Хырԥашьа змам: аџьал аԥсуаа рдунеидкылашьаҿы

© Асахьаҭыхҩы Леиуарса Быҭәба иусумҭа "Мифы и Легенды Абхазии"Асахьаҭыхҩы Леиуарса Быҭәба иусумҭа "Мифы и Легенды Абхазии"
Асахьаҭыхҩы Леиуарса Быҭәба иусумҭа Мифы и Легенды Абхазии - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Заџьал ааигәоу ауаҩы иара ишизымдыруагьы, ихымҩаԥгашьа, иҟазшьа аҽаԥсахуеит ҳәа ирԥхьаӡоит аԥсуаа. Абжьааԥны ирбахьаз иакәӡамкәа, зҽызыԥсахыз изы "иаџьал ааима?!", "иаџьал иҟәаҟәа иқәтәоума?!", "Акы шиԥеиԥшу идыруашәа!" рҳәон. Аԥсуаҭҵааратә институт аетнологиеи антропологиеи рыҟәша аҭҵаарадырратә усзуҩ, ААУ адоцент Марина Барцыцԥҳа дазааҭгылоит аԥсуаа ртрадициатә дунеидкылашьаҿы аџьал ишазыҟоу.

Марина Барцыцԥҳа, Sputnik

Аԥсуаа рмифологиатә хәыцшьала, ауаҩы иразҟы, иԥсҭаазаратә хәҭа, уи иԥсра Ашацәа изыршахьеит даниуаз, "илахь ианырҵахьеит". Ашацәа иузыршаз ԥсахра амаӡам, узацәцом ҳәа иԥхьаӡан. Еиҳарак, хырԥашьа змам ҳәа ирԥхьаӡоз ахатәы насыԥ акәын. Аха уаагьы иаҭахуп аҽышәара - унасыԥ "уацныҟәароуп", ухиазароуп "ианумԥыхьашәо", "иуаҩумыжьроуп". Уимоу, агәымшәара анасыԥ иабжоуп, мамзаргьы, ишәаз инасыԥгьы ицәцеит ҳәа рҳәоит.

Очаг - Sputnik Аҧсны
Ашацәа, мамзаргьы алахьынҵазы аԥсуаа ргәаанагара

Алахьынҵаҵәҟа ишынеибаку иаазыртуа аԥсра ауп. Ауаҩы дыԥсаанӡа, иаџьал - иԥсышьахаз умбакәа иԥсҭазаарамҩа, илахь ианыз инагӡаны узалацәажәом.

Хырԥашьа змам аџьал

Аԥсуа дфаталиступ ҳәа изуҳәар алшоит. Ишаҳбо еиԥш, уи иԥсҭазааратә философиаҿгьы крызҵазкуа зҵаароуп - хырԥашьа змами ауаҩы ихақәиҭреи реиҿыбаара (предопределение и свобода воли). Иагьа заа иӡбаны иҟазарагьы, иаагозар, ахатәы насыԥ аҿы аҽышәара акыр аҵанакуазаргьы, аџьал – ауаҩы иԥсышьа атәы хазуп зынӡа. Уа аханатә Ашацәа изыршоит хынтә дахыԥаратәы аҭагылазаашьа. Раԥхьатәи иқәиҵо аԥсышьа дзахыԥар, аҩбатәи ииҳәаз дақәшәо, аха уигьы дзахысыр, ахԥатәи Ашацәа руаӡәы ииҳәаз - уи шамахамзар хырԥашьа змам ауп, уигьы данзахыԥа - нас ақәра игоит.

Афольклор аҿы ишаҳбо ала, ауаҩы иаџьал данаадгыло аамҭаз, Ашацәа иааигәа иҟоуп, данзахыԥа - иқәра иацырҵоит. Ҳинформант, адырҩы Агрԥҳа-Ҳашыг Ира излалҳәоз ала, "аџьал ада егьырҭ акымзарак хырԥашьа рымаӡам. Аџьал хынтә Ҳазшаз ииҭоит ауаҩытәыҩса, адунеи иқәу. Иара иҟәыӷарыла, идыррала, иара ибаҩ илоу ала ихы изахырԥозар, хынтә азин ииҭит, имоуп".

Зегьы ришьа еиԥшуп, аха рыԥсышьа хаз-хазуп. Аԥсуаа ражәа иалоуп "досу дызлаҳәоу дагоит, дызлаҳәам дагом" ҳәа. Иаҳҳәап, ӡыла иԥсраны иҟоу, иагьа дацәухьчаргьы, аӡы аҟноуп иԥсра ахьыҟало. (Шамахамзар, иззымдыруа дыҟам ҵлала иҭахараны иҟаз ихәыҷра инаркны дунеихаан аҵла дацәыхьчаны иқәрымҵоз итәы. Даныҩеидас, ҽнак зны агәылара аҳәҳәабжь геит, дыццакны ддәықәлеит уахь, аха иԥтыз иеимаа аҵӷа ҿасҳәоит ҳәа изшьапык аҵла иахьнадиргылаз, илаҿҟьан, хыла аҵла дахьнаахаз иара уа дыԥсит).

Анна Сангулия - Sputnik Аҧсны
"Изыԥҵәоу аамҭа": алахьынҵа аԥсуаа ртрадициатә дунеидкылашьаҿы

"Уимоу ауаа раџьал рдыруа ииуан", - рҳәоит. Иаҳҳәап, Ашацәа асаби илахьынҵа аныршоз, анацәагьы ираҳауан, аха ҳинформантцәа ражәақәа рыла: "ус изааиуаз, анацәа ирзымчҳауа ианалага, нас иаҟәыҵит, рҳәеит".

Еицырдыруа сиужетуп, иаҳҳәап, Ашацәа абылра иаҿыз акәасҭӷа ишадырҳәалаз аӡҟы илахь ианырҵаз иаџьал. Ан илаҳаит "абри акәасҭӷа анбыллак иҿҳәаразааит" ҳәа шырҳәаз. Дара анца, уи ааҿҳәыганы амца ырцәаны, акы инылаҳәаны, ашәындыҟәра иҭаҵаны ацаԥха аркны ишлымаз лыԥсы ахынӡаҭаз. Аха данԥсы, иаабмыртын ҳәа шлалҳәахьазгьы, аҭаца ашәындыҟәра аартны, акәасҭӷа анылба, амца иақәҵан илблит, лыԥшәмагьы иԥсы ааихыҵит.

Раԥхьатәи анапхыц, раԥхьатәи ахаԥыц: ахәыҷы шықәсык ихыҵаанӡа имҩаԥырго ақьабзқәа

Уимоу ауаа раџьал рдыруа ииуан рхәоит. Убри иашьашәалоуп абни аанда ҟазҵоз изку асиужет: зыԥсра аҿҳәара ззааигәахаз изымдыруа даныҟала, нас иҵаирсуаз аҵәҩан ахгьы аҵыхәагьы ҿҟьаны иҟаиҵон, ианбаалак иаарҳәны иҵеиҵап ҳәа. Арахь иара иаџьал ааины идгылахьан, иара издырӡомызт. Уи ауп аԥсуаа ражәа изалоу "аџьал ааигәоуп, агәыӷра хароуп" ҳәа.

Адәныҟа ҳәа ахәыҷы иныҳәара - Sputnik Аҧсны
"Адәныҟа" ҳәа ахәыҷы иныҳәара аҵаки амҩаԥгашьеи

Заџьал ааигәоу ауаҩы иара ишизымдыруагьы, ихымҩаԥгашьа, иҟазшьа аҽаԥсахуеит ҳәа ирԥхьаӡоит аԥсуаа. Абжьааԥны ирбахьаз иакәӡамкәа, зҽызыԥсахыз изы "иаџьал ааима?!", "иаџьал иҟәаҟәа иқәтәоума?!", "Акы шиԥеиԥшу идыруашәа!" рҳәон. Аԥсуа жәаԥҟа убасгьы иалоуп: "Цәгьа зԥеиԥшу аҭаацәа бызла еибакуеит" (иаҿшәырԥш: "аџьма инҵәаша тәыҩала еисуеит").

Џьалк дахыԥеит ҳәа ирыԥхьаӡон, ауаҩы машәыр ӷәӷәак, рыцҳарак дақәшәаны деиқәхар. Ихәыҷқәа ма даҽа џьоукы рразҟы даҵанакит ҳәагьы анацырҵоз ыҟан.

Агрԥҳа-Ҳашыг Ира лажәақәа иалан: "Данцоз разҟы бзиа инапы ихьишьт. Убри иразҟы ала даанхазаргьы ҟалоит… Хҩык шәеицуп. Шәразҟқәа ак акәӡам. Ма разҟы бзиак аӡәы илоуп, ма лахьынҵа бзиак ари илымоуп, ма ҽа гәамчк имазар ҟалоит, мамзар игәамч лаҟәызар ҟалоит. Шәара шәразҟала иара дныҟәозар, шәа дшәыхьчеит ҳәа иԥхьаӡоуп. Ма иара шәихьчазар ҟалоит" (ақ. Хәаԥ 1993ш.).

Ауаҩы џьалда дҭахаргьы ҟалоит ҳәа ирыԥхьаӡон аԥсуаа - уи далаҳәаӡамкәа, машәырла, иара иаамҭаӡамкәа иҟалеит ҳәа. Убри ауп есымша изырҿакыз аныҳәаԥхьыӡ "Амашәыр алԥха ҳаҭ!". Амашәыр зчычаз ауаҩы изкны аныҳәара мҩаԥыргон, ихьӡала арбаӷь аурышьҭуан, ацәашьы кны, акы ихшьааны "Амашәырныҳәа" ҳәа дырныҳәон.

Убасгьы иҟалон уи дшыхәыҷыз иразҟы рбылхьазар - иара игәнаҳарак, ма иабацәа рхарала ажәытә бӷарак, шәиирак рышьҭазар, баша мышьҭацәгьарак, лаԥшык, шьыцрак, ҳарамрак аҟынтә иаауазар. "Ашацәа дыршеит аха абжьыхцәа (агызмалқәа) дыбжьырхыр ҟалоит" рҳәон. Уи иразҟы блуп ҳәа ипхьаӡан. Аԥшқа имч игәамч маҷуп, алаԥш ичычоит ҳәа иацәыхьчараз иҟарҵоз рацәаӡан: 40 мшы ихыҵаанӡа ибара инеиуамызт, аҩны ддәылыргомызт, игараҿы дызхьчаша алаԥшхырԥагақәа кнарҳауан, ихала дынрыжьуамызт, ма аҩымсаг игара инхәыҵаршәны индәылҵуан, уажәеиԥш дышԥаԥшӡоу ҳәа иџьашьаны ирҳәомызт, абзалаԥш еиԥш иацәшәон аԥсылаԥш, убас иҵегь ирацәаны…

Аразҟы аԥсахра

Асаби ихьчараз, иеиқәырхараз, иразҟы аԥсахразы иҟарҵоз аныҳәарақәа рацәан. Иаҳҳәап, иилак ахәыҷы ан "длыҵамгыло даналагалак", уи ашьҭахьтәи дшаалоуз ибжьгьы лаҳаанӡа, дылмырбаӡакәан "дӷьычны длыҵыргон". Даҽаџьара драаӡон. Нас ԥыҭраамҭак ашьҭахь анаӡӡеи дырхынҳәны ан длылҭон. Уи инаркны илоуаз ахәыҷқәа еиқәхон ҳәа ирԥхьаӡон. Имҩаԥыргон убасгьы ахәыҷы "даахәаны дырҭиуашәа" амагиатә практика.

Аҵәассаҵла - Sputnik Аҧсны
Алаԥш цәгьа уацәызыхьчо аҵәассаҵла

Убри иашьашәалан "Аиҭаира" ҳәа иҟарҵоз аныҳәара "ахыц икылгара", ма аҵла адац, ма ашәхымс аҵаҟа ижны… Нарҭаа репос аҟны Сасрыҟәа ихәыҷкәа иара инапала иҭахараны ишыҟаз гәҩарас ианыҟалҵа, иԥшәма ԥҳәыс иара имырдырӡакәа илыхшаз асаби ааӡара хараӡа амшын агәаны, уаҩ дахьзымнеишаз дгьылк аҿы дылҵәахит. Аха уигьы дамыхьчеит. Сасрыҟәа уарбажәык даашьҭнаԥаан, изымдыруаз иҷкәын хәыҷы дахьыҟаз днанагеит, нас аҵәа цәырԥсаны исыркуеит ҳәа иахьынаирххаз ахәыҷы длахаҳаны иара уа дыԥсит.

Аԥсуаа, Кавказ зегьы аҭыԥ ду аанызкылоз ахәԥҳара ("аталычество" ҳәа изышьҭоу) ахәыҷқәа ааӡара ҳәа иахьырышьҭуаз, ус баша иааӡара адагьы (социализациа), убра ахьчаратә функциагьы ыҟан. Данмаҷыз, данысабииз иабацәа, ишьҭра рлахьынҵа, рыгәнаҳарақәа дрыцәганы, нас ддырхынҳәуан даныҩеидаслак, иара иразҟи илахь ианызи ихаҭа анырра риҭаратәы дыӷәӷәаханы даныҟалалак.

Аԥсуа идунеидкылараҟны ацәгьа уны ахҿыхра шамахамзар иамаӡам. Цәгьа зуз – цәгьа иԥеиԥшуп, "индульгенциа" ҳәа изышьҭоу ара аахәара ауамызт. Рлахьынҵеи рҭакԥхықәреи еизакын бжь-абиԥарак. Иабдуцәа цәгьа рузар, иара иҟынӡа ишааӡоз еиԥш, иара иԥсҭаазаараҿ иакәым иамхаҟаҵазар, имшала бӷарак, шәиирак, нас ихшаз урҭ ирыхшаз бжь-абиԥарак ирыхьӡар ҟалон, урҭ рлахьынҵа бжьнахыр ауан. (Иахьа аҭҵаарадырра излаҳәо ала, бжь-абиԥарак рышьҭахь ДНК аҽаԥсахуеит). Убри иадҳәалоуп, раԥхьаӡа иргыланы, ҳара ҳгәанала, аԥсуаа иахьанӡагьы еиқәырханы иаарго аныҳәара "Иаҳзымдыркәа ҳаздырыз" зызкыз. Насгьы, хыхь ишаҳҳәахьоу еиԥш, убарҭқәа рыриашара, анырра рыҭара иазкын ирацәаӡаны иҳамаз амзартә еиԥш, убасгьы окказионалтә ныҳәарақәа.

Празднование одного из старейших праздников абхазов Ацуныҳәа в селе Дурипш - Sputnik Аҧсны
Аԥсуа жәлар рамзар

Ауаҩы ижәлари иареи иеицырзеиԥшу аамҭеи алахьынҵеи рыман. Уаҩ илахьынҵа изыԥҵәоу аамҭа ишадҳәалаз еиԥш, аамҭа ахаҭагьы лахьынҵан иара изы. Аха уи иара имацара иакәымкәа, иқәлацәеи, ижәлари иеицырзеиԥшны еицеиҩыршон. Иахьанӡагьы еиқәханы иааргоит уи иазку аныҳәара "Аамҭахә" (доля времени). Убригьы ариашара, арҽеира алшоны ирԥхьаӡон, ишаҳбо ала.

Ажәакала, аԥсуаа итрадициатәу рдунеидкылашьаҿы, ауаҩы илахьынҵа, иразҟы мчыла изаамгозаргьы, ибжьимхроуп, дацныҟәозароуп, идырны гәнаҳара ҟаимҵароуп, игәиҽанызароуп хымхьчарыла дҭамхарц. Иахьынӡауа иаџьалгьы дахыԥаратәы дазхиазароуп.

Иԥсҭаазаара зегьы ныҳәарыла, ныҳәаԥхьыӡла ихиоуп… Уимоу, иҿаҳәатәы наӡар ҟалон, иаҳҳәап, "аӡы шыцәоу" ма "жәҩангәашәԥхьара" ибаны, аныҳәара дахьӡар. Убри алагьы иԥсҭазаара, иҭаацәа ма ижәлар рразҟы иԥсахыр илшон, зыҳәара дахьӡаз зеиԥшраз еиԥш.

Ажәабжьқәа зегьы
0