Мызкы ҵуеит Самсон Ҷанба ихьӡ зху, жәлар рартист Нодар Ҷанба дызхагыло аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр аусура аанкылоижьҭеи. Атеатр аҿы ҳазҭо ашықәс жәабран 23 рзы гәыԥҩык артистцәеи, иара убас егьырҭ атеатр аусуҩцәеи аиҳабыра рахь ашәҟәы ҩны адырра ҟарҵеит русура шааныркыло азы. Дара рышәҟәаҿы агәынамӡара аадырԥшит атеатр адиректор хада иахь, аҳәаргьы ҟарҵеит "дрыԥсахырц, аусуҩцəа рзин еилеигоит" ҳəа азгəаҭаны.
Атеатртə акциа иалахəуп 50-ҩык инарзынаҧшуа атеатр аусуҩцəа, урҭ рахьтə 28-ҩык актиорцәоуп. Зынӡа атеатр аҿы 46-ҩык актиорцəа аус руазар, иаҳҳəар ҳалшоит аиҳараҩык акциа иалахəуп ҳəа, 18-ҩык атеатр иахыҧхьаӡало егьырҭ актиорцəа ари иадгылом.
Аиҳараҩык акциа мҩаԥыргонаҵы, атеатр арежиссиор Валери Ақаҩба идгылаҩцәагьы рыспектакльқәа аанкылоуп, маестро ихаҭа ҽыхәшәтәра ҳәа Москваҟа дахьцаз азы. Ажәакала, атеатр гылоуп, аха аус ауам мызкы аахыс. Ари аҩыза ахҭыс ҟамлацызт, атеатр аҩныҵҟа аҭыӡшәақәа аамҭа-аамҭала ишхәыҵҟьозгьы.
Асценатә бызшәеи уи аҭагылазаашьеи
Иара убас, иааҳалааҩит акциа ҟазҵоз иреиуоу адиректор ижәлантәқәеи атеатр аԥхьа напышьашәалатәи аидыслара мҩаԥыргеит ҳәа. Ари аҩызагьы атеатр аҭоурых ианымлацызт, ҳара ҳҿы иҟамло акгьы ыҟам акәымзар. Уажәы ирыулакгьы акомиссиа алахәылацәа алкаақәа ҟарҵеит атеатр аусуразы. Еиҭагьежьтәуп уаанӡа атеатр иамаз аԥҟаԥҵәа ашҟа рҳәеит. Аҳәара уадаҩуп, иун 8 2018 шықәсазы, Ҷанба директорс данарҭоз, аиҳабыра иааинырсланы атеатр зықәныҟәоз аԥҟарақәа зырыԥсахыз?! Иаарҭаххан ирыԥсахит, амала иазымхәыцит уи ауадаҩрақәа цәырнагар шауаз.
Атеатр аԥҟаԥҵәа ҿыц излаҳәоз ала, амчра зегьы адиректор хада иахь ииасит, иаԥыхын актиорцәеи арежиссиорцәеи рыла еиҿкааз асахьаркыратә еилазаара, уи аҭыԥан иаԥҵан ауаажәларра рхаҭарнакцәа злахәыз. Иаԥыхын иара убас, атеатр асахьаркыратә напхгаҩы ҳәа наџьнатә аахыс атеатраҿ иҟаз аусуратә ҭыԥ.
Сара сызхаану аамҭақәа рзы, асахьаркыратә еилазаареи асахьаркыратә напхгаҩи ирыӡбуаз рацәан, дара ракəын имҩақәызҵоз атеатр арепертуар. Адиректор иакәзар, анхамҩатә, административтә усқәа инапы ианын. Абарҭ зегь иааинырсланы ирыԥсахит Аԥсны аиҳабыра жәмзы раԥхьа еиӷьыз ҟарҵоит ргәахәны, аколлектив рлымҳа иҭамырскәа. Уажәы, амаланыҟәа ҿыц еибызҭо реиԥш, иааилацәажәан анкьатәи аԥҟарақәа рахь ииаргарц рыӡбеит.
Ибзианы исгәалашәоит Нугзар Логәуа акультура аминистрс даныҟаз, уажәтәиқәа иаԥырхыз атеатр аԥҟаԥҵәа аус анадиулоз аконусльтациақәа шымҩаԥигоз. Убасҟан иӡбын, адиректори асахьаркыратә напхгаҩы русура еивыгазарц. Уи аамҭазы аҩ-ҭыԥк инапаҿы иҟан Валери Ақаҩба. Аԥҟаԥҵәа еиқәыршәан, аха 2014 шықәсанӡа азакәан еилаганы аҩ-ҭыԥк ааникылон Ақаҩба. Азакәанқәа аус ахьырымуа атәылаҿы абас иҟалалоит. Ари ақьаф ус аҵыхәа ԥҵәеит 2014 шықәсазы Валери Бганба атәыла ахада инапынҵақәа анынеигӡоз аамҭазы. Усҟан адиректорра аҟынтә ихы дақәиҭтәын Ақаҩба асахьаркыратә напхгара изааныжьны. Ҩ-ҭыԥк ирышьцылаз иус цәгьоуп. Ақаҩба уи ашьҭахь иҳаидеи ыҟамкәа дааҟалеит, атеатр афинанстә ресурқәа рахь инапы мнеиуа ианыҟала аусура уамак агәазыҳәара имоузшәа, Урыстәыла аҳҭны қалақь Москва иҽеиҭо далагеит, аамҭа-аамҭала атеарахьгьы авизиттә ҟазшьа змаз анкыдгылара шьҭыхны.
2014 шықәса Ахылаԥшратә палата иҟанаҵаз агәаҭарақәа рышьҭахь, иҟаҵан алкаа "атеатраҿ миллионк аԥара шықәсык иалагӡаны ишакәым иныхын" ҳәа. Аха, уи азы авба аӡәгьы иимҭеит уаанӡатәи адиректор Ақаҩба.
Акырынтә исыҩхьан, атеатр администрациаҿы аилагарақәа шыҟаз, хәба-фба штат еидкыланы аулафахәы зауаз шыҟаз. Аха, уаҳа умԥсит, уаанӡатәи амчрагьы рлымҳа рыџьгәон, уажәтәиқәагьы ибжьаӡыз амиллионгьы иашьҭамлеит. Уимоу Ақаҩба хыхь днаганы аԥсар ҳамҭас ирҭеит "қәҿиралатәи" иусуразы. Жәлар рартист аԥҟарақәа еилоугеит ҳәа ӡәыр дахьирхәхьома Аԥсны?! Ухархьуаҩызар мааҭк уахырҟьаны улҭаҳәахха уҭаркыргьы ауеит аха.
2014 шықәсазы атеатр директорс даҭан Адгәыр Џьениа. Уи дыҟанаҵы ԥшьышықәса инарылагӡаны атеатр аҿы ицон арежиссиорцәа Мадина Аргәынԥҳаи, Алхас Шамбеи русумҭақәа, атеатр аус ауан, аҭааҩцәагьы шьҭнахуа иалагеит, аха арежиссиор Ақаҩба испектакльқәа цомызт, уи иалаз актиорцәагьы усурада аҩны итәан, ииашоуп "акартахь" аулафахәы рызнеиуан. Атеатртә бызшәала иаҳҳәозар арепертуарбжа ыҟан аҳәынҭқаратә театраҿ. Избан ас изыҟои ҳәа хыхьынтә уеизгьы уеизгьы аӡәгьы акгьы иҳәомызт. Иҟан уи аамҭазы даҽа хҭыскгьы, ԥшьышықәса инарзынаԥшуа аԥсуа театраҿ ихәмаруан Аҿар ртеатр еиқәшаҳаҭрада. Ус ишыҟаз, абарҭ аҵыхәтәаны еиқәысыбхьаӡаз вбас иҭаны Џьениа иусура дамхын, уи иҭыԥан уажә идырбгаз аԥҟаԥҵәа ҿыц чаԥаны Нодар Ҷанба директор хадас даҭан.
Ар ирнымиац - дхаҵа ӷәӷәоуп: атеатртә критика аҟамзаара ахҟьаԥҟьақәа
Сара сгәанала адиректор ҿыц Ҷанба ииашаны иқәиргылеит Аҿар ртеатри аԥсуа театри реизыҟазаашьа мҩақəызҵоз аиқәшаҳаҭра ашьақәыргылара. Амитингқәа арҿиазаргьы, атеатр иажәлазаргьы, аиҳабыра ирыӡбеит зинла аҩ-театрк реизыҟазаашьа.
Иахьа аҿар ртеатр иазыԥҵәо аамҭа иахымгакәа аус руеит ҳәоуеиқәшәарыла. Ҷанба данааи иара убас, иаартхеит актиор қәыԥш Гәдиса Ҭодуа нахгара зиҭо ахәыҷтәы студиа "Нарҭ", уи ашықәс ҿыц аламҭалаз иҳаднагалеит зеиӷьыҟам ахәыҷтәы спектакль.
Атеатр ахəаԥшҩцəа дырҩагьых иаҭаауан Мадина Аргәынԥҳа ҟазарыла иаԥылҵаз "Бернарда Альба лыҩны", "Аԥынҵатәыҩақәа" уҳәа реиԥш иҟаз аспектакльқәа рыхәаԥшразы, аха атеатр арепертаур аҿы иаҳбомызт Ҷанба данааи Ақаҩба еиҭашьақәиргылаз испектакльқәа "Махаз", "Шьапыла" уҳәа реиԥш анкьа арежиссиор инапы иҵиххьаз аусумҭақәа. Знык, ҩынтә урҭ аспектакльқәа аӡыргара ду рзуны ахәаԥшцәа идырбан, нас ақәыргылаҩ игәамбзиара иахҟьаны дырҩагьых Москваҟа дцеит рҳəан, испектакльқәа атеатр ашәындыҟәра иааҭалеит. Арепертуар иазынхеит Аргәын лусумҭақәа, иара убас "Аԥсуа поезиа ашедеврқәа" захьӡу ҩынтә атеатр иҳаднагалаз апроект. Дырҩагьых арепертуарбжа. Ари иахьӡуп атеатр иазыԥҵәоу афункциақәа нанагӡаӡом. Адраматә театр иамоуп ахатә ҷыдарақәа, апоезиа ахәылԥазқәеи, ахәыҷтәы студиеи уи аус хада инаваргылан асцена маҷ аҿы иҟанаҵаша усуп, егьырахь иааиԥмырҟьаӡакәа аус ауазароуп атеатр, икыдзароуп ҩымз хымыз ирыҵаркуа арепертуар, иаду арҿиаратә план нанагӡозароуп, иара убас атеатр аԥарагьы арҳауазароуп ажәлар ирыднагало аҟазарала. Арежиссиор - ақәыргылаҩ атеатр аҿы аамҭала дыҟамзаргьы, аспектакльқәа раанкылара зинеилагароуп.
Ҿырԥштәыс иааҳгозар РУСДРАМ аҿы атеатр аҩныҵҟа арежиссиор ҳәа далкааны аӡәгьы дыҟаӡам, уаҟа иаарыԥхьоит Урыстәылатәи арежиссиорцәа, ианықәдыргылак аус зуз аҟаза иԥсадгьыл ахь дгьежьуеит, аспектакль ахаҭа арепертуар иалоуп, ахәаԥшцәа иддырбоит. Аха, аԥсуа театраҿ ицәырҵит абас еиԥш ауаҩы иџьеишьаша атрадициа, арежиссиор Ақаҩба даныҟам испектакльқәа цаӡом, актиорцәагы аҩны итәоуп. Аус руеит Москваҟа имцаз арежиссиорцәа. Иахьа атеатраҿ ицәырҵыз апроблема хацзыркыз агәыԥ мызкы аахыс аус руӡом, егьырҭ усгьы Москва иҟоу ррежиссиор изыԥшуп.
Сгәанала иахьатәи атеатр анапхгаҩы илымшаӡеит абри аҭагылазаашьа аиааира. Адиректор иҳәаақәиҵалароуп иааиԥмырҟьаӡакәа атеатр аусура. Иҟалап, Москва иҟоу иҿагылара иусураҿы иԥырхагахар алшоит ҳәа иԥхьаӡазар? Москва иҟоу араҟа адгылаҩцәа маҷҩымкәа имоуп, апоет ҟаимаҭ Кьыршьал Чачхалиа ишиҳәаз еиԥш "Бадӷа имоуп абӷа". Сара садгылаӡом атеатр аҩныҵҟа акциақәа рыҟаҵара, зегь реиҳа исзааигәо саҳәшьа дшалоугьы, ас иҟоу апроблема атеатр аҩныҵҟа еицәажәарыла иуӡблароуп. Мызкы иназынаԥшуа еилатәаз акомиссиа ишысҳәахьо еиԥш иаӡбит- аамҭак аԥхьа "зыԥсҭазаара иалырхыз" аԥҟаԥҵәа азыгьежьра. Уи адагьы, иахьазы сахьаркыратә напхгаҩыс иарҭара дрыздыруам, Москва иҟоугьы шьҭа атеатр дахәом хәа ирыԥхьаӡозар акәхап, убри аҟынтә, уи аҭыԥ ҭацәны иаанрыжьт ԥхнынӡа. Аԥхын алхрақәа ршоура халар, атеатр азхәыцхагьы роушам.
Сгәанала, ибзиан еицлабра ҳасабла атеатр асахьаркыратә напхгаҩы дазырыԥшаар. Агәаҳәара змоу дыҟазар, ипрограмма иманы Акультура аминистрреи аколлективи ирыдигалар, иргәаԥхар алшара ирҭо аусуразы. Ари анысыҩуа макьаназы атеатр аус ауӡом, аҳәара уадаҩуп аколлектив аҩныҵҟа аҭышәынтәалара ҟалоу иҟамлоу. Акыр шықәса ԥҟарада аус зуа аусҳәарҭаҿы аҭыӡшәа аиқәртәара мариа усым. Иахьа аконкуренциа ззырҳәо маҷым атеатртә культураҿы, РУСДРАМ арепертуар адырды еиԥш игьежьуеит, Аҿар ртеатр ахәаԥшцәа аҭаауеит, аԥсуа театр акәзар, аӷьалԥалбжьы ҩныҩуеит. Сҩызцәа, шәтеатр иаҭааларц шәҭахызар, иааиԥмырҟьаӡакәа аус шәулароуп, шәара шәусура ахә ахишәаауеит ашәахтәшәаҩы, ари хатә театрӡам. Иҟаӡам уи аҩыза азин, ианышәҭахыу асценахь шәцәырҵуа, ианышәҭаху Москваҟа шәцо, агәынамӡара аншәымо акциақәа ҟашәҵо.
Аҳәынҭқарратә усҳәарҭаҿы аиҳабы дазҭо аиҳабыра роуп, иаҳҭахы иаҳҭахым, убри аҟынтә, еснагь уара ишугәаԥо иҟамларгьы ауеит аҭагылазаашьа, акы заҵәык аиҳабы иганахьала азин еилагара ыҟазар, дарбанызаалак илшоит аӡбарҭахь арзаҳал алеиҵар. Акциа ҟазҵо рышәҟәаҿы излазгәарҭаз ала, адиректор Ҷанба аҳасабеилыргаҩы "ԥшьыџьара аус буеит" ҳәа лусура дамихит. Иахьа ауаа аусурҭа ҭыԥ аԥшаара анырцәыуадаҩу аиашазы, ԥшь-улафахәык аӡәы ианиго иашаӡам, аха аҳасабеилыргаҩы дшычмазҩу, ма изаамҭанытәу аԥсшьарахь дыҟазар ламхра ҟалаӡом. Уи азгьы иҟоуп аусӡбарҭа. Абри аамҭазы, ԥшьыџьара аусура азин шыҟам азы азҵаара шьҭызхыз жәлар рартист Нодар Ҷанба идырыр бзиан, атеатр адиректорра инаваргыланы Аҳәынҭқарратә капелла адиректор иҭыԥ аанкыларазы иаргьы азин шимам.
Адиректор дазҭоз аиҳабыра, иаадыртыр бзиан Аԥсны аминистрцәа реилазааразы азакәан, уаҟа иануп "аҳәынҭқаррратә усзуҩ азин шимам, ҩ-напхагартә ҭыԥк раанкылара". Уи хьаас имкыкәа, аӡәы ҩыџьара директорс дҟазҵо амчра, азакәан акашәа ирбом ауп иаанаго. Азакәан акашәа ирбаӡом азоуп, атеатр аҩныҵҟа абырсҟак администартивтә хынҭаҩынҭара зыҟоу аибашьра ааилгазар.
Аԥсуа театр арҿиаратә еилазаара ҳалацәажәозар, рывараҿы аус зуа атеатрқәа раҵкьыс еиӷьымзар еицәам, аха атеатр ареитинг ланарҟәуеит нҵәара зқәым аҭыӡшәа.
Атеатр акциа ашыкьымҭазы, аԥсуа атеатр анапхагара иҷыдоу апресс-конференциа мҩаԥганы иҳаларҳәеит Уилиам Шекспир итрагедиа "Ромеиеи Џьульеттеи" ақәыргылара ргәы ишҭоу. Ари "аманевр" иаанагоит "аусқәа бзиоуп, аус ҳуеит", аха атеатр аҩныҵҟа анхынҭаҩынҭароу Шекспир дызмыхәо усуп. Зны иҟаҵатәуп аусуратә ҭагылазаашьа, азинтә еизыҟазаашьа, нас ашедеврқәа адунеи иазызшаз Шекспир уизхьаԥшыргьы ауеит. "Зыжә хьаанӡа, зҳәыс аҭра ҟазҵаз" шырҳәо еиԥш, иҟамлац аспектакль ас заа аӡыргара атеатр аус азыруам.
Аламиа "Ромеои Џьулиеттеи" азы: аԥсышәала ицәажәап ҳәа сгәы иаанагоит
R.S. Атеатраҿ имҩаԥысуа акциа иахҟьаны еиԥҟьеит апоет Таиф Аџьба 80 шықәса ихыҵра аҳаҭыраз уи имшынҵала Мадина Аргәынԥҳа лнапы злакыз аспектакль. Таиф уамак бзиа ибомызт ахӡыргара, аиубилеиқәа рымҩаԥгара, уи акәхап арҭ ахҭысқәа зеиқәшәазгьы. Ус акәзаргьы, уи амшынҵа, аибашьра аҭоурых зныԥшуа апоет ила иабаз ҭоурыхуп. Сгәыӷуеит аҭынчра ҟалар, аспектакль аԥсҭазаара аиуп ҳәа. Уи хабарда ибжьаӡыз апоет иакәӡам изҭахыу, ҳара ҳнысымҩа ҳдыдырц азы ихәарҭоуп. Ԥшӡала иаҳзырша! - Таиф ишиҳәаз еиԥш.
Аредакциеи автори ргәаанагарақәа еиқәымшәозар алшоит.