеи азгәарҭараны иҟоуп Санкт-Петербург

Акыр саныҩеидас исаҳаит аҳәаанырцә иҭыҵыз ироман-епопеиа "Сандро Чагьамтәи" аӡбахә. Усҟан Қарҭ аҵара ахьысҵоз аҟынтә Аԥсны аԥсшьара мшқәа рзы санааи саҳәшьа лыҩны избеит ихкьыԥхьланы иҟаз уи ашәҟәы.

Иуа Коӷониа иҩызцәеи иареи - Sputnik Аҧсны
Аԥсуа поезиа наунагӡа зышьҭра анызҵаз: Иуа Коӷониа игәаларшәара

Убри санаԥхьа ашьҭахь, шьахәла еилыскааит, усҟан знысымҩа ҭысҵаахьаз Фазиль зыҩаӡара ҳараку шәҟәыҩҩны дшыҟоу. Зегь раԥхьаӡа иргыланы, ашәҟәыҩҩы асарказми, алафи инарҷыданы, акыр иҵаулоу адунеи аазырԥшуа иакәны сихәаԥшуеит.

"Атәы Ҳазараҭ" захьӡу иажәабжь акыр саршанхеит санаԥхьа, "Сандро Чагьамтәи" иагәыло ажәабжьқәагьы ирылыскаауеит, ирлас-ырлас аӡбахә рымҳәозаргьы. Араҟа автор иааирԥшуеит атрадициақәеи агәымбылџьбареи ауаҩытәыҩса идунеи еиладырҩынтыр шауа, уи атрагедиахь ахы архаргьы шалшо.

Искандер сиԥхьацыԥхьаӡа агәаҳәара соуан хаҭала ибаразы, аха сара усҟан Қарҭ аҵара сҵон, ашәҟәыҩҩы Москва дынхон. Аинститут саналга ашьҭахь, ԥхны мшык азы, Акоп икаҳуажәырҭа ҳәа иахьашьҭоу сҩызцәеи сареи акаҳуа шаҳжәуаз игәасҭеит шәҟәыла зсахьа здыруаз Искандери хаҵаки ииасны аԥсуа театр аганахь ишцаз. Сыԥхашьон, аха срышьҭалеит. Рацәак имнаскьацкәа срыхьӡеит. Искандер ицыз Руслан Џьапуа иакәын. Фазиль ахамаԥагьара зламыз уаҩызаарын, снеира дара ишрызкыз анидыр, сааигәыдиҳәхәалеит.

Абасала, Аҟәа амшын аԥшаҳәаҿы 1985 шықәсазы ҳаибадырит аклассик Фазиль Искандери сареи. Уи ашьҭахь, изныкымкәа ҳаибабахьан, санибалак, анкьа зны амшын аԥшаҳәаҿы иҩны ихьӡаз аҭыԥҳа шсакәыз ааигәалашәон.

© FotoФазиль Искандер
Чагьамтәи алыԥшаахқәа - Sputnik Аҧсны
Фазиль Искандер

Аибашьра ашьҭахь 2002 шықәсазы Фазиль Аԥсны данааи сара аԥсуа телехәаԥшраҿы адырраҭара "Ажәа" авторс сыҟан. Аԥсҭазаара абарбал иаҩызоуп, уахьнанаго, уахьханагало, уахьылбаанаго уздырӡом. Изхысҳәаауа, ашкол санҭаз сзыршанхаз ашәҟәыҩҩы аинтервиу имысхыртә еиԥш қәашьс исоуит. Аамҭа маҷны ишҳамазгьы, арежиссир Амиран Гамгиеи сареи иҳалшеит ԥсышәла Фазиль аинтервиу маҷ имхра, акыр иразҟынгьы исыԥхьаӡоит усҟан уи аҩыза алшара ахьсоуз.

© FotoАшәҟәыҩҩы Фазиль Искандери, арежиссиор амиран Гамгьиеи, ажурналист Елеонора Коӷониаԥҳаи.
Чагьамтәи алыԥшаахқәа - Sputnik Аҧсны
Ашәҟәыҩҩы Фазиль Искандери, арежиссиор амиран Гамгьиеи, ажурналист Елеонора Коӷониаԥҳаи.

Аԥсышәала аинтервиу сышәҭарц сҭахуп ҳәа Искандер ианиасҳәа, "ҳалагап, нас ҳахьананаго ҳбап" иҳәеит иара ихы дахлафаауа, иҽмырххакәа. Ииашаҵәҟьаны, икьаҿу уи аинтервиу иаҳнарбеит Фазиль ԥсышәала дышхәыцуаз, уамакгьы имырхьаакәа азҵааарақәа рҭак аҟаҵара шилшоз.

Ашәҟәыҩҩы дуцәа ишырҟазшьоу еиԥш, сара сгәанала Фазиль Искандер аполитика аҽалагалара бзиа изымбоз уаҩын, иҩымҭақәа ургәылалар иубоит иихәыцуаз, ипозициа уҳәа инапы иҵихуаз арҿиамҭақәа шьахәла ишырныԥшуаз. "Ендурцы" ҳәа уи ирҿиаз амилаҭ азусҭҵәаз аилкаара уадаҩмызт, урҭ ирзикуаз иажәабжьқәа ибзиаӡаны ирныԥшуан ампыҵахаларатә философиа змаз индураа ҳара ҳарӷьацара ишашьҭамыз. Абас шакәызгьы, Искандер аполитика иҽалеимгалар ада ԥсыхәа аныҟамлозгьы ыҟан.

1989 шықәсазы Фазиль апсуаа рыхьӡала СССР Иреиҳаӡоу Асовет 12-тәи ааԥхьара адепутатс далхын.

© FotoФазиль Искандери Аԥсуа телехәаԥшра аусзуҩцәеи. 2002 шықәса.
Чагьамтәи алыԥшаахқәа - Sputnik Аҧсны
Фазиль Искандери Аԥсуа телехәаԥшра аусзуҩцәеи. 2002 шықәса.

Исгәалашәоит телевизорла иаҳдырбоз аизарақәа руак аҿы ишиҳәаз "Уаҳа акгьы сылымшаргьы амц сҳәарым" ҳәа. Аԥсуаа усҟан ибзианы еилыркаауан ашәҟәыҩҩы изы ишыхьанҭаз аполитикатә процессқәа рылалара аха, аамҭа хьанҭан, ҳара иаҳҭахын иреиӷьыз ҳхаҭарнакцәа уи Иреиҳаӡоу Асовет иалахәзарц. Уи азы мап имкит Фазиль. Акыр иуадаҩын урҭ алхрақәа рҿы аиааира, аха аԥсуаа усҟан аидгылара иҳамаз иабзоураны Фазиль далырхит, СССР еилаҳаанӡагьы ддепутатны даанхон.

Нелли Эшба - Sputnik Аҧсны
Аԥсуа театртә ҟазара аеҵәахә

Уи ашьҭахь Искандер аполитика иҽалеигаломызт, аха аибашьра анцоз арадио журналист "абыржәы уара у-Сандро дзыдгыларыдаз?" ҳәа даниазҵаа, "хымԥада аԥсуа ган дадгылон" ҳәа аҭак ҟаиҵеит.

Иҟалап изҭахыз ыҟазаргьы, Аԥсназы аамҭа уадаҩ аныҟаз ашәҟәыҩҩы иԥсҭазаара аполитикахь ирхарц, аха дасу иара "ианиашьа ихаҵашьоуп", Фазиль Искандер дыҩуан дшыҩыц, индураа рхымҩапгашьа адунеи иаларҵәо.

Аполитиказы Искандер иҩуан "политика вино для дураков", ҳәа "Ласточкино гнездо аҿы. "Даара имаҷҩуп намысла адунеи ианысуа аполитикцәа", ҳәа азгәеиҭоит Фазиль 2002 шықәсазы исиҭаз аинтервиу аҿы. Иара убри акәхап, Чагьамтәи алыԥшаахқәа адунеи иазызшаз ихаҭагьы уамак аполитикцәа иҽызрыдимгалоз. Искандер иԥсадгьыл аҿы даара бзиа дырбон, аполитика иҽахьацәихьчозгьы ианарыжьуан, избанзар еилыркаауан инапы иааҵихыз зегь аԥсуа ԥсабара адунеи аларҵәара ишазкыз.

Фазиль дыҩуан урысшәала, аха ԥсыуа хәыцрала. "Сиди где сидишь" ҳәа еицырдыруа иажәеидҳәалақәа "уахьтәо утәаз" ҳәа аԥсуаа рхы иадырхәо аҟынтәоуп иахьааигоз, иаҳҳәар ауеит Искандер аурыс литература иалеигалеит ҳәа акгьы иаламҩашьо асахьаркыратә лексика.

Фазиль Искандер иҩымҭақәа заҟа иҵауло аҟара, ҩышьатә формала иласуп, ашьҭкаарагьы акыр имариоуп. Иара дыҩуеит имырхьаакәа иҩымҭақәа ирыцу аҵаулара ирмарианы аԥхьаҩ идгало.

© FotoАшәҟәыҩҩы Фазиль Искандери ажурналист Елеонора Коӷониаԥҳаи. Аԥсуа телехәаԥшра, 2002 шықәса.
Чагьамтәи алыԥшаахқәа - Sputnik Аҧсны
Ашәҟәыҩҩы Фазиль Искандери ажурналист Елеонора Коӷониаԥҳаи. Аԥсуа телехәаԥшра, 2002 шықәса.

Иахьа зиубилеи азгәаҳҭо Фазиль Искандер ақәра бзиа нызҵыз шәҟәыҩҩуп, идунеи иԥсахит 88 шықәса дшырҭагылаз, Анцәа ҳазшаз иҭахызар акәхарын Чагьамтәи алыԥшаахқәа адунеи раларҵәаразы ашәҟәыҩҩы игәыхәтәы дахьигӡарц.

Автори аредакциеи ргәаанагарақәа еиқәымшәозар алшоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0